Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс арегионалтә хеилак ҿыц аанартит Голландиа, арҭ амшқәа рзы имҩаԥысуа Аконгресс аделегациа русуратә аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
АААК аусзуҩцәа ишьақәдыргылеит Аконгресс арегионалтә ҟәша ҿыц, уи иалахәхеит Голландиа инхо аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа. Абри атәы ҳәан Аконгресс аделегациа усуратә ныҟәарала ицаны иахьыҟоу Голландиа иқәынхо ҳауаажәлар рԥылараан.
Мраҭашәаратәи Европа атәылақәа ирыланхо ҳџьынџьуаа рԥыларақәеи уаҟа АААК арегионалтә ҟәшақәа раартреи мҩаԥысуеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ишьақәирӷәӷәаз Аконгресс 2019-шықәсазтәи жәларбжьаратәи аусура аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уажәы Голландиа иаарту арегионалтә ҟәша Европа иҟақәоу рахьтә аҩбатәихеит, ааигәа Британиа Ду иаартыз аҟәша аамышьҭахь.
Абри аамҭазы Голландиа иҟоуп АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Виачеслав Чрыгба, Аинформациатә портал анапхгаҩы Амина Лазԥҳа.
Роттердам имҩаԥысыз аиԥылара ахҳәаа азуа, Амина Лазԥҳа иазгәалҭеит аделегациа алахәцәа акыр ргәы шыхыҭхыҭуаз аусмҩаԥгатә аламҭалазы.
«Ҳара иаҳдыруан ари аҩыза аиԥыларақәа акыршықәса ишымҩаԥымсыцыз, Голландиа ҳауаажәлар шаҟаҩы нхо рхыԥхьаӡарагьы инҭкааны иҳаздыруамызт, убри аҟнытә ари ҳаиқәшәара азҿлымҳара ахьынӡаиуа, нас шаҟаҩы аҭаауа аҳәара ҳцәыуадаҩын. Гәахәара дуун ҳара ҳзы, иагьџьашьатәын ауаа рацәаны иахьааиз. Аиԥылара иалахәыз зегьы Аконгресс аусурахь аинтерес ду рызцәырҵит, азҵаарақәеи азеиӷьшьарақәеи рацәан, еиҳарак аҿар рҟынтә: аиԥш зеиԥшу аиԥыларақәа еиҳа лассы-лассы имҩаԥгалазарц, аԥсуа бызшәа аҵареи амилаҭ кәашарақәеи рзы акурсқәа аартызарц», – ҳәа еиҭалҳәеит Лазԥҳа.
Лара иацылҵеит убасгьы, ари аизараҿы лара лыжәлантәқәа шылԥылаз.
«Иџьашьахәу еиԥыларан. Тәымџьара уҟаны уџьынџьуаа уанырԥыло, хатәы бызшәала уанеицәажәо, уҭаацәарақәа рҭоурых анеибуҳәо, агәалаҟара бзиа анеиҩушо, абас еиԥш иҟоу аибабара – иԥхоу аҭаацәашәатә атмосфера аԥнаҵоит. Лымкаала сара сзыҳәан ари аиԥылара иҷыдоу аҵакы аман, сара сыжәлантәқәа сырԥылеит, уажәшьҭа Аԥсныҟа сасра ҳәа иансзаауа сазыԥшуп», - лҳәеит Лазԥҳа.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз, иаартыз арегионалтә ҟәша иалалеит еиҳарак активла зхы аазырԥшуаз аҿар рхаҭарнакцәа. Ари аҟәша ахантәаҩыс еицҿакны далхын 34 шықәса зхыҵуа Амстердам ақалақьуаҩ, аԥсуа милаҭ ахаҭарнак Ергиун Ашәба.
«Ҳара иуникалтәу, ижәытәӡоу акультура ҳахәҭакуп, адунеи егьырҭ амилаҭқәа ҳреиԥшызымтәуа. Аха иара убри аамҭазгьы ҳара ҳаӡбахә заҳахьоу маҷҩуп. Адунеи ауаажәлар ҳхы дҳардырырц азы, ҳара ҳхаҭақәа иаҳдыруазароуп ҳазусҭцәоу, шьҭрала ҳахьатәу. Убри азоуп саргьы Аконгресс акоманда сахәҭакхарц зысҭаххаз. Ари аиҿкаара хықәкы хадас иамоу – адунеи иалаԥсоу аԥсуааи абазақәеи реидкылароуп, ҳара ҳаидгыланоуп ахеиқәырхара шҳалшо», - иҳәеит ҿыц иаарту арегионалтә ҟәша ахантәаҩыс иалхыз.
Ашәба диит, иагьизҳаит Голландиа. Иара иаб – Ҭырқәтәылаҟа иахгаз амҳаџьырцәа рхылҵшьҭра, акыршықәса раԥхьаҟа Ҭырқәтәылантәи Голландиаҟа нхара дааит, араҟагьы иҽышьақәирӷәӷәеит. Ергиун иан – голланд ҭыԥҳауп. Аха ус шакәугьы, арԥыс иажәақәа рыла, иара ижәлар гәакьа дышрыдҳәалоу еснагь иныруан.
«Сара аголланд, ма аҭырқәа культурақәа срыхәҭакны схы збаӡом, арҭ аҩ-бызшәак рыла сышцәажәогьы, сеизҳара ишадҳәалоугьы. Даараӡа исҭахуп аԥсшәа сҵарц, агәыӷрагьы сымоуп, Аконгресс абзоурала уи аҩыза алшара соуеит ҳәа. Уабатәиу ҳәа иансазҵаауа, сара гәадурала исҳәоит, ижәытәӡатәиу аԥсуа милаҭ срыхәҭакуп ҳәа, аха уи аҭакс «ахаангьы уи аӡбахә ҳмаҳацт» ҳәа ансаҳауа, аҵәыуара сакуеит. Сара исныруеит смилаҭи сареи иҷыдоу аимадара шҳабжьоу. Ари ацәанырра ажәала аиҭаҳәара уадаҩуп, аха еснагь сгәы иҭоу акоуп», - ихәеит Ашәба.
Рхатә ҭоурыхқәа еиҭарҳәеит аиԥылара иалахәыз егьырҭ ауааԥсырагьы. Убас, Севда Палԥҳа еиҭалҳәеит лара лани лаби – Палааи Гәымааи ажәлақәа рхаҭарнакцәа анкьа зны Ҭырқәтәылантәи Европаҟа нхара ишиасыз. Севда лхаҭа диит, иагьлызҳаит Голландиа, уажәы дынхоит Роттердам ақалақь аҟны, лыԥҳаи, лани, лаби дрыцны. Аԥҳәызба гәыхәтәыс илымоуп лыԥҳа длыманы Аԥсны даҭаарц, ахәыҷы маҷк данжыцәхалак.
«Акыршықәса ҵуеит ас еиԥш иҟоу адиаспора аиԥыларақәа схы рыласмырхәижьҭеи, убри аҟнытә даара сеигәырӷьоит иахьа абра сахьыҟоу, зегьы сахьшәылаԥшуа, еиҳаракгьы ҳаԥсадгьыл Аԥснынтәи иаҳзааз асасцәа. Сгәыӷуеит шьҭарнахыс ари аҩыза аиԥыларақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥсылоит ҳәа. Даара исҭахуп аԥсшәа сҵарц, сыԥҳагьы илсырҵарц. Ҳҭоурыхи ҳкультуреи ирызку сдыррақәа сырҵаулар сҭахуп», - лҳәеит Палԥҳа.
Егьырҭ ҳауаажәлар днарываргыланы ларгьы Голландиа иаартыз арегионалтә ҟәша далалеит.
Шенгиуль Арӡынԥҳа лыԥшәма Озқан Амҷба дицны аиԥыларахь дааит ақалақь Утрехт аҟнытә. Дара аҩыџьагьы еицны ҩышықәсаҟа раԥхьа Аԥсны иаҭааны иҟан. Шенгиуль лан – адыга ҭыԥҳауп, лаб – даԥсыуоуп, лаб иганахьала ланду – Ажьиԥҳан.
«Гәахәара дула иахьа абри аиԥылара ҳаҭааит. Схатәы бызшәа гәхьаазгоит, игәахәароуп сара сзы еснагь сыжәлар рбызшәала санцәажәо. Ԥсышәала аҩышьа сыздырӡом, аха салацәажәоит, сани саби исдырҵеит. Сара схаҭагьы аамҭак азы адиаспора рхәыҷқәа аԥсшәа дсырҵон, аха нас ишнеи-шнеиуаз урҭ ҳаиқәшәарақәа еиԥхьбеит. Аха дара даара иаҳҭахны иҟоуп, ҳбызшәа еиқәҳархароуп, ҳмилаҭ еиқәхарц ҳҭахызар», - ҳәа агәра ганы дыҟоуп Шенгиуль Арӡынԥҳа.
Аҭыԥҳа қәыԥш Шьара Кәпалԥҳа, ари аиԥыларахь дааит лан Тулин Лазԥҳа длыцны. Урҭ Роттердам инхоит. Шьара ихадоу акы акәны илыԥхьаӡоит «Голландиа иҟоу аԥсуаа рхеилаки, иааидкыланы аԥсуа жәлари дрыхәҭакны лхы ахьылбо».
«Сара аголландцәа рыгәҭа исызҳаит, убри аҟнытә ибзианы избарҭоуп ҳара ҳкультура (аԥсуа культура – аред.) аголланд кульутра иаҿурԥшуазар – аиԥшымзаарақәа рацәаны ишрымоу. Ҳара ҳҵасқәа егьырҭ ажәларқәа рзыҳәан иҿырԥшыганы иахьзыҟалаша рацәоуп. Сашьеи сареи ҳҭаацәа иаҳдырҵеит аиҳабацәа пату шрықәҵатәу. Иаҳҳәап, ҳаргьы, Аԥсны ишаԥу еиԥш, ауада аӡәы даныҩналалак ҳгылоит, убри алагьы аҳаҭырқәҵара ааҳарԥшуеит. Ҳара иҳаларааӡеит аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа, ауа-аҭахы пату шрықәҵатәу, ани аби рзы аҭакԥхықәра шҳаду, урҭ анбыргхалак ишбатәу. Аголланд культура ари аҩыза амаӡам, убри аҟнытә сарагьы ахәыҷқәа ансоулак хымԥада аԥсуара рыласааӡоит», – лҳәеит Кәпалԥҳа.
Аиԥылара алахәцәа зегьы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс алаларазы анкетақәа хадырҭәааит. Урҭ ирыҭахоит ҷыдала иҟаҵоу Аконгресс алахәҩы иаршаҳаҭгақәа.
Аиԥылара хыркәшахеит ашәаҳәареи акәашареи рыла.
АААК Евроеидгыла атәылақәа рахь аусуратә ныҟәара ԥхынҷкәын 16 рҟынӡа инаӡоит. Аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа рԥыларақәа азԥхьагәаҭоуп иара убас Бельгиеи Германиеи.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.