Хәажәкыра 11, 1939 шықәсазы диит Аԥсны хәыҷи-дуи бзиа еицырбо апоет Таиф Аџьба. Жьҭаара 9, 1992 шықәсазы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәа иҩны ддәылганы дыргеит ақырҭуа гваридиауаа зҭәымҭа иҭагылаз аклассик. Уиижьҭеи ихабар ыҟам, ибаҩгьы ԥшаам. Ажәлар ргәалашәараҿы Таиф Аџьба иԥсы ҭоуп, ԥсра шрықәым еиԥш иаԥиҵаз ицәаҳәақәа.

Арифа Қапԥҳа

Иара ицәаҳәақәа «Анцәа иҟынтә иаауеит» ҳәа рзырҳәоит. Иара ипоетикатә стиль, иажәеинраалақәа ирыҵоу амузыка уҳәа рыла аԥхьаҩцәа иаразнакала ихыихит. Аха апоет алахьынҵа цәгьа иԥеиԥшын.

Аматематик, афилолог

1939 шықәса, хәажәкыра 11 рзы ахшара рацәа иахьрызҳауаз, ахьхьаџьаҳәа иҟаз Шьаадаҭ Аџьба иҭаацәараҿы диит аԥа Таиф. «Абри аԥсуа ҭаацәараҿы иааџьоушьаратәы зегьы аматематика бзиа ирбон, – ҳәа еиҭалҳәоит апоет иуа (иԥшәмаԥҳәыс лаҳәшьа – аред.), уи ибаҩхатәра лымкаала ҳаҭыр ззақәу ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа. – Иашьцәеи иаҳәшьцәеи зегьы аҵара бзианы ирҵон, Таиф ихаҭа иакәзар, ашкол даналгалак Аҟәатәи аҳәынҭқарратә пединститут афизика-метаматикатә факультет дҭаларц игәы иҭан».

Аха Таиф физмат дзымҭалакәа аррахь иԥхьеит. Аррамаҵура ихганы данаа, 1962 шықәсазы Таиф Аџьба дҭалоит хыхь зыӡбахә ҳхәаз аинститут афилологиатә факультет, анемец бызшәа аҟәшахьы. Анемец бызшәа ицәгьамкәа аҵара илшеит, уи иабзоураны анаҩс иара анемец поетцәа ражәеинраалақәа аоригинал абызшәала дрыԥхьон, иагьеиҭеигон. Аинститут аҟны иҵара аныхиркәша ашьҭахь аусура далагоит ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны (Аԥснытәи АССР иатәыз агазеҭқәеи ажурналқәеи рҭыжьырҭа – аред.).

Апоет иажәеинраалақәа раԥхьаӡа акәны акьыԥхь рбеит данстудентыз ашықәсқәа раан. Раԥхьатәи иҩымҭақәа реизга «Ажәеинраалақәа» ҭыҵит 1968 шықәсазы.

«Апоет аклассикатә жәеинраалеиҿартәышьа атрадициақәа дрықәныҟәон; ирҿиамҭақәа адекларативтә ҟазшьа рымаӡам, иудхало иҟаӡам. Ауаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара иузаҟәымҭхуа иацу ацәырҵрақәа дрылацәажәоит. Илирика ҷыдаҟазшьас иамоуп – амузыкалра, иажәаҳәа даара иԥшӡаны еиҿкаауп», – ҳәа иҩуеит Таиф Аџьба изкны афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа.

«Аныҳәаԥхьыӡи» апоет игәынхәҵысҭеи

1979 шықәсазы иҭыҵит Аџьба иалкаау иажәеинраалақәа реизга «Аныҳәаԥхьыӡ», уи еиднакылеит апоет иреиӷьыз ирҿиамҭақәа. Таиф иԥсы ахьынӡаҭаз апоезиа аганахьала деизҳауан, иҿыцу адыррақәа раиура дашьҭан. 1983-1985 шықәсқәа рзы Москва, Горьки ихьӡ зху алитературатә институт аҟны иаԥҵаз Иреиҳаӡоу алитературатә курсқәа дырҭаауан.

Ирҿиараҿы аҭыԥ ду ааныркылоит ахәыҷтәы жәеинраалақәа.

«Таиф Аџьба даԥсаны изуҳәар ауеит аԥсуа хәыҷтәы литература аклассик ҳәа. Иара икалам иҵыҵит хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷтәы жәеинраалақәеи алакә-поемақәеи, урҭ ашколқәра иаҵанакуа ахәыҷқәеи аиҵбацәеи даара ргәы иақәшәеит, иагьрылаҵәеит», – ҳәа иҩуеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Валентин Коӷониа.

Таиф Аџьба иажәеинраалақәак уанрыԥхьо, апоет гәынхәҵысҭала иԥеиԥш шиныруаз атәы уазҳәаша ацәалашәара умоурц залшом. Ас еиԥш анырра зылшо абаҩхатәра иашаҵәҟьа Анцәа излаиҵаз апоетцәа дуқәа роуп. Убас, Елеонора Коӷониаԥҳа иазгәалҭоит, ажәеинраала «Атыша ахықәан», Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагараҵәҟьа акыраамҭа шагыз иаԥиҵеит, аха «иахьатәи ҳаԥсҭазаара дагәылаԥшны иҩызшәа ауп ишыҟоу» ҳәа. Абар уи ажәеинраала ацыԥҵәаха:

Ажәҩан акәӡам ҳарҭ иаҳиааиуа, ҳҭазырхо,
Ажәҩан акәӡам ҳара иҳахәо, ҳаиқәзырхо:
Хьаҳәа-ԥаҳәада иааԥшит иахьа иккаӡа –
Ҳа ҳнапы ишаку аргама ҳлахьынҵа.
Иаҳҿагылоз наҟ ҳариааины, ирыцәганы –
Иаҳкәаҳарцу ҳаԥсы зқәаҳҵоз уажә ҳааҳәны?!
Схаҿы исзаагом абри акәын ҳәа, ухаҵкы,
Зқьышықәсалатәи ҳаԥсҭазаара аҵакы.

Мамзаргьы «Ҳаԥсҭазаара» захьӡу, 1991 шықәсазы иаԥҵаз ажәеинраала ацыԥҵәаха ааҳгозар (ари ажәеинраала аурыс бызшәахьгьы еиҭагоуп, еиҭеигеит Виктор Лапшин), уаҟагьы аргама иубарҭоуп Таиф ԥхьаҟа иаҳԥеиԥшу шиныруаз:

Ҳа ҳиит ахақәиҭраз абраҟа, ҳәарада, –
Ҳҭаӡаҵәҟьом уи автор хаԥыза имацәаз:
Ҳақәԥоит, ҳацәқәырԥоит, ҳаилашуеит еиқәтәарада –
Ҳахьынӡаҟоу(ҳаҟазар!) – ҳаҟоуп абас!

«Таиф ипоезиа аиҭагара алшоит, аха зегьыҵәҟьа еиҭаҵӡом»

Таиф Аџьба аԥсуа бызшәахьы еиҭеигон Пушкин, Тиутчев, Лермонтов, Блок уҳәа реиԥш иҟоу еицырдыруа апоетцәа дуқәа ражәеинраалақәа. Иара ихаҭа иажәеинраалақәагьы еиҭаргақәахьеит. Аурыс бызшәахьы еиҭагоу иажәеинраалақәа рахьтә реиҳа иманшәалахаз ирхырԥхьаӡалоит апоет қәыԥш Алина Жьиԥҳа иҟалҵаз Таиф Аџьба иажәеинраала «Амра ссируп аҭашәамҭаз» аиҭага. Абас игеит урыс бызшәала зегьы еицырдыруа Таиф ицәаҳәақәа:

Солнце чудно на закате,
Сыплет золото лучей.
На закате, на закате
Солнце краше и милей.
Это просто ли: с рассвета,
Каждый день для всех сгорать?
А к закату, все оставив,
Тая, тая, исчезать?..
Но без тени сожаленья
Так прекрасен его лик:
Днем подарит вдохновенье,
Умиленье — в этот миг.
Кто еще пройти так сможет,
Не печалясь о себе?
Кто готов склониться все же,
К непростой такой судьбе?
Солнце чудно на закате,
Сыплет золото лучей.
На закате, на закате
Грусть у солнца горячей.«Таиф ипоезиа аиҭагара алшоит, аха зегьыҵәҟьа еиҭаҵӡом, – ҳәа лусумҭа дахцәажәоит аиҭагаҩ, – насгьы иарбанзаалак апоезиа аиҭагараан еиԥш, араҟагьы ацәыӡқәа ҟамлар ауӡом. Сҩызцәа реиҳа исықәманшәалахеит ҳәа ирԥхьаӡаз абри аиҭага сара иагу рацәаны избоит, аха ус акәзаргьы, сҽазысшәеит аҵаки аритми рынахысгьы, зегь реиҳа ихадоу – Таиф идоуҳа аиқәырхара».Алина Жьиԥҳа илҳәеит Таиф Аџьба бзиа илбо аԥсуа лирикцәа дшыруаӡәку, иара «даара иҵаулоу, згәы ҭыӷьӷьаау, аханатә згәыбылра укуа поетны» дышихәаԥшуа. Аԥсуа литературатә бызшәа асахьаркра арҿиараҿы илагала дууп ҳәа лыԥхьаӡоит аиҭагаҩ.

«Сара сабиԥара иаҵанакуа аҿар аӡәырҩы реиԥш, схәыҷра шықәсқәа раахыс Таиф Аџьба иажәеинраалақәа сҿыҵакын. Санеизҳа, илирика еилсырго саныҟала, поетк иаҳасабала схазы даасыртит. Таиф Аџьба илахьынҵа шицымныҟәазгьы, аамҭа хьанҭақәа дшырхаанхазгьы, сара агәра згоит дахьынӡаҟаз насыԥ иманы дынхон ҳәа, ирҿиаратә ԥсҭазаараҿы насыԥ иман. Избан акәзар иажәеинраалақәа зегьы ԥхаррак рхылҵуеит, угәаҵа дырлашоит: агәкаҳара шамахамзар иҟазшьамызт, ус иҟоу цәаҳәақәак уԥылозаргьы, зегь акоуп, хараӡа иҟоу гәыӷрак ацәаара уахьирԥшуеит».

«Акониуктура зҽазымҭоз» апоет хатәра

Апоет иуаҩышьеи, раԥхьатәи реиԥылара шыҟалази лгәалалыршәоит Елеонора Коӷониаԥҳа.

«Раԥхьаӡа акәны Таифи сареи ҳанеиқәшәоз сара схәыҷын, – еиҭалҳәоит лара. – Ахәбатәи акласс аҿы аҵара анысҵоз зны сычмазаҩхеит. Саҳәшьеи Таифи еибагеижьҭеи рацәак ҵуамызт. Ахәылбыҽха аҩны данааи, сара уа сшыҟаз издыруамызт. Ауада дааҩнашылеит хаҵа аукы, иааигны, ацилиндр ихан, дыԥшызар: ӡӷабк дышьҭоуп. Гәыбзыӷрала зҵаарақәак аасиҭеит, аха сара аҭак ҟасҵомызт, сыԥхашьон. Асовет Еидгыла абызшәақәа зегь рыла дсацәажәеит, аха сара ҿысҭуамызт».

Елеонора Коӷониа усҟан Таиф иажәеинраалақәа рыԥхьара далагахьан. Зынгьы лабҿаба дылбахьан лқыҭа Кәтол аклуб аҿы данықәгылоз. Иажәеинраалақәа ирылхны ирҳәоз ашәақәагьы ҿырҳәала илдыруан, лара аҵара ахьылҵоз ашкол аҿы урҭ ашәақәа зегьы бзиа ибаны ирҳәон.

Елеонора Коӷониаԥҳа иазгәалҭоит, Таиф Аџьба «акониуктура зҽацәызыхьчоз» поетын ҳәа.

«Иара асовет аамҭазы дынхон, аха ирҿиараҿы иуԥылом апартиеи, асистемеи ирзышәаҳәо жәеинраалакгьы, – лҳәоит лара. – Аӡәы идҵала дыҩуамызт. Уи поезиоуп ҳәагьы иԥхьаӡомызт – асовет еиҳабыреи, акомсомоли ргәы иақәшәо ажәеинраалақәа. Убри азоуп аиҳабыраҿы рацәак дзырымшаҭозгьы. Аиҳабыра рзы «имодоу» поетмызт Таиф. Гәлиа ихьӡ зху апремиа ианашьарагьы дахаанымхеит, уимоу иԥсы ахьынӡаҭаз зныкгьы апремиа аиуразы дықәдмыргылацызт. Аиҳабыра «бзиа ирбоз» арҿиаҩцәа дырхыԥхьаӡаламызт ажәакала».

Таиф ажәеинраалақәа ихәыцуамызт, ицәаҳәақәа Анцәа иҟынтә иаауан – лҳәоит Коӷониаԥҳа.

«Ас еиԥш ажәеинраалақәа иаауҭахны, ус баша улатәаны иузеиҿартәаӡом, иара ишиашоу акосмос дадҳәалан, уантә лассы-лассы игениалтәыз ацәаҳәақәа изааиуан ҳәа сгәы иаанагоит», – азгәалҭеит лара.

«Ҭынч дынхон, ажәеинраалақәа иҩуан»

Аиашара, агәаартра, аԥсыцқьара, ақьиара – абарҭ ракәын ихадароу ҟазшьақәас Таиф Аџьба илаз. «Ахаан аӡәы диҵашьыцуамызт, аӡәы изы ажәа кьаҳәк имҳәацызт, џьара дгәарымҭеит, ма аинтервиу имрымхит ҳәа хьаас икымызт, машәырлагьы ихаҿы иааиуамызт сымшира азгәашәҭ ҳәа аҳәара аҟаҵара, аорденгьы даҳәомызт, акгьы даҳәомызт, ҭынч дынхон, ажәеинраалақәа иҩуан», – ҳәа еиҭалҳәоит апоет иԥшәмаԥҳәыс лаҳәшьа.

Таиф Аџьба ирҿиара аҭҵааҩцәа иазгәарҭоит, аибашьра аламҭалазтәи ашықәсқәа раан апоет еиҳа имаҷны дыҩуан ҳәа, арҿиаратә ааҭгыларақәа ҟаиҵон. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Таифи иԥҳәыс Риммеи аӷа инапаҿы иааигаз Аҟәа ақалақь ианалаха, иара ихаҭа ишазгәеиҭаз еиԥш «апоезиа зынӡа дацәҟьалеит», еицырдыруа афоризм ишаҳәо еиԥш: «абзарбзанқәа аҟәҟәаҳәа ахы анҭарҵо – амузақәа ҿырҭуам». Апоезиа ахаҭыԥан Таиф амшынҵа аҩра далагеит: есыҽны ианиҵон ақалақь аҿы имҩаԥысуаз ахҭысқәа ртәы – иара ихаҭеи, иуацәеи, иҩызцәеи, игәылацәеи зыниоз.

«Бзиала иаҳзырша!..»: апоет хәы змаӡам имшынҵа

Таифа Аџьба имшынҵа кьыԥхьын аибашьра анеилга ашьҭахь, 1994 шықәсазы, хьӡысгьы иаиуит реиҳа лассы-лассы ианҵамҭақәа злахиркәшоз афраза «Бзиала иаҳзырша!..». Ари амшынҵа документуп – уи аамҭа ахлымӡаахрақәа зныԥшуа хәы змаӡам аинформациа ҵабырг еидызкыло (ақырҭуа еибашьцәа Аҟәа рнапаҿы иҟан аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны 1993 шықәса, цәыббрамза 27 рҟынӡа – аред.).

Раԥхьаӡатәи ианҵамҭақәа руак аҿы Таиф Аџьба иҩуан абас: «Иахьа Аԥсны зҭагылоу адрама сахьаркырала аарԥшра мышкызны иаиуп уеизгьы. Аҭоурых – ҭоурыхуп, ицәгьа-ибзиа иааҟало зегьы гәынкылатәуп, ианҵалатәуп».

Усҟантәи Аҟәа ақалақь – есыҽны аԥсуа уаҭахқәа ахьдырҳәуаз, ауаа ршәаны иахьрымаз, ача есааира иахьмаҷхоз, уажәы-уажәы алашара ахьдырцәоз, аӡы акәзар – лассы-лассы иахьааныркылоз, ақалақь анҭыҵ аумақәа мҩаԥысуеит ҳәа апаника аҟаҵаразы ана-ара ауҳәан-сҳәанқәа ахьдәықәырҵоз – абри зегь иалаханы иҟаз Таиф Аџьба уажәи-уажәи урыстәылатәи ателеканалқәа рыла ицоз аинформациатә дырраҭарақәа «Вести», «Итоги» дырзыԥшын. Урҭ рҟынтә амаҷ иадымхаргьы итәылаҿы иҟоу-иану жәабжь иашак иаҳарц азы.

«Аԥсуаа саазықәшәалак зегьы ргәы каҳаны иҟоуп. Даара сацәшәоит ҳара-ҳара ҷан-ҷаны ҳаибакыр ҳәа. Амилаҭ иаадырԥшыроуп аҟәышра, иаҳагьы рҽеиладырҵәароуп. Ҳкурс хада – ахьыԥшымра азықәԥара ҳақәныҟәалароуп. Аҭагылазаашьа иақәыршәаны атактика еиҭакзар ауеит. Еиқәырхатәуп ҳаԥсуа парламент Арӡынба дшахагылоу. Уи ида сара дызбом уажәазы Аԥсны арыцҳара иалазмырӡша даҽа хадак. Мчла ҳаҵахеит. Хшыҩла ҳаҵахар ауп арыцҳара – ҳажәлар ықәӡаар ауеит. Ҳаидгылара, ҳаибаҭахра еиқәырхатәуп. Иахьазы арыцҳара аӡәгьы ихҭнаҳҟьоит ҳәа ҳаламгароуп, ҳара-ҳара ҳгәы еихшәо, ауаҩра ҳцәыӡуа аҟынӡа ҳнанамгароуп.

Иналаршә-ааларшәны еиҿахысуеит.
Анцәа бзиала ҳзырша!» — ҳәа иҩуеит Таиф имшынҵаҿы.

«Сыблала избоит аԥсуаа ирыхҭырго»

Таиф Аџьбеи Римма Коӷониаԥҳаи рхәыҷқәа – Алисеи Алиаси – рани раби ирыцны ақалақь аҿы итәамызт усҟан, Аҷандара ақыҭараҿ иҟан (апоет иқыҭа гәакьа, Гәдоуҭа араион ахь иаҵанакуа – аред.). Таиф имшынҵаҿы ихьааигоит урҭ рбашьак ахьимам азы, амаҭәа ԥхақәа мгакәа иахьцаз џьара хьҭак рыламландаз ҳәа дӷьаҵәы-ӷьаҵәуеит, аха урҭқәа зегь реиҳа гәыҵхас имоу ажәлар рԥеиԥш ауп: аԥсуаа ирлахьынҵахои, Аԥсны еиқәхарымашь ҳәа дхәыцуеит.

Убри аамҭазы аӷа имацәаз иҭакыз ақалақь аҿы анхара еиҳа-еиҳа ицәгьахо иалагеит.

Абар Таиф анаҩстәи ианҵамҭаҿы ииҩуа: « Амашьынақәа ирҭатәаны иалоуп абџьар зку ауаа – аформа зшәугьы изшәымгьы. Макьана арҳәрақәа ирҿуп ишырҿыц, ашәарҭа шыҟац иҟоуп, амҩақәа макьана иаартым. Ашәахьанӡа амҩақәа аартны еиҭанеиааишьак шԥаҟамлари ҳәа сгәыӷуеит. Арҭ ахымш-ԥшьымш ача аԥыхьашәара цәгьахеит, мгьалк-егьик ала амла ҳҽаҳаргом, агәылацәагьы ҳацхраақәоит. Аинформациақәа телевизорла иҳауа рыгәрагара уадаҩуп. Ақырҭуа пресса усгьы ҳгәы аҭаԥҽроуп хықәкыс иамоу. Дара ақырҭқәагьы русқәа ҽеим».

Иџьоушьап амала, абас иуадаҩыз аҭагалызаашьаҿгьы Таиф дахьхәны дыҟамызт ақалақь дахьалахаз. Имшынҵа иаԥхьо агәаанагара имоурц залшом, апоет изылхыз миссианы иԥхьаӡон ҳәа абарҭқәа зегьы иблала иахьибаз, аӷа игьангьашрақәа шаҳаҭс дахьроуз – убри ала иара аӷа даҿаԥиҽуан.

«Аҟәа сахьаанхаз ганкахьала ибзиоуп, сыблала избоит Аҟәеи уи иаланхо аԥсуааи ирыхҭырго. Ари зыблала изымбо, изхызымго еиҭаҳәашьа имам, убысҟак игәыҭшьаагоуп», – ҳәа иҩуеит иара.

Апоет убас илахь иангәышьан, зыӡбахә имаз ахлымӡаахрақәа зегьы иара ихаҭа ихҭигарц. 1992 шықәса, жьҭаара 9 рзы ақырҭуа гвардиауаа иареи даҽа ԥшьҩык аԥсуааи дәылганы иргеит, иахьыкәу уаҩы изымдырӡакәа. Аҵыхәтәан иԥсы ҭаны дызбаз иԥшәмаԥҳәыс Римма Коӷониаԥҳа лоуп. Иара даныргоз ацәалашәара бааԥс роуит аҩыџьагь, аха лгәы ааирӷәӷәеит, ҳрыԥсахуазар акәхап ҳәагьы леиҳәеит. Уи аахыс иара хабарда дыбжьаӡит ҳәа дыԥхьаӡоуп.

2016 шықәсазы иаԥҵан Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа. Иара ипоезиа алаҵәара бзиа амоуп аҿар рыбжьара, иажәеинраалақәа рдыруеит, бзиа ибаны ирыԥхьоит. Таиф Аџьба ииашаҵәҟьаны Жәлар дырпоетуп, иԥсы ахьынӡаҭаз уи аҩыза ахьӡ официалла ишихҵамызгьы.

Ахархәара змоу алитература:

  • Аԥсуа биографиатә жәар.
  • Таиф Аџьба имшынҵа «Бзиала иаҳзырша!..»
  • Таиф Аџьба иажәеинраалақәа реизга «Иалкаау» азы Валентин Коӷониа иаԥхьажәа, 2011 шықәса.