Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс изаамҭанытәиу аилатәараҿы ирылацәажәеит иахьатәи адунеи аҿы аԥсуааи абазақәеи рмилаҭ хдырра аҽеиҭакра амзызқәеи ахҟьа-ԥҟьақәеи.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит цәыббра 23 рзы астол гьежь аҳасабала, уи темас иаман «Иахьатәи адунеи аҿы аԥсуааи абазақәеи рмилаҭ хдырра аҽахьаԥсахуа амзызқәеи ахҟьа-ԥҟьақәеи».

Астол гьежь аҟны експертцәас иқәгылеит: аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Бигәаа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Џьамбул Инџьгьиа, ахыц алахысшьа арҵаҩы, ахыцуаа рыклуб «Афырхы» алахәыла Илона Воуԥҳа, иара убас Адискуссиатә клуб аусуратә гәыԥ алахәцәа.

Аиԥылара аартуа Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Русҭам Занҭариа еизаз ирылеиҳәеит излацәажәараны иҟоу атема шыуадаҩу, аҭҵаарадырра аганахьала азнеира шаҭаху.

«Иахьатәи ҳастол гьежь атема хазы ҭҵаамҭа дук азукыртә иҟоуп. Убри аан Адискуссиатә клуб хықәкы хадас иамоу иарбанзаалак азҵаатәы аҭҵаарадырратә еилыршәшәара акәӡам, гәаартыла алацәажәароуп. Избан акәзар амилаҭ хаҿра аҽеиҭакра зыхҟьази уи ҳахькылнагои ҳәа иахьа иаҳзықәгылоу атема ауаа рлахьынҵақәа ирыдҳәалоуп, иахьатәи аҿари аиҳабацәеи», – иҳәеит Русҭам Занҭариа.

Аетнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Бигәаа иҳәеит аԥсуааи абазақәеи рмилаҭ хдырра аҽеиҭакра амзызқәа рыҭҵаара аҵарауаа рнапы шаларкхьаз иҳаҩсыз ашәышықәсазы. Аха иалкаау ахырхарҭа змоу, ҭҵаарадыррала ишьақәырӷәӷәоу аусумҭа макьана аԥсҭазаара амбацт. Абри азҵаара аус адулараҿы ихадароу акакәны иара иаликаауеит аетнологцәеи, афилософцәеи, афольклорҭҵааҩцәеи уҳәа егьырҭ аҵарауаа русеицура.

«Акыршықәса раахыс иҭысҵаауан Аԥсуара закәу, уи ихадароу феноменс иамоу. Сџьабаа иалҵшәахеит аброшиура «Аԥсуара. Аҭҵаара аилазаашьатә метод. Апроект», уи ҭыҵит 2009 шықәсазы. Агәра ганы сыҟоуп, иахьа абра ҳазлацәажәо зегьы аҭҵаарадырра аганахьала ишьақәырӷәӷәазароуп ҳәа. Убас иҟоу аусумҭа ҳҿаԥхьа иқәымкәа, Аԥсуара аҭҵаара аамҭа цацыԥхьаӡа есааира иаҳцәыуадаҩхалоит», – иҳәеит Валери Бигәаа.

Адискуссиатә клуб есымшатәи алахәыла Алиса Ԥачалиа илҭииз азҵаара «Аԥсшәа ззымдыруа Аԥсуара ныҟәигартә дзыҟалома?» аҭак аҟаҵараан аекспертцәа ргәаанагарақәа еиқәымшәеит. «Аԥсуара хәҭакахьала дацныҟәартә дҟалар илшоит. Аха уи иаҵоу зегь аилкаашьа умам, инагӡаны уҽузақәыршәом, аԥсшәа узымдыркәа», – иҳәеит Валери Бигәаа.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Џьамбул Инџьгьиа уи ииҳәаз иамеикит.

«Зынӡаск сақәшаҳаҭӡам аԥсшәа ззымдыруа Аԥсуара дзацныҟәом ҳәа иҟоу агәаанагара. Ауаҩы аԥсуа шьа илазар, даԥсыуоуп, ус анакәха Аԥсуарагьы илоуп. Ҿырԥшыс иаазгар сҭахуп 1992-1993 шықәсқәа раантәи ахҭысқәа. Аҳәаанырцә инхоз ҳашьцәа, зхатәы бызшәа ззымдыруазгьы, рҭоурыхтә ԥсадгьыл, раԥсуареи, рыжәлари рыхьчарц иааит. Ршьа аус ауит, уи иаанагеит.  Ауаҩы ишьа иалоу изакәызаалак ус баша иӡуам», – иҳәеит Инџьгьиа.

Ахыцуаа рыклуб «Афырхы» алахәҩы Илона Воуԥҳа излалԥхьаӡо ала, иарбанзаалак амилаҭ рыхдырра аҽеиҭакраан иазгәаҭатәуп урҭ рынхашьа-нҵышьа аҭагылазаашьақәа. Лара лгәанала, иахьазы ирацәаӡоуп адәахьтәи афакторқәа ауаҩы ибзазара ианыԥшуа, ус анакәха хәыҷы-хәыҷла иӡуа аҵасқәа ҟалоит. Урҭ рзыхынҳәра амҩала амилаҭ хдырра аиқәырхара алшоит ҳәа азгәалҭеит Воуԥҳа. Ҿырԥшыс иаалгеит Аԥсны ауааԥсыра ахыц алахысра даара акыр иахьазҿлымҳахаз.

«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ахыци ахәымпали интересс изкуа ауаа рхыԥхьаӡара ибзианы иацлоит. Амилаҭ культура адгылара ахҭалар, иахьеи-уахеитәи ҳаԥсҭазаараҿы Аԥсуара ҳақәныҟәалар, ҳхаҿра еиқәҳархоит», – лҳәеит лара.

Ииаӡааз аҵасқәа рыӡбахә дазааҭгыло Џьамбул Инџьгьиа иааигеит афранцыз философ Жан Жорес иажәақәа:

 «Ииасхьоу ццышәымтәкәа амца агәылгатәуп» ҳәа баша имҳәеит Жан Жорес. Ҳара еилаҳкаауазароуп иреиӷьу ҳмилаҭтә ҟазшьақәас иҳамоу, ҭоурыхла ишьҭаҳкааз, иахьа ҩаԥхьа ҳаззыхынҳәша. Иҟоуп ҳазмырӷьацоз, мамзаргьы ауаҩы амчымхара дҭазыргылоз аҵасқәа, иаҳҳәап, агараҿаҟәара, мамзаргьы зхаҵа аибашьраҿы иҭахаз аԥҳәыс лабхәанда данигоз уҳәа реиԥш. Абас заамҭа цахьоу аҵасқәа ҳрықәныҟәар, ҳнапаҿы аццышә мацароуп иаанхо», – иҳәеит аҵарауаҩ.

Аиԥылара аихшьалақәа ҟаҵо уи алахәцәа еизыразхеит еиуеиԥшым аспециалистцәа-аҵарауаа рзеиԥш шьаҭанкылатә знеишьа ҟамлакәа аԥсуааи абазақәеи рмилаҭ хдырра аҽеиҭакра амзызқәа ииашаны ралкаара залыршахом ҳәа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб анаҩстәи аиԥылара мҩаԥысуеит аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа далархәны. Усҟан иалацәажәараны иҟоуп абаза жәлар рхатәы бызшәа, рмилаҭ-уаҩышәаратә, ркультуратә ҭынха аиқәырхара азҵаареи амилаҭтә ҭҵаарадырра аларҵәареи.