Иури Воронов
08.05.2019 13:40 Ахаҭарақәа 31966
Археолог, аполитик, аҵабырг ахьчаҩ: Иури Воронов изкны
Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, археолог, аҭоруыхҭҵааҩы, кавказҭҵааҩы, гәыла зыԥсадгьыл аԥеиԥш иазхәыцуаз, есымша аҵабырг иазықәԥоз – арҭ аепитетқәагьы зегь азхом Иури Николаи-иԥа Воронов дшыҟаҵәҟьаз ихаҭара аарԥшразы.