Адиспансеризациа иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, 100-ҩык инареиҳаны Уарчатәи ашколхәыҷқәа акомплекстә ҟазшьа змоу амедицинатә гәаҭара иахысит.

Селма Базҧҳа

Аҵаратә шықәса ҿыц азы АААК иацнаҵеит адиспансеризациа иазку апроект. Уаанӡа ишаҧыз еиҧш уи мҩаҧысит ҩ-етапк рыла: актәи аетап аҿы азеиҧш гәаҭареи ашьақар аҩаӡара ашьақәыргылареи рзы ашьа рылырхит, ашьагәаҭара алҵшәақәа анеилкааха, аҩбатәи аетап аҿы амедицинатә гәаҭара мҩаҧыргеит.

Уарчатәи ашколхәыҷқәа гәарҭеит ахәыҷтәы ҳақьымцәа Асмаҭ Зыхәҧҳаи Надежда Шаповаловеи, «ЭКГ» амедиаҳәшьа Луиза Џьалаӷониаҧҳа дызцыз акардиологцәа Давид Бжьинааи Ирина Бондаревеи, аендокринологцәа Лиана Делҧҳаи Радмила Гәниаҧҳаи, ауролог Иури Зарандиеи, аневролог Ҳаџьараҭ Ҭаниеи, аблаҳақьым Алла Асланиани, аотариноларинголог Риҵа Ҳалбадҧҳаи. «УЗИ» ахархәарала адиагностика аҳақьым Лариса Габова имҩаҧылгеит ахәыҷқәа руатала агәаҭара.

Аелектронтә анкета ахарҭәаараҿы аҳақьымцәа ирыцхраауан АААК аусзуҩцәеи амедицинатә коллеџь аҟнытә хатәгәаҧхарала ацхыраара ҟазҵоз Анастасиа Вишневеи, Елана Гәынҧҳаи, Диана Нерсесиани, Алина Хоџьикиани, Артур Аванесови.

Астудентцәа рнаҩсан апроект рхы аладырхәит Надежда Ҭарҧҳаи, Нарҭ Ломиеи, Ҳамида Закараиеи, Ерика Џьонуаҧҳаи, Ада Ҷкадуаҧҳаи.

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагҧҳа илҳәеит адиспансеризациа апроект ишацҵоу, насгьы уи алҵшәақәа дрылацәажәеит.

«АААКи Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрреи апроект анагӡара иацырҵоит. Уарча - аҧхынтәи аҧсшьара ашьҭахь ҳазҭауаа раҧхьатәи қыҭоуп. Аҭыҧаҿы агәаҭара рхы аладырхәит Агәыӡератәи арратә госпиталь аҳақьымцәа. Адиспансеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны, хырҧашьа змам ахәшәтәра зҭаху чымазара ҧшаамызт. Ашколхәыҷқәа ирабжьыргеит ргәабзиара иацклаҧшларц», - лҳәеит лара.

Ҳагҧҳа иазгәалҭеит ҳазҭоу ашықәс азы аиҿкааҩцәа ишыргәиҭоу даҽа ҧшьынтә еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы адиспансеризациа амҩаҧгара.

Амш иалагӡаны, аҳақьымцәа игәарҭеит еиуеиҧшым ақәратә категоиа иаҵанакуа аҵаҩцәа, урҭ ргәабзиара ҭҵааны, ироуз алҵшәа иаку аҳақьымхысратә қьаад ианырҵеит. Иҟан ари апроект раҧхьаӡа акәны зхы алазырхәыз аҳақьымцәагьы. Уахь даҵанакуеит аневролог Ҳаџьараҭ Ҭаниа.

«Ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа салахәуп раҧхьаӡа акәны. Ари апроект ақәҿиара зцу акы акәны исыҧхьаӡоит, избанзар уи абзоурала аҳақьымцәа иаадырҧшуеит ианаамҭоу зыхәшәтәра аҭаху ачымазарақәа. Сгәыӷуеит, ари апроект Аҧсны ақыҭақәа рацәаны иаҵанакып ҳәа», - иҳәеит иара. Иара убасгьы Ҭаниа далацәажәеит ахәыҷқәа рневрологиатә гәабзиара агәаҭашьа.  

Анервтә система иадҳәалоу агәабзиара шьаҭас иамоуп зынагӡара мариоу аҧҟарақәа.

«Уарчатәи ахәыҷқәа ҿырҧштәыс иааганы, анацәеи абацәеи рахь ааҧхьара ҟасҵоит рыхшара рневрологиатә гәабзиареи рпсихикатә ҭагылазаашьеи ирыцклаҧшларц. Игәаҭатәуп ахәыҷқәа излауала имаҷны агаджетқәа рхы иадырхәаларц, ашәҟәқәа ирыҧхьаларц, ахаларҿиара рнапы аларкырц, избанзар урҭқәа зегьы ахәыҷтәы психика аҭышәынтәалара иацхраауеит», - ҳәа ациҵеит иара.

Уарчатәи ашкол аиҳабы Омар Кархалаа иҭабуп ҳәа реиҳәеит АААК аусзуҩцәеи акомплекстә гәаҭара мҩаҧызгоз аҳақьымцәеи.

«Ҳашкол аҿы аҵара рҵоит 120-ҩык ахәыҷқәа. Урҭ ирылшеит рышкол анҭыҵ имцакәа анализ аҭаны, ргәабзиара аҭагылазаашьа агәаҭара. Аколлектив ахьӡала иҭабуп ҳәа расҳәоит АААК аусзуҩцәеи, аҳақьымцәеи, ари аус бзиа алыршара зыбзоуроу зегьи», - иҳәеит иара.

Адиспансеризациа - Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрреи еицымҩаҧырго проектуп. Уи хықәкыс иамоуп Аҧсны ақыҭа школхәыҷқәеи арҵаҩцәеи зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара.