АААК Адискуссиатә клуб ажьырныҳәа 30 рзы раԥхьатәи аусуратә еиԥылара мҩаԥнагеит, иааиуа ахымз рыбжьара иааҳакәыршоу аԥсабара ахьчара тема хадас иалкааны.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб ҳазҭалаз 2020-тәи ашықәс ҿыц раԥхьатәи амза анҵәамҭазы имҩаԥнагеит раԥхьатәи аусуратә еиԥылара. Раԥхьатәи аилацәажәара иалахәын аклуб иалалаз 23-ҩык ауааԥсыра.

Ишәгәалаҳаршәоит АААК Адискуссиатә клуб шаартыз 2019 шықәса, абҵарамзазы. Уи аусура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла еихшаны иазԥхьагәаҭоуп: абаза жәлар рбызшәеи рмилаҭтә-культуратә ҭынхеи реиқәырхара, амилаҭтә ҭҵаарадырра аларҵәара, иааҳакәыршоу аԥсабара ахьчара уҳәа егьырҭгьы. Аклуб аҿы арҭ ахырхарҭақәа инархыҳәҳәо егьырҭ атемақәа рылагьы аиԥыларақәа мҩаԥыслар ҟалоит. Убас иҟаз аиԥыларақәа мҩаԥысит иаҳхысыз ашықәсазы.

Ԥхьаҟатәи агәҭакқәа ртәы еиҭалҳәеит АААК Адискуссиатә клуб адиректор Ирина Турааԥҳа. Лара иазгәалҭеит иааиуа ахымз рыбжьара Адискуссиатә клуб аус шауло «Аекологиеи иааҳакәыршоу аԥсабара ахьчареи» атемала. Турааԥҳа лажәақәа рыла, ари ахырхарҭа алхын «ауааԥсыра рҭахрақәеи Аклуб аусура потенциалла иалахәу ргәаҳәареи ҳасаб рзуны».

«Аиҿцәажәарақәа раамышьҭахь иалаҳхит хымз рыҩнуҵҟа аус еицызуло 23-ҩык ауаа. Еиуеиԥшым аформатқәа рыла аиԥыларақәа фба мҩаԥысуеит: аекологиа аганахьала аекспертцәа рацәажәара, афокус-гәыԥқәа рҿы хаҭалатәи аусура, апрезентациа», – ҳәа адырра ҟалҵеит Ирина Турааԥҳа.

Раԥхьатәи аиԥылара алҵшәақәа аклуб адиректор лгәы рызҭоуп.

Аклуб аилатәара инагӡоу авидеоверсиа шәахәаԥшыр шәылшоит АААК иамоу YouTube канал аҟны >>

«Аиԥылара даара хәарҭара ацын ҳәа сыԥхьаӡоит. Ишаҳбоз ауаа ргәалаҟара аҽаԥсахуан: аԥхьа, ауаа анааиҵәҟьа, рхы-рҿқәа ирнубаалон агәҽанызаара шрымоу. Аха аус ҳуанаҵы аиԥылара алахәцәа зегьы иааубаратәы аԥхарра рыбжьалеит, еизааигәахеит», – ҳәа лазгәаҭарақәа ҳацеиҩылшеит Турааԥҳа.

Лара илҳәеит иалхыз атема амҽхак шыҭбаау, убри аҟнытә ф-еиԥыларак рыла уи аспектқәа зегьы рхьысра алымшар ҟалап ҳәа, аха агәыԥ алахәцәа «иахьынӡауа рҽазыршәоит Аԥсны ақалақьқәа рҿы аекологиатә ҭагылазаашьа иадҳәаланы ицәырҵуа шәарҭара зцу азҵаарақәа аус рыдулара».

«Ҳрылацәажәоит аҟьамсаркажьырҭақәа, аԥхасҭа ҟазҵо ахәаҷақәа, Аԥсны аекосистема анырра азҭо адунеи аклимат аҽыԥсахрақәа. Ҳагәҭакқәа рацәоуп, сгәыӷуеит урҭ зегьы ҳрыхьӡап ҳәа, ажәақәа рҟынтә аус ахь ҳаиасып ҳәа. Агәыԥ иалоуп ҳтәыла аекологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы зхала, зымчала аус зуа аҿартә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәагьы. Гәахәароуп, урҭ аамҭа ԥшааны ҳапроект рхы ахьаладырхәуа. Сгәы иаанагоит, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа хшыҩеилаҵарала русеицура хырҳагахоит ҳәа», – азгәалҭеит АААК Адискуссиатә клуб анапхгаҩы.

Агәыԥ алахәцәа аусеицура иалагаанӡа иахьынӡауа реидкыларазы аиҿкааҩцәа ари аиԥыларахь ааԥхьара рырҭеит асоциолог Мрамза Џьыкырԥҳаи апсихолог Илона Воуԥҳаи.

Аспециалистцәа атренинг мҩаԥыргеит, аклуб алахәцәа раԥхьаӡа акәны ирзымдыруа ауаа рыбжьара ацәажәараан мыцхәы иԥхашьаԥхаҵо иаанымхарц, ҩнуҵҟала рҽоурыжьырц азы.

Апсихолог Илона Воуԥҳа еиҭалҳәеит, аиԥылара абри ахәҭа ззынархаз аклуб алахәцәа реибадырреи, агәыԥ аҟны аимадара арӷәӷәареи шракәыз. Лара иазгәалҭеит, атренинг аиҩызаратә ҟазшьа аманы, ҭаацәашәала ишымҩаԥысыз. Аԥхьа иалацәажәеит ихырҳагоу аусеицура алзыршаша аԥҟарақәа, нас имҩаԥысыз апрактикатә ҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь «зегьы анырра бзиа шроуз аадырԥшит».

«Иааидкыланы аусура атәы уҳәозар, аекологиатә ҵареи уи аганахьала арккаратә уси ҳаамҭазы актуалра ду рыҵоуп, иааҳакәыршоу аԥсабара иахьа иахҭысуа аиҭакрақәа зеиԥшроу ала. Иахьатәи аиԥылара иалахәын зекологиатә хдырра шәхьоу аҿарацәа. Дара иахәҭоу амотивациа рымоуп, аԥсабара ахьчараҿы раԥхьатәи ршьаҿақәа ҟарҵо иалагахьеит. Иаҳҳәап, апластик рхы иадырхәаӡом, аԥхасҭа ҟазҵо ацәырҵрақәа ирҿагыланы иқәԥоит. Агәра ганы сыҟоуп, аиҭакрақәа рааира иазыхиоу, урҭ раагашьагьы здыруа аҿарацәа рҿаԥхьа иқәдыргыло ахыдҵақәа зегьы рҿы ақәҿиарақәа шырзыԥшу», – ҳәа лгәаанагара лҳәеит апсихолог, иагьазгәалҭеит: «Гәахәара дула агәыԥ иааиуа реиԥыларақәа рахьгьы саалоит» ҳәа.

Аклуб алахәцәа дыруаӡәкхеит агеограф қәыԥш Ханна Наҷҟьебиаԥҳа. Лара еиҭалҳәеит Аконгресс аусура, хаҭалагьы Адискуссиатә клуб аинтерес злызцәырнагаз.

«Сара уаанӡагьы исҭахын Аконгресс аусура акала сҽаласырхәырц. Аклуб иазку аинформациа ҭысҵаауа сшааиуаз еилыскааит араҟа ишцәыргахо ҳауаажәлар рзы хра злоу, аинтерес зцу азҵаарақәа, раԥхьаӡа иргыланы аекологиа апроблемақәа. Сара сзыҳәангьы ари аинтерес аҵоуп, избанзар сзанааҭ алагьы садҳәалоуп, сгеографуп аҟынтә», - лҳәеит Ханна Наҷҟьебиаԥҳа.

Аҭыԥҳа агәыӷра аалырԥшит, АААК аклуб аҳәаақәа ирҭагӡаны уи алахәцәа зегьы ибзианы еибадырны аус еицыруп ҳәа, уи иалҵшәангьы «Аԥсназы акрызҵазкуа, зымҽхак ҭбаау аекологиатә проект аԥҵахап ҳәа».

Астудент Сандро Делба аклуб далалеит Аԥсны иҟоу аекологиатә проблемақәа рыӡбараҿы ихәҭаа алаигаларц.

«Ари даараӡа акрызҵазкуа темоуп адунеи зегь азы, хаҭала Аԥсназгьы, избан акәзар ҳтәыла аԥсабаратә ресурсқәа рыла ибеиоуп, аиаҵәара ҳҭаҳәҳәаны ҳамоуп. Ҳаԥсабара ҳахьчалароуп АААК Адискуссиатә клуб иҳаднагало апрограммақәа иреиԥшу рыла», – иҳәеит арԥыс.

Иара иазгәеиҭеит ианакәзаалак ауаажәларратә-социалтә ҵакы змоу аусмҩаԥгатәқәа активла ихы рылархәра дшашьҭоу.

«Бзиа избоит еиуеиԥшым атемақәа рыла аицәажәарақәа, аибадырра ҿыцқәа сгәы иақәшәоит еснагь. Егьырҭ зегь реиԥш саргьы ҳусура аҟынтә сыззыԥшу – гәыԥкны ҳаилаҵәаны ҳаҟалароуп, раԥхьаӡа иргыланы. Сгәы иаанагоит, ҳапроект анагӡара аиуп ҳәа. Раԥхьатәи ҳаиԥылара даара исгәаԥхеит, арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи зегьы хаҭа-хаҭала иалукаартә аинтерес рыҵоуп, ааԥхьара змаз асасцәагьы зус здыруа роуп, дареи ҳареи ҳаимадара даара иманшәалан, агәахәара ацын», – иҳәеит Сандро Делба.

Адискуссиа убасгьы иалахәыз Мари Григориан излалԥхьаӡо ала, ауаҩи аԥсабареи реизыҟазаашьа апроблема Аԥсназы мацара акәым актуалра ахьаҵоу, адунеи зегь азы иҵарны иқәгылоуп: лара излалҳәаз ала, «ари XXI-тәи ашәышықәса иқәнаргыло зҵаароуп, уи агәхьаамкрагьы залшом».

«Ари аҩыза аклубқәа – агәышьҭыхра узҭо, иманшәалоу ҭыԥуп. Уара угәы ззыҳәо агәҭакқәа змоу ауаа рацәа уанрыхәҭакхо – зеиӷьыҟам ауп», – лҳәеит аклуб алахәҩы.

Лара иацылҵеит Аклуб аиԥыларақәа рҿы апрактикатә дыррақәа лоурц шылҭаху, лара леиԥш ихәыцуа ауаагьы рабадырра дшашьҭоу.

«Раԥхьатәи аиԥылара хазынаны имҩаԥысит! Азныказы зегьы ҳаицәыхьшәашәаны ҳтәан, аха аиԥылара ахыркәшамҭахь инеицыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа ҳгәалаҟара еиӷьхон, аԥхарра ҳабжьалон», – лҳәеит Мари Григорян, Аклуб аҟны аиԥылара ацашьа ахҳәаа азуа.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз зегьы ирыҩит Адискуссиатә клуб аусура аҟынтә лҵшәас иззыԥшу. Аиҿкааҩцәа рыӡбарала, арҭ анҵамҭақәа зегьы еидкыланы аконверт иҭаҵан, уи аартхоит аекологиатә сессиа аусура анхыркәшахалак аамышьҭахь, хымз рышьҭахь – агәыԥ алахәцәа ззыԥшыз ахьынӡанагӡахаз абаразы.

АААК Адискуссиатә клуб аусура ахырхарҭа хадақәа раҳасабала аекологиа анахысгьы иалкаан абарҭ: аԥсуа бызшә аиқәырхареи арҿиареи, амилаҭтә литература аларҵәара ацхраара, аԥсуа-абаза жәлар рҭоурыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхара, амилаҭтә ҭҵаарадырра аҿиареи аларҵәареи, Аԥсуара аиқәырхара. Атематикатә сессиақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аклуб аиԥыларақәа мҩаԥысуеит мызкахьы ҩынтә, ԥшьашала.