Аконгресс акоманда АААК Арегионалтә ҟәша ахада Владимир Ԥшьеноҟәа напхгара ззиуа Ҟабарда-Балкариатәи аделегациа ирԥылеит.

Ҟабарда-Балкариа иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Арегионалтә ҟәша ахада, Аконгресс Иреиҳаӡу ахеилак алахәыла Владмир Ԥшьеноҟәа дызхагылоу аделегациа АААК аофис иаҭааит цәыббра 28 рзы. Асасцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Ҟабарда-Балкариатәи ауаажәларратә еиҿкаара «1992-1993 шықәсақәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа» ахантәаҩы Тимур Шарданов, аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа Аслан Чегемов, Алихан Хутов. Аиԥылара иалахәын иара убас АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура аҟәша аиҳабы Дмитри Жьиба, иара уи аҟәша аусзуҩцәа Дамир Ӷәарзалиеи Херсон Симониеи.

Ҟабарда-Балкариатәи аделегациа аԥсшәа раҳәауа АААК амаӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба ирыдиныҳәалеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амш 29 шықәса ахыҵра. Иара иазгәеиҭеит аибашьраан хатәгәаԥхарала аԥсуа жәлар рыхьчаразы иааз рлагала шдуу, иҭабуп ҳәа реиҳәеит ҟабардатәи аветеранцәа Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи раагара иахьазықәԥоз азы. Анаҩс Гыцба еиҭеиҳәеит Аконгресс аусура абжьаратә лыҵшәақәа ртәы, дазааҭгылеит иааираны иҟоу АААК аиубилеитә 30-тәи аизараду аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа.

«Иахьазы иаҳҳәар ҳалшоит Аԥсны иахьаҵанакуа 60 рҟынӡа АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа ааҳартхьеит ҳәа. Абарҭ ахаҭарнакрақәа рҳәаа иҭагӡаны ихадароу ахырхарҭақәа рыла апроектқәа наҳагӡоит: аетнокультуратә ҭынха аиқәырхареи арҿиареи, аԥсуа бызшәа ахьчареи аларҵәареи уҳәа убас егьырҭгьы. Активла аус ҳуеит ауааԥсыра асоциалтә цхыраара рыҭара аганахьалагьы. Ҳҽазыҟаҳҵоит Аконгресс аиубилеитә еизараду амҩаԥгара, уи аламҭалазы адиаспора ахаҭарнакцәа рыбжьара аинтерес шызҳауа ҳбо ҳалагеит. Убас, уажәааигәа Ҭырқәтәылантә иаҳзааит 250 инареиҳаны АААК алаларазы арзаҳалқәа», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Инар Гыцба.

Уи адагьы, иара иҳәеит ԥхьаҟатәи апроектқәа рыӡбахә, иалкаангьы Аконгресс аусура атәы ауаа еиҳа еиӷьны идзырдырша.

«АААК Аинформациатә портал – Аԥсны иахьаҵанакуа иакзаҵәыку информациатә ресурсуп ф-бызшәак рыла аматериалқәа ҭзыжьуа.  Ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп апортал ашьаҭала уи ахархәаҩцәа дара-дара рҽеимардартә еиԥш алшара аԥҵара, доусы изыманшәалоу абызшәала дцәажәо», – иҳәеит Инар Гыцба.

Ҟабарда-Балкариатәи аделегациа ахада, АААК Арегионалтә ҟәша ахантәаҩы Владимир Ԥшьеноҟәа Аконгрессаа иҭабуп ҳәа реиҳәеит абас иҟәандоу адкылара ахьаадырԥшыз азы, ирзеиӷьеишьеит ргәы иҭаркыз апроектқәа зегьы қәҿиарала инарыгӡарц, агәыӷрагьы ааирԥшит аусеицура бзиа раԥхьаҟа ишырзыԥшу азы.

 «Иахьатәи аиԥылара даара иҟәанданы имҩаԥысит. Аҟәатәи аофис аҿы аус зуа рахьтә иҟан раԥхьаӡа акәны иаҳбаз, иҟоуп уаанӡа ҳзабадырхьаз, иахьа ҩызцәас иаҳшьо, дареи ҳареи ҳаибабара ҳгәы иахәеит. Ҟабарда-Балкариа иҟоу аԥсуа-абаза диаспора актив даара ргәы шьҭыҵны иҟоуп. Сгәанала, ҳаԥхьаҟа ҳаимадара еиҳагьы иӷәӷәахалоит. Ҳара иаҳҭахуп, иагьҳалшоит Аԥсны иахәара, адиаспорагьы ирзеиӷьу аус бзиақәа рыҟаҵара», – иҳәеит Ԥшьеноҟәа.

Аиҿкаара «1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа» ахантәаҩы Тимур Шарданов ихәҭаахьала иазгәеиҭеит Аконгресс Арегионалтә ҟәшақәа еснагь аимадара рыбжьазароуп, аус ецырулароуп ҳәа АААК аусура еиҳагьы ихырҳагахарц азы.

«Ҳаиқәшәалароуп, ҳаицәажәалароуп. Азеиԥш проблемақәа напеилаԥса рыӡбара ианакәызаалак иаҳа имариоуп», – иҳәеит Шарданов.

Аиԥылараҿы ирыхәаԥшит азҵаарақәа жәпакы, еиуеиԥшым ахыдҵақәа рыӡбараан ирымоу аԥышәа еимырдеит арегионалтәи аҭыԥантәи аҟәшақәа алархәны, уажәы зынагӡара иаҿу апроектқәа ирылацәажәеит, аусеицура ахырхарҭа хадақәа алыркааит, ахәаахәҭратә хаҭарнакрақәа раԥҵареи егьырҭ аекономикатә усеицура аформатқәеи уахь иналаҵаны.