Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысит Кавказ ажәларқәа ркульутра IX-тәи Санкт-Петербургтәи афестиваль. Уи раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәа.

Саид Барганџьиа

Санкт-Петербург иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟәша акәашаратә гәыԥи, Аконгресс алахәыла, ашәаҳәаҩ Диана Шашуреи рхы аладархәит Кавказ ажәларқәа ркульутра IX-тәи Санкт-Петербургтәи афестиваль. АААК ахаҭарнакцәа раԥхьаӡа акәны рхы аладархәит ари есышықәстәи аусмҩаԥгатә.

Афестиваль шьақәгылан Кавказ иқәынхо ажәларқәа ретнокультуратә традициақәа аазырԥшуа атеатралтәи, ахореографиатәи, авокалтәи, аинструменталтәи қәыргыламҭақәа рыла. Аԥсуаа рыдагьы, афестиваль аҟны рырҿиаратә баҩхатәра аадырԥшит азербаиџьанцәа, аерманцәа, адаӷьстанцәа, аингушцәа, аҟарачқәа, ауааԥса, ачерқьесцәа, ачеченцәа.

Аусмҩаԥгатә далацәажәо Диана Шашура иазгәалҭеит, афестиваль аҩаӡара ҳаракны ишеиҿкааз, ларгьы гәахәара дула уи аҟны дшықәгылаз.

«Сара даара сеигәырӷьоит афестиваль аҟны ашәаҳәаралеи акәашаралеи ҳаԥсадгьыл ахьааҳарԥшыз», – лҳәеит ашәаҳәаҩ.

Лара еиҭалҳәеит афестиваль еиуеиԥшым ақалақьқәеи атәылақәеи раҭаара аҳасабала, аекскурсиа аформат аманы ишымҩаԥысыз. Аномерқәа зегьы аинтерес рыҵан, еиуеиԥшымкәа еиҿкаан. Ақәгыларақәа рыбжьара еиуеиԥшым аҟазара ахкқәа рыла амастер-классқәа мҩаԥыргон, афестиваль ахыркәшамҭаз зегьы рҽеидыркылеит итрадициатәу аураашьа акәашараҟны.

«Убри аамҭазы ҳазегьы аҩны ҳаҟоушәа ҳгәы иабеит», – ҳәа лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит Шашура.

Санкт-Петербург иҟоу АААК арегионалтә ҟәша анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа иазгәеиҭеит, ари афестиваль итрадициатәу ныҳәаны ишыҟалахьоу, Сантк-Петербург ақалақьуааи уи асасцәеи гәахәарала ишаҭаауа, убри аҟнытә АААК ахаҭарнакцәа гәыҩбарада уи рхы шаладырхәыз.

«Ҳҿарацәа ргәы ҭгәырӷьаауа ааԥхьара рыдыркылеит, избанзар афестиваль аҟны ҳмилаҭтә культура аԥшӡара ааҳарԥшырц азы алшара ыҟоуп. Мызкы аҟара аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿын, иқәҳаргылаз акәашара ахәаԥшцәа даара иргәаԥхеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Рекәаа.

Сынтәа имҩаԥысыз Кавказ ажәларқәа ркультура IX-тәи Санкт-Петербургтәи афестиваль апограмма даара иҭбаан. Аконцерт анахысгьы уи аҟны ицәырган ажәлар рынхамҩа-бзазара амаҭәарқәа, рнапкымҭақәа, амилаҭтә костиумқәа, аерман сахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа, имҩаԥган амыхәшәыг ала аҭыхшьеи, акьанџьақәеи, ауарҳалқәеи рыҟаҵашьеи, акәашареи рзы амастер-классқәа.

Кавказ жәларқәа ркультура Санкт-Петерубргтәи афестиваль есышықәса имҩаԥысуеит 2010 шықәса раахыс. Ари аамҭа иалагӡаныСанкт-Петербург иқәынхо Кавказ жәларқәа рхаҭарнакцәа рыбжьара иара алаҵәара ду аиуит. Афестиваль аиҿкааҩцәас иҟоуп Санкт-Петербургтәи амилаҭқәа рыҩны, Санкт-Петербург иҟоу амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәеи амиграциатә политика аларҵәареи рзы Аилак ацхыраарала.