Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс изаамҭанытәиу Анацәеи абацәеи рыклуб аилатәара мҩаԥнагеит Гагра. Аиԥылара иалахәын ахәыҷқәагьы.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс раԥхьаӡа акәны Анацәеи абацәеи рыклуб анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥнагеит Гагра, жьҭаара 3 рзы.
Аконгресс ахаҭарнак Изольда Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит, гаграа рзы аиԥылара аформат ҿыц аманы ишымҩаԥгахо атәы.
«Ҳара иахьа анацәеи абацәеи рынахыс ахәыҷқәагьы ааҳаԥхьеит. Амҽышаҽны анацәа ҳхәыҷқәа батәыс изаҳҭода ҳәа агәхьаа иамгарц азы, аамҭа еицырхыргартә еиԥш ҳазхәыцит ари аиԥылара. Убри аан дара џьарак иаҳмыртәаӡеит, ахәыҷқәа ргәы змырҿыӷьша апрограмма хәыцны, хазы аус рыдызулоз аспециалист дрыцаҳҵеит.
Апсихолог Елана Кортуа анацәа дрыҿцәажәон, апсихолог, арт-терапевт Асҭанда Кәаӡԥҳа – ахәыҷқәа. Дара асапын ҟарҵеит», – лҳәеит АААК аусзуҩ.
Лара лажәақәа рыла, Аконгресс аусзуҩцәа ибзианы еилыркаауеит ахәыҷқәа рықәра шмаҷӡоу инаркны азҿлымҳара ду рыҭара акырӡа шаҵанакуа, ак аҵара, ма аилкаара ианалаго аамҭазы. Имҩаԥысыз аиԥылара акәзар, уи алҵшәақәа бзиоуп ҳәа рхылҳәааит Изольда Ҳагԥҳа.
«Абарҭ ҳаиԥыларақәа рышьҭахь анацәеи абацәеи ахәыҷааӡара аганахьала рхәыцшьа, мамзаргьы рхымҩаԥгашьа шьаҭанкыла иҳаԥсахуеит ҳәа ҳазҳәом, хымԥада, аха ус шакәугьы, ԥхьаҟа «аҽаҩра бзиа рызҭаша» ажәла лаҳҵоит. Абри атема иаҳа иалацәажәо иалагар мацарагьы акыр ихәарҭоуп, убас маҷ-маҷ аинформациа алаҵәара аиуеит, ҳаклуб иадҵаалогьы иаҳа ирацәахоит. Уи иаанаго, ас еиԥш иҟоу адыррақәа рҭахуп ауп, уи аҵак ду шамоу еилыркаауеит», – ҳәа лыԥхьаӡоит Ҳагԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ари аиԥылараҿы еиҳаракгьы аамҭа бзианы, ихырҳагангьы изхызгаз ахәыҷқәа роуп ҳәа.
«Ахәыҷқәа гәырӷьаҵәа иҟоуп. Даара ибзианы рхы аадырԥшуан, аҵатәхәы цонаҵы зегьы иазҵаауан, аинтерес рыман. Ҷкәынак ус иҳәеит: «Есыҽны абас ҳаизыжәгалозаргьы, сааилон», - ҳәа. Ҳара ҳзы уи еиҳау акгьы ыҟаӡам. Насгьы дара рнапала акы ахьыҟарҵаз – ихадароу акоуп, рнапкымҭа аҩныҟа иргоит, рандуцәеи рабдуцәеи иддырбоит – ҳара ҳзы ари зеиӷьыҟам ҳамҭоуп», – лҳәеит Ҳагԥҳа.
Апсихолог Елана Кортуа уажәаԥхьагьы Анацәеи абацәеи рыклуб аиԥыларақәа рҟны дықәгылахьеит. Лара дызлахәу аиԥыларақәа еснагь азҿлымҳара ду рыцуп анацәа рганахьала. Гагратәи аиԥылараҿы Елана еиҭалҳәон аҭаацәара – ауаҩ иԥсҭазаараҿы ныррас иҟанаҵо.
«Ҳара ҳалацәажәеит аҭаацәа дарбанзаалак ауаҩы иԥсҭазаараҿы аҭыԥ ду шааннакыло, дшыхәыҷу дызхысуа зегьы – уасхырс иԥсҭазаара ишаиуа. Аҭаацәа ауаҩы иԥеиԥш анырра бзиа анаҭар шауа еиԥш, иҽеим анырра анаҭозаргьы ауеит. Ауаҩы иааӡара – аҭакԥхықәра зцу џьабаа дууп, уи еилукаауазароуп, есааира уеизҳалароуп, ушәлароуп ухаҭа. Еснагь узлеиӷьхаша аганқәа ыҟоуп. Ҳалацәажәеит ааӡараҿы иҟоу аклассикатә стильқәа, урҭ рахьтә реиҳа иманшәалақәоу», – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит апсихолог.
Аспикер иазгәалҭеит анацәеи абацәеи атема рҽагәылахаланы ишазыӡырҩуаз. Азҵаарақәа лырҭон, доусы рыгәҭахәыцрақәа лыцеиҩыршон, рԥышәа еимырдон, иҟан абжьгара иаҳәозгьы.
«Уи даара игәахәароуп. Уи иаанаго, сызлацәажәоз ргәаҿы-рхаҿы инеит ауп, азҵаара рацәа сықәрыԥсон, исҳәоз ахҳәаа азыҟарҵон, ргәы иҵхоз, ма ирылымшо атәы сзеиҭарҳәон. Ааԥсара иахҟьаны, ахәыҷы иганахьала аҽынкылара анрылымшо иҟаҵатәуи, абасқәа раан ахымҩаԥгашьа иашас иԥшаатәуи ҳәа иҵаауан. Аинтерес рыман, ажәакала. Саргьы сазыхиоуп исымоу адыррақәа рыҭара», – лҳәеит апсихолог Кортуа.
Лара лгәаанагарала, лабҿабатәи, гәаартылатәи аицәажәароуп абас иҟоу аиԥыларақәа раан аеффект бзиа ҟазҵо.
«Иахьатәи ҳаамҭазы ахәыҷааӡара иазку аинформациа даара ирацәаны иуԥшаар ауеит. Аха лабҽабатәи аиԥыларақәа, анацәа дара рҩызцәа рацәаҩны ианырбо, доусы рҭоурыхқәа анеиҭарҳәо, аексперт игәаанагарагьы хара имцакәа иара уи ироуртә ианыҟоу – уи еснагь еиҳа аинтерес амоуп, ахәарҭарагьы еиҳа иацуп», – лҳәеит Елана Кортуа.
Ахәыҷқәа аус рыдызулоз аҩбатәи апсихолог Асҭанда Кәаӡԥҳа лакәзар, акыраамҭа доурышьҭуамызт, убасҟак иргәаԥхеит рнапы злакыз асапынршра апроцесс. Аинтерву анҳалҭозгьы илыкәшаны игылан, илҳәоз иазыӡырҩуа.
Аспециалист имҩаԥысыз аиԥылара ахәшьара ҳаракы алҭеит.
«Ахәыҷқәа зегьы аинтерес рыман, активра аадырԥшуан. Ҩыџьа рыда егьырҭ ахәыҷқәа зегьы раԥхьаӡа акәны асапын дыршуан, гәахәара дула уи аԥшшәы, афҩыхаара, аформа алырхуан. Ҳҵатәхәы апозитивра аманы имҩаԥысит. Ахәыҷқәа ирзеиӷьын сҳәар сылшоит. Анацәа ирыхәаша адыррақәа роуит, ахәыҷқәагьы уи аамҭазы баша усда итәамызт, арҿиара ус рнапы алакын. Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҭахуп, уи убаратәы иҟан ахәыҷқәа рлакҭала, дара зегьы ргәалаҟаны ишыҟаз умбар залшомызт», – лҳәеит Асҭанда Кәаӡԥҳа.
Мира Пичугина аиԥыларахь дааит быжь-шықәса зхыҵуа лыҷкәын длыманы. Уаанӡагьы лара аклуб аиԥыларақәа рахь дныҟәон, уи азы Гагрантә Аҟәаҟа дцон. Уажәтәи аиԥылара дара рҿы иҟалоит ҳәа анлаҳа, даара деигәырӷьеит. Аԥҳәызба иазгәалҭеит Аконгресс иалнахыз аформат акыр иманшәалоуп ҳәа, ухәыҷы дуцны уанааиуа.
«Ан алекциа дазыӡырҩуеит, ахәыҷы арҿиара ус инапы алакуп, уи еиӷьу иҟоузеи. Ахәыҷы џьара иааныжьразы алшара аныҟам ҟалалоит, убри иахҟьаны аҩны уаныздәылымҵуа ыҟоуп», – лҳәеит аиԥылара алахәҩы.
Анацәеи абацәеи рыклуб аиԥыларақәа зеипшла даара иузеиӷьуп ҳәа ахәшьара рылҭеит.
«Ҳаамҭазы имаҷым ахәыҷааӡара иазку аинформациа, уи мариангьы иуԥшаар улшоит акаҭаҿы, иҟоуп ашәҟәқәагьы маҷымкәа. Аха абас аиԥыларақәа зыԥсахуа ҳәа макьана акгьы збом. Ара даҽа атмосферак ыҟоуп, игәнукыло иаҳа ирацәоуп, иаҳа азҿлымҳара ацуп. Иҵегь лассы-лассы имҩаԥысуазар ҳҭахуп», – лҳәеит лара.
Диана Чагәаа – ԥшьҩык ахшара дрануп. Акрааҵуеит Гагра абри аиԥылара дазыԥшызижьҭеи, еиҳаракгьы апсихолог Елана Кортуа ллекциа дазыԥшын, избан акәзар лара «еилукааратәы иузналгоит ҳаамҭазтәи анацәеи абацәеи рҿаԥхьа иқәгыло имариам атемақәеи, ацәырҵрақәеи».
«Ҳара аҭакԥхықәра зхахахьы изго анацәа раҳасабала, иаҳдыруазар ҳҭахуп, ахәыҷқәа рааӡара иаҳа ишиашоу, урҭ ирзеиӷьу арбану, ҳара ҳхаҭақәа ҳхы аус адаҳулар шакәу. Апрофессионалцәа рҟынтә иҳаҳароуп абри аинформациа, уи ҳахәартә еиԥш. Аҟәаа «ҳрыҵашьыцуан» дара абас еиԥш алшара ахьрымаз. Убри аҟнытә, аклуб Гагра ианаҳзааи, арахь ҳмааир ҟалозма», – лҳәеит ан.
Аҽны ахәыҷқәа зегьы агәалаҟара бзиеи, рнапала иҟарҵаз асапын ԥшӡақәеи рыманы аҩныҟа ицон.
Артиом Боиан иаҳәшьа лзы ҳамҭас иҟаиҵеит асапын ҽыҭ. Ихазгьы ишыҟаиҵашаз ихамшҭит, ҳәарада. Аҷкәын раԥхьаӡа акәны ари аус ала дхандеиуан, апроцесс ахаҭагьы, алҵшәагьы даара игәаԥхеит.
Саид Шамба иуникалтәу ихатә сапын ҟаиҵеит – иашьеиҳаб Леон изы. Саид дгәыӷуеит хара имгакәа даҽа еиԥыларакгьы ҟалап ҳәа, усҟангьы агәҿыӷьха узымҭо аусхк рзырыԥшаап ҳәа.
Анацәеи абацәеи рыклуб аиԥылара аихшьалақәа ҟаҵо Аконгресс аусзуҩцәа уамакала ирацәаны ахҳәаа бзиақәа роуит, убри аҟнытә иӡбоуп Гагра еиԥыларк ала иаанымкылакәа, аилатәарақәа рцикл мҩаԥгазарц.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.