Бзыҧтәи ашкол №1 аҟны имҩаҧысит актиортә ҟазара иазку акружок аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәыргылаз аспектакль арбара. Уи аиҿкаараҿы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ацхыраара ҟанаҵеит.  

Селма Базба 

Бзыҧтәи абжьаратә школ №1 аҟны хымз рыҩнуҵаҟа Алхас Шамба напхгара зиҭо актиортә ҟазара иазку акружок аус ауан. Акружок аиҿкаара ашколтә рҵаҩцәа иреиуоу Инга Барцыц-Гыцба лгәы иҭакуижьҭеи акрааҵуан. 

Арҵаҩы лажәақәа рыла, афинанстә цхыраара аҧшаара аамҭа рацәа шагазгьы, лгәы калыжьуамызт.  

«Ахәыҷқәа рхатәы бызшәала акультуреи аҟазареи рахь абзиабара рылааӡаразы ари лшара бзиоуп», - лҳәеит аусмҩаҧгатә аартуа, аҧсуа бызшәа арҵаҩы Инга Барцыц-Гыцба. 

АААК Бзыҧтәи ашкол аҿы атеатралтә кружок аиҿкаара афинанстә цхыраара анаҭеит 
© АААК / Селма Базба

Аха афинанстә цхыраара аныҟам акружок аиҿкаареи, уи иазҿлымҳахаша артист иҧшаареи залыршахом. 

«Аконгресс аусура атәы злаздырыз, уи аусуҩы Изольда Ҳагҧҳа асоциалтә ҳақәа рҿы илымоу адаҟьалоуп. Сгәы исыҵанаҳәеит абарҭ ауаа, ҳзыдҵаалаша, насгьы мап ҳцәызымкша роуп ҳәа. Ус иагьыҟалеит. Ҳколлектив зегьы ахьӡала, аҭаацәеи, аҵаҩцәеи рыхьӡала иҳашәҭаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Ҳхәыҷқәеи ҳареи ҳзыҳәаны ари акраҵанакуеит. Ҳгәыӷуеит атеатралтә кружокқәа русура ашколқәа зегьы рҿы ихымҧадатәихап ҳәа», - ацылҵеит Барцыц-Гыцба.  

Акружок напхгара аиҭон Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа драматә театр актиор – Алхас Шамба. Хымз рыҩнуҵаҟа, иара атеатралтә ҟазара иазку амастер-классқәа ахәыҷқәа рзы имҩаҧигон. Арҿиаратә процесси, ақәыргыламҭақәеи ҧсышәала имҩаҧысуан. 

Абасала, акультуратә хәҭа анаҩсан, ари апроект аҿы иалкаатәуп аҵаратә хәҭагьы, избанзар арҿиара злаӡырыргаз хатәы бызшәалоуп. Атеатралтә кружок алахәыҩцәа еиҿыркааз аҵыхәтәантәи ақәыргыламҭа Таиф Аџьба 80 шықәса аихыҵра иазкын.  

Ақәыргыламҭа актәи ахәҭаҿы, апоет имшынҵа аҟнытә ацыҧҵәахақәа ирыҧхьеит, апоет иԥсҭазаареи, 1992-1992 шықәсқәа рзы имҩаҧысуаз Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан дзықәшәаз, игәыҭшьаагоу ахҭысқәеи ртәы еиҭарҳәеит. Уи анаҩс, ашколхәыҷқәа Бзоу зыхьӡу амифтә рашь иазку Таиф Аџьба иповест шьаҭас измаз ақәыргыламҭа еиҿыркааит. 

Аҵарадырреи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша аиҳабы Изольда Ҳагҧҳа лажәақәа рыла, Аконгресс еснагь ахәыҷқәа ркультуратә ҿиара иҷыдоу ахшыҩзышьҭра анаҭоит, аҵарадырраҿы ари аус крызҵазкуа ахәҭақәа ируакгьы ирыҧхьаӡоит.  

«Ҳара, Бзыҧтәи ашкол арҵаҩы Инга Барцыц-Гыцба, ашкол аҿы актиортә ҟазара иазку агәаҭаратә курсқәа рымҩаҧгаразы иҟалҵаз ажәалагала иадгылатәуп ҳәа иҳаҧхьаӡеит, избанзар иаҳбон ахәыҷқәа уи аҩыза алшарақәа арылааӡара аҵакы шдуу заҟа иҵауланы еилылкаауази, лҵаҩцәа аҟазара адунеи иазааигәалтәыр шылҭахызи. Хымз икьаҿу ҿҳәароуп, аха иара уигьы азхоит агәырцҟәыл змоу ахәыҷқәа ралкааразы. Ари аамҭа иалагӡаны ахәыҷқәа актиор изаанаҭ иазҿлымҳахартә еҧш аус рыдулазар ҟалоит. Апроект иадырбалаз аџьабаа азыҳәаны ажәалагалаҩ Инга Барцыц-Гыцбеи, актиор Алхас Шамбеи, ашкол аиҳабы Римма Агрбеи, ашкол арҵаҩцәа зегьи иҭабуп ҳәа расҳәоит», - лҳәеит Ҳагҧҳа.  

Апроект алахәыҩцәа ируаӡәку, ашкол аҵаҩы Анастасиа Ҭҳагәышьҧҳа ари ахырхарҭаҿы лхы аҧышәаразы илзаҧырҵаз алшара иҭабуп ҳәа ахылҳәааит.  

«Сара сеигәыарӷьеит апроект сахьалахәыз. Сҩызцәеи сареи ҳзыҳәаны ари ҿыцбаран. Ҳара аурокқәа рнаҩс ашкол аҿы ҳаангылон, ҳҽазыҟаҳҵон, ҳҽазаҳшәон ҧсышәала ақәыргыламҭақәа рымҩаҧгара. Акружок аҿы сҽазыҟасҵара анаҩсгьы иацҵазар сҭахын», - лҳәеит Анастасиа Ҭҳагәышьҧҳа. 

Бзыҧтәи ашкол аколлектив ироуз алҵшәаҿы иаангылап ҳәа ргәиҭам. Анаҩстәи рыплан иарбоуп ашколхәыҷқәа рзыҳәан арҿиаратә проект ҿыцқәа реиқәыршәара.