Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала ақыҭа школқәа ирҭоу ахәыҷқәа рдиспансеризациа амҩаԥгара иалагеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала ақыҭа школхәыҷқәа рдиспансеризациа иазку апроект ҿыц хацнаркит.

Аҳақьымцәа зегь раԥхьа иахьцаз Тҟәарчал араион Бедиа ду ақыҭахь ауп. Адиспансеризациа ҩ-етапкны имҩаԥысит: аԥхьатәи амш ахәыҷқәа ршьа ргеит азеиҿпш анализ аҟаҵареи, ашьақар иалоу ашәареи рзыҳәан, адырҩаҽны анализқәа зеиԥшраз еиԥш ахәыҷқәа дасу ирҭахны иҟаз аҳақьымцәа игәарҭеит. 

Аҳақьымцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ахәышәтәратә-профилактикатә педиатриа аспециалист хада Есма Гәниаԥҳа, ахәыҷқәеи адуцәеи рневролог, аультрабжьытә диагностика амҩаԥгаҩ, Амедицинатә центр «Альба-Мед» анапхгаҩы Альбина Хәаџьаа, иара уи ацентр амедеиҳәшьцәа Илона Баркалаиеи Емма Какәбааи, аблаҳақьым Фатима Сангәлиа, арентгенҟаҵаҩ Аслан Берзениа, ахәдаҳақьым Лана Ешԥҳа. Ашьа алаборатортә анализқәа зегьы мҩаԥган алабораториа «MedLife» амчала.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит адиспансеризациазы апроект ақыҭахәыҷқәа мацара зракәу иамҽханакуа.

«Ачымазара заа адиагноз анузықәыргыла – уи лыԥхала ахәышәтәра алшоит ахҭысқәа реиҳарак раан. Акоронавирустә ҿкы, ишдыру еиԥш, хәыҷгьы-дугьы ргәабзиара ианырит, шьоукы ртәы агьҵнашәааит. Убри аҟнытә Аконгресс апроект хацыркуп ақыҭа харақәа рҿы инхо ахәыҷқәа рыла, избанзар ақалақь иацәыхараны инхо ауаа ахәышәтәырҭа радҵаалара иаҳа иуадаҩуп ҳәа ҳаԥхьаӡеит. Убри аҟнытә ауаа иахьа-уаҵәы ҳәа иахыргоит аҳақьым иҭаара, ма зынӡакгьы изымцакәа иаанхоит, еиҳарак заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа анракәу», – лҳәеит Изольда Ҳагԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, АААК ари апроект рыманы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба изцеит. Иара ари ахаԥшьгара ахә ҳаракны ишьеит, адгылара шаиҭо иҳәеит.

«Ҳаицәажәаны ҳазлаҟоу ала, Агәабзиарахьчара аминистрра атехникатә цхыраара ҳнаҭоит, аҳақьымцәа рыбригадақәа еиқәнаршәоит, Аконгресс акәзар аиҿкааратә зҵаарақәеи ахарџьқәеи зегьы ахахьы иагеит. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делԥҳаи ахәыҷтәы ҳақьым Есма Гәниаԥҳаи адиспансеризациа амҩаԥгараҿы иҳарҭоз абжьгарақәа рзы. Ҳара агәра ҳгоит, ари апроект аҭахны, иаамҭангьы ишыҟоу, ҳтәыла ауааԥсыра рзы, аҳәынҭқарра азгьы ишыцхыраагӡа бзиоу. Ҳхәыҷқәа ргәабзиара иахьа егьа ҳахӡыӡаауазар – уаҵәы ҳмилаҭ ргәашьамх ӷәӷәаны иаҳбоит ауп иаанаго», – ҳәа азгәалҭеит Ҳагԥҳа.

Ахәыҷтәы ҳақьым Есма Гәниаԥҳа лыхәҭаахьала илҳәеит Аконгресси Агәабзиарахьчара аминистрреи абри аус аҿы рымчқәа ахьеиларҵаз акырӡа шаанаго.

«Аконгресс ахаҭарнакцәа Агәабзиарахьчара аминистрраҿы иааит ақыҭахәыҷқәа рдиспансериазациа ҳалшар ҳҭахуп ҳәа ажәалагала рыманы. Сгәанала, ари аҩыза апроект аиҿкаареи амҩаԥгареи аҵак ду змоу, даара иаҳҭаху усуп. Актәи ҳныҟәара иалагӡаны 50-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ргәабзиара гәаҳҭеит. Ари аҩыза апрофилактикатә гәаҭарақәа егьырҭ ақыҭақәа рҟынгьы имҩаԥаҳгаларц ҳгәы иҭоуп, ахәыҷқәа ргәабзиара иаԥырхагоу акрыҟазар иаҳбарц, рҭаацәа агәҽанызаара раҳҭарц азы, ҳтәылауаа аамҭа-аамҭала ахгәаҭара шаҭаху ргәалаҳаршәаларц», – ҳәа ацылҵеит аҳақьым. 

 Аконгресс аусзуҩ Наур Хышба иажәақәа рыла, ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа иазку апроект зегь раасҭа зымҽхак ҭбаау, ахарџьгьы зқәу акоуп. 

«Уажәы ҳаԥхьа ишьҭоуп Бедиаду ҳаҟазаара аԥышәа бзиа ҳхы иархәаны, иааиуа ҳныҟәарақәагьы амҩа рықәҵара. Мызкахьы ҩ-қыҭак ҳрыхьӡаларц ҳгәы иҭоуп, ашықәс нҵәаанӡа зықьҩык ахәыҷқәа адиспансеризациа рахыжьра ҳалҳаршап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Иахьазы Аԥсны аус руеит ақыҭа школқәа 111, дара зегь рҿы аҵара зҵо рхыԥхьаӡара жәа-нызқьҩык инареиҳауп», – иҳәеит Хышба.

 Иара иазгәеиҭеит, раԥхьаҟа ишьҭоу аус ахьынӡадуу шеилыркаауа, Аконгресс шазыхиоу ари аус аҿы финансла акәыз, мамзаргьы иара ус адгылара ҟазҵарц зҭаху аҩызцәа рыԥшаара. 

«Ауаа ргәы былуеит, уи зыршаҳаҭуа аҿырԥшқәа маҷым. Иаҳҳәап, аҟәатәи алабораториа MedLife аиҳабы Лариса Аҳәԥҳа лыбзоурала ашьа анализ аҟаҵара ахәԥса акыр еиҵхартә иҟалеит, иара убас аҳақьым ахәыҷы ишьа еиҳа инарҭбааны анализ алҵшәақәа ибар иҭаххозар, уи иаарласны амҩаԥгаразы алшара ҳауит. Ҳусура рҽаладырхәит Гагратәи амедицинатә центр АЛЬБАМЕД, дара иҳарҭаз амедицинатә хархәагақәа рыбзоурала аҳақьымцәа еиҳагьы инарҵауланы ахәыҷқәа ҭырҵаартә еиԥш аҭагылазаашьа роуит. Уи ацентр адиректор Альбина Хәаџьаа хаҭалатәи леимадарақәа рыбзоурала ахәыҷқәа ркардиограммақәа хәыда-ԥсада москватәи аспециалистцәа ахҳәаа азыруртә иҟалеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Хышба.

Аневролог Альбина Хәаџьаа бедиатәи ашкол аҵаҩцәа ргәаҭара аихшьаала азылуит.

«Иахьа раԥхьаӡа акәны Аконгресси ҳареи ақыҭахәыҷқәа рдиспансериазациа амҩаԥгаразы ҳҭыҵит, ганрацәалатәи амедицинатә гәаҭара иахҳажьырц. Амедицинатә центр «АЛЬБАМЕД» амедеиҳәшьцәа адыԥхьаланы Бедиатәи ашколхәыҷқәа ргәеисшьа гәаҳҭеит (кардиограмма), рыхшыбаҩ, рыхәда адақәа УЗИ ҟаҳҵеит, анаҩс ахәыҷтәы невролог иабжьгарақәа ацны, ррыԥҳақәа арентген иахҳажьит», – лҳәеит Хәаџьаа.

Лара лажәақәа рыла, аневрологиатә симптоматика ахәыҷқәа шамахамзар зегьы ирыдбалан, еиҳарак аиҵбыратә классқәа рҿы итәу рҟны.

«Игәаҳҭаз ахәыҷқәа шамахамзар зегьы аневрологиатә дефицит маҷ рыдаҳбалеит. Аиҵбыратә классқәа рҿы ихьшәаны ацәажәара алагара ҳбеит. Ари аҩыза асимптомқәа ахәыҷы ашкол ахь дцаанӡа иаарԥшызароуп. Аха уажәы иахьгәаҳҭазгьы бзиоуп, раԥхьаҟа ҳазларыхәаша ҟалоит. Жәиԥшь шықәса рхыҵаанӡа ҳархылаԥшуа дасу ирнаалаша атерапиа рзалаҳхуеит», – лҳәеит Альбина Хәаџьаа.

Бедиа ду ашкол адиректор Ииа Мелаӡе иҭабуп ҳәа ралҳәеит апроект аиҿкааҩцәеи аҳақьымцәеи ахәыҷқәа ргәабзиара ахьгәарҭаз.

«Иахьа ҳашкол иаҭааит Аконгресс ахаҭарнакцәеи Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә аҳақьымцәа рыбригада ирыцны. Даараӡа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит адиспансеризациа апроект аԥшьызгаз зегьы. Ҳкыҭауаа аӡәырҩы ргәабзиара гәарҭартә еиԥш алшара рымам. Ашколхәыҷқәа анализҵәа арҭеит, анаҩс игәарҭеит атерпаевт, аблаҳақьым, ахәдаҳақьым, арентген, узи ҟарҵеит. Аҭаацәеи аҳақьымцәеи еицәажәартә еиԥш алшара рыман. Иҟоуп ари нахыс амедицинатә хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа», – лҳәеит ашкол адиректор.

Адиспансеризациа иазку апроект хықәкыс иамоуп – ақалақь иаҿыхарсҭам, инахараны инхо ақыҭашколхәыҷқәа ирҭахны иҟоу амедицинатә цхыраара рыҭара. Апроект аиҿкааҩцәа ргәы иҭоуп ҳазҭоу 2023 шықәса нҵәаанӡа зықьҩык ахәыҷқәа ргәаҭара.