АААК еиҿнакааз Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны имҩаԥысит Аԥсны абжьаратә ҵара аиҿкаашьа иазку даҽа еиԥыларак.
АААК иаԥнаҵаз Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны аҵаратә системаҿы ҿыцрақәас иҟоу иалацәажәеит. Аиԥылараҿы иқәгылеит ааигәа Сангапуртәи арҵаратә методикақәа ирызку акурсқәа ирхысыз ашкол арҵаҩцәа.
Ари уажәшьҭа аҩбатәи еиԥылароуп ашколтә ҵара иазкны аклуб аҟны имҩаԥысуа. Ԥыхьа аклуб алахәцәа алацәажәеит аҵаратә система ҳаамҭазтәи аҭахрақәа ирықәшәо, ахәыҷқәа ганрацәала рыҿиара иацхраауа, раԥхьаҟа ирыхәаша адыррақәа рнаҭартә еиԥш ишыԥсахтәу амҩақәа. Убасҟан азҿлымҳара ду аҭан сингапуртәи аметодика.
Анацәеи абацәеи рыклуб анапхгаҩы Кама Кәыҵниаԥҳа иазгәалҭеит аклуб алахәцәа абри атема акыр ишырхьаау, уи алацәажәара шырҭаху, убри аҟнытә иӡбан даҽа еиԥыларакгьы ашколтә ҵара иазкызарц.
«Ҳара иаҳҭахуп ашколтә ҵара алацәажәара иалаҳархәырц анацәеи абацәеи рацәаҩны. Дара рҟынтә уи аҩыза аҭахра ыҟоуп, раԥхьаӡа иргыланы», – лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит Аԥсны ишыҟоу Сингапуртәи аҵаратә система аметодикақәа ирхысхьоу арҵаҩцәа. Ари асистема адунеи аҿы иреиӷьқәоу ируакны иԥхьаӡоуп.
«Абри аметод ҭызҵааз, аус аушьа гәазҭаз арҵаҩцәа ҳамоуп, дара уи иқәныҟәаны аусура иазыхиоуп. Сингапуртәи аметодқәа рыдагьы егьырҭ аҿыцрақәа ҳаԥсуа школқәа иахьынӡарнаало ҳалацәажәалоит, ҳрыхәаԥшлоит», – лҳәеит аклуб анапхгаҩы.
Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҿы амузыка арҵаҩыс аус зуа Вера Ҳагба еиҭалҳәеит гәыԥҩык арҵаҩцәа дрыцны ҳазҭоу ашықәс ааԥынразы сингапуртәи аметодиказы аонлаин-курсқәа дшырхысыз.
Акурсқәа мҩаԥылгоит акоуч Лилиа Мухаметшина – ихырҳагоу арҵаҩратә инструментқәа рҟазарҭа аԥҵаҩы, лара иазыҟалҵахьеит 37 нызқьҩык инареиҳаны арҵаҩцәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟнытә: Сингапур, Колумбиа, Малаизиа, Ҟазахсҭан, Узбекисҭан, Урыстәыла уҳәа, лыпрограмма хықәкыс иамоуп XXI-тәи ашәышықәсазы иаҭаху адыррақәеи алшамҭақәеи ахәыҷы илааӡара, ганрацәала ирҿиара, насыԥ иманы, ақәҿиара аиура дазыҟаҵаны аҵара ирҵара.
Вера Ҳагба арҭ акурсқәа данырхыс ашьҭахь сингапуртәи аметодикақәа лырҵаҩратә усураҿы лхы иалырхәо далагеит.
«Арҭ аметодикақәа алазгало саналага, сара избеит аус шыруаз», – лҳәеит арҵаҩы. Лара лажәақәа рыла, Анацәеи абацәеи рыклуб аҟны абри атема цәырганы иахьалацәажәо даара акраҵанакуеит.
«Иахьа акрызҵазкуа ахҭыс ҟалеит. Ҳара аклуб аҭааҩцәа идҳарбеит Сингапуртәи аҵаратә система аметодикақәа ирымоу абзиарақәеи, ирыцу аԥсыҽрақәеи (урҭ даара имаҷуп сара излазбо ала). Еиҳа ирацәаҩны анацәеи дара арҵаҩцәа рхаҭақәеи ираҳар бзиан иахьа иӡыраҳгоз аинформациа. Ауаҩы аҽыц данацәшәо ыҟоуп, аха аҵараҿы аҿыцрақәа изрыцәшәатәым ҳазааҭгылон иахьа, уи аилкаара аҵак ду амоуп», – ҳәа аәгәалҭеит Ҳагба.
Маиа Цибулиовскаиа – Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны абиологиа арҵаҩыс аус луеит, иара убас Аинформациатә технологиақәа рышкол STEM laboratory аҟны дырҵаҩуп, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны дметодиступ, арҵаҩцәа рзанааҭдырра аизырҳара ацентр арҵаҩы еиҳабыс дыҟоуп. Лара излалԥхьаӡо ала, аҵараҿы сингапуртәи аметодикақәа универсалтәуп ашкол аҿы изхысуа амаҭәарқәа зегьы рзы, убри аҟнытә аеффективрагьы рыцуп.
«Арҭ аметодикақәа универсалтәуп, амаҭәарқәа зегьы ирнаалоит, аҭоурых инаркны афизика аҟынӡа. Анацәеи абацәеи еилыркаауазароуп, рхәыҷқәа иааиԥмырҟьаӡакәа рхала аҵара апроцесс ишалахәу, уи иаанаго арҵаҩы игәыгәҭаижьит ҳәа акәӡам, иара амҩа иқәиҵоит, аха адырра амҩа иану дара рхаҭақәа роуп. Аметодика злабзиоугьы убри оуп», – лҳәеит лара.
Цибулевскаиа иазгәалҭеит ахәыҷы иҭаацәарагьы «арҵаратә процесс иалахәызароуп» ҳәа, арҵаҩ иеиԥш. Дара еилыркауазароуп ахәыҷы иԥыло ауадаҩрақәа, урҭ дшырхысуа, убри азоуп анацәеи абацәеи рԥыларақәа заҭахугьы.
Маиа лҽазылшәоит лусураҿы аметодика ҿыцқәа рхархәара, аха макьаназы «аклассикатә» урок зынӡа мап лзацәымкыцт.
«Арҭ аметодикақәа мҽхакы ҭбаала ашколқәа рҿы иалаҳгало ҳалагар, ахәыҷқәагьы ҽаԥарак ԥхьаҟа иҟарҵоит», – ҳәа лыԥхьаӡоит арҵаҩы.
Анацәеи абацәеи рыклуб аилатәарақәа ирҭаауа хҩык ахәыҷқәа ран Арда Џьапуаԥҳа лгәаанагарала, Сингапуртәи аҵаратә система алагалара абзиарақәа ацуп аха, уи иазыразымгьы ҟалоит.
«Ари асистема ҳашколқәа зегьы рҿы иалагалатәуп ҳәа ҳҳәаанӡа ахы инаркны аҵыхәанӡа инҭырҳәцааны иҭҵаатәуп, нас ҳара ҳҭагылазаашьа иаршәаны аус адулатәуп. Иԥышәалатәуп, ажәакала. Атрадициатә система зынӡа иҳазкамыжьыр ҟалап, аха аҽыцрақәагьы гәаҭалатәуп, сара уи садгылоит», – лҳәеит лара.
Сингапуртәи аметодика шьаҭас иамоуп еиуеиԥшым аҵаратә формақәа реилаӡҩара: академиатә формақәеи ахәмарратә формеи, ахәыҷы изнауго аматериал дазҿлымҳахартә, уи аинтерес ицәымӡыртә еиԥш. Абри асистемаҿы аҭыԥ ду ааннакылоит аихӡыӡаареи аицхыраареи ахьаԥу акласс аиҿкаара, зегь аизыӡырҩшьа рдыруа, аҩыза игха иҵаҳәаны ицхраашьа иақәшәартә еиԥш рааӡара.
Анацәеи абацәеи рыклуб – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихацнаркыз иҷыдоу проектуп – аусура иалагеит 2019 шықәса, абҵарамзазы. Аклуб иалалар рылшоит ахәыҷы дзааӡо зегьы. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, уи азы иаҭаху – амотивациеи азҿлымҳареи роуп. Аклуб аҟны имҩаԥысуеит апсихологцәа, ахәыҷтәы ҳақьымцәа, ахәыҷааӡара иадҳәалоу еиуеиԥшым егьырҭ аекспертцәа рԥыларақәа.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.