Еицырдыруа абалетмеистер изкыз афильм ддырбеит Ражден Гәынба ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

Алиса Хәытаба

Ари аҭоурых зызку еицырдыруа акәашаҩ, абалетмеистер, РСФСР Зҽаҧсазтәыз артист, еизҳауа абиҧарақәа рзы ҿырҧшыгас иҟаз Гьаргь Ӡыба иоуп. Афильм  аҧҵоуп аҧсуа-абаза жәлар иматериалтәым рҭынха аиқәырхара иазку апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи нарыгӡеит Егзакь ифонди аҧсуа-абаза жәлар рыҿиара иазку Жәларбжьаратәи аидгыла «Алашареи».

Афильм аҭыхра ргәазырҧхаз Муса Егзакь иоуп, апроект автор – Наҭелла Џьамаҟәыл, авидеограф, амонтажтә режиссер – Динислам Шереметов, асценарист – Георги Чекалов, амузыка анагӡаҩ – Мадина Мураткова, ароль хада наигӡоит – ҞЧА Зҽаҧсазтәыз артист Русҭам Каралов. Урҭ рџьабаа иабзораны ахәаҧшцәа ироуит зыкәашаратә лшамҭақәа иахьа уажәраанӡа ауаа иргәалашәо артист изку афильм. 

Акиносахьа шьаҭас иаиуит Гьаргь Ӡыба иколлегацәеи иҩызцәеи рыҿцәажәарақәа, архивтә ҭыхымҭақәа, ҳаамҭазтәи артистцәа инаргӡо акәашаратә сценақәа. Аҟаза изку агәалашәарақәа реидкыларазы аҭыхратә гәыҧ аус руит Аҧсны, Чечентәыла, Даӷьсҭан, Ҟабарда-Балкариа.

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ахантәаҩы ихьӡала адныҳәаларатә ажәахә иманы дықәгылеит АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа. Уи асасцәа аҧсшәа нараҳәаны, агәыӷра ааирҧшит афильм иахәаҧшуа иргәаҧхап ҳәа:

«Иахьа ҳара ауаа идҳарбоит апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭаҳхыз даҽа фильмк. Уаанӡа иҭаҳххьан амилаҭтә хәмаррақәеи, аҳәызбаҟаҵареи, аҧсуа еибашьҩы икәалӡи ирызку афильмқәа. Уажәазы ауаа идҳарбоит еицырдыруа акәашаҩ нага Гьаргь Ӡыба изкны иҭыху афильм. Уи ауникалтә ҟазшьа амоуп, избанзар апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыху раҧхьатәи биографиатә фильмуп. Раҧхьаӡа акәны афильм аҧхьарбара мҩаҧысит ҞЧА Аҳәынҭқарратә филармониаҿы, ҳазҭоу ашықәс ҧхынгәымзазы. Сгәыӷуеит аԥсуа ахәаԥшҩцәагьы убас ибзианы ирыдыркылап ҳә», - иҳәеит иара.

«Асцена аҟнытә аусмҩаҧгатә асасцәа рахь ихы нарханы, жәларбжьаратәи аидгыла «Алашара» анапхгаҩы Мураҭ Гьедыгә иазгәеиҭеит аиҧш зеиҧшу аусмҩаҧгатәқәа рҵакы шыҳараку.

«Афильм афырхаҵа изы раҧхьа иргыланы иҳәатәуп Кавказ азы легендак дшаҩызоу, насгьы уи алегенда – ҳажәлар дышрыхәҭаку. Рыцҳарас иҟалаз, ҳазҭагылоу аамҭазы ауаа рӷьырак, еиҳараӡакгьы аҿар – Гьаргь Ӡыба дрыздырӡом. Иҭаҳхыз афильм ала ари аҭагылазаашьа ҳариашар ҳҭахуп. Акиносахьаҿы иаарҧшуп Кавказ акәашаратә культураҿы злагала дуу ауаҩы иҧсҭазаара», - ҳәа азгәеиҭеит жәларбжьаратәи аидгыла «Алашара» анапхгаҩы Мураҭ Гьедыгә.

Апроект анапхгаҩы Наҭелла Џьамаҟәыл еиҭалҳәеит акиносахьа аҧҵара аидеиа хьынтәаанагаз, аҧсҭазаара ишаладырҵәаз.

«Шықәсқәак раҧхьа АААК асаит аҿы саҧхьеит Гьаргь Ӡыба иӡбахә зҳәоз статиак. Уинахыс сгәы иҭаскит иналукааша абри ауаҩы изкны афильм аҭыхра. Аҭыхрақәа мҩаҧысуан Аҧсны, ҞЧА, Даӷьсҭан, Чечентәыла, Ҟабарда-Балкариа, Уаҧстәыла. Зеиҧшла аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭыхратә гәыҧ ианырҵеит 22 интервиу. Урҭ ирылахәын акәашаҩ хаҭала дыздыруаз аҟазаратә  интеллегенциа ахаҭарнакцәа. Афильм ҭыхуп Егзакь ифонд афинанстә цхыраарала. Угәы иаахәаратәы иҟоуп Ӡыба иеиҧш иҟоу ауаҩы ихыҧша даҽазнык ҳахьеиднакылаз. Ҳаиҿкаареи, уи ахада Мусса Егзакьи рыхьӡала ҳгәырӷьара ҳацеиҩышәшаразы еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит» - лҳәеит Џьамаҟәыл.

А

фильм аҧхьарбара еиднакылеит аҟаза иҭынхацәа, иколлегацәа, иҵаҩцәа, иҟазареи икәашашьеи рыӡбахә заҳахьоу ауааҧсыра. 45 минуҭ ицо алента Ӡыба ихаҭара аҩаӡара аанарҧшит. Афильм иахәаҧшыз ауааҧсыра рцәаныррақәа ирылацәажәо инаҵшьны иазгәарҭон аҟазара анаҩсангьы Ӡыба ҷыдала ахыҧша шинубаало.

«Ари ауаҩы иеиҧш зеиҧшу маҷуп, инарылукааша артистын. Кавказ иахьаҵанака уи иваҟәыло уаҩ дыҟамызт. Крызҵазкуа ақәгыларақәа раан акәашаҩ игәы ҳарӷәӷәаразы иаҳҳәон «Укәаша Ӡыба иеиҧш!» ҳәа. Убас иҟаз уаҩын иара», - лҳәеит Аҧсны Жәлар рартист Маиа Герзмааҧҳа.

Аҭоурыхҭҵааҩ,  Аҧсны агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут аусзуҩы Руслан Гәажәба асцена аҟнытә иҭабуп ҳәа реиҳәеит афильм ҭызхыз зегьы:

«Дасу ифырхацәа идыруазароуп, ҿырҧштәыс иҟаиҵозароуп, ихаимыршҭроуп. Агәахәара ду сызҭаз акиносахьазы иҭабуп ҳәа расҳәоит афильм аҧҵаҩцәа», - иҳәеит иара.

Ахәылҧаз ахыркәшамҭазы Наҭелла Џьамаҟәыл иара убасгьы иазгәалҭеит:

«Афильм аҭыхраан ауаҩы игәалашәара аиқәырхара адагьы хықәкыс иҳаман еизҳауа абиҧарақәа аҿырҧштәы бзиа дырбара. Аҿар Ӡыба рхы идкыланы иҿиар, хымҧада абаза жәлар зегьы рзы игәадуразаауеит. Иахьа ари афильм аҧсуа ахәаҧшҩы иҳарбеит. Ҳгәы иҭоуп афильм аҭыхрақәа хьымҩаҧысуаз егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы ахәаҧшцәа дырбара. Анаҩс афильм ҭаҳгалоит АААКи «Алашареи» рофициалтә саитқәа рахь», - лҳәеит лара.