Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟны астол гьежь мҩаԥысит абаза жәлар реидкылара азҵаарақәеи есышықәсатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аҵаки ирыдҳәаланы.
Шьазина Бганԥҳа
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟәатәи аофис аҟны Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа алархәны имҩаԥысит астол гьежь. Уи атема абас иқәгылан «Аԥсуа-абаза жәлар реидкылара иадҳәалоу хра злоу азҵаарақәа. Есышықәсатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» ҵакыс иамоу аԥсуа-абаза милаҭ реиқәхареи рыҿиареи аус аҿы, акультуреи аспорти рыла ажәлар реидкылараҿы». Астол гьежь мҩаԥигеит АААК Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Русҭам Занҭариа.
Астол гьежь иалахәын: Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Вадим Ҳаразиа, Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Арда Ашәба, Черқьесск иҟоу ИАЕ «Алашара» аҟәша аиҳабы Мураҭ Мыкәа, уи ихаҭыԥуаҩ Мураҭ Гьадыгә уҳәа егьырҭ «Алашара» аусзуҩцәа, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Кәабахьиа, АААК Аҟәатәи аофис ахада Ҭемыр Рекәаа, АААК Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура ахырхарҭа ҳәаақәызҵо Дмитри Жьиба, Аҿар реизҳареи абаҩрҵәыреи рыҟәша аиҳабы Валери Берзениа, Гәдоуҭа иҟоу АААК Аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы, акультуратә-спорттә фестиваль иалахәыз анапылампылтә команда акапитан Амра Лакәиа, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәа, Аҟәа ақалақь ахадара аҽари аспорти рызҵаарақәа рзы аусбарҭа аусзуҩцәа.
VII-тәи акультуратә-спорттә фестиваль иаҭааз Аԥснытәи аделегациа аиҳабы Вадим Ҳаразиа иазгәеиҭеит ари афестиваль акультуреи аспорти ахьамҽханакуа шаҟа ибзиоу, иагьиҳәеит аԥсуа-абаза милаҭ ахаҿра шамоу.
«Ҳәара аҭахума, акультуратә-спорттә фестиваль аҩаӡара ҳаракӡаны еиҿкаан. Иҭабуп ҳәа расҳәоит уи иазааԥсаз зегьы, ҳҿар ахьеидыркылаз, ҳаӡәкра азы, ҳмилаҭтә идеиақәа иахьрыдгыло, иахьаладырҵәо азы. Агәра ганы сыҟоуп адунеи ахьынӡанаӡааӡо ҳажәлар рхаҭарнакцәа реидкылараҿгьы абас ақәҿиарақәа шҳауло. Ҳара ҳаилакгьы иахьынӡауа иацхраалоит абаза жәлар реидкылара аус. Ари аҩыза афестивальқәа еиҳагьы иуеилдыркаауеит абри аганахьала иҟаҵатәу шыҟаҵатәу. Аԥсны иахьаҵанакуа амилаҭтә ныҳәақәа мҩаԥаҳгозар ҳазҿыԥшыша ҳамоуп», – ҳәа азгәеиҭеит иара.
Астол гьежь Черқьесскынтә авиедоемадарала рхы аладырхәит ИАЕ «Алашара» аусзуҩцәа, Мураҭ Мыкәа рхаҿы днаргыланы.
Ҳара ашьхақәа ҳабжьоуп, акыр ҳабжьоуп, аха ҳааигәа-ҳхара ҳаишьцәоуп, жәларык ҳауп. Афестиваль заԥҵоугьы еиҳа ирлас-ырласны ҳаибабаларц, ҳҿар еимадазарц азоуп. Ашәуааи аԥсуааи шеибатәу зегьы иаҳдыруеит, аха уи адунеи зегьы иадыруазароуп. Убри аҟнытә акультуратә-спорттә усмҩаԥгатәқәа Ҟарачы-Черқьестәыла еиԥш, Аԥсны, Ҭырқәтәыла имҩаԥыслароуп», – иҳәеит Мураҭ Мыкәа.
Иара иажәақәа рыла, хадара злоу даҽа аспекткны иҟоуп аҭҵаарадырратә еимадарақәагьы, астудентцәа реиҭныԥсахлара, ҞЧА астудентцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иҭало, аԥсуа студентцәа Черқьесск аҵарахьы ирышьҭуа аҟаҵара. Ари аидеиа дадгылеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба.
«Ари аспект саргьы ихадароуп ҳәа азысҳәоит, уимоу зда ԥсыхәа ыҟам ауп ҳажәлар рзы ҳәа сыԥхьаӡоит. Аԥсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭаҿы аҵара зҭаху рзы аҭыԥ алхра, иахьынхо аҭагылазаашьа бзиақәа рзаԥҵара – ҳбызшәеи, ҳҵас-қьабзқәеи, ҳкультуреи еиқәзырхо усуп. Сара агәра ганы сыҟоуп ари аидеиа аҳәынҭқарра шадгыло, ажәларгьы гәахәарыла ишрыдыркыло», – ҳәа азгәеиҭеит Арда Ашәба.
Аицәажәараан аӡәырҩы ирҳәон афестиваль акультуреи аспорти раларҵәара адагьы еиуеиԥшым анапҟазара ахқәа рӡыргара иацхрааит ҳәа. Убас, афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит амилаҭ маҭәа ацәыргақәҵа, насгьы анапкымҭақәа, асахьақәа, аба аҩычагақәа уҳәа ауаа рахь ицәырган.
Астол гьежь иалахәыз Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәарзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрба иазгәеиҭеит афестиваль аҟны аҳра зуаз аиашьареи аидгылареи атмосфера зыбзоуроу алахәцәа рыдагьы «Алашара» ахада, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь шиакәу, ари аус гәыкала иазыҟоу, акыргьы иазааԥсо.
«Аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагыла даман – Владислав Арӡынба, иара ибзоурала ҳажәлар еиқәхеит. Абас еиԥш иҟаз ауаҩ Анцәа дышҳанаишьаз еиԥш, иахьа ҳашьцәа ашәуаа, аԥсуа-абаза конгресс зегьы ҳԥызак еиԥш ҳихәаԥшуеит Мусса Егзакь. Хаҭала сара Владислав дидыскылоит», – иҳәеит Агрба.
Аицлабра иалахәу акомандақәа аиҩызара рыбжьалоит, уи есышықәса еиҳа иӷәӷәахоит, афестиваль анхыркәшахалакгьы дара-дара еиҿцаауеит, еимадоуп. Апандемиа иахҟьаны аиԥҟьара иҟалазгьы ари аимадара иаԥырхагамхеит, ишыӷәӷәац иаанхеит. Гәдоуҭа иҟоу АААК
Аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы, анапылампылтә команда акапитан Амра Лакәиа иазгәалҭеит лара лкоманда алахәцәа рашьцәа-абазаа рахь еснагь амҩа шылырхуа, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Нхыҵ Кавказ ҳаешьаратә жәларқәа рҵеицәа аԥсуаа иҳавагыларц ишааз еиԥш.
«Ҳара сасра ҳцоит ҳәа сызҳәаӡом, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ҳцоит, даргьы ҳнеира иазԥшуп. Ҳара ҳнапылампылтә команда хышықәса раахыс афестиваль иалахәуп. Ахәмарра шьаҭас иамоуп аиҩызареи аиашьареи. Избан акәзар ҳара ҳԥышәа еимаҳдоит, ҳгәалаҟара бзиа еиҩаҳшоит. Ари аныҳәаҿы иаԥу атмосфера нас акыраамҭа иҳацуп, ҳгәы иҭоуп», – лҳәеит Лакәиа.
Астол гьежь алахәцәа Аҳәынҭспорт еилакы аусзуҩцәеи дареи еилацәажәеит афестиваль иарбан хырхарҭақәоу Аԥсны иааганы еиҿукааша, имҩаԥугаша.
Абаза хәмаррақәа сынтәа абжьынтә раан имҩаԥысит, есышықәса ари афестиваль амҽхак ҭбаахоит, аԥсуа-абаза жәлар зегьы реибаркразы алшарақәагьы ирыцнаҵоит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.