АААКи Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки еицымҩаҧыргаз аусура иалҵшәахеит апроектқәа «Аурашьа» «Аҧсуа кәашара».

Алиса Хутаба

Апроект «Аурашьа» шьақәгылоуп амузыкатә композициақәа 10 рыла. Ашәа ҿыцқәа рыдагьы, урҭ рыбжьара иҟоуп иҟазоу акомпозиторцәеи амузыкантцәеи аус здырулаз ҳаамҭазтәи афольклортә ашәақәагьы. Анри Гәымба иажәақәа рыла, аматериал аинтернет аҿы иҟоуп.

«Ари даара крызҵазкуа проектуп, «Яндекс музыка» «Apple музыка» реиҧш иҟоу ацифратә хархәагақәа рҿы ицәыргоуп. Ҳара иаҳҭахуп аинтернет ресурсқәа рҿы, еиуеиҧшым апрограммақәа рҿы, арилсқәа рҭыхраан ауаа аҧсуа милаҭтә мотивқәа рхы иадырхәартә еиҧш алшара рзаҧҵара», - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Акомпозитор Тимур Агрба иазгәеиҭеит ахатәы культура арҿиаразы алагала аҟаҵара аҵак ду шамоу.

«Ҳус аҿы аҭакҧхықәра аарҧшны, ҧсыцқьарала ҳазнеит. Сгәы иаанагоит амузыка бзиа избо ауаа рыдагьы, алҵшәа егьырҭгьы иргәаҧхап ҳәа. Ари апроект алыршара иадҳәалаз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит», - иҳәеит Агрба.

Апроект «Аҧсуа кәашара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Instagram» аформат ала ауаа онлаин иддырҵоит аҧсуа милаҭтә ҭынха аазырҧшуа аҧсуа кәашарақәа. Апроект шьақәгылоуп авидео урокқәа 12 рыла. Ҳажәлар рҭоурыхи, рҵасқәеи, ркультуреи раарҧшразы даҽа лшарак акәны иахәаҧштәуп ари апроект. Дарбанзаалак изҭаху ауаҩы илшоит АААК асаит, амультимедиа аҟәшаҿы авидео урокқәа ҧшааны, аҩны дшыҟоу акәашашьа аҵара. Аҳәынҭқарратә ансамбль «Шьараҭын»  асолистцәа Даниил Хәаџьааи Амина Бебиаҧҳаи апроект ҿыц хаҿыс иаиуит.

«АААК аиҧш зеиҧшу апроект сҽаласырхәарц ансыднагала, лакҩакрада «ААИ» сҳәеит сара. Иахьа уажәраанӡа иманшәаланы еиқәыршәоу авидеоурокқәа ҳамаӡамызт. Убри аҟнытә гәахәара дула сақәшаҳаҭхеит ари апроект аҽалархәра. Уи абзоурала ауаҩы илшоит цхыраарада аҧсуа кәашара аҵара. Ҳара ауаа ирылаҳарҵәоит аҧсуа культуреи ахореографиеи. Ари апроект анагӡараҿы иҳацхрааз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит», - лҳәеит Амина Бебиаҧҳа.

АААК аҟнытә апроектқәа ркоординатор Дмитри Жьиба иазгәеиҭеит урҭ ҧхьаҟатәи алҵшәа шрымоу.

«Апроектқәа рыҩбагьы - амилаҭтә фонд азы лагала дуӡӡоуп. Урҭ аамҭатә ҳәаа рымаӡам. Иахьатәи Аҧсны аҭоурых аҿы аиҧш зеиҧшу аҿырҧштәқәа маҷуп. Аконгресс ахьӡала иҭабуп ҳәа расҳәоит Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аилаки, хаҭала Вадим Николаи-иҧеи, ацхыраара ҳазҭаз егьырҭ ауааҧсыреи. Арҭ апроектқәа еицаҳзеиҧшуп, агәра ганы сыҟоуп алҵшәа бзиа шроуа!».