Илегендартәу авокалтә-инструменталтә ансамбль «Абазинка» аԥҵаҩы Владимир Чкату 40 шықәса раахыс ижәлар рмузыкатә культура аҿиара дазааԥсоит. Иара иирамш – ԥхынҷкәын 6 аҽны АААК аинформацитә портал ишәгәаланаршәоит артист ирҿиаратә мҩа иазку реиҳа иналукааша ахҭысқәа.

Билиаль Ҳасароҟәа

Илегендартәу авокалтә-инструменталтә ансамбль «Абазинка» аамҭақәак рзы ауаа рацәа рыгәқәа хнахит: 1980-тәи, 1990-тәи ашықәсқәа рзы ансамбль иалахәыз амузыкантцәа Кавказ иқәынхо ажәларқәа шамахамзар зегьы ирдыруан. Ансамбль ақәгылара иаҟәыҵижьҭеи 20 шықәса шыҵуагьы, иахьагьы аӡбахә ргәалашәоит, бзиа ирбоит. Алегендартә ансамбль аԥиҵеит, еиԥмырҟьаӡакәагьы уи напхгара азиуан – Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика Жәлар рартист, аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Хизир Чкату (Владимир – исценатә хьӡуп – аред.), зыжәлар рмузыкатә культура аҿиара 40 шықәса азызкыз.

Иара ихьӡ ауп изыдҳәалоу иахьатәи абаза естрада ашьақәгылареи, аизҳареи. Иара иҟазараҿы уамашәа иубаратәы еишьашәаланы еиқәыршәоуп афольклортәи, иахьатәи аамҭа иақәшәо амузыкеи. Иара иаԥиҵаз амузыкатә гәыԥқәа – хыхь зыӡбахә ҳҳәахьаз «Абазинкеи», агәыԥ «Абазгааи» акыр шықәса инеиԥынкыланы ауаа ргәы иҭымҵәо иаанхеит.

Акласс аҟны зегьы реиҳа иԥхашьа-ԥхаҵо иҟаз аҷкәын хәыҷы

Хизир, ҳәарада, игәалашәоит раԥхьаӡа акәны асценахь данцәырҵ аамҭа. Аҵара ицызҵоз рыбла иабоз рызхаҵомызт: акласс аҿы зегь реиҳа иԥхашьаҩыз аҷкәын, уи аԥхашьара иахҟьангьы ашәаҳәара амаҭәар ала егьырҭ ирыҵахоз, 8-тәи акласс дыштәаз иаԥиҵоит авокалтә-инструменталтә ансамбль.

Ашкол аҵаҩы Чкату усҟантәи аамҭа ацәқәырԥа аҽақәыршәара илшеит.

Уи 60-тәи ашықәсқәа ракәын – арок ианасакьаҳәымҭаз, илегендартәу агәыԥ «The Beatles» алаҵәара дуӡӡа анрымаз, аҿар рыҽкыдҟьа уахи-ҽни агәыԥқәа «Creedencе», «Animals», «The Rolling Stones» рашәақәа ахҩыларааз ианрышьҭаз, дара баша азыӡырҩразгьы рыԥшаара ус имаримызт усҟан. Дазхәыцуазма, ихаҿы изаагозма, аабатәи акласс аҵаҩы Чкату иаԥхьаҟа изыԥшу – асценатә хьӡы Владимир, зымҽхак ҭбаау азхаҵара Ҟарачы-Черқьесск анҭыҵгьы.

1971 шықәсазы Чкату дҭалоит Черқьессктәи амузыкатә ҵараиурҭа (уажәазы Аслан Дауров ихьӡ зхыу акультуреи аҟазареи рзы Ҟарачы-Черқьессктәи аколлеџь – аред.). Аҵара иҵон даараӡа игәаԥханы. Амузыкатә инструментқәа рыла ахәмаршьа ирласны игәникылон, аҵара ицызҵозгьы, ирҵаҩцәагьы уи уамашәа ирбон. Иҭацәу аамҭак иоургьы, уи ззикуаз ансамбль акәын: арепертуар алихуан, ашәақәа рзы амузыка еиқәиршәон, ақәгыларақәа иҽырзыҟаиҵон.

Аинтерес ду зҵоу акоуп, ансамбль «Абазинка», анаҩс агәыԥ «Абазгаа» ралахәцәа реиҳараҩык лахьынҵас иахьрымаз амузыкатә школк бзиа ахысра – Черқьессктәи амузыкатә ҵариурҭаҿы.

Арԥыс қәыԥш еиликаауан, ишыԥшаатәу, ишырҿиалатәу иара ихатә «ҟазаратә почерк», уи аҟны, ҳәарада, иаарԥшызароуп аамҭа иақәшәо аритм еиԥш, иара убас амилаҭтә кульутра иақәҿызҭуа амузыкагьы.

Чкату еиқәиршәоз аранжировкақәа даара пату рыман еицырдуруа Ҟарачы-Черқьессиа акомпозиторцәа рыбжьара – Аслан Дауров, Галинеи Абрек-Заури Гожеваа, Мусса Ионов, Каплан Турко, Марат Кочкаров уҳәа убас иҵегь амузыка аԥҵаҩцәа. Анаҩс Чкатуи дареи аус еицыруан.

Аиашьаратә жәлар рзы аҳамҭа

Аихьӡара закәу, артист иажәақәа рыла – ажәлар баша уашәақәа ианырзыӡырҩуа акәӡам, урҭ анраҳауа, даҽа бызшәак ала иуҳәазаргьы иангәныркыло – убри оуп ақәҿиараҵәҟьа. Иара даара игәы иаахәаны игәалашәоит, Ҟарачы-Черқьесск иахьнеиуазаалакгьы гәаартыла, иреигәырӷьаны ишырԥылоз. Есымша еизыргон азалқәа ҭәны. Ансамбль артистцәа еиеиԥшым абызшәақәа рыла ашәа рҳәон – абаза, аԥсуа, аурыс, аҟабарда, аҟарач бызшәа уҳәа.

Владимир Рамзан-иԥа знаалара мариоу уаҩуп, иацәажәарагьы даараӡа аинтрес аҵоуп. Ансамбль аҭоурых аҟнытә акыр аинтрес зҵоу, рацәаҩыкгьы ирзымдыруа ахҭысқәа игәалаиршәеит. Урҭ руак Аԥсны иадҳәалоуп.

70-тәи ашықәсқәа реиҩшамҭахь инеихьан, Аԥсны имҩаԥысуан Ҟарачы-Черқьессиа акульутреи аҟазареи рдекада. Ансамбль артистцәа ирыӡбеит аиашьаратә жәлар рзы ԥсышәала ашәак рҳәарц. Иалырхит жәлар рашәа «Азамаҭ». Ари ашәа еизаз рзы сенсациак иаҩызахеит, Аҟәатәи астадион еицҿакны «Абазинка» «бис» ҳәа ҩынтә-хынтә ирыԥхьо иалагеит.

Уи ашьҭахь, Чкату аԥсуа композиторцәа рашәақәеи, аԥсуа жәлар рашәақәеи ирзыҟаиҵаз аранжировкақәа иҷыдоу аҭыԥ ааныркылеит ансамбль арепертуар аҟны.

Владимир Рамзан-иԥа иахьагьы қәҿиарала аус рыциуеит еицырдыруа аԥсуа музыкантцәеи, акульутра аусзуҩцәеи – Тото Аџьапуа, Лиудмила Гәынԥҳа, Заур Зыхәба, Нодар Саӷариа, Нури Кәарҷиа.

Аестрадатә гәыԥ «Абазинка», Кавказ ашьхарыуа жәларқәа ркульутра аӡыргараҿы иҟанаҵаз алагалазы аԥсуашәа Афестиваль «АҞӘА-90» лауреатс иҟаҵан, Владимир Рамзан-иԥа ианашьан аҳаҭыртә хьӡы – «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа.

Ахыԥша ду аиура

Ансамбль «Абазинка» ақәгыларақәа ахьымҩаԥысуаз атәылақәа рсиа есышықәса аҽарҭбаауан. Изныкымкәа ансамбль аиааира агахьан еиуеиԥшым жәлар рҟазара иазку Урыстәылатәи, Асовет Еидгылатәи аицлабрақәа рҿы. Ансамбль афишақәа уԥылон Москва инаркны Аԥсны аҟнынӡа, иара убас Харатәи Мрагылараҿгьы.

70-тәи ашықәсқәа реиҩшамҭазы, «Абазинка» ааԥхьара аиуеит арадио «Иуность» ахь, ашәа атематика иазку адырраҭара аҽалархәразы. Уи иабзоураны ансамбль инарыгӡаз аурысшәеи, абаза бызшәеи рыла ашәақәа Асовет Еидгыла зегьы, иара убас егьырҭ атәылақәа жәпакгьы ираҳаит.

80-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз Москвантә ансамбль ахьӡала иаашьҭын ааԥхьара, иҷыдоу «агитпоезд» ҳәа изышьҭаз иақәтәаны Сибреи, Харатәи Мрагылареи рахь ацаразы, уаҟа аргылара дуқәа ирҿыз ауааԥсыра рҿаԥхьа иқәгыларц. Уи аџьабаа азы, «Абазинка» ианашьан хыԥхьаӡара рацәала аҳаҭыртә бӷьыцқәа, иара убасгьы Венгриаҟа ишьҭын.

90-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз ансамбль аиҳьӡарақәа акырӡа ирызҳаит, ааԥхьарақәа роуа иалагеит аҳәаанырцә рықәгыларақәа реиҿкааразы. Абар, 1992 шықәса, ансамбль еиқәшәоуп Ҭырқәтәылаҟа амҩа иқәларц… Аха иалагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. «Абазинка» артистцәа зегьы зыԥшрак ҟамҵакәа рымчқәа зегь дырхеит аиашьаратә аԥсуа жәлар рхақәиҭреи рхьыԥшымреи азы рықәԥараҿы, ацхыраара рыҭарахь.

Ахәыҷтәы коллектив «Абазгаа»

Хәажәкыра мза, 1997 шықәсазы «Абазинка» аколлектив иацны асценахь ицәырҵуа иалагеит ахәыҷтәы коллектив «Абазгаа».

«Аамҭа цәгьан. Ихадоу аиҳабыратә коллектив артистцәа ирызцәырҵыз азҵаарақәа рыӡбаразы, аамҭала ансамбль нрыжьыр акәхеит, рҭаацәарақәа рныҟәгаразы аԥара дырҳалар акәын. Убасҟан сара исыӡбеит, акыршықәса гәҭакыс иысмаз – ахәыҷтәы ансамбль аԥҵара», – ҳәа еиҭеиҳәоит Владимир Рамзан-иԥа.

Иахьазы, агәыԥ «Абазгаа» жәлартә коллективк аҳасаб ала ишьақәгылеит, Ҟарачы-Черқьессиа амузыкатә адунеи аҟны ахатә ҭыԥ ааннакылоит, ахатә ҷыдарақәа еиқәырханы иааго. Ансамбль артистцәа рықәгыларақәа даара иргәаԥханы иҟоуп Аладатәи Урыстәылеи, Москвеи, Аԥсныи ахәаԥшҵәа. Иҭарыҩхьеит истудиатәу х-альбомк, иара убас имаҷымкәа цыра-цырала ашәақәагьы.

Агәыԥ рҟазара аганахьала азҿлымҳара аадырԥшит Кавказ иҟоу Адунеитәи Артиитә комитет ахаҭарнакра аусзуҩцәа. Урҭ иҟарҵаз ааԥхьарала, 2010 шықәсазы агәыԥ «Абазгаа» асолистка Алина Чкату лхы алалырхәит Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз иқәыԥшу авокалистцәа рыбжьара Жәларбжьаратәи аицлабра «Ахьтәы бжьы БО-НА-МИ», иагьылгеит аицлабра Агран-При. 2011 шықәсазы Алина иланашьан «Ҟарача-Черқьессктәи Ареспублика зҽаԥсазтәыз артистка» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Амузыкант қәыԥшцәа иахьагьы қәҿиарала иқәгылоит, рхы аладырхәуеит еиуеиԥшым арегионалтәи, урыстәылатәи амузыкатә еицлабрақәа, астудиа аҟны иҭарыҩуеит ашәа ҿыцқәа.

Анцәа иуиҭаз аҟыбаҩ – ажәлар рзы

Уамашәа иубаша, иԥхашьа-ԥхаҵо иҟоу Чкату, аус ицызуа рыбжьара злеишәа цәгьоу аӡә иоуп ҳәа дрыԥхьаӡоит. Аколлектив аҩныҵҟа зегьы еиқәҷаб иҟазароуп, уи иара лымкаала дацклаԥшуеит. Убасгьы, афонограмма иаҿагылақәоу дреиуоуп, ансамбль «Абазгаа» аколлектив ирылааиӡеит аҟазареи, ашәаҳәареи, ахәаԥшҩи пату рықәҵашьа, иааизыкны иуҳәозар – аԥсҭазаара ҳаҭырла азнеишьа.

Ҳәарада, амузыкант иҟазаратә мҩа иазку аочерк харҭәаауп ҳәа иузыԥхьаӡом, Чкату икомпозитортә усурақәа ҳрыламцәажәар. Иара имоу аҟыбаҩ аазыртыз, ауаа идзырҳаз ашәа раԥхьаӡа акәны Ҟарачы-Черқьессктәи арадио аефир аҟны игеит 1983 шықәсазы. Уи даараӡа аҟәымшәышәра зцыз, «Ахәыҷра иазку агәалашәарақәа» ҳәа захьӡыз ашәан. Раԥхьатәи ашәатә циклқәа Владимир Рамзан-иԥа иҩуеит, апоет Қьрым Мыхци иареи реиҩызарала.

Иахьазы, Чкату иусумҭақәа ҳрылацәажәозар, урҭ хыԥхьаӡарала шәкы инареиҳаны иҟоуп, дара зегь иссиру ашәақәоуп. Урҭ рзы атекстқәа убасгьы ирыҩуан Али Ионов, Умар Кьышьмахәа, насгьы ари аочерк автор Билиаль Ҳасароҟәа. Ашәақәа рдиапозон даара иҭбаауп – амузыка аганахь еиԥш, атематикалагьы. Урҭ ашәақәа рызкуп – аԥсҭазаара, аҭынчра, аибашьра, Аԥсадгьыл, абзиабара, аҭаацәара, ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу иазкны афилософиатә хәыцрақәа. Иахьазы арҭ ашәақәа абаза естрада иаклассикахеит ҳәа рзуҳәар ҟалоит, дара иныркылоит акырзҵазкуа аҭыԥ Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика акультуратә мазараҿы.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, иҿыцу аинформациатә мыругақәа рыбзоурала, Владимир Чкату иҟазареи, уи иаԥиҵаз аколлективқәеи русура рҽаладырхәуа иалагеит аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа.

Иахьа Владимир Чкату иналукааша ареспублика акультура аусзуҩцәа дрылагылоуп, иҟазаратә ус иацҵо. Уажәы иҿыцу хырхарҭак аҳасабала напы аиркит Абаза ҳәынҭқарратә драматә театр ақәыргыламҭақәа музыкала реиқәыршәара: Чкату амузыкатә ҟәша еиҳабыс дамоуп. Игәҭакқәа жәпакы макьанагьы абаза жәлар рымацара ракәымкәан, Кавказ жәларқәа зегьы ркультуратә хьырҵәацәа иахәҭакхоит. Владимир Рамзан-иԥа агәра ганы дыҟоуп, хыхь Анцәа иулаиҵо аҟыбаҩ зеиԥшразаалак, ахӡыргара азы акәымкәан, узлыҵыз ажәлар рдоуҳа ишазктәу.