Очамчыра араион аҟны имҩаԥысуа ашәахәаҩ қәыԥшцәа рконкурс «Орфеи» алахәцәа руаӡәык аҳамҭа ҷыда лоуит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟынтәи.
Саид Барганџьиа
Очамчыра араион аҟны имҩаԥысуа авокалтә проект «Орфеи» аҳәаақәа ирҭагӡаны зегьы иреиӷьны аԥсышәала ашәа анагӡаразы Аконгресс аҳамҭа ҷыда аԥнаҵеит, иагьланаршьеит аицлабра алахәҩы қәыԥш Саида Азизова.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба еиҭеиҳәеит аҳамҭа ҷыда аԥҵара аидеиа шрызцәырҵыз, уи Аконгресс алахәцәа рҟынтә адгыларагьы шаиуз, ари апроект «ииашаҵәҟьаны асоциалтә хырхарҭа ахьамоу» аҟнытә.
«Аконкурс иалахәу ахәыҷқәа реиҳарак социалла иманшәалам аҭыԥқәа рҟны инхо роуп. Урҭ зегьы Очамчыра араион ақыҭақәа рҟны инхо, абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа роуп, аӡәырҩы амикрофон зныкгьы рнапаҿы ирымкыцт. Убас, Аконгресс иалнакааз жәиԥшь шықәса зхыҵуа Саида Азизова иарбанзаалак амузыкатә ҵара лымам.
«Аҳамҭа ҷыда – асертификат изанашьоу алшара лынаҭоит аԥсуа композитор Анри Гәымба иҟны ашәа ҿыц аҭаҩра», – иҳәеит Инар Гыцба.
Авокалтә конкурс аԥҵара аидеиа лызцәырҵит Валериа Адлеиԥҳа, урыстәылатәи ателеканал НТВ аҟны ицоз авокалтә проект «Ты супер» актәи асезон аҟны аиааира згаз. Лара лажәақәа рыла, апроект ҵакыс иамоуп ашәаҳәаҩ қәыԥшцәа асценаҿы ахаарԥшразы алшара рыҭара.
«Сара издыруан Очамчыра абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа рацәаны ишҳамоу, убри аҟнытә исҭахын даргьы, сара сеиԥш, асцена ду аҿы ақәгылара алшара роурц, убри закәу рнырырц, анапеинҟьабжьқәа раҳарц. Абри сыгәҭакы сан ианылзеиҭасҳәа, лара дадҵаалеит Очамчыра араион аҿари аспорти рыҟәша, абас алагьы ҳара абри апроект анагӡара ҳалагеит», – ҳәа еиҭалҳәеит Валериа Адлеиԥҳа.
АААК аҳамҭа ҷыда иаԥсахаз ашәаҳәаҩ иналыгӡеит еицырдыруа аԥсуа ашәа «Шьышь-нани». Баграт Шьынқәба иажәақәа рыла иаԥҵоу ари ашәа – гәыҭшьаагоуп, XIX-тәи ашәышықәсазы аҭырқәа ӷбақәа рыла аԥсуаа хҵәаны ианыргоз аамҭазы ан лхәыҷы изылҳәоз гарашәоуп. Усҟан аҿкы чымазарақәеи, амлакреи ҟамларц азы амҩан иԥсуаз иаразнакала амшын иаларыжьуан. Амҩа ахгара зегь раԥхьаӡа изцәыуадаҩхоз ахәыҷқәа ракәын. Аӷбаҿы дыҟан ԥҳәысеибак, уи лхәыҷы дычмазаҩхан, иԥсы ихыҵит, аха лара агарашәа изылҳәон, длымхны амшын дарымҭарц азы.
«Ари ашәа сҳәарц сҭахызижьҭеи акрааҵуан. Уи угәы-уԥсы зегь иалсуеит, уамхамҵәыуар ауӡом, ҳажәлар рхьаа зегь алыжжуеит», – лҳәеит Саида Азизова.
Аҭыԥҳа илоуз аҳамҭазы иҭабуп лҳәеит, иагьазгәалҭеит уаанӡа зныкгьы астудиаҿы ашәа шҭалмыҩыцыз.
«Ари зеиӷьыҟам ҳамҭоуп, иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит. Даара сеигәырӷьоит!» – лҳәеит лара.
Аконкурс алахәцәа ралԥшааразы аиҿкааҩцәа Очамчыра араион ақыҭақәа зегьы ирылсит, ирзыӡырҩит шәҩык инареиҳаны ахәыҷқәа.
«Ахәыҷқәа гәахәарала иаҳԥылон, ҳааира акыр иазыԥшын, агәыӷрақә рыман. Ахәыҷы хазынақәа рацәаҩны иҳамоуп, аха урҭ апрофессионалтә цхыраара рҭахуп, убри аҟнытә ари апроект дара рзы иаҵанакуа рацәоуп», – ҳәа азгәалҭеит АААК аинфопортал ахҳәаа азҭаз, акастинг аҟны ахәыҷқәа ирзыӡырҩуаз авокал арҵаҩы Лика Ҵәыџьԥҳа.
Авокалтә проект «Орфеи» аҟны иреиӷьу ашәаҳәаҩ ихьӡ аиуразы еиндаҭлоит 17-ҩык алахәцәа, урҭ рықәгыларақәа ахәшьара арҭоит ипрофессионалтәу ажиури. Апроект х-етапк рыла ишьақәгылоуп. Аҩбатәи аетап аҿы ахәыҷқәа аԥсышәала ашәа рҳәон. Алахәцәа ирзыԥшу ахԥатәи аетап аҟны иреиӷьу далкаахоит. Раԥхьатәи ҩ-етапк реихшьаалақәа рыла алахәцәа зегьы афинал ахь инеит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.