Еицырдыруа абаза поетесса Лариса Шебзыхәа 60-шықәса лхыҵра аиубилеи инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит лара лыԥсҭазаареи, лырҿиаратә мҩеи, лҩымҭақәа рмотив хадеи ирызку аочерк.

Лиудмила Аисанова

Мшаԥымза 6 рзы 60 шықәса лхыҵуеит еицырдыруа абаза поетесса, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, Ҟарачы-Черқьессиа Жәлар рпоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәыла Лариса Шебзыхәа. Уи лпоезиатә баҩхатәра Ҳазшаз еиқәиҵаз бзанҵы иҿымцәаауа амцеиԥш илашоит, илзааигәоу ауаа уи иахылаԥшуеит, ларгьы лыԥсҭазаара зегьы иагәылганы иаалгоит, аԥышәара уадаҩқәа дшырхысызгьы. Лариса Шебзыхәа лыжәлар дырҿахәҳәагахеит, дытрибунхеит. Убас ала лышьақәгылара иацхрааит лара лҟазшьа, лгәамч аӷәӷәара, лгәымшәара, лымаашьара, ажәала ауаа ргәаҵа дҭалоит, аԥсҭазаараҿы ихадароу аилкаарахь ихьалырԥшуеит.

Ҳабдуцәеи ҳабацәеи рҭынха беиа

Лариса Шебзыхәа диит Ҟәбина-Лоуқыҭ, уаҟа иҵхәраауа аӡиас ахьӡ ала иҟоу аҳабла ԥшӡа Ҷыбышь аҟны, ари аӡиас хәыҷы акырынтә дазышәаҳәахьеит апоетесса, арҿиаратә гәацԥыҳәара шлынаҭогьы азгәалҭахьеит.

Имаҷым сылаӷырӡқәа уара иуласҭәаз,
Имаҷым схьаақәагьы уара иумаздаз,
Аха зегь реиҳа бзиа узызбо убри ауп –
Ааԥсарада уахьықәԥо уахи-ҽни.

Абас иалагоит Лариса Шебзыхәа Ҟәыбина ду иалало Ҷыбышь хәыҷы иазылкыз лажәеинраалақәа руакы. Ҷыбышь хәыҷуп, аха ахатә ҟазшьа, адунеидкылашьа амоуп, уи ахьамҵреи аҽазҵәылхреи ирыбзоураны ахықәкы аҿынӡа инаӡоит. Абри аӡиас ахаҿсахьа уажәи-уажәи дазааиуеит апоет:

Ҩаԥхьа схәыҷушәа сҭалоит уара уӡы,
Иагьысҭахуп иузаасыртырц сгәы.
Зынӡа ухәыҷызааит, исызгәакьоу Ҷыбышь,
Саӡрыжәит уҟазшьа, са сызхьыԥшыз.

Лариса лани лаби рҵаҩцәан. Лаб Курманби Хәыҵа-иԥа Бала Аџьынџьтәылатә еибашьра ду далахәын, раԥхьаӡатәи ашәуа ԥырыҩцәа дыруаӡәкын, ақыҭеи уи анҭыҵи ихьӡ рдыруеит, идунеи иԥсаххьеит.

«Балаа рҭаацәаратә ҭоурыхқәа идыршаҳаҭуеит ҳарҭ ҳшаԥсацәоу, – лҳәоит Лариса Шебзыхәа лхаҭа. – Бала – ижәытәӡатәиу аԥсуа-абаза жәлоуп. Аԥсуа фольклор аҟынгьы иуԥылоит, Иуа Коӷониа ипоема «Ԥшькьаҿ-иԥа Манча ахаҵеи Баалоуԥҳа Мадинеи» аҟынгьы афырԥҳәызба хада илыжәлоуп.

Курманби Бала иԥсҭазааратә мҩа даараӡа интересын. Аԥхьа Черқьесск арҵаҩратә училишьче далгеит, аха нас игәаӷьит ихәыҷтәы гәҭакы наигӡарц – ақырҭуа қалақь Рустави аҟны аԥырратә ҵараиурҭа дҭалоит, аԥырҩы-ԥышәаҩс дҟалоит. 1938 шықәсазы аррамаҵурахьы иԥхьоит, уа дшыҟаз аибашьра алаган, афронт ахь дцоит.

Лариса ланду Мамыра Бала илгәалашәалон лыҷкәын аррахь данцоз х-мгьал сак роуп иигаз ҳәа. Са-хәыҷык аанижьит, есымша иџьыба иҭан, иҩахьӡа иҟалахьан, аха шықәсырацәала иныҟәигон ихәышҭаара аҟәырҷахак аҳасабала.

Аибашьра анеилга ашьҭахь Курманби Бала Австриа иррамаҵура иаҵиҵон 1947 шықәсанӡа. Аибашьратә ҳамҭақәеи, алеитенант ичыни иманы лыԥхала аҩныҟа дхынҳәит, арҵаҩратә институт дҭалеит, уи даналга Ҟәыбинатәи абжьаратә школ аҟны ахәыҷқәа аҵара дирҵон. Ирҵаҩратә стаж 40 шықәса инареиҳаны инаӡон. Еиуеиԥшым абиԥарақәа рахь иаҵанакуа иҵаҩцәа иахьагьы гәыбылра дула дыргәаладыршәоит агеографиазы рырҵаҩы Курманби Хәыҵа-иԥа.

Абас аб хазына дызмаз Лариса Шебзыхәагьы ишьҭылымкаар ауамызт адунеи аилкаарахь аҽазышәареи агәеибафареи. Курманби иԥҳа заҵә Ларисеи даара бзиа еибабон, гәыла-ԥсыла еизааигәан, убри иабзоуразаргьы ҟалап лара лықәлацәа раԥхьа иааҳакәыршоу адунеи агәыбылра злоуз, аԥсҭазаара амаӡақәа раартра дзахыццакуаз.

Лаб дицны ақыҭанхамҩатә усқәа рахь данцалоз, лыдгьыл аԥсабара аԥшӡара гәнылкылон, иҭылҵаауан, анаҩс уи лпоезиаҿгьы аҽцәырнагеит. Иааҳгап ажәеинраала «Аҭынха» («Наследие») аҟынтә ацыԥҵәаха:

Аира иаҵоу амаӡа сзаатуан,
Аӡыхь хәыҷ аҿы аӡиас ахы акуан.
Исгәалашәоит Аиура Дуӡӡа амшқәа –
Аб ихәыҷқәа рзы аӡыхьқәа ишауан…

Лариса Шебзыхәа лан – Дина Билиал-иԥҳа черқьес ҭыԥҳан, зыхьӡ нагаз аҳәынҭқарратә усзуҩы Билиал Темиров диԥҳан, ақыҭа Хәмара далҵит. Ланашьҭрала Лариса лабду Темиров даара аҵара змаз уаҩын, ачерқьес алфавит аԥҵара далахәын. Рыцҳарас иҟалаз, уи илахьынҵа ицымныҟәеит: Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аан апартизанцәа ротриад командирс дыҟанаҵы, аоперациа ҷыда амҩаԥгараан иҷкәыни иареи ачарҳәара рзыруан, афашистцәа рнапаҿы иҟалеит, цәгьала иргәаҟны иршьит. Афырхацәа рыхьӡ акамыршәразы Зеленчук амҩадуқәа руак дара рыхьӡ ахуп.

Лариса Шебзыхәа илгәалашәоит ланду ишеиҭалҳәалоз лани лаби реибадырра атәы. Лан усҟан дырҵаҩ қәыԥшын, аурыс бызшәеи алитературеи длырҵон, ахатә насыԥ рацәакгьы дазхәыцуамызт. Аха Курманби деилҟьан, ианхәахараны иҟаз Лидиа убас лгәы икит, дылнаалеит, хара имгакәа Динеи иареи еибагартә аҟынӡа. Абасала, ачара уны Ҟәыбина ақыҭан анхара иалагеит. Аҭаацәараҿы иит хҩык ахшара: аԥацәа Али, Али-Мурзеи, нас заԥхьаҟа ипоетхараны иҟаз рыԥҳа Ларисеи. «Сани саби рнаҩс саныхәыҷызтәи сааӡара акыр далахәын сашьеиҳаб Алигьы. Иара иоуп аԥхьара агәыбылра сзыркыз», – ҳәа еиҭалҳәоит Лариса.

Али (идунеи иԥсаххьеит) иаҳәшьеиҵбы даара диҭахын, лассы-лассы дылзаԥхьон Маршак иажәеинраалақәа, Марк Твен, Чарльз Диккенс рҩымҭақәа уҳәа. Аҟазацәа дуқәа раԥҵамҭақәа рҿы иҭырхуаз асахьақәа ссирҵас издызкылоз Лариса хәыҷы лхатә рифмақәа аԥылҵо далагеит. Лаби лаб иашьеи ҭәархра ианцоз ҽнак зны ирыццаз аӡӷаб амҩан раԥхьатәи лажәеинраала лҳәеит:

Адәеиужьра аккараҿы
Аӡмыжь иаҵәа асаркьа ҭоуп.
Знык иҭрыст, ҽазнык иҭрыст –
Ауаа рахь еихеит аӡыхь!

Уи ашьҭахь Лариса иҵегь ахәыҷтәы жәеинраалақәа аԥылҵеит: ргәараҭаҿы изызҳауаз аԥслыш ҵла иазкны, аҩнытә ԥстәқәа ирызкны уҳәа…

«Раԥхьатәи сырҵаҩратә поема»

Ашкол аҿы Лариса ибзианы аҵара лцҵон, амаҭәарқәа рацәаны илыцааиуан, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа интересс илыман. Лан дфилологын аҟынтә алитературеи апоезиеи рахь лыԥҳа илымаз агәацԥыҳәара дадгылон, ашәҟә бзиақәа лзалылхуан. Аха аҭоурых аурокқәа рҟны антикатә культура аҵара ианалага, Лариса даара дазҿлымҳахеит ажәытә Бырзентәылатәи архитектура, аабатәи акласс далганы аҭыԥҳа аргыларатә техникум дҭалоит, дархитекторхарц лҭахны, аха аҭаацәаратә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны ашкол ахь дхынҳәыр акәхоит.

Ашкол аҟны лҵара анхлыркәша Лариса Шебзыхәа дҭалоит атәым бызшәақәа рзы Пиатигорсктәи аинститут, уаҟа аҵараҵара лгәаԥхон, лымкаала англыз литература дачычеит, аоригинал абызшәалагьы дрыԥхьон англыз шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа.

Аԥхынтәи аԥсшьара аамҭазы зны практикак аҳасабала ааӡаҩыс аусура далагеит аԥсшьарҭатә база «Орлиные Скалы» аҟны, ақалақь Лермонтов иҟаз (Урыстәылатәи Афедерациа Ставропольтәи атәылаҿацә ахь иаҵанакуа – аред.). Мыз дуӡӡак иназынаԥшуа Лариса есыҽны арҵаҩы имшынҵа халырҭәаалар акәын. Шаҟагьы иџьаршьазеи аԥсшьарҭатә база анапхгареи, арҵаҩцәа-акураторцәеи аԥхынратәи апрактиказы Лариса иҟалҵаз аихшьаала ианаԥхьа, уи жәеинраала формала иҩын! Абас баҩхатәрала инагӡаз аусумҭазы Лариса апремиагьы ланаршьеит – Казахстанҟа дрышьҭит.

«Абас исыҩит раԥхьатәи «сырҵаҩратә поема», – ҳәа дычча-ччо илгәалалыршәоит Лариса Шебзыхәа.

Аинститут даналга аамышьҭахь, гәыла-ԥсыла арҵаҩратә ус нап алыркуеит, ахәыҷқәа англыз бызшәа длырҵоит, аҵара-ааӡара аус лҽалҭоит лани лаби рзанааҭтә мҩа иацҵауа. Лырҵаҩратә стаж 25 шықәса инаӡоит. Аха уи зегь макьана лаԥхьаҟа ишьҭоуп… Уажәазы иҟалҵоит лыԥсҭазаараҿы ихадароу даҽа шьаҿак: 1980 шықәсазы Лариса аҭаацәара далалоит, диццоит класск аҿы аҵара лыцызҵоз Алықьса Шебзыхәа – ламыс ду злаз ауаҩы хазына. Урҭ хҩык ахшара роуеит: аԥацәа Бориси Ельдари, рыԥҳа Белеи.

Анхара-бзазареи лырҵаҩратә усуреи лҽырхаршәаланы Лариса дааҟәымҵӡакәа аҩра даҿын, мышкызны лыбжьы ҭыганы апоет имҳәакәа изымчҳауа зегьы лызҳәап ҳәа агәыӷра лыманы.

«Уасла ӷәӷәала, аԥсҭазаара аԥшалас!»

1994 шықәса, хәажәкыра 12 рзы амилаҭтә газеҭ «Абазашаҭа» аҟны раԥхьаӡа акәны акьыԥхь рбоит Лариса Шебзыхәа лажәеинраалақәа хәба, «Уасла ӷәӷәала, аԥсҭазаара аԥшалас!» ҳәа хыс ирыманы.

Ажәеинраалақәа ақәҿиара ду роуит, даараӡа аԥхьаҩцәа иргәаԥхеит. Зегьы еицазгәарҭеит абаза поетесса қәыԥш лыстиль ҷыдеи лажәартәашьа аласреи. Аха уи ахҭыс ҩышықәса шагызгьы, 1992 шықәсазы, Лариса лажәақәа рыла, лара еиқәлыршәахьан раԥхьатәи лажәеинрааларақәа реизга «Алаӷырӡ лашарақәа».

«Еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны, Ҟарачы-Черқьесиатәи ашәҟәҭыжьырҭаҿы абиуџьеттә ԥарақәа разымхарагьы уахь иналаҵаны, ари аизга аҭыҵра алыршахеит быжь-шықәса рышьҭахь, 1999 шқәсазы», – ҳәа лгәалалыршәоит Лериса Шебзыхәа.

Ари аизгаҿы апоетесса лыбжьы ҿацаӡа, иӷәӷәаӡа игоит. Шебзыхәа ллирикатә фырхаҵа аԥсҭазаараҿы зегь инырырц, хаҭала зегь ибарц-иаҳарц иҭахуп, ауаҩытәыҩсатә бзазара иацу ауадаҩрақәа зегь реилкаара, рыӡбара дашьҭоуп. Шебзыхәа лцәаҳәақәа ҵакы ҵаулала иҭәуп, убри рҷыдаҟазшьоуп абри аизга ианылаз ажәеинраалақәа зегьы.

2000 шықәсазы, Аҵара аусзуҩцәа рзанааҭдырра аизырҳаразы Ҟарачы-Черқьессктәи аинститут ацхыраарала акьыԥхь абоит даара аинтерес зцу аҭыжьымҭа – ашәҟәы иахьӡын «Амилаҭтә традициақәа реиҭашьақәыргыларала ацәаҩашәатә ааӡара» ҳәа. Ашәҟәы авторцәа Лариса Шебзыхәеи аинститут апроректор Муҳамед Бежьанови жәлар рааӡаратә ԥышәа еизыҳәҳәаны ахәыҷқәа амилаҭтә традициақәа рылааӡашьа иалацәажәоит. Ашәҟәы ианылеит иара убас Шебзыхәа лажәеинраалақәагьы.

«Ашәҟәы рылаҳарҵәеит ашәуа школқәа зегьы рҟны, аха уи иаԥхьарц зҭахыз акырӡа еиҳан. Арҵаҩцәа ари ашәҟәы иофициалтәым цхыраагӡак аҳасабала ирыдыркылеит, аҭыжьыҩцәагьы даара ираҭабуан абас еиԥш аусумҭа рнапаҿы иахьыҟалаз азы», – ҳәа еиҭеиҳәоит Муҳамед Бежьанов.

Жәлар рпоет – «Апоет иашаҵәҟьа изы»

Абарҭ аҩ-шәҟәык анҭыц ашьҭахь Лариса Шебзыхәа Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла даларҵеит. Аԥхьаҩцәа дырдыруа дҟалеит, дырдырит иара убас арегионалтә шәҟәыҩҩцәеи, апоетцәеи, аҵарауааи, анаҩс урҭи лареи еиҿцаауа, аус еицыруа иалагеит.

«Сара зегьы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп: исыцхраауазгьы, аԥынгылақәа сызҭозгьы. Абарҭ ауаа зегь рыбзоурала иахьа сахьыҟоу сыҟоуп», – лҳәоит Лариса Шебзыхәа лколлегацәеи акритикцәеи дрылацәажәо.

Арҿиараҿы «дызнаҭыз абыс» длыԥхьаӡоит Ҟали Џьгәаҭан, уи лассы-лассы Лариса лани лаби рыҩнаҭа даҭаауан, дшыхәыҷызгьы арҿиаратә ԥеиԥш ду шылзыԥшу акырынтә илеиҳәахьан. Лариса ҳаҭырқәҵара дула дырзыҟоуп аиҳабыратә абиԥарахь иаҵанакуа абаза шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи: Микаель Ҷкату, Џьамладин Лагәацә, Мира Тлиабичева, Қьрым Мыхц, Бемурза Ҭҳаицыхәа.

2006 шықәсазы иҭыҵуа Лариса ахԥатәи леизга «Абазақәа рашәа» («Песнь Абазов») азы аԥҳьажәа иҩуеит Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика жәлар рпоет Микаель Ҷкату ихаҭа.

«Лариса Шебзыхәа Бала – абас лыхьӡуп апоезиа цқьа саҿыхәартә алшара сызҭаз апоет… Абаҩхатәра иашаҵәҟьа еснагь иҿыцуп, иҳәатәхамҵоуп, доуҳала иҭәуп, иҭбаауп. Абарҭ аҟазшьақәа зегьы збеит Лариса Шебзыхәа Бала лажәеинраалақәа рҿы, иашьеиҳабык иаҳасабалагьы гәык-ԥсыкала ақәҿиара дуқәеи аихьӡарақәеи лзеиӷьасшьоит иссирӡоу Апоезиа ашҭаҿы», – ҳәа иҩит Жәлар рпоет.

Лариса лышәҟәы ихьӡынҩылоуп заа зыдунеи зыԥсахыз лыԥшәма Алықьса. «Абазақәа рашәа» – абаза литератураҿы урыс бызшәала иҩу ажәеинраалақәа раԥхьатәи реизгоуп, уи аҟны апоетесса лыжәлар дырзышәаҳәоит. Абар уи лхатәы бызшәазы илҳәо:

О, са сбызшәа, бжьы ԥшӡа гәахәа
Ҳабацәа ирымҭаны сҟынӡа иааӡаз,
Сыԥсы злашьақәгылоу, Ҳазшаз иџьашьахәа,
Бызшәас иҟоу зегь раҵкыс иҳаракхаз.
Са сусураҿы амчқәа сызҭо уа уоуп!
Са сгәырӷьараҿы – сҩыза гәакьа уа уоуп.
Сагьеилаҳауам уа усзымдыркәа ашара,
Убжьы мгауа исимырҳааит Анцәа!
Сбызшәа – сара сымра, са сгәазырҳага.
Ԥсыс исхоу, шьас ирылоу сдақәа,
Схьаақәа зырӡуа ашьҭыбжь лыԥшаахқәа
Шәџьаршьалааит адунеи ауаақәа!

Даҽа ҩышықәса рышьҭахь, 2008 шықәсазы иҭыҵуеит урыс бызшәала илыҩыз ажәеинраалақәа реизга «Сыԥсы аныха» («Храм души моей»). Уи азкуп аԥсуа-абаза-аедыгьа жәлар рдоуҳатә, рҭоурыхтә акзаара.

«Аԥсны! Уара ҳаизааугароуп!»

ҞЧА амилаҭқәеи, амассатә коммуникациақәеи, акьыԥхьи рзы аминистрра аспециалист хада Лиудмила Аисановеи (абри аочерк автор – аред.), Аԥсны акультура аминистрреи, Аԥсны ауаажәларратә еиҿкаара «Абазара» анапхгаҩы Ианварби Екбеи рыцхыраарала 2008 шықәсазы аизга «Сыԥсы аныха» апрезентациа мҩаԥысит Аҟәа. Ашәҟәы бзианы ирыдыркылеит арҿиаратә интеллигенциа, аҵарауаа, аԥхьаҩцәа рыбжьара. Лариса Шебзыхәа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа далалеит, Аԥсны аамҭа-аамҭала аиԥыларақәа мҩаԥылго далагеит, уи араҟа даара иԥханы дрыдыркылоит. Анаҩстәи леизгақәа рҟны, хаҭалагьы «Споем зурна, про нашу бесконечность!..» аҟны Аԥсны иазку ацәаҳәақәа рацәахоит, илызгәакьоу адгьыл ахь абас еиԥш ааԥхьарагьы ҟалҵоит:

… Аԥсны, уф гәышьа ҳәа ҳаԥсы еивыган,
Угәы инықәаҳҵоит ҳаргьы ҳахқәа.
О, анра иаҵаӡоузеи адоуҳамч ду –
Аҩныҟа уҳаԥхьоит ҳарҭ – уара ухәыҷқәа.
Ааи, ҳалаԥсоуп ана-ара адунеи гьежь –
Уажәшьҭа уи зхараҳҵаша дҳаԥшаауам. –
Зегьы ҳагәқәа ҳархеит уа уахь ҳаӡәыкны:
Аԥсны! Уара ҳаизааугароуп џьарак!..

Арҿиаратә чықьмаџьа есааира иҭәуеит

Анаҩстәи ашықәсқәагьы Лариса Шебзыхәа лзы арҿиара аганахьала игәылҭәааны имҩаԥысит. 2010 шықәсазы акьыԥхь абеит абаза бызшәала илыҩыз ажәеинраалақәа реизга «Аҷныш»; 2014 шықәсазы – аизга «Споем, зурна, про нашу бесконечность!..»; даҽа шықәсык ашьҭахь алирикатә еизга «Сгәырӷьареи схьаа лашеи рышьха» («Гора моей радости, Светлой Печали»), ари аизга сахьала еиқәлыршәеит апоетесса лыԥҳа Бела.

2017 шықәсазы Лариса Шебзыхәа лырҿиаратә чықьмаџьа хаҭәааит даҽа еизгак алагьы – «Ашәуаа рыхьтәы ҳаԥшьа» («Золотой кувшин абазов») ҳәа хьӡыс изауз, уи еиднакылоит ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аԥхьаҩцәа рзы аинтерес ду зҵоу аҭҵаарадырратә статиақәа.

Лариса Шебзыхәа аҩра мацарам дызҿу, уи қәҿиарала лнапы алакуп аредакторратә уси аиҭагареи. Нхыҵ-Кавказтәи авторцәа лажәеинраалақәа рыла ашәақәа аԥырҵоит, лыпиесақәа рыла иқәдыргыло аспектакльқәа ахыԥша ду роуеит. Лхы рылалырхәуеит апоезиатә усмҩаԥгатәқәа, афестивальқәеи аконкурсқәеи рҟны аԥхьахәқәа лгоит. Аграждантә позициа змоу патриотк иаҳасабала акрызҵазкуа ауаажәларратә, арккаратә усура мҩаԥылгоит.

Лиубилеи аламҭалазгьы Лариса Шебзыхәа ааԥсарада аус шылуц илуеит, уи лпоезиатә шәыра макьана иҭаҵәаху агәҭакқәа рацәоуп. Зегь рыла адгылара лырҭоит лааигәа-сигәа иҟоу, лбаҩхатәра бзиа избо лҩызцәеи, лҭаацәеи. Ларгьы лыԥсы рыҿҳәароуп лхәыҷқәеи лҭаҵеи – илыԥхаз лашьеиҳаб иԥҳәыс Татиана Бала.

Апоетесса Лариса Шебзыхәа илзеиӷьаҳшьап агәабзиареи, агәамчи, арҿиаратә еихьӡара ҿыцқәеи, аманшәалареи!