Мусса Егзакь напхгара зиҭо АААК аделегациа ахаҭарнакцәа Иорданиа раҭаара иалагӡаны аҵыхәтәан ирԥылеит уа инхо Абаза жәла еиднакыло аҭаацәарақәа.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь напхгара зиҭо Аконгресс аделегациа Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралра раҭаара ахыркәшамҭаз уа инхо Абазаа рыжәла аҭаацәарақәа ирԥылеит. Амман ақалақь аҿы имҩаԥысыз ари аиԥылара ҭаацәашәала имҩаԥысит, Аконгресс алахәцәеи Иорданиа иҟоу аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәеи ԥхьаҟатәи русеицура иалацәажәеит, адиаспора рынхашьа-нҵышьа атәы еиҭарҳәеит, Аконгресс ахаҭарнакцәа ракәзар, аҳәаанырцә иҟоу ҳауаажәлар аус шрыднауло, рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи аимадара шрыбжьанацо атәы еиҭарҳәеит.

Аиԥылара мҩаԥысуан Ачерқьес гәыҳалалратә еилазаара (АГәЕ) адкыларҭатә зал аҟны. Ахәылԥаз аартуа, АГәЕ ахантәаҩы Џьанбек Зухди иазгәеиҭеит, ачерқьес еилазаара Аконгресс аус ацура ишазыхиоу Иорданиа иҟоу аԥсуа-абаза диаспореи дареи реизыҟазаашьақәа рыҿиара аганахьала, избан акәзар ауаажәларратә еиҿкаара «Диуан Абаза» алахәцәа АГәЕ аусурагьы активла иалахәуп.

«Диуан Абаза» ахада Ҳасан Абаза (Чычба) иакәзаргьы, АААК Иорданиа имҩаԥнаго аусура иара хадара ззиуа аиҿкаара аганахьала адгылара шаиҭо ааирԥшит

"Ҳара ҳазхиоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс зегь рыла адгылара аҭара, агәыӷрагьы ҳамоуп Мусса Егзакь Аконгресс анапхгаҩы иаҳасабала иҿаԥхьа иқәиргылаз ахықәкқәа зегь наигӡап ҳәа", - иҳәеит Ҳасан Абаза (Чычба).

АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь еизаз рахь ихы нарханы иазгәеиҭеит, аиԥылара угәы-уԥсы ианыруа, угәы иҭымҵәо акакәны ишыҟалаз. Иааидкыланы аҭаара аихшьаалақәа ҟаҵо иара иазгәеиҭеит, Иорданиа иҟоу аԥсуа-абаза диаспора "ачерқьес диапора рыԥсҭазаареи русуреи ишалахәу", насгьы убри шыцхыраагӡоу аҩ-диаспорак рхатә куьтуреи рҵас-қьабзқәеи реиқәырхараҿы.

"Иорданиа уҟаны ухатә милаҭтә хаҿра аиқәырхара залыршахомызт, атәыла аиҳабыра рганахьала адгылареи аилкаареи ыҟамызҭгьы, уи азы иманшәалоу атагылазаашьақәа аԥҵаны иҟамызҭгьы. Сара иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Иорданиа акрал абас игәцаракны аԥсуааи, абазақәеи, ачерқьесцәеи дахьырзыҟоу азы, урҭ ириҭо адгыларазы. Агәра ганы сыҟоуп шәара шәганахьалагьы (аԥсуа-абаза диаспора аганахьала - аред.) ус ишыҟоу ари атәыла шәазнеишьа, аҳәынҭқарра шәықәгәыӷуеит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Егзакь.

 АААК анапхгаҩы ахәшьара ҳаракы аиҭеит заанаҵы дызҭаахьаз ачерқьес телехәаԥшра "Нарҭ ТВ" аусура. Ари аинтернет-канал аҟны иҷыдоу аҵакы рымоуп Аԥсны иазку авидеоматериалқәа, урҭ лассы-лассы ахәаԥшцәа идырбахоит (аиԥылара анхыркәшахалак уаҟа ицәыргахоит АААК аинфопортал аматериалқәагьы - аред.).

Аҭаацәарақәа рԥылараҿы Егзакь иазгәеиҭеит акырӡа шаҵанакуа адиаспора ахаҭарнакцәатәылас иахьынхозаалакгьы Аконгресс имҩаԥнаго аусқәа хаҭала ианрылахәу. Ирзеиҭеиҳәеит Аконгресс аусура хықәкыс иамоу, уи анагӡаразы иҟаҵатәу. 

"Хықәкы хадас иҳамоу - Аԥсны зегь рыла иҿиаларц азы иҳалшо зегьы аҟаҵароуп, уи азы зегьы (аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа - аред.) рымчқәа еибырҭароуп. Ҳара Аԥсныи Абазашҭеи Аконгресс арегионалтә ҟәшақәа аԥаҳҵахьеит, иара убас Аҿари Аҳәсеи рхеилакқәа, уаҟа инагӡахоит акультуратә, аҭҵаарадырратә, аспорттә, асоциалтә хырхарҭақәа рыла апрограммақәа. Ауаа рхаҭақәа рыԥсҭазаашьа еиӷьыртәуеит, рыкәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа рԥсахуеит. Абри асистема ауаа рдунеихәаԥшышьа аиҭакра алнаршоит. Ауаа агәра рго иалагоит, еидгыланы ирзыҟамҵо ҳәа акгьы шыҟам, избан акәзар ак аҟаҵара згәы иҭоу ауаҩы аҵыхәтәан зегь акоуп игәҭакы наигӡоит", - иҳәеит Егзакь.

АААК ИА ахантәаҩы иазгәеиҭеит, Иорданиа раҭаара аамҭа иалагӡаны, аиԥыларақәа зегь рышьҭахь, ауаа данрацәажәа ашьҭахь Аконгресс иаҳагьы активла адиаспораҟны аус ауларц агәазыҳәара шиоуз.

Аиҿцаареи аимадареи рзы ихадароу мҩас Мусса Егзакь иаликааит иҳаҩсыз ашықәс цәыббрамзазы аусура иалагаз АААК аофициалтә аинформациатә портал. Аинфопортал иҭзыжьуа аредактор Изольда Ҳагԥҳа Аконгресс асаит инарҭбаау апрезентациа мҩаԥылгеит, уи аԥхьаҩцәа рзы лшарақәас иамоу еиҭалҳәеит. 

"Апортал ф-бызшәак рыла ицәажәоит, ус анакәха аԥсуа диаспорақәа зегьы рхаҭарнакцәа уи иану еилыркаар рылшоит. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Аконгресс аусуреи, акультуратә-спорттә усмҩаԥгатәқәеи, ҳажәлар рҭоурыхи, адунеи иқәынхо ҳауаажәлар рыԥсҭазаашьеи ирызкны ҳаԥхьаҩцәа абраҟа ироуа аинформациа иахьынӡауа иманшәаланы, аинтерес аҵаны ироуларц. Асаит аҟны зыҽҭазҩыз ахархәаҩцәа аматериалқәа рыхҳәааҟаҵаразы алшара роуеит, егьырҭ атәылақәа рҿы инхо рашьцәеи раҳәшьцәеи ԥшааны, аимадара рыбжьаарҵар рылшоит. Асаит аҟны иҭаугалар ҟалоит Аконгресс алаларазы анкета, анаҩс уи харҭәааны иарбоу аҭыӡҭахьы иушьҭуеит", - лҳәеит Ҳагԥҳа. 

Аиԥылараҿы иааиз зегьы Аконгресс аусурахь, уи алаларахь азҿлымҳара ду аадырԥшуан. Аинтерес рызцәырнагеит Аконгресс алоготип, уи иаҵанакуаз еилыркаар рҭахын, иара убас Аконгресси Аԥсны аиҳабыреи реизыҟазаашьа зеиԥшроу, Иорданиеи Аԥсныи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы лшарақәас иҟоу уҳәа убас ирацәаны. 

Аҿарацәа агәаҳәара аадырԥшит Аконгресс Иорданиа аҵакыраҿы имҩаԥнагало аусқәа рҿы ацхыраара аҟаҵаразы. 

"Иҳашәҳәа: ҳара иҳалшараны иҟоузеи ҳтәылаҿы Аконгресс аусура аларҵәаразы? Ҳара еилаҳкаауеит акыр шаҵанакуа аҿарацәа ари аус рҽалагаланы рҭоурыхтә ԥсадгьыл иадҳәалахар. Аԥеиԥш знапаҿы иҟоу аҿар роуп, ҳара шәывагылара ҳазхиоуп!" - иҳәеит адиаспора ахаҭарнакцәа ируаӡәку арԥыс Маҳер Абаза.
Мусса Егзакь уи аҭакс иҳәеит ақәыԥшцәеи ахәыҷқәеи еиуеиԥшым апроектқәа ралархәра ианакәзаалак ихадараны дшахәаԥшуа. 

"Аҿар рыпроблемақәа уӡбарц азы, зны еилкаатәуп иарбан проблемақәоу иҟоу. Уи аилкааразы аҿар ирацәажәатәуп. Иорданиа иҟоу адиаспора реиҳа активра аазырԥшуа алахәцәа рыла Аҿар рхеилак аԥҵатәуп. Нас ҳаицны апрограммақәа ҳаҩлоит, иҟоу апроблемақәа рыӡбара иазынархоу, ԥхьаҟатәи шәԥеиԥш апрограмма еицаҳаҩуеит. Шаҟа ибзианы аус ҳзеицуа аҟара, абарҭ азҵаарақәагьы бзианы иӡбахоит", - иҳәеит Егзакь.  

Аофициалтә хәҭа аамышьҭахь аиԥылара алахәцәа аимпра иахыццакуамызт: излацәажәаз инацҵаны ауаа иҵегьы изызҵаауаз рацәан, рконтактқәа еимырдон, иааиуа реиԥыларақәа ишреигәыӷуа рҳәон, рфотосахьақәа ҭырхуан. 

Нанҳәамза 24-27 рыбжьара имҩаԥысуаз АААК аделегациа Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралра раҭаара илагаӡаны егьырҭ аиԥыларақәагьы мҩаԥнагахьан. Хаҭала иаҳҳәозар, ауаажәларратә еиҿкаара «Диуан Абаза» аофис аҟны аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа ирԥылеит, анаҩс Иорданиа ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа ирԥылеит: Иорданиа Асенат ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мунир Соунар, Иорданиатәи ачерқьес ҿар рассоциациа аицаԥҵаҩ, Иорданиа Жәлар реизара (Апарламент) ахаҭарнакцәа рпалата адепутат Мансур Сеифеддин Мурад Сжьажь, аспорттә клуб «Аль Ахли Клаб» анапхгара. Аделегациа аҭааит иара убас Амман иҟоу ачерқьес школ, (уаҟа аҵара рҵоит аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа аӡәырҩы), Иорданиа инхо ачерқьес диаспора ирыԥсҭазаашьоу адунеи зегьы иазеиҭазҳәо ачерқьес интернет-канал "Нарҭ ТВ" аусушьа иахәаԥшит. 

АААК аделегациа Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралра раҭаара мҩаԥысуеит нанҳәамза 27 рҟынӡа. Иара арбоуп Аконгресс анапхгара 2019 шықәсазы имҩаԥнагараны иҟоу аҳәаанырцәтәи аҭаарақәа рыплан-еихшанҵа аҟны, 2018 шықәсазы Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа ишьақәдырӷәӷәаз. Ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа АААК аҭаарц иҟоуп иара убас Шьамтәыла, Германиа, Голландиа, Ҭырқәтәыла.