Иорданиа иҟоу аԥсуа-абаза диаспореи, хаҭалагьы — ауаажәларратә еиҿкаара «Диуан Абаза» ахада Ҳасан Абазеи (Чычба) — ҿырԥшыс иааугар ҟалоит, аиаша акыраамҭа иҵәахны иҟазаргьы ауаҩы ицәа-ижьы иалоу иԥсадгьыл ахь абзиабара ахы шаанарԥшуа.
Изольда Ҳагԥха
Хҭыслеи цәанырралеи иҭәу аԥсҭазаара шнуҵахьоугьы, зегьы реиҳа угәы-уԥсазы ихадоу аартрақәа уаԥхьаҟа иузыԥшызар алшоит. Абас ихуҳәаар ҟалоит Ҳасан Абаза (Чычба), уи 60 шықәса дырҭысхьан ихылҵшьҭра аҭоурых анизаат.
Иареи сареи ҳаиқәшәеит АААК Иорданиа раҭаараан. Иахьазы Ҳасан Абаза (Чычба) — Амман иҟоу ауаажәларратә еиҿкаара «Диуан Абаза» деиҳабуп. Ари иорданиатәи ахеилак атәылаҿы инхо аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа зегьы еиднакылоит.
Иорданиатәи адиаспора аҷыдарақәа ртәы уҳәозар (Египет иҟоу адиаспора аҟны еиԥш), уи ахаҭарнакцәа зегьы ажәла Абаза рхуп, убри ажәлоуп официаллагьы иныҟәырго, убри аан зҭоурых жәлақәа згәаламшәо аҭаацәарақәагьы ыҟоуп.
Аррамаҵура азынхьра
Ҳасан Абаза (Чычба) ихаҭа излаиҳәо ала, ихылҵшьҭразы игәалашәо ҳәа рацәак ыҟам, иабдугьы димбаӡацызт. Иҭаацәара рҭоурых иазкны иидыруа зегьы иаб — Ҳусеин Абаза (Чычба) иоуп изеиҭазҳәаз.
«Саб изласзеиҭеиҳәаз ала, ҳара ҳҭаацәара Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иахган, уаантәи Шьамтәылаҟа иқәнагалеит, анаҩс — Иорданиаҟа. Саб иман хҩык аиҳәшьцәа, даргьы Иорданиаҟа нхара ҳәа ииасуеит, араҟагьы хаҵа ицоит. Иахьазы саб иаҳәшьцәа рыдунеи рыԥсаххьеит. Саб Иорданиа даннаи длабадыруеит сан Баҳигиа, ларгьы хылҵшьҭрала даԥсыуан», — еиҭеиҳәоит Ҳасан.
Ҳасани Баҳигиеи ирхылҵуеит ԥшьҩык ахшара: аҷкәын Ҳасани (1946 шықәсазы), хҩык аӡӷабцәеи. Баҳигиа длабадыраанӡа, Ҳасан ԥҳәысс диман иордантәи аҭыԥҳа, уи ахшара данлоуаз лыԥсҭазаара далҵит. Усҟан ииз аҷкәын, абрыла Ҳасан иашьа, иахьазы Америка дынхоит.
Ҳасан диит Иорданиатәи ақалақь Зарка аҟны, араҟоуп ашколгьы дахьалгаз. Уи анаҩс, дҭалоит арратә коллеџь, уи далгоит 1967 шықәсазы, афицар ҳәа ахьӡ иманы. Икариера алагамҭаз иара ԥырҩыс дыҟан, аха игәабзиара иадҳәаланы диасуеит аҳаиртә хыхьчарахь, уаҟоуп иусуратә шықәсқәа зегьы ахьихигаз. 1998 шықәсазы аинрал-маиор ҳәа ахьӡ иманы тәанчара дцоит.
Аха убри аҿы Ҳасан иарратә маҵура хыркәшамызт: идыррақәеи иԥышәеи анаҩсгьы ахархәара роуит.
«Атәанчара санца ашьҭахь, даҽа хәышықәса контрактла аус зуан Еидҵоу Амилаҭқәа Реилазаара аҟны — ҩышықәсеи бжаки арратә хылаԥшҩы хадас сыҟан Таџьықьысҭан, анаҩс даҽа ҩышықәсеи бжаки ЕАР Ниу-Иорк иҟоу аштаб-квартираҿы Ашәарҭадаратә хеилак арратә консультантс сыҟан. Даҽа хәышықәса — Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет аҟны Женева, уаҟа сырзаԥхьон Жәларбжьаратәи аибашьратә зин. Абри сконтракт ала аус зуанаҵы сызҭааз атәылақәа рацәоуп», — ҳәа икариератә мҩа ихадоу аетапқәа ртәы ҳзеиҭеиҳәеит Ҳасан Абаза.
Нас дааччан игәалаиршәеит, 65 шықәса анихыҵ, уажәшьҭа арратә маҵзура «азхазааит» ҳәа ӡбаны тәанчара дышцаз.
«Сара иҵегьгьы аус зурц сыдыргалон, аха ашықәсқәа цацыԥхьаӡа сҭаацәеи сареи ҳаиҟәыҭханы ҳаҟазаара ахгара еиҳа-еиҳа исцәыуадаҩхо салагеит: иааидкыланы жәашықәса Иорданиа анҭыҵ исхызгеит. Ахәыҷқәа аҵарақәа рҵон азы, сыԥшәмаԥҳәыс сара дсыцны дызцомызт, убри аҟнытә аусура мап ацәыскырц сыӡбеит. Абас ала, 2010 шықәса инаркны сара официалла стәанчаҩуп», — иҳәоит Ҳасан Абаза.
Избан аррамаҵура залихыз ҳәа сызҵаара аҭак ҟаҵо, Абаза дигәалаиршәеит аррамаҵура зыԥсҭазаара азызкыз иаб иашьа, уи аҷкәын идунеихәаԥшышьа ашьақәгылара анырра ду аиҭон. Иаб иашьа — зоура-зыҭбаара ыҟаз, аррамаҭәа уамашәа изнаалоз хаҵан. Иара еиҭеиҳәоз арратә хҭысқәа аазырԥшуаз ажәабжьқәа Ҳасан дшанханы дырзыӡырҩуан.
Сажәа иацҵауа иазгәасҭарц сҭахуп, иорданиатәи ҳныҟәараан ҳџьынџьуаа срабадыруа еилыскааит: уатәи аԥсуа-абаза диаспора аиҳабыратә абиԥара ахаҭарнакцәа реиҳараҩык аррамаҵура еиҳа ргәы азцоит. Ҳасан Абаза ари аҩыза аҭагылазаашьа зыхҟьо ҳәа ихатә гәаанагара имоуп.
«Ачерқьесцәа (Иорданиа иҟоу ачерқьестә еилазаара иахәҭакны ирыԥхьаӡоит хылҵшьҭрала Кавказ иатәу зегьы, аԥсуа-абаза диаспорагьы убрахь иналаҵаны — аред.) хьыӡла-ԥшала иныҟәырго аррамаҵуреи, гәыҩбарада рыҟазаареи азы, Иорданиа даараӡа пату рықәуп акралтә ҭаацәара рганахьала. Аррамаҵураҿы еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҟынӡа унаӡар уҭахызар, аибашьҩы илоу агәымшәара ааурԥшуазароуп. Ҳара уи ҳалшозар акәхап», — ҳәа хырҽхәарак аҵамҵакәа ихәеит аинрал.
Аха уи инацҵаны иазгәеиҭеит: аамҭақәа рҽырыԥсахуеит, схәыҷқәа рыфҩык рҟынтә — Ҳасан имоуп ҩыџьа аԥацәеи, ԥшьҩык аԥҳацәеи — аӡәгьы аррамаҵура иҽазыимкит. Ахәыҷқәа зегьы агуманитартә хырхартала иреиҳау аҵарақәа ирылгахьеит. Иахьазы Ҳасан Абаза жәахаҩык амоҭацәа драбдууп.
Ашьа аҽадыруеит, «Диуан Абаза»
Ҳасан даныхәыҷызгьы ихылҵшьҭреи, иԥсадгьыли ирызкны иидыруаз рацәак ыҟамызт. Ҳәарада, иаб уи атема шьҭихуан, аха уамак далаломызт.
«Ҳшабазақәоу ҳдыруан, ачерқьестә еилазаара ҳшатәугьы ҳдыруан, аха инарҭбааны уаҳа аӡәгьы акгьы ҳаиҳәомызт», — еиҭеиҳәоит Ҳасан ихәыҷратә шықәсқәа игәаларшәо: «Зны-зынла сара исаҳалон, араб бызшәа адагьы саб даҽа бызшәак ихы ишаирхәоз. Аиҳабацәа, мамзаргьы аус зциуаз рҟынтә аӡәы маӡала акы иеиҳәар аниҭахыз, убри абызшәала акәын дышцәажәоз. Ҳара усҟан ҳхәыҷқәан, аха убри анҳаҳалак ҳҵаауан, иарбан бызшәоу шәызлацәажәо ҳәа. Ари «егьи ҳаԥсадгьыл» абызшәоуп ҳәа ҳарҳәон. Аха усҟан ҳара иаҳзеилкаауамызт закә ԥсадгьылу «егьи» ҳәа зыӡбахә рымоу, иара иаахтны иуҳәозаргьы ахәыҷқәа ҳзы урҭ азҵаарақәа усҟан рацәак аинтерес рымамызт».
Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа Ҳасан Абаза ихылҵшьҭра иазкны еиликааз рацәоуп. Уи аамҭазы, 90-тәи ашықәсқәа раан, ЕАР аҟны аус иуанаҵы, уахь ироуаз Аԥсныи, уа имҩапысуаз аибашьреи (1992-1992 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра — аред.) ирызкыз аинформациа хшыҩзышьҭрала дазнеиуамызт, избан акәзар издыруамызт уи иара хаҭала ишидҳәалоу атәы.
Ҳасан Иорданиаҟа даныхынҳә ашьҭахь, иџьынџьуаа рацәажәареи, реиқәшәарақәа рҽалархәреи азы еиҳа аамҭа иоуеит. Убасҟан ауп, иҭоурыхтә ԥсадгьыл иазкны еиҳа адыррақәа иоуа даналага, иара убасгьы еиликааит милаҭла иаԥсыуаз Иорданиа атәылауаа аӡәырҩы еибашьра хәа Аԥсныҟа ишцаз. Урҭ аныхынҳә, рџьынџьуаа ирзеиҭарҳәеит иахьыҟаз рыԥсадгьыл аҿы ирбаз-ираҳаз. Ҳасан иажәақәа рыла, иара иоуит акы иузадымкылоз ацәаныррақәа, убасҟан оуп ииашаҵәҟьаны «идаракәыц анеиликаа».
«Уи зеиԥш ыҟам акы акәын. Иорданиа инхо ҳашьцалахьеит ҳазегьы ҳчерқьесцәоуп (кавказ иқәынхо ауаа — аред.) ҳәа ахдырра. Аха уи анахысгьы ҳхатәы ԥсадгьыли, абызшәеи, аҭоурыхи шҳамоу атәы аилкаара — ажәала иузеиҭамҳәо гәахәароуп. Уи еиҳагьы ҳазыҟанаҵеит аиҿкаара «Диуан Абаза» аԥҵаразы. Уи зегьы аԥхьа адунеи ду ҳахәҭакны ҳхы ҳаԥхьаӡон, ах ус шакәызгьы, ианакәызаалак еилаҳкаауан егьырҭ Иорданиа атәылауаа ҳазлареиԥшым шыҟоу. Ус ҳшааиуаз, иаалырҟьаны иааҳазцәырҵит ҳҭоурыхтә ԥсадгьыли, ҳдаракәыци...», — иҳәоит Ҳасан Абаза.
Убас, 2009 шықәсазы Амман иаԥҵан ауаажәларратә еиҿкаара «Диуан Абаза». Аха уи аиҿкаара аԥырҵаанӡагьы, Амман инхоз аԥсуааи абазақәеи мызкахьы знык еиқәшәон Ачерқьестә гәыҳалалратә еилазаара аофис аҟны.
«Ҳәарада, араҟа инхо зегьы ачерқьестә еилазаара ҳахәҭакны ҳаҟоуп. Иорданиаа зегьы ҳааидкыланы ачерқьесқәа ҳәоуп ҳшырдыруа, дара рзы — ҳаԥсацәоума, ҳчерқьесцәоума, ҳабазақәоума — зегь акоуп. Аха ҳара лымкаала аԥсуа-абаза диаспора азы мацароуп аиԥыларақәа рымҩаԥгара ҳзалага», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҳасан Абаза.
Иара иажәақәа рыла, иахьазы, аиҿкаара «Диуан Абаза» официалла иалахәуп 800-ҩык ауааԥсыра, егьыс иааизакны Иорданиа инхоит ԥшь-нызқьҩык апсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа.
«2009 шықәсазы Моҳаммад Гассани, Ани Боқази, Акрам Абазеи иара убас аԥсуа-абаза диаспора аҟынтә даҽа ԥшьҩыки аиҿкаара «Диуан Абаза» ашәҟәы ианҭаргалоз, сара Иорданиа сыҟаӡамызт. 2010 шықәсазы аиҿкаара аусура снапы аласкит, иара убасгьы уи анапхгаҩыс салхын», — игәалаиршәоит Абаза (Чычба).
«Диуан Абаза» раԥхьатәи аиԥыларақәа ирылахәын 20-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Аиҿкаара ишахәҭоу еиԥш аусура иалагарц азы иаҭахын ахатә хыбреи, иара убасгьы аиҿкааратә ныхтәқәа рзы ахарџьи, аха афинансқәа рганахьала ҳхьысҳан. Аӡәырҩы ргәы каҳаит, аха ауаа аиԥыларақәа рахь аныҟәара иаҿын.
Убасҟан, 2000-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы ҿыц иаԥҵаз аиҿкаара аҿаԥхьа иқәгылеит еиуеиԥшым азҵаарақәа, «Диуан Абаза» алахәцәа рыӡбарала урҭ азҵаарақәа алкаан аусураҿы зегь реиҳа ихадароу ракәны.
«Ҳхатә ԥсадгьыли, аҳәынҭқарреи, акультуреи, аҭоурыхи шҳамаз анеилаҳкаа, зегь раԥхьаӡа иргыланы иҳаӡбеит ҳдиаспора ахаҭарнакцәа шаҟаҩы Иорданиа инхо аилкаара. Ауаа ҳрыҿцәажәон, еилаҳкаауан рхылҵшьҭра иазкны ирдыруа, еилаҳкаауан рыжәлақәа, анаҩс иаҿҳарԥшуан иаҳамаз аԥсуа-абаза жәлақәа рсиа, аиуара зыбжьоу аҭаацәарақәа ҳаԥшаауан. Иахьазы, ҳара иҳамоу адыррақәа рыла, Иорданиа инхоит ԥшь-нызқьҩык раҟара аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа», — иҳәоит Ҳасан Абаза.
Аиҿкаара ахада итыԥ ахь алахәыла икандидатура ақәыргыларазы, иара убасгьы абжьыҭиразы азин аиуразы — ауаҩы ҩышықәса иреиҵамкәа аиҿкаара алахәҩыс дыҟазароуп, еиԥмырҟьаӡакәа алахәцәа рыхәҭалагала ишәозароуп (ахәҭалагалас ишьақәырӷәӷәоуп 5 долларк, мамзаргьы иорданиатә динарқәа 3 мызкахьы знык — аред.). Алхрақәа мҩаԥысуеит ес-ҩышықәса», — иазгәеиҭоит Ҳасан Абаза (Чычба).
«Ҳара ҳаԥсадгьыл еиҳа иԥшӡоуп!»
«Диуан Абаза» аусура раԥхьатәи амшқәа инадыркны ихадоу хырхарҭас иалхны ирыман аҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара ашьақәыргылара, арӷәгәара. Уи имҩаԥнагаз аус абзоурала, иахьазы 750-ҩык Иорданиа инхо аԥсацәа ироухьеит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра, иара убасгьы аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа.
2015 шықәсазы Аԥсны раԥхьаӡа дшаҭааз игәалаиршәо, Ҳасан Абаза (Чычба) еиҭеиҳәоит зегь реиҳа иџьаишьаз атәы.
«Атәыла аԥшӡара зынӡа саршанхеит. Аԥсны ҭынчроуп, аҳасымҵысра, еилаҩеиласра ыҟам, иаакәыршаны иаҵәароуп, амшын, ашьхақәа, аԥшаҳәа — ари зегьы, Иорданиа ҳзышьцылахьоу еиԥшым. Сара сызҭаақәахьоу атәылақәа рацәоуп, Швеицариагьы убрахь иналаҵаны. Ҿыӷәӷәала исҳәар сылшоит, ҳаԥсадгьыл еиҳа иԥшӡоуп ҳәа. Сара избоит, ари аԥшӡара аус адулара шаҭаху, аха сыгәра жәга, иаарласны зегьы ҭышәынтәалахоит. Ари еиԥш атәылаҿы анхара — гәахәтәыхьӡароуп», — ҳәа агәра ганы дыҟоуп Ҳасан Абаза.
Иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара аиасра дазхәыцхьоума ҳәа саниазҵаа, «Диуан Абаза» ахада лакҩакрада ааи ҳәа аҭак ҟаиҵеит. Гәҭакыс имазаап Аԥсны дааны, ҩын хәыҷык аргылара, шықәсык ахь ҩба-хԥа мзы ихәыҷқәеи имоҭацәеи иманы араҟа ирхыргаларц. Ҳасан Абаза игәаанагарала, уи изызҳауа абиԥара рыԥсадгьыл ахь ирымоу агәыбылра арӷәӷәоит, рыжәлар ркультуреи рыбзазареи еиҳа инарҵауланы рыҭҵаара ргәанарԥхоит.
«Егьа иуҭахызаргьы, абас иаалырҟьаны нхара ҳәа узааӡом, атәылауаҩра умазаргьы, иаҳҳәап, иара анхарҭагьы умазаргьы. Ахәыҷқәа ахьыҟоу аҭаацәара амедицинатә хылаԥшра рымазароуп, ашкол аҿы аҵара рҵартә иҟазароуп, урҭ рани раби аусурҭа ҭыԥқәа рымазароуп, ԥарак ахьдырҳаша. Абарҭ азҵаарақәа рҿаԥхьа иқәымгылар ауӡом нхара ҳәа иаауа зегьы. Убри аҟынтә ари иуадаҩу усуп, [аара] зҭаху шырацәоугьы. Ҳҳәынҭқарра макьана изалшаӡом абас ахарџь рацәа зҭаху апрограммақәа рынагӡара, иаҳҳәап Израиль ишрымоу еиԥш. Аха ҳара абзиа ҳақәгәыӷуеит», — иҳәоит Ҳасан Абаза.
«Аԥеиԥш зтәу дара роуп»
Ҳасан лассы-лассы ихәыҷқәа ирзеиҭеиҳәоит рҭоурыхтә ԥсадгьыл аӡбахә. Иԥҳацәа руаӡәык лхәыҷқәа лыманы уажә ааигәа Аԥсны дыҟан, Арепатриациа аминистрра еиҿнакааз аԥхынтәи алагер аҟны. Ҳасан иажәақәа рыла, имоҭацәа ахьыҟаз убри аҟара иргәаԥхеит, урҭ ирацәажәаз, иҭырхыз афотосахьақәа збаз аҭаацәарақәа рацәаны «Диуан Абаза» иадҵаалоит ҳаԥхьаҟа, 2020 шықәсазы дара рхәыҷқәагьы абри апрограмма иаларҵарц азы.
«Аӡәы илшоит игәыблыра жәаҩыла егьырҭ ауаа дыркра. Хымԥада, иаҳҭахуп ахәыҷқәеи аҿарацәеи ирзынархоу апрограммақәа. Аԥеиԥш урҭ роуп изтәу», — ҳәа агәра ганы дыҟоуп Ҳасан Абаза.
Иара излаиҳәо ала, Иорданиа иҟоу адиаспора ирхыԥхьаӡалоу аҿар макьаназы иахьынӡарымчу аиҿкаара аусура рҽагәыларымхалацт.
«Макьана аҿар рзы алшара ыҟам Аԥснытәи рықәлацәеи дареи иааигәаны еиҿцаартә, аспорттә, акультуратә усмҩаԥгатәқәа еицрылахәхартә еиԥш. Ҳара араҟа иҳамоуп ачерқьес спорттә клуб, ҳауаажәлар аӡәырҩы еиуеиԥшым аспортхкқәа рыла рҽазыҟарҵоит. [Аха] Аԥсныҟа ацара, амҩа ахәи атранзиттә визақәеи налаҵаны иуԥхьаӡозар, ахарџь рацәа аҭахуп. Макьаназы аԥынгылақәа рацәоуп, аха урҭгьы ӡбахап ҳәа агәыӷра ҳамоуп», — иҳәоит Ҳасан Абаза, иагьациҵоит: «Уажә ааигәанӡа аӡәгьы изхаҵомызт атәылауаҩреи уи зыршаҳаҭуа ашәҟәқәеи ҳаур залшоит ҳәа. Иахьа урҭқәа ҳнапаҿы иҳаухьеит».
Ҳасан Абаза (Чычба) агәыӷра дуқәа адиҳәалоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура.
«АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Амман имҩаԥигаз Иорданиа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа анапхгара рԥылара агәыӷра ҳнаҭоит, аурыс визақәа имарианы риуразы иҳамаз аҳәара ахаҵгыларак арҭап ҳәа. Зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ишынҭаацәоу ацара зҭаху рзы ари ус духон. [Иара убасгьы], аспорт аганахьала аҭыԥантәи аклубқәеи ҳареи ҳусеицуратә еиқәшаҳаҭрақәа алҵшәа аарышьҭыр, уи аус аҿгьы ақәҿиарақәа ҳзыԥшуп.
Абас, шьаҿа-шьаҿала ҳнаӡоит ҳаиҿкаарақәа ззаԥҵаз ахықәкы аҟынӡа», — ҳәа иажәа хиркәшоит Ҳасан Абаза (Чычба).
Иахьазы Иорданиа изеиқәымхеит аԥсуа-абаза милаҭ рбызшәеи, рҵасқәеи-рқьабзқәеи. Ҳаԥхьаҟа аус дуқәа шьҭоуп иӡыз абарҭ аелементқәа рырхынҳәразы. Аха иорданиатәи адиаспора уанрабадырлак, агәацԥыҳәара ирымоу анубалак, ҩашьарада еилукаауеит: уск анагӡаразы агәаҳәара умазар.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.