2019 шықәсазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟны аусбарҭа ҿыц аԥҵан – АААК Аппарат, уи дахагылеит Кан Ҭаниа. Ашықәс аихшьалақәа ҟаҵо, иара еиҭеиҳәеит имҩаԥгаз аусқәа ртәы, иара убас афинансқәа рганахьала Аконгресс аусушьа дазааҭгылеит.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа дызхагылоу аусбарҭа ашықәсантәи аихшьалақәа ҟаиҵеит, иара убас еиҭеиҳәеит 2018-2019 шықәсқәа рзы Аконгресс ныхтәқәас иамаз ртәы.

Кан Ҭаниа иаҳгәалаиршәеит АААК Аппарат – Аконгресс аԥҟаԥҵәатә усура еиқәзыршәо, аппарат аусдырра аҳәаақәа ирҭагӡаны АААК ИА Ахантәаҩы инапынҵақәа рынагӡара иахылаԥшуа структуратә ҟәшоуп ҳәа. Ҭаниа иажәақәа рыла, аппарат аусураҿы азҿлымҳара ҷыда амоуп Аконгресс Арегионалтәи Аҭыԥантәи аҟәшақәа русура аҳәаақәҵара.

«Аппарат адҵа хадақәа рахьтә иалаҳкаар ҳалшоит Аконгресс есышықәсатәи аусмҩаԥгатәқәа рыплан аиқәыршәара, урҭ АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы ишьақәирӷәӷәарц иархәаԥшра, нас рынагӡашьа ахылаԥшра, есышықәсатәи афинанстә, уҳәа егьырҭ аҳасабырбақәа реиқәыршәара, Ахантәаҩы дызлахәу аилацәажәарақәеи егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи разырхиара, ауааԥсыра Ахантәаҩы иахь иҟарҵо ааԥхьарақәа аус рыдулара, Ахантәаҩы инапынҵақәа инарықәыршәаны егьырҭ адҵақәа рынагӡара», – иҳәеит Аппарат анапхгаҩы.

Иара еиҭеиҳәеит убасгьы 2018-2019 шықәсқәа рзы аԥара иныхыз ахьныхыз. Ҭаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аконгресс афинансыркра шымҩаԥысуа ахазхаҿуаа хатәгәаԥхарала иаларҵо аԥарала мацара.

2018-2019 шықәсқәа рзы аԥара аиҳараӡак алазҵаз Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иоуп – 32 миллион мааҭ. Аиҿкаара имаҷымкәа ацхыраара аиҭеит иара убас Москватәи аԥсуа диаспора аиҳабы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Агрба – уи 10-миллионк мааҭ алаиҵеит. Аконгресс иахыԥхьаӡалахоит убасгьы зшәагаа дуум Аконгресс алахәцәа рыхәҭалагалақәагьы.

Аныхтәқәа ртәы ҳҳәозар, иарбоу аамҭахҵәахазы Аинформациатә портал аныҟәгара иақәхарџьын 11 миллиони 200 нызқьи мааҭ, асоциалтә проектқәа рынагӡаразы иныхын 8-миллионки 500 нызқьи.

АААК еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә программақәагьы финансла ирыцхраауан, уахь ирхан 910 нызқь мааҭ. Аҟәа иҟоу ацентртә офис аремонт, аҩнымаҭәеи атехникеи раахәара нацны иартәеит 5 миллионки 600 нызқьи мааҭ. Аусзуҩцәа руалафахәы иартәеит 7-миллионки 800 нызқьи мааҭ. Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Египет, Британиа Ду, Голландиа, Бельгиа атәылақәа рахь аҳәаанырцәтәи амаҵураныҟәарақәа ирықәхарџьын 4-миллионк мааҭ, аинформациатә аалыҵи аҳамҭақәеи – 625 нызқь мааҭ.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс (АААК) – аҭоурых змоу, аҭынха беиа иалаҟоу еиҿкаароуп. Иахьазы АААК аус ауеит иалкаау абарҭ ахырхарҭақәа рыла: адиаспора жәпаҩны иахьынхо атәылақәа рҿы жәларбжьаратәи аусура, аҭыԥантәи аусура, аԥсуа-абаза жәлар ирхаҭарнакцәоу аҳәсеи аҿарацәеи аус рыдулара, бызшәарацәала аинформациатә портал арҿиара уҳәа убас егьырҭгьы. Аконгресс ахықәкы хада – адунеи иқәынхо аԥсуа-абаза жәлар ахаҭарнакцәа зегьы реидкылароуп. Аиҿкаара иалалар рылшоит изҭаху абаза жәлар ахаҭарнакцәа зегьы, адунеи ҭыԥс иахьынхозаалак. Уи азы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аинфопортал аҟны онлаин Арзаҳал харҭәаатәуп.