Адунеизегьтәи аспорт алегенда, азыҟаҵаҩ, 20 шықәса инареиҳаны Асовет Еидгыла ахыц алахысразы акоманда напхгара азызуаз, аҵахара закәу ззымдыруаз Арсен Шьугаиб-иԥа Бала шьҭрала дахьатәу Ҟарачы-Черқьесиа рацәак дрыздыруам. Иԥсҭазаара зегьы иара иҭоурыхтә ԥсадгьылаҿ акәӡам иахьихига, аха ианакәызаалак ихашҭуамызт хылҵшьҭрала дшашәыуоу, иааигәаны дрымадан Москва иҟоу абаза диспора.
Гьаргь Чкала
Сара разҟыс исыман Арсен Бала иабадырра, Иури Исуф-иԥа Агрба «аҳҭнықалақьтәи ашәуаа рҭамада» ҳәа ззырҳәоз ибзоураны. 1996 шықәсазы имҩаԥысыз иареи сареи ҳаиҿцәажәара шьаҭас иагьаиуит азыҟаҵаҩ ду изку ари аматериал.
Афицар диԥан, ихаҭагьы дафицарын
Арсен Бала диит жьҭаара 12, 1933 шықәсазы, Казахсҭан иҟоу аҳәаахьчаратә арратә хәҭа Џьеманча аҟны, иаб Шьугаиб – Ар Ҟаԥшь афицар аррамаҵура дахьахысуаз. Аррамаҵура 1940 шықәсазы ихыркәшаны, Шьугаиб Бала иҭаацәа иманы дхынҳәуеит изгәакьоу Инжич-Ҷкәын ашҟа (Ҟарачы-Черқьесиа). Аха хара имгакәа иалагоит аибашьра, раԥхьатәи амшқәа инадыркны афронт ахь дагьцоит. Деибашьуан аԥшыхәра аҟны, ианашьан Абираҟ Ҟаԥшь аорден, дҭахеит 1942 шықәсазы аангыларҭа Лозоваиа аҟны имҩаԥысуаз аидыслараан.
Аспорт хкқәа зегьы ирызҟазоу
1943 шықәсазы Арсен Бала, афронт аҟны иҭахаз афицар иҷкәын иаҳасабала, дрыдыркылоит Ставропольтәи суворовтәи арратә ҵараиурҭахь, уаҟа аҵара иҵон жәашықәса инарзынаԥшуа. (Суворовтәи арратә ҵараиурҭақәа аԥҵан аибашьра анцоз аамҭазы, иҭахаз афицарцәа рыҷкәынцәа рзы – аред.). Аҵараиурҭаҿы иара ихазы иааиртит анаҩс иԥсҭазаарахаз аспорт.
«Урыстәылатәи акадетра аҭоурых амузеи» асаит аҟны Ставропольтәи суворовтәи арратә ҵариурҭа аушьҭымҭа Арсен Бала изкны иануп абас еиԥш иҟоу ацәаҳәақәа: «Иуҳәар ауеит, аҵараиурҭа аԥҵоижьҭеи 19 шықәса рыҩныҵҟала, уи дамбацызт Арсен Бала иаҟара абаҩхатәра злоу спортсменк ҳәа. Иара иҽазыҟаиҵон аҵараиурҭаҿ иҟаз аспорт ахкқәа зегь рыла: абаҩрҵәыреи, атлетика ласи инадыркны, афехтованиеи абокси рыҟнынӡа. Арҭ ахкқәа зегьы рҿы иман иҳараку алҵшәақәа».
Уи аамҭа игәаларшәо, Арсен Шьугаиб-иԥа гәахәарала еиҭеиҳәон, атәылаҿацәтә еицлабрақәа рҿы дышиацлабуаз иџьынџьуаҩ Корнеи Татаршао (еицырдыруа абаза ҵарауаҩ, аекономикатә наукақәа ркандидат – аред.): «Сара суворовтәи аҵараиурҭа санҭазгьы аспортакиадақәа рҟны аииара згон атлетика лас аҿы. Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны, сара 8-тәи акласс аҿы сантәаз инаркны зегьы сыриааиуан, иара Татаршао иеиҳагьы сыԥон, егьырҭгьы зегьы ираԥызгон. Корнеи ақыҭа акомандақәа рзы дықәгылон, сара – ақалақь азы. Есымша ҳҩыџьагьы ҳаизаанхон аҵыхәтәан, иара рыцҳа, уаҳа даасызиааиуамызт. Уахь ахбзиабара илан, дԥагьан. Спортсменк иаҳасабалагьы дыбзиан».
Ус шакәызгьы, аамҭақәак рзы, заԥхьаҟа ачемпионцәа разыҟаҵаҩс иҟалараны иҟаз Арсен длакҩакуан наҟ-наҟтәи имҩа алхраҿы. Афицар иҷкәын иӡбоит иҭаацәаратә династиа ацҵара: Суворовтәи аҵараиурҭа даналга ашьҭахь, дҭалоит Ленинградтәи азеиԥшарратә ҵараиурҭа. Аха апсорт ахь абзирабара иара атәы ҟанаҵеит – Арсен Бала далгоит абаҩрҵәыра азы Ленинградтәи аинститут. Акыршықәсагьы инеиԥынкыланы аус иуан раԥхьа рҵаҩыс, анаҩс Ленин ихьӡ зхыз Арра-политикатә академиаҟны абаҩрҵәыратә зыҟаҵаразы акафедра аиҳабыс, иарратә маҵураҿы акәзар, аполковник ичын аҟныӡа днеит.
«Исзаагеи нас убри аџыш!»
Арсен Бала адунеизегьтәи ахьӡ-аԥша изаазгаз ахыц алахысра машәырла дазааит, ахҭыс иабзоураны. Ҽнак зны академиаҿтәи иколлега Анатоли Богданов (Европеи Асовет Еидгылеи рҿы авинтовкала ахысразы ҩынт аолимпиатә чемпионс иҟалахьаз, акырынтә адунеи ачемпионс иҟаз – аред.) аҳәара ҟаиҵеит, иԥшәмаԥҳәыс Антонина, ахыц алахысра знапы алакыз, иааираны иҟоу аицлабра дазыҟаиҵарц.
«Даара сеилахан усҟан, – еиҭеиҳәоит иара, иԥсҭазаараҿы еиҭасымҭахаз уи ахҭыс дазааҭгыло. – Иагьиасҳәоит Богданов: «Аџьымшьы зны-зынла снацҳауеит акәымзар, (ажәақәа рылахәмарра: аурыс бызшәаҿы ахыц зларбоу ажәеи ауҭраҭых аџьымшьы зларбоу ажәеи еиԥшуп, омонимқәоуп – аред.), ахыц закәугьы сыздыруам, усҟәаҵ, Анцәа даахәаны суҳәоит» ҳәа. Богданов даалаган сеиҳаб иахь дцеит… Еицырдыруа аспортсмен, Ленин ихьӡ зху аорден акавалер – сеиҳаб иахь дцеит!
Уи ашьҭах сеиҳабы сааиԥхьан, ус сеиҳәеит: «Суҳәоит, мап ицәумкын». – Шәара шәхаҭагьы еилышәкаауеит арраҿы «суҳәоит» иаҵанакуа. Уаҳа исзаанхоз? Сақәшаҳаҭхеит. Дааит афифочка, лҽеилаҳәа-лҽеилаца. Ус ласҳәоит: «Бара бабааи?» – «Аҽазыҟаҵарақәа рахь», – ҳәа аҭак сылҭоит. «Бара бышԥааи?» – илсырбоит зҽазыҟазҵоз аҳәсацәа ргәыԥ, дара рыҟны иҟан аидара иагәҭасуаз, адиск зыршәуаз. «Иббома, урҭ рхы аашьҭымхӡакәа аус шыруа?» Анаҩс, хәыҷык сҭынчхан, ус ласҳәоит: «Исзаагеи нас убри «бџыш». Иагьсыздыруам, ганс излактәу, насгьы бара бжьышәақәа рҟынтә еиҳа иазыҟаҵатәу». Ахыц сзаалгеит, ислырбеит. Сара схаҭагьы исгәаԥхеит».
Ихаҭагьы уамашәа ибаратәы, Арсен Бала ихазы иааиртит иҿыцыз аспорт хкы, агәрагьы игеит, ахыц алахысра – атлетикатә спорт иахуԥхьаӡалар шыҟало.
«Лара ахыц лкыцыԥхьаӡа 17 кьыла рхханы илкуп. Насгьы ухысырц азы иаҭахуп ибзианы акылԥшра, зынӡа умҵысӡакәа агылара, аҵәҟьа алкаара, нас оуп ахәымпал аноушьҭтәу.
Урҭ акьылақәеи асекундқәеи еицышьҭухыр… Ҳәара аҭахума, ари атлетикатә спорт хкыуп!» – иҳаилиркаарц дцәажәон иара.
Азыҟаҵарақәа ироуит алҵшәақәа: Антонина Богданова аиааира лгеит хә-қалақьк рыбжьара имҩаԥысуаз аиндаҭлараҿы, уи иалахәын Москва, Львов, Киев, Шаулиаи, Борислав рҟынтә иреиӷьыз ахыц алахысыҩцәа. 1967 шықәсазы Арсен Бала даарыԥхьеит Асовет Еидгыла ахыц алахысразы еизгоу акоманда азыҟаҵаратә штаб ахь. Ԥшьы-шықәса рышьҭахь иара дҟалоит атәылаҿы ихадоу ахыц алахысыҩцәа рзыҟаҵаҩ еиҳабыс.
Ачемпионцәа рабиԥарақәа ԥшьба
«Сара снапы иҵызгеит ахыц алахысразы ачемпионцәа рабиԥарақәа ԥшьба. Урҭ зегьы срызгәакьоуп. Тренер хадас саныҟала, иазыҟасҵон аҳәсагьы ахацәагьы. Аха, ҳәарада, еиҳа исзааигәоуп аҳәса ркоманда, избанзар, дара рылоуп азыҟаҵара сшалагаз, дара срыцызҳауан саргьы, еицышьҭаҳхуан ахыц алахысразы асовет школ, адунеи зегьы аҟны иазхаҵоу, насгьы раԥхьаӡатәи аиааирақәа, аԥхьагыларатә позициақәа ааҳгеит дареи сареи ҳаицны», – иҳәоит Арсен Балов.
Абиԥарацыԥхьаӡа иҟан зегь реиҳа иналукааша аспортсменцәа. Арсен Шьугаиб-иԥа урҭ рҟынтә џьоукы лымкаала иаликаауан: «Аҳәса ртәы ҳалацәажәозар – зегь реиҳа иналукааша, зегь реиҳа абаҩхатәра змаз, зегьы иреиӷьысшьоз, убас уҳәар ауазар, Наталиа Бутузова лакәын, лара илыман адунеитә рекордқәа зегьы. Уи иреиҳаӡоу аҩаӡара змоу спортсменкан. Убасгьы, ҳәарада, Кетеван Лосабериӡе – Москва, 1980 шықәсазы аолимпиатә чемпион (Бутузова хәыҷык дычмазаҩын усҟан, уи азы илаԥылгеит, лара араӡны даԥсахеит).
Иналукааша дреиуоуп Қәтешьтәи аспортсменка, ԥсабарала даара иӷәӷәаз, агәаӷьра зҟазшьа иалаз, ламысла зегьы ирызныҟәоз. Лыуаҩратә ҟазшьақәа ҟаимаҭын лара, акоманда аламыс ҳәа илышьҭан, иарбан усзаалак – хшыҩла дазнеиуан. Иара убас Лиудмила Аржанникова (1992 шықәсазы, Барселонатәи Аолимпиатә хәмарракқәа раан аџьаз иаԥсахаз – аред.) даара ибзиаз спортсменкан. Арҭ зегьы сара сааӡаҩцәа ракәын».
Арсен Бала, атәыла еизгоу акоманда данахагылазгьы, иазыҟаҵаны иҟоу аспортсменцәа мацара ракәын иқәшәоз ҳәа узҳәаӡом. Аха иара аспортсмен қәыԥшцәа рыбжьара наҟ-наҟ амастерра злыҵыр зылшоз заа игәеиҭон, насгьы имаз ахьӡ, аҳаҭыр ирыбзоураны акомандахь иааиԥхьар илшон изыхәҭоуп ҳәа иззиԥхьаӡоз зегьы.
«Бутузова дызгеит «дшысабиаз». Лара даҽа хы-шықәса раҟара акомандахь думгарьгы алшон. Зебинисо Рустамова сара дызбеит ақәыԥшцәа реицлабрақәа рҿы – уаҟа лара илгеит аԥшьбатәи аҭыԥ. Лтехника бзиан лара, ишьахәны дхысуан. Ҳара ҳҿы ихадароу – аамҭалеи, атемпи аструктуреи рыла еиԥшу аиҭаҵшьақәа рацәаны реиҭаҟаҵароуп. Лара урҭ ҟалҵон. Дхәыҷын, илыгын – имаҷны крылфозар акәхарын, дыстудентын. Сара дызгеит еизгоу акомандахь. Астипендиагьы лоуртә иҟаҳҵеит.
1975 шықәсазы лымшала аимак ӷәӷәа ҳаман: Швеицариа имҩаԥысуаз ачемпионат ашҟа даҳго-дҳамго ҳәа. Усҟангьы сара сҽадцаланы исҳәеит, дгатәуп ҳәа. Ҳкомандаҿы даԥшьбатәиин. Нас шәгәы ишԥаанаго? Лара даиааит убри адунеизегьтәи ачемпионат аҟны! Анаҩстәи ашықәс азы илгоит аџьаз Монреальтәи Аолимпиадаҿы. Бжьышықәса раҟара еизгоу акоманда далан. Уигьы иналукааша аспортсменкацәа дыруаӡәкуп, аҭаџьык ҭыԥҳацәа рыбжьара – рапҳьатәи адунеизегьтәи чемпионуп. Нас лара аспорт азы аминистрсгьы дҟалоит лыԥсадгьыл аҟны, Ҭаџьықьсҭан», – еиҭеиҳәон Бала.
Зебинисо Рустамова интервиук аҿы лхаҭа абас еиԥш илгәалашәон Асовет Еидгыла еизгоу акомандахь лнеира шыҟалаз: «Акомандахь усҟан сара сигеит Асовет Еидгыла аҳәса ргәыԥеизга азыҟаҵаҩ хада Арсен Шьугаиб-иԥа Бала. Агәыԥеизга салеиҵеит иқәыԥшу, аԥеиԥш змоу спортсменк лаҳасабала. Усҟан сара исхыҵуан ҩажәа шықәса, егьырҭ агәыԥеизга ахаҭарнакцәа среиҵбан. Аха сара сзы уаҟа даара иманшәалан. Қәрала сахьеиҵбыз азы зегьы схылаԥшуан, исыхӡыӡаауан ахәыҷ леиԥш, «ахәыҷы» ҳәа бжеиҳан иагьсышьҭан ҳабжьара».
Аҵахара ззымдыруаз акоманда
Аофициалтә адунеизегьтәи атурнирқәа рахь Арсен Бала еизгоу икоманда иманы ацара далагеит 1968 шықәса инаркны, азыҟаҵаратә штаб аиҳабы иаҳасабала – 1971 шықәса инаркны. Дрылахәын адунеизегьтәи ачемпионатқәа 12, Европатәи ачемпионатқәа 12, хә-олимпиадак. Иуҳәар ҟалоит, дызлахәыз атурнирқәа зегьы рҟынтә аиааира иманы даауан ҳәа. Даҽа лҵшәакгьы иара икоманда аҟнытә иазыԥшымызт.
«Усҟантәи аамҭазы, аҩбатәи аҭыԥ ҳгар, ҳала шьҭымхӡакәа акәын аилак ҳшыҩназ (Асовет Еидгыла Аминистрцәа Реилазаара иатәыз Аспорт аусқәа рзы Аилак), –игәалаиршәон Арсен Шьугаиб-иԥа. – Ишьақәгылеит убас еиԥш агәаанагара, Бала икоманда заҵахаӡом ҳәа. Уи аҩыза агәаанагара башагьы ишьақәымгылаӡеит, акыраамҭа адунеиаҿы ҳара иҳацназгоз аӡәгьы дыҟамызт».
Бала излеиҭеиҳәоз ала, аиааира агара усҟан иахәҭоу акеиԥш иазыҟан, уи аҟнытә уажәы иуадаҩуп аҳәара, иарбан иааироу еиҳа иршанхагаз – Италиатәи акәу, Англиатәи акәу, мамзар даҽаку.
«Адунеитә чемпионатқәа жәабаҟа рҟны аиааира згахьеит. Европатәи ачемпионатқәа зегьы рҿы, 1971 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа, сара азыҟаҵаҩ хадас сыҟанаҵ, аиааирақәа ҳгон. Дхаҵоума, дыԥҳәысума, зегьы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргон – уи иаҵанакуа, Европа апиедесталқәа зегь ҳара иаҳтәын оуп. Убасгьы имҩаԥысит Европатәи ачемпионат иарку ахыбраҿ имҩаԥгаз, уаҟа иахьхысуа адистанциагьы даҽакуп, апрофессионалтә хысра иаҩызоуп. Убраҟагьы џьарак иадымхаргьы Европаа аиааира раҳамҭеит», – иҳәон азыҟаҵаҩ ду.
Арҭ иажәақәа зегьы дырҵабыргуан уахьынаԥшлак убла хызкуаз аҳамҭақәа – адунеитәи европатәи аицлабрақәеи, Аолимпиатә хәмаррақәеи рҟынтә хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи, еиуеԥшым ахраҿақәеи, ахәымпалқәеи Бала иуаҭахқәа зырԥшӡоз.
Ҭыԥк аҿы ҩынтә ашьацәхныслара
Ус шакәызгьы, иҟан аҵахарақәагьы. Дара роуп еиҳаракгьы иухамшҭуа иаанхо.
«Иорк аҟны хаҭалатәи аицлабраҿы аиааира лгеит Емма Гапченко – шьҭрала Москватәиу, спортсмен бзиан лара, аха командала ҳаҵахеит усҟан, Польша аиааит. Х-очков рылоуп ҳшаҵахаз! – уи аахыс 25 шықәса шыҵхьазгьы, Арсен Бала даара игәы иаланы ари ахҭыс игәалаиршәон. – Џьара ҳцаанаӡа ҳазегьы адиспансеризациа ҳахысуеит, инарҭбааны амедицинатә гәаҭарақәа ҳрыхрыжьуеит. Аха иаҳазгәамҭакәа даҳгеит зцәа зтәымкәа иҟаз аестон ҭыԥҳак. Леиҿартәашьа ахаҵа итәеиԥш иҟан, уи азы акгьы узгәаҭомызт. Аҭыԥан ҳаннеи инаркны илызцәырҵит агәыхынҳәра. Ҳара иҟалаз ҳәа акгьы ҳзеилкаауам, илфаз акы лԥырхагахаз џьаҳшьеит. Лара иҟалҵеит 200 очкок иреиҵны, бжьаратәла иҟалҵоз аҟнытә. Ҳара ҳаҵахеит х-очкок. Убри хашҭшьа сымам. Убасҟан схы ажәа асҭеит: зцәа зтәымкәа иҟоу аҳәса ахаан агәыԥеизгахь ишызымго. Адиспансеризациа ахысраан усҟантәи аамҭазы «иинтересу» аҳақьым (зыӡбахә имоу агинеколог иоуп – аред.) дарбамызт. Ари ахҭыс ашьҭах сара уи далазгалеит, амедицинатә гәаҭарақәа раан хымԥада дҟаларазы. Ус шыҟасҵазгьы, убри аҩызацәҟьа даҽазныкгьы ҳақәшәеит. Ирҳәоит, аҽы ҭыԥк аҿы ҩынтә ишьацәхныслаӡом ҳәа, аха сара ҩынтә агха сыхьит. Исыздыруам – аҽы сеицәаханы сҟалама?»
Даҽа аҵахаракгьы азыҟаҵаҩ игәалашәараҿ иаанхеит. 1997 шықәсазы адунеитә Чемпионат Австралиа аҳҭнықалақь Канберра имҩаԥысуан. Уахь ацара аҭахын мчыбжьык шыбжьаз еиҵамкәа – адаптациеи, акклиматизациеи рахысразы.
«Мчыбжьык ҳара иҳарымҭаӡеит, избан акәзар уи азы аԥара ыҟамызт, – еиҭеиҳәон Арсен Шьугаиб-иԥа. – Хагьаҵахеит америкаа рҿы, дара реиҳа ҳаӷәӷәан аха. Дара тәан Зеладниа Ҿыц, уа иҟоуп америкатә база – рҽырҭынчны мызкы иназынаԥшуа аҽазыҟаҵарақәа ирҿын. Ҳара ҳанааи аҽны амш хар амамызт – қәак леиуашәа иҟан, аха аицлабрақәа рыҽны – ашоура 50 градус ҟалеит».
Аолимпиадақәа: фба иагырханы ҩба
Арсен Бала Асовет Еидгыла еизгоу акомандаҿы иусура иалагӡаны, аспортсменцәа ф-олимпиадак разыҟаҵара дахьӡеит. Урҭ рахьтә ԥшьба рҿы аиааира игеит: 1972 (Миунхен), 1976 (Монреаль), 1980 (Москва), 1988 (Сеул). Аха лассы-лассы игәалашәон 1984 шықәсазы Лос-Анџьелес имҩаԥысуаз Аолимпиадаан, Асовет Еидгыла иҟанаҵаз абоикот, иара убасгьы Барселонатәи араӡны, 1992 шықәсазы.
1984 шықәсазы атәыла аиҳабыра ирыӡбеит аспортсменцәа рмышьҭырц Аолимпиатә хәмаррақәа рахь, Лос-Анџьелесҟа. Уи америкаа 1980 шықәсазы Москватәи Аолимпиада иазыруаз абоикот аҭакс иҟаҵан. Асовет тәылақәа уи ашықәсан имҩаԥыргеит альтернативатә хәмаррақәа Чехословакиа.
«Аспортсмен изы альтернативатә хәмаррақәеи иҵабыргҵәҟоу ахәмаррақәеи – дгьыли жәҩани реиԥш еицәыхароуп. Уи Адунеитә чемпионат аҵкысгьы еиҵоуп, - гәалсрала игәалаиршәон Арсен Шьугаиб-иԥа. – Ус шакәызгьы, атрибутика зегь еиқәырхан,
Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы аиааиразы аспортсменцәа ироур зыхәҭаз зегьы арҭ ахәмаррақәа рҿгьы иарбан, аспорттә хьыӡқәеи, аԥаратә ҳамҭақәагьы налаҵаны».
Иара убри аамҭазы, аспорт ахкқәа зегь рыла азыҟаҵаҩцәа адҵа рыҭан: Лос-Анџьелес Аолимпиадаҿы аиааира згаз рылҵшәақәа ицҟьашәҟьа ргара. Арсен Бала иааӡамҭацәа рзы уи адҵа анагӡара проблемаӡамызт.
«Иҟан адҵа, ҳара уи наҳагӡеит, – дычча-ччо иаҳзеиҭеиҳәон азыҟаҵаҩ. – Аха ҳара иҵабыргыҵәҟьаны, даара ибзиан ҳазыҟаҵан. Усҟантәи аамҭазы сара исыман аҳәса ркоманда – 20-ҩык, урҭ рыбжьаратә лҵшәа 2630 очкок инареиҳаны иҟан (ахыц алаахысраҿы 2880 очко – имаксималттәу лҵшәоуп - аред).
Сара изгар акәын хҩызаҵәык ауаа. Адунеи зегьы аҟны ԥҳәыс заҵәык дыҟан – аладатәи кореианка, 2603 очко ҟазҵоз. Убас ахацәагьы. Уи Аолимпиадаҿы ҳара зегьы ҳариааиуан, аха иааг! Альтернативатә хәмаррақәа рҟны аиааира ҳазҳархар акәхәеит. Ҳәарада, аспортсменцәа рыгәқәа наӡамызт, инагӡаны изгәырӷьомызт. Иагьхашәымҵан, урҭ рҟынтә аӡәы идымхаргьы Аолимпиатә хәмаррақәа рахь ацара иҭахӡамызт ҳәа. Аспорт аиҳабырагьы, Павлов напхгара ззиуаз (Павлов Сергеи Павел-иԥа 1968 шықәса инаркны 1983 шықәсанӡа Асовет Еидгыла Аминистрцәа Реилазаара иатәыз абаҩрҵәыратә культуреи аспорти рзы Ахеилак ахантәаҩы – аред.) ахәмаррақәа ҳахьрылахәымыз иаҿагылан. Аха зегьы ЦК аҿоуп иахьырыӡбоз.
Убасгьы иҟан 1992 шықәсазтәи Аолимпиада, Барселона.
«Барселона ишьақәгылахьан иуадаҩу апсихологиатә ҭагылазаашьа, – еиҭеиҳәон иалымҵыз ақәгылара иазкны Арсен Шьугаиб-иԥа, Аолимпиадаҿы араӡны аиааира – аҵахароуп ҳәа иԥхьаӡо. – Ҳара арҭ ахәмаррақәа рҟны Асовет Еидгыла еизгоу акоманда аҳасабала ҳақәгылара ҵыхәтәантәиин. Избан акәзар ишьақәгылахьан Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла (СНГ), уи иалаз атәылақәа рхы иақәиҭын, рхаҭа ООН иалалахьан, рхатә Олимпиатә хеилакқәа рыман. Аха ари Аолимпиадахь еизгоу команданы ҳцарц рыӡбеит. Зегь акоуп, ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы, азыҟаҵаҩ хада имаз анырра кәадамхар ауамызт. Ҳара инакәызаалак ҳхаҿы иаҳзаагомызт даҽа тәылак азы ақәгылара. Аха, Наталиа Насариӡе – адунеи ачемпионка, сареи ҳкоманда азыҟаҵаҩцәеи илыдаҳҵаз даараӡа ирацәан, аамҭа кьаҿк иҭагӡаны адунеижәларбжьаратәи амастер иҩаӡараҟны днаҳгеит – аха, иалашәхи, ахәмаррақәа рыламҭалазы Ҭырқәтәылаҟа дцоит. Илыҳәон: баангыл, Аолимпиада ашьҭахь бцап ҳәа. Аха акы дазхьамԥшкәа, акоманда лкажьны дцеит».
Итәылазы мацара
Арсен Бала ихаҭагьы даарыԥхьон еиуеԥшым атәылақәа рахь.
«1991 шықәса, нанҳәамзазы ГКЧП аныҟаз аамҭазы (Асовет Еидгылаҿ аҳәынҭқарратә мчра аарҳәразы аҽазышәараан иаԥҵаз Иҷыдоу аҭагылазаашьазы Аҳәынҭқарратә еилакы), Польша имҩаԥысуан Адунеи ачемпионат. Даара иуадаҩыз чемпионатын уи, – игәалаиршәон Арсен Шьугаиб-иԥа. – Усҟан атәылақәа жәпакы асовет тәылауаа рыдыркылон ахҵәацәа раҳасабала. Урҭ амшқәа рзы Варшава иаԥҵан Ахеилак, уи иаднакылон ауааԥсыра рҟынтә азыҳәарақәа, анаҩс иахьырҭаху атәылақәа рахь ашьҭразы. Польша сыԥшәма ԥҳәыси сареи ҳаҟан, ҳара иҳадыргалон иаҳгәаԥхо иарбан
тәылазаалак алаҳхырц: Америка, Италиа, Франциа, Арабтәи Аемиратқәа. Сара исыцын гәыԥҩык азыҟаҵаҩцәагьы. Зегьы еидыскылан ус расҳәеит: «Аҩызцәа, акымзарак алҳхуам!» нас ҳазегь ҳшынеибаркыз Асовет Еидгылахь ҳхынҳәит».
Иагьраԥхьатәихаз иагьҵыхәтәантәихаз аҳәаанырцәтәи аконтракт Арсен Бала инапы аҵаиҩит 1992 шықәсазы Барселонатәи Аолимпиадаҿы, Асовет Еидгыла еизгоу акоманда уаҳа ишыҟамлоз анеилкааха. Еицәажәеит Кувеит аусура дшалаго азы. Аха уахь ацара иара илахьынҵамызт – ичымазара аԥырхагахеит.
1996 шықәсазы, ари аспорт хкы аҟны дызнысыз, хьӡи-ԥшеи згымыз имҩа аихшьалақәа азыҟаҵо, Арсен Шьугаиб-иԥа игәы алаҟаны иазгәеиҭеит: «Сара Тарасови, Чернышови, Гомелскии саҩсхит (хьӡи-ԥшеи змоу ахоккеи абаскетболи рзы асовет зыҟаҵаҩцәа – аред.) егьырҭ еицырдыруа азыҟаҵаҩцәа аӡәырыҩгьы убас. Урҭ рыхьӡқәа хҽны инхеит, сара сцара зыхҟьаз – Аидгыла аилаҳароуп. Ахыц алахысраҿы сара сыҟан 33 шықәса. Аԥсеиҭакра ашьҭахь, ҩаԥхьа исыхеит: иазыҟасҵоит москватәи акоманда, Афедерациа актәи ахада ихаҭыԥуаҩс сыҟаны. Уажәы Афедерациа ахада иҭыԥ ашҟа схы ықәсыргыларц сгәы иҭоуп. Сзаиааир – дҳауеит абаза ахада».
Аха ахыц алахысразы Афедерациа ахадас аҟалара Арсен Бала иалахь ианымызт. 1996 шықәсазы идунеи иԥсахит. Анышә дамадоуп Москва, Востриаковтәи аԥсыжырҭаҿы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.