Иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, археолог, аҭоруыхҭҵааҩы, кавказҭҵааҩы, гәыла зыԥсадгьыл аԥеиԥш иазхәыцуаз, есымша аҵабырг иазықәԥоз – арҭ аепитетқәагьы зегь азхом Иури Николаи-иԥа Воронов дшыҟаҵәҟьаз ихаҭара аарԥшразы.

Арифа Қапԥҳа

Еицырдыруа археолог, кавказҭҵааҩы, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы Иури Николаи-иԥа Воронов диит 1941 шықәса, лаҵарамза 8 рзы, Ҵабал ақыҭан, Вороноваа ргәараҭа «Иасочка» аҟны.

Аҵарауаҩ датәуп ижәытәӡоу аурыс ҭауад жәла, хылҵшьҭрала литватәи аҭауад Дмитри Боброк-Вороновски иҟынтә иаауа. Дара рыжәла иатәыз ауа ааигәак Иван Грозныи иаҳҭынраҿы аныҳәатә еишәақәа еиҿызкаауаз иакәын. 1863 шықәсазы Воронов иабду иаб – Николаи Илиа-иԥа Воронов Герцени егьырҭ ареволиуционерцәеи дахьрыдҳәалаз иахырҟьаны Кавказҟа дахыргоит. 1874 шықәсазы «Кавкази уа иқәынхо ажәларқәеи рыхьӡала илшаз азы» Николаи Илиа-иԥа иҭан ижәытәӡоу аԥсуа қыҭа Ҵабал иахьаҵанакуаз 463 десҭын адгьыл. Убас иҟоуп Вороноваа рыжәла Аԥсны ишықәнагалаз аҭоурых.

Ҵабалынтәи

Иури Николаи-иԥа иаб дҭахеит Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду афронт аҟны. Ахәыҷқәа рааӡон «Иасочка» аҟны, ран Светлана Уасил-иԥҳаи ранду Лиудмила Николаи-иԥҳаи еицхырааны. Иури Воронов дшыхәыҷыз инаркны археологиахь азҿлымҳара изцәырҵуеит, уи зыбзоуразгьы дахьынхоз аҭыԥ акәын: Ҵабал – аҭоурыхтә баҟақәа рыла ибеиоу ҭыԥуп, ара иҟан ижәытәӡоу абаа – Аԥсилиа, иара убасгьы, Ҵабал иалсуан Абырфын мҩа Ду амахәҭақәа руак (Даринтәи аҿгара).

«Ҵабал арехеологиатә беиара атәы Вороноваа аиҳабацәагьы ирдыруан», - иҩуеит Вороноваа рҩыза апротоиереи Александр Салтыков истатиа «Аламыс ашьаҳиҭ» аҟны. Иара иазгәеиҭоит, Вороноваа рыдгьыл аҵакыраҿ иҟаз ахәаҿы (Вороноваа рхәы ҳәа иашьҭан) инханы ишыҟаз ижәытәӡоу ауахәама ахыжәжәарақәа, аҭҵаарадырратә литератураҿы «Вороновскаиа» ҳәа иарбоу. Аброуп аграфиниа Уварова (аҭауадцәа Шьербатоваа рхылҵшьҭра иатәыз аурыс ҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩы, археолог – аред.) иахьынтәылгаз еицырдыруа ҵабалтәи аныхачаԥақәа – VI-VII ашәышықәсқәа рахь иаҵанакуа ахаҳәтә релиефқәа. Урҭ Ермитаж аҟны инаган, анаҩс ареволиуциа ашьҭахь Қарҭҟа ишьҭын.

Воронов ашкол данҭаз инаркны дрылахәын Баграт ибааш аҟны иаԥшьгаз арехеологиатә ԥшаарақәа. Урҭ мҩаԥысуан Аҟәа, напхгарагьы риҭон еицырдыруа аԥсуа археолог Михаил Ҭраԥшь. Археологиахь имаз абзиабара Иури иԥсҭазаара анырра ӷәӷәа анаҭон: иара иӡбоит Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет, археологиа афакультет аҭалара. Аха аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, 1960 шықәсазы Воронов дҭалоит Мрагылараҭҵаара афакультет, амсырҭҵаара аҟәша.

Иара рҵаҩҵәас иман аҵарауаҩ дуқәа: академик Васили Струве, апрофессор Михаил Каргер, амрагылараҭҵааҩы Борис Пиотровски, уҳәа убас егьырҭгьы. Дшыстудентыз Воронов иӡбахьан иҭҵаарадырратә усумҭақәа зегьы, иԥсадгьылс ииԥхьаӡоз Аԥсны археологиа аҭҵаара иазикуеит ҳәа.

«Воронов уамак дашьҭамызт, амрагылараҭҵааратә факультет аҟны ицәырҵыз – Хефрени Џьосери (Хефрени Џьосери рпирамидақәа рҿы ишьҭоу – аред.) рыдамрақәа лабҿаба рбаразы алша, – ҳәа иҩуеит Олег Бӷажәба, Воронов изку астатиаҿы, – аҵара даналга ашьҭахь иара иаразнак Аԥсныҟа дхынҳәуеит, атуризм иазку Азеиԥшеидгылатә лабораториа аҟны, хаҭала – еицырдыруа аҭоурыхҭҵааҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Вианор Ԥачлиа иҟны аусура далагоит, акульутра абаҟақәа рыхьчара хырхарҭас ишьҭыхны».

Археологиа доминантак аҳасабала

Иури Николаи-иԥа Воронов иеихьӡарақәа рҟынтә реиҳа акрызҵазкуа ируакуп «Аԥсны археологаитә хсаала», уи аԥсуа археологцәа зегьы рзы иахьагьы ихадоу шәҟәны иаанхоит. Убасгьы Воронов дыԥхьаӡоуп ижәытәӡоу аԥсуа хылҵшьҭра – аԥсилааи, Аԥсилиеи рыҭҵаараҿы иреиҳаӡоу специалистс.

Ҵабал имҩаԥысуаз археологиатә ԥшаарақәа – Ҵабалтәи аекспедициақәа ҳәа хьӡыс ироуит.

«Иури Воронов арехеологк иаҳасабала илаз аҟыбаҩ ааԥшит Аԥсуа институт аҟны, аҵарауаҩ уадаҩрала аусура дахьалагаз, – иҩуеит Бӷажәба. – Араҟоуп иахьизыԥшыз Ҵабал иҟаз ихатә Троиа, гәыкала зымаҵ иуаз Аԥсилиа агәҭаны. Ҵабалтәи аекспедициақәа рҿы иҟаҵаз алкаақәа, ҳәарада, Аԥсны аҳәаақәа хараӡа ирҭысхьеит».

Бӷажәба ишазгәеиҭо ала, Воронов ихаҭа реиҳа ихадоу усумҭас иаликаауан идоктортә диссертациа «Восточное Причерноморье в железном веке (VIII в. до н. э. – VIII в. н. э.)». Адиссертациа ахьчара мҩаԥысит Москва, ф-сааҭк инарзынаԥшуа ицон. «Иури Воронов аҭагылазаашьа дахыҳәҳәон. Иусумҭаҿы ихадоу лкаас иҟалеит – аџьазтәии ахаҳәтәии ашәышықәсқәа рыбжьара аҳәаа алдара ахьигәаӷьыз. Уи аамышьҭахь Кавказ адагьы, уи азааигәара иҟоу аҭоурыхтә баҟақәа акыр рықәра ԥсахтәхеит. Иахьагьы аҵарауаа реиҳараҩык Воронов иаамҭарбага иадгылоит».

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Жәларбжьаратәи Аславиантә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, апрофессор Иури Николаи-иԥа Воронов ухаҿы иузаамго аусуразы агәацԥыҳәара иман: дравторуп шәкыла аусумҭақәа, ашәҟәқәа, апублицистикатә очеркқәа, астатиақәа. Воронов – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет раԥхьатәи апрофессорс дыҟан, аибашьра ашьҭахь, еиуеԥшым аамҭақәа рзы Сорбоннеи Кембриџьи алекциақәа дрыԥхьон.

Воронов иԥшәмаԥҳәыс лгәалашәарақәа рҟынтә

Иури Воронов иԥшәмаԥҳәыс Светлана Хочолава-Воронова лыстатиа «Иара иеиӷьу ауаҩы сара дсыздыруам» ҳәа хьӡыс измоу аҟны, еиҭалҳәоит урҭ раԥхьатәи реиқшәара шыҟалаз атәы. Светланеи Иуриеи еибадырит 1974 шықәсазы, Пицунда имҩаԥысуаз аҵарауаа қәыԥшцәеи, арҿиара знапы алаку аҿари аҩбатәи рсеминар аҟны. Асеминар напхгара азиуан Алеко Гәарамиа (Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор – аред.), уи ихаҭыԥуаҩс дыҟан Иури Воронов.

«Ибзианы исгәалашәоит рҩыџьагьы асценаҿынтә асеминар шымҩаԥыргоз, – лыҩуеит Хочолава. – Алеко ишәын костиум бзиаӡак, уи иаҵан, илақәа реиԥш, ажәҩанԥштәы змаз акьаҿ. Иоура-иҭбаара ыҟан, дкалаӡа, дыԥшӡаӡа дгылан. Иура аԥаҵа иҿан, илаԥш ианубаалон имҩаԥысуа зегьы хшыҩзышьҭрала дшазыҟоу. Иоура дуун, америкатәи аџьынс костиум ишәын, усҟантәи аамҭазы зхыԥша дууз Фидель Кастро диеиԥшын. Асцена иқәгылаз ҩыџьа ԥшрала зынӡа еиԥшымызт, аха аҩыџьагьы аҟыбаҩ бзиа рылан, ҳәара аҭахума, уи еснагь уздызԥхьало акоуп».

Аҵарауаҩ иԥшәмаԥҳәыс лажәақәа рыла, Иури Николаи-иԥа иџьабаа ду адуп ихатә усумҭақәа рыдагьы, егьырҭ еицырдыруа аҵарауааи, археологцәеи русумҭақәа рҭыжьраҿы. Иаҳҳәап, аԥсуа археолог Михаил Ҭраԥшь иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, Воронов иоуп уи иархив зегьы еилырганы аҭыжьра иаззырхиаз Ҭраԥшь «Исусмҭақәа». Убасҵәҟьагьы патуқәҵарала дазнеит ижәытәӡатәиу аԥсуа археолог Лев Николаи-иԥа Соловиов игәалашәара, уи изкны Воронов иҩуеит ашәҟәы.

Ҳәара аҭахума, аҵарауаҩ ду дызгәамԥхақәозгьы рацәан. Иԥшәмаԥҳәыс илыҩуеит, Қырҭтәыла аиҳабырахь Звиад Гамсахурдиа (Қырҭтәылатәи ССР (1990-1991) Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы, Қырҭтәыла раԥхьаӡатәи ахада (1991-1992) – аред.) даннеи инаркны, Воронов икыдцаларақәа еиҳа рыҽдырӷәӷәеит ҳәа.

«Ақырҭуа газеҭқәеи, ателехәаԥшреи, арадиои, егьырҭ еиуеиԥшым аҭыжьымҭақәеи рыла Иури Воронов ихаҿсахьа – «амц-ҵарауаҩ», «афашист», ма «аурыс мпыҵахалаҩ» ҳәа ауаа ирыладырҵәон. Ақалақь ахь ҳазцәырымҵо ҳҟалеит, амҩан ҳаанкыланы ажәа бааԥсқәа ҳарҳәон, иҳашьҭажьцәон, ҭелла ҳахҭаркуан, иаарышьҭуан шәыԥшәма иԥсра ҳгәы иалсит ҳәа ателеграммақәа…

Исгәалашәоит, уи аҩыза ателеграмма Иури ианиқәшәа ус сеиҳәеит: «Имаҷҩуп ауаа, рыԥсҭазаара ишалҵыз атәы зҳәо ателеграммақәа зауа. Иагьинтересуп, уаазхәыцыр» ҳәа. Иара убасгьы, адышшыларатә ателеграмма ҳзаашьҭын Ленинградынтәи, еицырдыруа аҵарауаҩ Турчанинов иҟнытә. Анаҩс иаҳаҳаит, уи аҩыза ателеграмма Вороноваа рыхьӡала акәызшәа, зықәра акыр инеихьаз, згәабзиара ӷәӷәамыз Турчанинов ишизынашьҭызгьы».

Аҭҵаарадырреи аполитикеи рҟны аҵабырг ыҟазарц азы

«Иури Николаи-иԥа ианакәзаалак аҵабырги афактқәеи дзырхысуамызт: усҟан заҳаҭыр дууз ауаа ирҿагылоз, мамазар иргәамԥхоз акы аҳәара дацәхьаҵуамызт. Акырынтә иавҵаланы, инықәырԥшшәа иарҳәахьан, зхыԥша ыҟоу аҭорухҭҵааҩцәеи иареи реизыҟазаашьақәа ԥхасҭаимтәыр иаҳа ишизеиӷьхо атәы. Уи аҩыза ацәажәарақәа Иури Николаи-иԥа аамсҭашәала ихирқәшон», – иҩуеит Воронов иҩыза Николаи Бондарев, ашәҟәы «Ашьхатәыла Аԥсны» (арецензиа иҩҩит Иури Николаи-иԥа) автор.

Воронов аҵыхәтәантәи ишықәсқәа иузаҟәымҭҳо ирыдҳәалоуп иԥсы зыҿҳәараз Аԥсны имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә хҭысқәа. Урҭ ахҭысқәа ирылҵшәахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра алагаанӡа, 1991 шықәсазы Воронов Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет депутатс далхын.

«Аԥсны иҟалаз аибашьра археологиа-ҭоурых аганахьала сусура ацҵаразы исымаз агәыӷрақәа сымнахит, – ҳәа иҩуан Воронов, ишәҟәы «Сара схьаа, Аԥсны» алагалажәа аҟны. Ашәҟәы ахаҭа ҭыҵит Воронов иҭахара маҷк шагыз – 1995 шықәсазы. – Аха ус шакәугьы, арҭ ашықәсқәа рзы исоуз аԥышәеи, адыррақәеи, ҳәарада исыхәеит иуадаҩыз аамҭақәа рзы. Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы апарламенттә комиссиа еиҳабыс сыҟаҵара уалны исықәнаҵеит – аԥсуааи, егьырҭ Аԥсны иқәынхо ажәларқәеи, ридеологиа ашьақәыргылара – ишьаарҵәыраз Шеварднаӡе (асоветтәи, қырҭтәылатәии ауаажәларра-политикатә усзуҩы, Қырҭтәыла ахада (1995-2003) – аред.) ирежими, иара убасгьы Қырҭтәыла адгылара азҭоз аҳәаанырцәтәи амчқәеи аҿагылара рыҭараз.

Воронов изныкымкәа дрылахәын Аԥсны аибашьра аамҭазы имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа. Иара убасгьы дрылахәын 1992 шықәсазы Москва имҩаԥысыз еицырдыруа «цәыббратәи аиҿцәажәарақәа», Владислав Арӡынбеи, Бори Ельцини, Едуард Шеварднаӡеи анеиқәшәоз, ргәаанагарақәа анеибырҳәоз. Иури Николаи-иԥа дахьыҟазаалакгьы – Москва, Санкт-Петербург, Нхыҵ-Кавказ, Британиа Ду, Приднестровие – Аԥсны иҟоу шыҟаҵәҟьоу аиҭаҳәаразы алшарақәа зегьы ихы иаирхәон. Иареи ажурналситцәеи аимадара бзиа рыбжьан –аинтервиуқәа риҭон, астатиақәа иҩуан, арадио ала дықәгалон.

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Иури Николаи-иԥа Воронов идыз амиссиа шынаигӡаз абас еиԥш ахәшьара аиҭон: «Аԥсны аибашьра аамҭазы Воронов, иуҳәар ҟалоит, ҳтәыла аинформациатә қәԥара напхгара аиҭон ҳәа, уи ақәԥараҿы ҳара ҳагьаиааит. Аинформациатә еибашьра зехьынџьара иҟан, аӷа дызхаԥаны иҟаз Аҟәагьы – уа еиҳарак баша аԥсеиқәырхара акәӡамызт иҟаз, Аԥсны атәылауаҩ иаҳаҭыр аиқәырхара акәын ихадаз».

Иури Воронов – аибашьра аҭҵааҩцәа рзы хәы змаӡам аусумҭа «Аԥсны ашәҟәы шкәакәа» авторс дыҟоуп. Уаҟа еидкылоуп иуникалтәу адокументқәеи, аматериалқәеи, ауаа рыршаҳаҭрақәеи. «Ари ашәҟәы ҭыҵит аибашьра алагеижьҭеи шықәсык анҵы – 1993 шықәса, нанҳәа 14 рзы. Уи аамҭазы аибашьра ацара иаҿын. Иури Николаи-иԥа ашәҟәы аҭыжьра дахыццакуан, иаарласны ауаа рҟынӡа аҵабырг анагаразы», – иазгәалҭоит аҵарауаҩ иԥшәмаԥҳәыс Светлана Хочолава.

Аибашьра аамҭазы иааԥшит Воронов илаз даҽа ҟазарак: аӡәы еиԥшым публицистк иаҳасабала ихы ааирԥшит. «Угәалашәраҿы инхо, ицҳафыруа иҟаз ателехәаԥшреи акьыԥхьи рҿы иқәгыларақәа хықәкы хадас ирымаз акы акәын – аибашьра аԥшьызгаз раарԥшра. Илшара дууп аҳәаанырцәтәи атәылақәеи урҭ руааԥсыреи рҟынӡа аҵабырг анагара аус аҟны, рацәак идуум, аха аҭоурых беиа змоу ажәлар ззықәԥо деилыркаараҿы», – иҳәеит Воронов дилацәажәо, ауаажәларратә-политикатә усзуҩы Сократ Аџьынџьал.

«Ҭынчрала аԥышәара»

Аибашьра анеилга ашьҭахь, Иури Воронов Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан. Еиҭаҳәашьа змам, аибашьра ашьҭахьтәи иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы иара аус иуан Аԥсны иқәынхо амилаҭқәа реидкыларазы, аибашьра ахҟьа-ԥҟьақәа лассы раԥыхразы, акырынтә иҳәахьан, иагьиҩуан аибашьраҿы аиааира агара ашьҭахь ишааиуа иуадаҩу аамҭа – «ҭынчрала аԥышәара».

Воронов иполитикатә хәаԥшышьақәа дрылацәажәо, аҭоурыхҭҵааҩ Иури Анчабаӡе истатиа «Иури Воронов Аԥсны XX-тәи ашәышықәсатәи аҭоурых аконтекст аҟны» ҳәа хьӡыс измаз аҿы абас иҩуеит: «Иури Николаи-иԥа Воронов Аԥсны аԥеиԥш ибон аетнополитика аганахьала ихьыԥшымны. Убри аамҭазгьы иара иазгәеиҭон ибзианы ишеилкаалатәу Аԥсны агеографиатә ҭагылазаашьа иамоу аԥыжәарақәеи аграқәеи ртәы. Ишьақәирӷәӷәон, аӡиас Ԥсоу ала имчу, хысшьа змам аҳәаа аҟазаара шҭырхагоу, дадгылон итрадициатәыз транскавказтәи амҩадуқәа реиҭашьақәыргылара, Амшын Еиқәа иамаз аекономикатә роль архынҳәра».

1995 шықәса, цәыббра 11 рзы Иури Николаи-иԥа Воронов итаацәеи иареи ахьынхоз Аҟәатәи иҩны аҿаԥхьа дшьын. Ацәгьоура назыгӡази, уи азы адҵа ҟазҵази зусҭцәоу иахьа уажәраанӡагьы ишьақәыргылам. Арыцҳара аныҟала, шәҩыла ауааԥсыра Воронов иҭаацәаа ирзаарышьҭит адышшыларақәа зныз ателеграммақәа: урҭ нҵәара рықәымкәа аара иаҿын. Зықьҩыла Аԥсны ауааԥсыра гәалсра дула Иури Николаи-иԥа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргон. Аҵарауаҩ анышә дамадоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи азааигәара, иахьагьы иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ дызгәалашәо уаҟа лассы-лассы ишьҭарҵоит ашәҭшьыҵәрақәа.

Иури Воронов иҩыза бзиа, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба, аҵарауаҩ иҭахара ашьҭахь абас иҩуеит: «Ҳажәлар рҿы ус рҳәоит: амш иацло ианалагалак – ҽаԥарак ԥхьаҟа ицеит ҳәа, ианагхалак – ҽаԥарак шьҭахьҟа ицеит ҳәа. Сҩыза Иури Николаи-иԥа Воронов сынизхәыцуа абри аасгәалашәоит. Ҳаҭҵаарадырреи ҳполитикеи данрызнеи ашьҭахь, ԥхьаҟа шьаҿа дук ҟаҵан. Сара сгәыӷуеит, иара данца ашьҭахь, шьҭахьҟа ашьаҿа ҟаҳамҵап ҳәа. Иара ииҭынхаз аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, иаҳзынижьыз адоуҳатә мали даараӡа ирацәоуп». Иури Николаи-иԥа иҩыза Џьума Аҳәба ҳамҭас ишәҟәы анииҭоз абас аниҵахьан: «Хылҵшьҭрала Иаԥсилу изы, гәыла-ԥсыла Иаԥсилу иҟынтә» ҳәа.

Иури Николаи-иԥа Воронов дравторуп – 800 инареиҳаны аҭҵаарадырратәи апублицистикатәи статиақәа, убасгьы 30 раҟара монографиа. Иҟоуп макьана икьыԥхьым аҵарауаҩ иусумҭақәагьы.

Воронов ианашьан аорден «Ахьӡ-Аԥша» I аҩаӡара, иара убасгьы иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, археологиатә ҭынха аиқәырхара аус аҿы иалагала дуқәа рзы урыстәылатәи амилаҭтә премиа «Абиԥарақәа рҭынха» ианаршьоит.