Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ҳаҭыр зқәу ахада Тарас Шамба ибаҟа аатит Аҟәа Аконгресс 30 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирыхәҭакны.
Ҳаҭыр зқәу АААК ахада, Аԥсни Урыстәылеи ирдыруаз ауаажәларра-политикатә усзуҩ Тарас Шамба ибаҟа аартра ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа ԥхынҷкәын 7 рзы. Амемориал гылоуп «Алакә» ҳәа изышьҭоу апарк аҟны, Воронови Дбари рымҩақәа реихдаҿы. Абаҟа авторс дамоуп Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аушьҭымҭа, арҵаҩы Аврора Иулина. Абаҟа аадыртит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи. Ацеремониаҿы еизаз ирылаҳәан абаҟа ахьгылоу апарк шьҭарнахыс Тарас Мирон-иԥа Шамба ихьӡ ахызаауеит ҳәа.
Тарас Шамба Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа раԥхьатәи ахадас дыҟан, 25 шықәса инареиҳаны напхгара аиҭон анаҩс Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ҳәа зыхьӡ ԥсаххаз аиҿкаара.
Абаҟа аартра иаҭааит Аԥсны ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩцәа, арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәа, Тарас Шамба иҩызцәеи иҭынхацәеи.
Мусса Егзакь иазгәеиҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ашьақәгылараҿы, иара зеиԥшла абаза жәлар реидкылараҿгьы Тарас Шамба алагала ду шыҟаиҵаз. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иажәақәа рыла, Шамба аҟәышреи апатриотреи злаз, зегь рыла иҿырԥшыгаз уаҩын.
«Акыр иаԥсоу сашьцәеи саҳәшьцәеи, иахьа ҳара зегьы шаҳаҭс ҳазмоу ахҭыс ахә ашьара уадаҩуп. Абаҟа ззаҳартуа ауаҩы ддуун, иԥсадгьыли ижәлари рымаҵ аура акәын иԥсҭазаара ҵакыс иамаз. 25 шықәса дуӡӡа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс дахагылан иуаажәлар ирыхәара аусқәа дырҿын. Сгәы дууп абас иҟаз Аԥсны аҵеи хаҭала дахьыздыруаз, аусеицура ҳахахьӡаз», – иҳәеит Егзакь.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Кәабахьиа иазгәеиҭеит Тарас Шамба ибаҟа аартреи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизарадуи ахьеиқәшәаз асимволтә ҵакы шамоу. Кәабахьа иажәақәа рыла, аиҿкаара раԥхьатәи ахада аԥсуа-абаза жәлар дырпатриотын, иналукааша ҵарауаҩын, ауаажәларратә усзуҩын.
«Тарас Шамба Аконгресс анаԥҵаз аҽны инаркны дахагылан. Адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза жәлар реидкылара даара акыр дазааԥсеит. Уи Аконгресс дахагыланаҵ 52 тәыла ирыланхо ҳџьынџьуаа ари аиҿкаара аӡбахә раҳаит. Иахьа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 30 шықәса ахыҵра азгәаҳҭоит, Тарас Мирон-иԥа Шамба дызҿыз аус аанымгылаӡеит, иацҵоуп», – иҳәеит Кәабахьиа.
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба иашьеиҳаб, иабжьгаҩ дихцәажәо иазгәеиҭеит Тарас Мирон-иԥа иԥсы ахьынӡаҭаз аԥсуа-абаза жәлар рымаҵ аура дазкын ҳәа.
«Данстудентыз, 1958 шықәсазы Тарас Москватәи аԥсуа диаспора аԥиҵеит, уигьы акыршықәса дахагылан. Иџьабаа зегь зызкыз ҳхьыԥшымра азықәԥара шиашоу адунеи зегьы ирбартә-ираҳартә аҟаҵара акәын. Иахьа дшаԥсоу еиԥш ҳҳәынҭқарра аргылараҿы илша ахә ршьеит ҳәа сыԥхьаӡоит», – иҳәеит Сергеи Шамба.
Тарас Шамба иҩызцәеи аус ицызуази еизаз ауаа ргәалашәарақәа рыцеиҩыршон, иԥсҭазаараҿ принципқәас имаз, дыззықәԥоз, иҽыззишәоз закәыз.
Апоет, ауаажәларратә усзуҩ Геннади Аламиа – Тарас Шамба шықәсырацәала аус ициухьан, ҩыза ааигәасгьы диман. Аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа ахьынӡаҟаз иара уи амаӡаныҟәгаҩ хадас аус иуан. Игәалашәарақәа угәы дырԥшаауан.
«Тарас ихаҭа дахьыҟазаалак игәи-иԥси еснагь Аԥсны иҟан. Иԥсадгьыл игәы иҭан дахьцалак. Зны иаб Мирон Шамба ус сеиҳәеит Тарас Аԥсны дацругар ҟалаӡом ҳәа. Сыгәра жәгар шәылшоит, ахаан еицыршәаны иҟамлацызт, избан акәзар иԥсадгьыл ала иԥсы ҭан. Тарас ида иахьатәи Аԥсны ухаҿы иузаагаӡом», – иҳәеит апоет.
Ԥхынҷкәын 7 ашьыжь АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи Аконгресс ахаҭарнакцәеи 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа Аҟәатәи рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Мусса Егзакь Аԥсны дааны дыҟоуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аҽалархәразы. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит атәыла аиҳабыреи, ауаажәларреи, еиуеиԥшым асоциалтә гәыԥқәеи рԥыларақәа. Аизараду мҩаԥысуеит Аҟәа, ԥхынҷкәын 7-8 рзы.
Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа аԥауаажәларра-политикатә усзуҩ Тарас Шамба 25 шықәса инареиҳаны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс дахагылан, адунеи иалаԥсоу ҳдиаспора реидкылараҿы хәы змаӡам илагала ҟаиҵеит. Иара инапы иҵыҵит 300 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, аҳәынҭқарреи, азакәани, азинхьчареи ирызкны. 2018 шықәсазы «Ахьӡ-Аԥша» аорден I-тәи аҩаӡара ианашьан «аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы илагала дуи Кавказ ажәларқәа рыбжьара аимадара арӷәӷәареи, акыршықәсатәи иџьабааи рзы». Тарас Шамба иԥсҭазаара далҵит 2020 шықәсазы Москва 83 шықәса дшырҭагылаз.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аӡбахә еиҭарҳәоит: Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, ателеканал «Абаза-ТВ», аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.