Абаза литератураҭҵаареи афольклористикеи рышьаҭаркҩы Владимир Батах-иԥа Тыгә имшира иазкны АААК информациатә портал иазнархиеит абри аҵарауаҩ хазына изку аочерк.

Гьаргь Чкала

Владимир Тыгә диит мшаԥымза 25, 1935 шықәсазы, Ҟарачы-Черқьессиа, Ҟаидан қыҭ. Иқыҭаҿы алагарҭатә школ далганы, нас агәыларатә қыҭаҿы абжьаратә школ хыркәшаны дҭалоит Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә-филологиатә факультет, уи дагьалгоит диплом ҟаԥшьыла 1960 шықәсазы. Иара убасҟан дрыдыркылеит аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс Ҟарачы-Черқьессктәи аҭҵаарадырратә институт алитературеи афольклори рсектор ахь. 45 шықәсатәи иҭҵаарадырратә усура лагала дуны иҟалеит алитературатә хшыҩҵак аҿиараҿы.

«Лакә, лакә, лакә хәыҷы…»

1950-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи 1970-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рыбжьара ииз ашәуа хәыҷқәа ирызҳаит Владимир Тыгә еизигаз абаза лакәқәа ирыԥхьауа: иара иҭижьит аизгақәа ҩба «Абазашҭа алакәқәа» (1965 шықәса), нас «Лакә, лакә, лакә хәыҷы…» (1968 шықәса). Ахәыҷқәа аинтерес ду рыманы абарҭ ашәҟәқәа ирыԥхьон, нас еихьымӡа-еиԥымӡо изыԥхьаз еиҭарҳәон, иџьашьахәу алакәтә дунеи рҽагәыладырхалон, Хәаџьа (абаза лакәқәа ирылоу афырхаҵа – аред.) ихҭысқәа еибырҳәон.

1980-90-тәи ашықәсқәа раан Владимир Батах-иԥа даҽа х-еизгак ҭижьит ахәыҷтәы фольклори, аетнографиатә етиудқәеи, алакәқәеи, аҳәамҭақәеи еидызкылоз. Урҭ рахьтә еиҳа акрызҵазкуаз акәны иҟалеит аизга «Абаза жәлар рлакәқәа», иара ҭыҵит урыс бызшәала 1985 шықәсазы, Москва, атираж шә-нызқь цыра аманы.

Еицырдыруа аԥсуа фольклорист Сергеи Зыхәба ирецензиаҿы иазгәеиҭоит, ари аусумҭа «алшара шыҟанаҵо ашәуаа рлакәтә епос атематикеи асиужеттә еилазаашьеи иаҳа инарҭбааны ахаҿы аагаразы». Иара иациҵоит, аизга ианылаз алакәқәа реиҳарак ананҵаз аҵыхәтәантәи 40-50 шықәса раан ахьакәу азы, уи иалнаршоит ҳаамҭазы атрадициатә фольклор лахьынҵас иаиуз аилкаара. Аизгазы Тыгә хәыц-хәыц еидикылон реиҳа амилаҭтә цәа зхаз, сахьаркырала ибеиаз асиужетқәа, афольклортә материал аиҳараӡак иара ихаҭа еизигаз ауп.

Афольклор аизгара адагьы, иара дагьфольклорҭҵааҩын. Абас ала имҩаԥысуаз аҭҵааратә усура ааны иоуа ахшыҩҵакқәа Тыгә иеизга аԥхьажәаҿы иааигоит. <«Абаза жәлар рлакәқәа» реиқәыршәаҩ > абаза жәлар рҭоурых ихадароу ахҭысқәа, абаза жәлар рыпоза ажанр хадақәа дрыхцәажәоит, <…> абаза фольклор аҟны убри ажанр ҭыԥс иааннакыло атәы иҳәоит, алакә иаҵоу аидеиатә аестетикатә ҵакы ааирԥшуеит, ажәлар рдоуҳатә ԥсҭазаараҿы уи рольс инанагӡо аликаауеит, итрадициатәу афольклортз проза ҳаамҭазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу иазкны аинтерес зҵоу ахшыҩҵакқәа ааигоит.

«Аӡәгьы дихамшҭит, акгьы бжьаимыжьит»

Аҵарауаҩ қәыԥш раԥхьатәи ианҵамҭақәа акьыԥхь аҿы ицәырҵуа иалагеит Ҟарачы-Черқьессиатәи аҭҵаарадырратә институт аҿы дана адырҩашықәсазы, аха урҭ зызкыз ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа ракәымызт, абаза литература акәын изызкыз.

Раԥхьа иара иақәҿиҭит абаза шәҟәыҩҩцәа рколлективтә еизга «Абазашҭа», агазеҭ «Коммунизм алашара» (уажәы – агазеҭ «Абазашҭа» - аред.) аҟны астатиа «Ииашоу мҩала» ҳәа захьӡыз аҩрала. Анаҩс иҭыҵит егьырҭ астатиақәагьы: «Алитература аԥсҭазаара аилашраҿы», «Ҳаамҭазтәи ауаҩԥсы ихаҿсахьа алитератураҿы», «Аибашьра, афырхаҵара, алитература», «Аихьӡарақәеи ахыдҵақәеи», «Аԥсҭазаара асаркьа».

1965 шықәсазы Владимир Тыгә нап аиркуеит абаза шәҟәыҩҩцәа ирызку алитературатә очеркқәа рыҩра, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан: Пасарби Цеҟәа, Ҟали Џьгәаҭан, Бемурза Ҭҳаиҵыхә, Мира Ҭлабыча, Џьамладин Лагәыцә. Арҭ анҵамҭақәа даара изызхәыцны, инҭырҳәцааны инагӡаз усумҭақәан, амилаҭтә литература аҭагылазаашьа

анализ рзызуаз, уи ашьақәгылараҿы ашәҟәыҩҩцәа аӡәыцыԥхьаӡа рлагала алызкаауаз. Арҭ аочеркқәа шьаҭас иазыҟалеит имонографиа «Абаза литература ашьақәгылара», иара ҭыҵит шықәсык ашьҭахь, Черқьесск ақалақь аҿы, абаза бызшәала. Ари Тыгә раԥхьатәи ишәҟәы акәын, иара убасгьы абаза литература аҭоурых иазку раԥхьатәи шәҟәын. 1967 шықәсазы иара уи амонографиа ашьаҭала Тыгә акандидаттә диссертациа ихьчеит Қырҭтәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Қырҭтәылатәи алитература аҭоурых аинститут аҟны «Абаза литература ашьақәгылареи аҿиареи» ҳәа атема иманы.

Абри аусура иацҵауа, Владимир Батах-иԥа урыс бызшәала иҭижьуеит иаамҭазы ишьаҭанкылатәыз аусумҭа – «Абаза литература аҭоурых аочеркқәа». «Ари аусумҭа ҭыҵижьҭеи шәышықәсабжак инарзынаԥшуа ишцахьоугьы, иахьа уажәраанӡагьы абаза литератураҭҵаараҿы мҽхакылеи, ҵауларалеи, шьаҭанкыларалеи уи иаваҟәыло даҽак ыҟаӡам», – иҳәоит апрофессор Пиотр Чкала.

Ари аусумҭа ахәшьара ҳаракы аҭауа анализ азиуит амилаҭтә ггазеҭ адаҟьаҿы уи аредактор хада Ҳамид Жиров.

Иара излаиҩуа ала, Тыгә иаԥхьаҟагьы «аӡәырҩы иаԥшьыргахьан абаза литература аҭоурых анҵара», аха раԥшьгамҭақәа рызхыркәшомызт, ари аидара ду изаҵгәомызт: «Тыгә илшеит аӡәгьы илымшаз; аӡәгьы дихамшҭит, акгьы бжьаимыжьит. Иҳаҩсхьоу ашықәсқәа раан иаԥҵаз аҩымҭақәа рыдагьы, иахьатәи абаза литератураҿы зхы аазырԥшуа ашәҟәыҩҩцәагьы рырҿиара дахцәажәеит, иагу-иабзоу иҳәеит; абаза поема, аповест, ароман рцәырҵреи рыҿиареи шымҩаԥысуаз ҳагәылаирԥшит, ирымоу аҵакы ҳзааиртит».

«Адаулқәеи», «аскрипкеи», ажәеинраалақәа рҿы «апоезиа аҟамзаареи» ирызкны

Владимир Батах-иԥа иаразнакала игәеиҭон амилаҭтә литератураҿы ицәырҵуаз аҿыцрақәа зегьы, нас иусумҭақәа рҿы урҭ дрыхцәажәон. Еиҳаракгьы уи ахьааԥшыз 1979 шықәсазы иҭыҵыз алитературатә-критикатә статиақәа реизга «Ахәыцрақәа раамҭа» аҟноуп.

Убас, иаҳҳәап Тыгә дахцәажәоит Қьрым Мыхц иажәеинраала «Ашәарыцаҩ», иагьазгәеиҭоит уи аҟны ахәыцра ҿыц шыҟоу. Абар уи ииҩуа ашәарыцаҩ ихаҿсахьеи – уи иԥыхьашәа – «абынҽацә хь-тәыҩеи». «Апоет ибызшәа цқьоуп, «ахь-тәыҩа» иаанаго анасыԥ ауп. Ас еиԥш ажәеинраалақәа ҿыцуп ҳлитератураҿы. Уаанӡатәи ажәеинраалақәа рҿы ауаҩы насыԥ иманы дыҟан иара усгьы, насыԥ иоуны дҟало-дҟамло ҳәа азҵаара зынӡагьы иқәгыломызт. Уажәы ас еиԥш азҵаарақәа рықәыргылара ауеит, рызхәыцрагьы ауеит».

«Амшқәа еиҳа-еиҳа ирыгхоит» ҳәа Мыхц даҽа иажәеинраалак дахцәажәауа, акритик иҟаиҵоит абри аҩыза алкаа: «Уаанӡа ҳпоетцәа ражәеинраалаҿкәа рҿы адаул акәызҭгьы зыбжьы гоз, уажәшьҭа аскрипка абыжьгьы уаҳауеит» ҳәа. Абас аллегориатә фразак ала ҟазарала ахәшьара аиҭоит уаанӡатәи амилаҭтә поезиа зегьы, иара убас 1960-1970 шықәсақәа раан Қьрым Мыхци Мира Тлабычеи рцәырҵрала иҵхәраауа иалагаз аиндивидуалтә-лирикатә ӡыхьи.

Алитератураҭҵааҩ иҟаиҵоз азгәаҭарақәа рҵакы акырӡа идууп, избан акәзар Тыгә-акритик еснагь аиаша аҳәара дашьҭан, игәы иаанагоз аахҵәаны иҳәон, арԥшӡарақәа дрыламгакәа. Иара убри ашәҟәы адаҟьақәа рҿы Бемурза Ҭҳаиҵыхә ипоема «Ушәышәла, аԥша!» абар дшахцәажәо, иалкаау фрагментқәак акртика ӷәӷәа рзиуеит: «Ара апоезиа ыҟаӡам, аинформациа мацароуп. Апоет еиҭеиҳәоит иара усгьы зегьы ирдыруа, уа иҟаӡам иара ихатә хәаԥшышьа, апоет игәы амца ацраны иубаӡом».

Микаель Ҷкату иеизга дахцәажәауа акртик араҟагьы иагқәоу азгәеиҭоит: «Аизга «Ахәышҭаара гәакьақәа» рҟны жәеинраалақәак еиҵыхцәоуп. Убас ҟалалоит: апоет ҩ-шьаҿак ҟаиҵар ахьауаз, ҩ-верск ҟаиҵеит, ҩ-ажәак ахьиҳәашаз, ҩажәа иҳәеит. <…> Убас зыҟалозеи? Сгәанала, апоет ажәеинраалақәа мариацәаны ицааиуа далагеит. Ажәеи, аритмии, аверсификациеи инапаҿы иааигеит. Ус хәыҷы-хәыҷла апоезиа ԥсаххеит аверсификациа (ажәеинраалеиҿартәышьа, апоетикатә техника адырра – аред.) ала. Уи ала апоет ихгьы ижьоит, аԥхьаҩгьы дижьоит: ажәеинраалақәа бзиашәа иҟоуп: ажәақәа иашоуп, арифмақәа интересуп, зегь еиқәҷаб иҟоуп, аха… ари поезиам. <…> Микаель

Ҷкату – дпоетуп, дпоет дууп, убри аҟнытә ихы имхажьар ҳҭахымызт. Апоезиа акритериақәа џьара-џьара ицәыӡуашәа ҳбоит…» Тыгә икритика компромиссдоуп, аха уи хыҵхырҭас иамоу арҿиаҩы амҩа иаша иқәҵароуп, ицхраароуп, абаза литература аҩаӡара ашьҭыхроуп ҳәа агәаанагара имоуп апрофессор Чкала.

«Тыгә еснагь аиашара дадгылон, акртика ахьаҭахыз давсуамызт, – иҳәоит иара. – Аха уи зыҟаиҵоз ауаажәларра рыбжьара ихьӡ-иԥша арӷәӷәаразы акәымызт, амилаҭтә шәҟәыҩҩцәа рыгхақәа рыриашараҿы дрыцхраарц ахьиҭахыз азоуп. Абри аҩыза аҷыдарагьы азҿлымҳара аҳҭап: уколлегацәа абас еиԥш ахәшьара рыуҭарц азы ахаҵареи амчхареи умазароуп, уи ус имариам – иуҩызоу, хаҭала иудыруа ауаҩы иаахтны игхақәа ирбара. Аха Тыгә дзызхәыцуаз аиҩызара акәымызт, амилаҭтә литература аҿаԥхьа идыз ауалԥшьа акәын. Аха зегьыҵәҟьа уи икртика ииашаны иазнеигәышьомызт».

Абаза жәлар ринтересқәа рыхьӡала

1988 шықәсазы агазеҭ «Литературная Россия» аҟны иркьыԥхьит Владимир Тыгә истатиа «… Ажәлар аиқәырхаразы» абаза милаҭ рлахьынҵа иазкны. Ари астатиа аҭыԥантәи апартиа аусзуҩцәа аргәаҭеит. Тыгә аҽынкылара ахьицәмаҷхаз азы лахь ирҭеит, Ҟарачы-Черқьессиатәи аҭҵаарадырратә институт аҟны иааникылоз аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ имаҵура аҟынтәгьы ихы дақәиҭыртәит. Аҵарауаҩ имаҵура дамырхырц азы апартиа аусзуҩцәеи аҭҵаарадырра иазааигәаз ачынуааи акырынтә абжьыҭарақәа мҩаԥыргар акәхеит, аинститут аҟны иколлегацәа зегьы акырӡа ирықәыӷәӷәо.

Зегьы ирылшом убас еиԥш ахымҩаԥгашьа, уи амшала аусура уамырхуа аҟынӡа. Тыгә ус дыҟан. 1980 шықәсақәа рынҵәамҭаза драмак аҳасабала изхәаԥшуаз ахҭыс аамҭақәа анца дызлаҽхәо ак акәны иҟалеит. XIX –тәи ашәышықәсазы Нхыҵ Кавказ арккараҿы иналукааша ахаҭарас иҟаз Адыльгьари Кешев ирҿиара дахцәажәауа, Владимир Тыгә иазгәеиҭоит аинтеллигенциа убасҟан ауп аинтеллигенциа акәҵәҟьаны ианыҟало ажәлар ррхьаа анырхьаау ҳәа. Владимир Батах-иԥа ихаҭа абаза интеллигенциа иреиӷьӡоу ахаҭарнакцәа дыруаӡәкын. Имашәырым 1989 шықәсазы имҩаԥысуаз абаза жәлар раԥхьатәи реизара ду аҿы ихадоу ажәахәҟаҵаҩыз иара дахьалырхыз, убасҟан иаԥҵан ашәуаа раԥхьатәи рмилаҭтә уаажәларратә еиҿкаара «Адгылара».

Владимир Тыгә аиаша шьақәирӷәӷәр акәхеит Адыльгьари Кешев ихаҭара аганахьалагьы, уи изкны иҩит аброшиура «XIX-тәи ашәышықәсазы ашәуаа рырккара аҭоурых аҟынтә» ҳәа хьӡыс измаз, иара ҭыҵит 2000 шықәсазы. Реиҳа ихадараз хәҭахеит Кешев имилаҭра ахьышьақәирӷәӷәоз, ахәҭа избан акәзар аҵарауаа џьоукы-џьоукы урысшәала иҩуаз абаза шәҟәыҩҩы, арккаҩы дадыган ҳәа рҳәо иалагеит. Аброшиура адаҟьақәа рҿы Тыгә иоппонентцәа ргәаанагара рымаикуеит – патуқәҵарала, аха хьҳә-хьачарада.

«Володиа, Вова, Вовчик ҳәа сашәҳәалар ҟалоит…»

Владимир Тыгә даара згәы разыз уаҩын – аиҩызараҿы акы иагижьуамызт, еснагь ацхыраара дазыхиан, изымдыруаз ауаа рҿгьы. Ашәҟәыҩҩы Иури Шидов убас еиԥш хҭыск игәалашәеит, Черқьесск ақалақьтә парк аҟны иҟалаз. Рааигәара аҟәардә аҿы ауаҩы иԥсыԥ еивахо дтәан. Владимир Батах-иԥа дҩагылан иара иҿы днеит, аҩыџьагьы акы еибырҳәақәан, нас уи ахаҵа дцеит.

«Иҟалаз уи ауп ахаҵа бырг ақыҭараҟынтә дааит аҳақьым иҟны ичымазара ԥсыхәас иамоу еиликаарц азы. Аха иахәҭаз аҳақьым дизымԥшааит. Аха бзиашәа абри ауаҩ дицхрааит, зыҟны днеиша иаиҳәеит, даазышьҭыз ихьӡгьы нацҵаны. Абас Владимир Тыгә сыла ишабоз агәыразра аирԥшит зынӡа изымдыруаз ауаҩ иганахьала», – ҳәа еиҭеиҳәоит Шидов, иагьациҵоит иара ихаҭагьы зны дышицхраахьаз: Гьаргь Фиодор-иԥа Турчанинов (асовет лингвист, аҭҵаарадырратәа рдоктор, протокавказтәи (ашуитәи) аҩыра иазку агипотеза автор – аред.) диабаирдырит.

Анхаҩы иҭаацәараҿы изызҳаз Владимир Тыгә деицырдыруа даныҟалагьы ахышьҭыхра иламызт, зегьы дырнаалон. Астудентцәа ихы дырдыруа ус иҳәар ауан: «Володиа, Вова, Воовчик ҳәа сашәҳәалар ҟалоит, амала сабхьӡы еицашәымкын: аб итәы ԥшьоуп».

Иҭаацәа даара игәы рзыбылуан – иԥшәмаԥҳәыс Фатима, иԥа Заур, иԥҳа Заира. Даргьы убасҵәҟьа дырҭахын. Ихәыҷқәа рҟынтә аӡәгьы ишьҭра дхымлаӡеит. Аха абаза филологиаҿы «Тыгәаа рдинастиа» ԥымҵәаӡеит: уи иацылҵеит Тыгә иашьа иԥҳа Лиолиа – афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Ҟарачы-Черқьессиатәи аҳәынҭқарратә университет аҟны алитературеи ажурналистикеи ркафедра адоцент.

Иԥсҭазаара зегь ззикыз аус

Владимир Батах-иԥа данысит амҩа Ҟарачы-Черқьессиатәи аҭҵаарадырратә институт аусзуҩ еиҵбы иҟынтә Ҟарачы-Черқьессиатәи аҳәынҭқарратә университет алитература акафедра аиҳабы иҟынӡа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩы. Иара ҵарауаҩык иаҳасабала дахьышьақәгылаз анахысгьы, абаза литератураҭҵаара ашьаҭаркҩыс дыԥхьаӡоуп. Убас аамҭак ҟаларгьы, ашәуаа рыпрофессорцәа жәаҩыла иҟало, иара драԥхьатәины даанхоит.

2000 шықәсазы иҭыҵыз иусумҭақәеи ишәҟәқәаки иҭҵаарадырратә ҭынха зегьы еихызшьало аҟазшьа рымоуп.

Ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа рганахьала Тыгә иҭҵаарақәа хыркәшахеит ибаҟоуп ҳәа зхыуҳәааша ашәҟәы «Ашәышықәсақәа рхамшҭреи рҟәышреи» ала, иҭыҵит 2002 шықәсазы. Ари аусумҭаҿы иахьазы еидкылоу, икьыԥхьу абаза фольклортә материал зегьы нҭырҳәцааны иҭҵаауп.

«Аматериал амҽхак аҭбаара џьаумшьар залшом, автор иматериал иациҵо амифологиатә, адинхаҵаратә, аҭоурыхтә, афилологиатә, аетнографиатә, астрономиатә дыррақәа рыла иматериал ахарҭәаашьа дшақәшәо уҵашьыцыртә иҟоуп. Урҭ рыбзоурала аҭҵаамҭа иаҳагьы еилыккаа ухаҿы иахьааиуа адагьы, афилософиатә ҵакы ҵаула шьҭнахуеит, аԥхьаҩцәа рзы аинтерес азнарҳауеит», – иҳәоит уи ашәҟәы иазкны Пиотр Чкала.

Тыгә адоктортә диссертациа ихьчеит 2003 шықәса, цәыббра 5 рзы, Адыгатәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ҩ-занааҭк рыла: афольклористикеи Урыстәылатәи Афедерациа ажәларқәа рлитературеи. Иара иусумҭа «Абазақәа рфольклори рлитературеи: аинырра адинамика» еиднакылеит аҵарауаҩ 40 шықәса инарзынаԥшуа абаза фольклори алитературеи рҟны имҩаԥигоз иҭҵааратә усура аԥышәа.

Владимир Тыгә 70 шықәса ихыҵра аиубилеи инақәыршәаны игәы иҭан афольклористикеи Кавказ ажәларқәа рлитературеи рҟны хра злоу азҵаарақәа ирызку иалкаау истатиақәа реизга ҭижьырц, аха уи абара дахьымӡеит. Аҵыхәтәантәи иара ишәҟәы «Алитература – зҽызыԥсахуа адунеи аҿы. Астатиақәа» ҭыҵит аҵарауаҩ идунеи аниԥсах ашьҭахь.

Владимир Тыгә иԥсҭазаара далҵит 2006 шықәса, жәабран 21 рзы. 2011 шықәсазы Ҟаидантәи абжьаратә школ иара ихьӡ ахҵан.