Адунеизегьтәи-аҧсуа абаза конгресс ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәку Тарас Шамба диит ҧхынгәы 29, 1938 шықәсазы. Жьҭаара 13, 2020 шықәсазы иҧсҭазаара далҵит.

Арифа Қапԥҳа

Аԥснытәи, Урыстәылатәи ауаажәларра-политикатә усзуҩ Тарас Шамба, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Москватәи аԥсуа диаспореи рхыҵхырҭақәа рҿы игылаз уаҩуп. Иџьабаа рацәоуп абаза жәлар реидкылареи реизааигәатәреи аус аҟны.

Тарас Шамба диит 1938 шықәса, ԥхынгәы 29 рзы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азиндырҩы Мирон Шамба иҭаацәараҿы. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Мирон Шамба аус иуан прокурорс, ӡбаҩыс, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩыс, Аԥсны адукатцәа Рхеилак аиҳабыс. Иԥшәмаԥҳәыс Лидиа Ешԥҳаи иареи ирааӡеит  ҩыџьа аԥацәеи -- Тараси Сергеи, рыԥҳа Еҭери.

Иқәыԥшраан дзызҿлымҳаз

Тарас диит Аҟәа, аха иаб иусура иахҟьаны, рҭаацәара акырынтә рынхарҭа ҭыԥқәа рыԥсаххьан. Зынӡа ҳәа Аҟәа инхо ианалага аамҭазы Тарас аиҳабыратә классқәа рҿы дтәан.

Тарас Мирон-иԥа иашьа Сергеи Шамба (аԥсуа политикатә, ауаажәларратә усзуҩы, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы – Аԥсны аԥыза-министр, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр – аред.), еиҭеиҳәоит: «Ҳара ҳанхон Аҟәа, уажәы асасааирҭа «Леон» ахьгылоу аҿаԥхьа. Ҳаҩны есқьынагьы ауаа рацәаҩын, Тарас иҩызцәа лассы-лассы имҩахыҵуан. Исгәалашәоит раԥхьатәи амагнитофон анааҳхәаз, усҟантәи аамҭаазы уи аҩыза змаз даараӡа имаҷҩын. Уи адагьы, ҳара ҳмагнитофон акы иаламҩашьо иҟан: апластинкақәа рыдагьы, иара убасгьы «абабинақәагьы» агон (амхылдызтә цаха змоу «акатушкақәа» – аред.), урҭ апластинка аҭыԥ аҟны еихаргыланы иаҭатәын. Амагнитофон иахьӡын «Ельфа».

Шамаа рҭаацәара ахьынхоз аҩны аӡиас Басла аҟәара ихықәгылан уҳәар ҟалоит, убас аӡы иазааигәан. Екатерина Бебиаԥҳа лдырраҭара «Аеҵәақәа рахь игоу амҩа лаша. Тарас Шамба» ҳәа хьӡыс измаз аҟны Тарас Мирон-иԥа ихаҭа абас еиԥш игәалаиршәоит иқәыԥшра шықәсқәа: «Ара иҟан даараӡа ибзиаз анышьтә аангыларҭа. Иаҳгон ааба ма жәаҩа жәҩа змаз анышь, уи ҳақәтәаны аӡиас ала амшын ҳхылон. Убас ала аԥратәи, ажәҩаҵшьратәи аспорт хкқәа ҳҽырзыҟаҳҵон. Иара аҩны иацәыхарамкәагьы игылан аспорт ахан, уаҟагьы еиуеиԥшым аспортхкқәа ҳҽырзыҟаҳҵон. Сара исымоуп аспорттә ҟазара ҩаӡарақәа быжьба, аха урҭ мариала исмоуӡеит, иааиԥмырҟьаӡақәа аҽазыҟаҵарақәа сырҿын: ҽнак ашьха саҿалон, адырҩаҽны –амшынаҿ сӡысуан».

Иашьа изы акумир

Тарас, Сергеи 13 шықәса рыла диеиҳабуп, убри иахҟьангьы аишьцәа азеиԥш хәыҷтәы хәмаррақәа рымаӡамызт, аха ус шакәызгьы, Сергеи изы иашьеиҳабы ианакәызаалак ҿырԥштәыс дыҟан.

«Тараси иҩызцәеи есымша акы рхәыцуан, рыкәша-мыкәша ахҭысқәа еилашуан. Сара сзы дара Аԥсны аҿартә елитас иҟан, урҭ среиԥшны сҟаларц сҭахын, – иазгәеиҭоит Сергеи Шамба. – Сандуха, аполитикатә зҵаарақәа ҳрылацәажәо ҳалагеит. Уи зегьы, ҳәарада, амчхара сынаҭон, лассы-лассы ажәлар ахьеизоз афилармониа саҭаауан (араҟа зыӡбахә ҳәоу, аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара амчқәа рыла еиҿкаахоз акциақәеи, аизарақәеи роуп – аред.). Уи нахыс саргьы сгәы иҵхон амилаҭтә-хақәиҭратә ҵысра ишьҭнахуаз азҵаарақәа, раԥхьаӡагьы иргыланы ҳажәлар зыниоз аиашамрақәа. Сгәы иаанагоит, сашьа иҟнытә исоуоз анырра иабзоураноуп аҭоурыхтә факультет сышҭалазгьы ҳәа».

Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхаруыаа рышкол даналга ашьҭахь, адырра ҵаулақәа змаз, зыхшыҩ бзиаз, зықәлацәа ирылукаауаз Тарас Шамба дҭалоит Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә факультет. Дшыстудентыз Москва еиҿикаауеит раԥхьаӡатәи аԥсуаа рхеидкыла. Уи аиҿкаара аԥсуа ҿартә центрк аҳасабала аус ауан, иагьаҭаауан аԥсуа жәлар рзинқәа ҳаԥхьаҟа изыхьчараны иҟаз аӡәырҩы.

Тарас Шамба инапаҿы ирҭоит иреиҳаӡоу ауаажәларратә ҳамҭа – аорден «Урыстәыла Зызгәдуу». Тарас Шамба, Гьаргь Трапезников – адунеи ажәларқәа рдинхаҵаратә акзаара Жәларбжьаратәи академиа ахада, Валентина Приходько – афонд «Урыстәыла Зызгәдуу» адиректор хада

© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Тарас Шамбеи, Иорданиатәи аԥсуаа рхеилак алахәыла, хылҵшьҭрала Адлер араионаҿ иқәынхоз асаӡқәа иртәу, аҭауад Гьечба Баха Сеифеддин, Амман, 1994 шықәса

Денис Чачхалиеи Тарас Шамбеи сасра иҭоуп ҩынтәны Иорданиа афырхаҵа ҳәа ахьӡ зыхҵоу Аҳмед Аллаудин Арслан (арымарахьала, аҵыхәаҿы) иҩнаҭаҿы, аҭӡаҿы аԥшәма исахьа зну ауарҳал кыдуп, 1994 шықәса

Тарас Шамбеи Виктор Абазеи аицтәылауаа рԥылараан, Египет
Тарас Шамбеи Виктор Абазеи аицтәылауаа рԥылараан, Египет
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Еиду Амилаҭқәа Реидгылаҟны иаарԥшым ажәларқәеи амилаҭқәеи Рхеидкыла аизара. Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь: Виктор Абаза, Тарас Шамба, А. Охтов, Мурадин Урчыҟәа, Таллин, Естониа

Астудентреи аидгьылтәреи

Раԥхьатәи аԥсуаа реиԥыларақәа мҩаԥсыуан Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны, урҭ аамҭақәа рзы уа аҵара рҵон ҳаамҭазтәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы.

Урҭ аамҭақәа игәаларшәо Тарас Мирон-иԥа иара изку адырраҭараҿы иазгәеиҭоит: «Усҟан уа аҵара зҵоз Алиоша Гогәуеи (еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы – аред.), Володиа Анқәаби (еицырдыруа аԥсуа поет, афилолог, арҵаҩы – аред.) сареи, аинститут азеиԥшнхарҭаҿы есымза еиҿаҳкаауа ҳалагеит аизарақәа, аректорат аҟны ирдыруан аԥсуаа реиқәшәарақәа шымҩаԥысуа атәы. Темас еснагь иҳаман: Москва иаҭаауаз ашәҟәыҩҩы иҩымҭак аалхны алацәажәара, автор ҳара ҳахь ааԥхьара иаҳҭон. Анаҩс, иара иаԥҵамҭа иаҿырԥшны Аԥсны аҭоурыхи, акультуреи, абызшәеи ҳрылацәажәон, иара убасгьы ишьҭаҳхуан ахатә журналқәеи, агазеҭқәеи, ателехәаԥшреи раԥҵара шхымԥадатәиу азҵаарақәа».

Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы, арымарахьала арыӷьарахь: Тарас Шамба, Руфеҭ Быҭәба, Џьума Аҳәба, Мушьни Лашәриа, Москва, 1964 шықәса
Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы, арымарахьала арыӷьарахь: Тарас Шамба, Руфеҭ Быҭәба, Џьума Аҳәба, Мушьни Лашәриа, Москва, 1964 шықәса
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы, арымарахьала арыӷьарахь: Нонна Кәырмазиаԥҳа, Фазиль Искандер, Тарас Шамба, Золоҭинск Агрба, Москва, хәажәкыра, 1977 шықәса

Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы, арымарахьала арыӷьарахь: Леонид Лолуа, Тарас Шамба, Москва, хәажәкыра, 1977 шықәса
Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы, арымарахьала арыӷьарахь: Леонид Лолуа, Тарас Шамба, Москва, хәажәкыра, 1977 шықәса
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы. Тарас Шамба, ахәылԥаз асас – Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Васили Шандыбин ҳамҭас ииҭоит «Аԥсуа поезиа антологиа», Москва, 2002 шықәса, хәажәкыра 4

Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы, агәҭаны – Тарас Шамбеи Гьаргь Гәлиеи
Аԥсуаа аицтәылауаа реиқәшәараҿы, агәҭаны – Тарас Шамбеи Гьаргь Гәлиеи
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара Ашм иазку ахәылԥаз аҿы Тарас Шамба ишьҭихуеит аныҳәаҿа, уи ивараҿы арыӷьарахьала – Гьаргь Трапезников, 1977 шықәса, хәажәкыра 4

Убри аԥсуаа рхеидкылоуп нас-нас иагьызхылҿиааз ҳаамҭазтәи Москватәи аԥсуа диаспора. Тарас Шамба инеиԥынкыланы акыршықәса адиаспора дахагылан, уи имаҵураҿы Беслан Агрба диԥсахаанӡа.

«Сара исымоуп схатәы мҩа»

1973 шықәсазы Тарас Шамба дҭалоит Акоммунисттә Партиа Ихадоу Акомитет иатәыз ауаажәларратә ҭҵарадыррақәа ракадемиа. «Уаҟа иҵара аныхиркәша ашьҭахь, – игәалашәоит иашьа, – Аԥсныҟа дхынҳәыр акәын, аха аректор дааԥхьаны ус иеиҳәоит: Аԥсны уцар, уа ԥхьаҟатәи аԥеиԥш умаӡам, ақырҭуа политикцәа рзы уара ԥсыуа националиступ, ара уаанхар еиҳа еиӷьуп ҳәа. Насгьы академиаҟны аусурҭа ҭыԥ идигалоит».

Уи аамҭазы Тарас имаҭәақәа еидикылахьан, иҭаацәара аҩныҟа ихынҳәра иазыԥшын. Иан абас еиԥш агәаанагара лыман: адәныԥссаҩыс дҟаларгьы, иара иԥсадгьыл ахь дхынҳәыр акәын ҳәа. Аха лыҷкәын ихәыҷра аахысгьы иара итәала акәын зегь шыҟаиҵоз.

Убас, ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол аҟны аҵара иҵонаҵы, Тарас ихы алаирхәуеит «Маи 1» аныҳәа иазкыз апарад – Аԥсны аԥхьагылаҩ, 1937 шықәсазы арепрессиан иршьыз Нестор Лакоба ифотосахьа кны. Уи аамҭазы Нестор Лакоба ихьӡ дыриашахьан, аха амилаҭтә фырхаҵа ифотосахьа кны апарад аҟны ацәырҵра протестк иаҩызан. Акласс аҿы аԥхьагылаҩс иҟаз арԥыс, ҳәарада, иҩызцәа адгылара ирҭеит, аха уи аамҭазы иаб иаарласны изынарыцҳауеит иҷкәын апарадтә ныҟәара «даԥырхагахарц» игәы ишҭаз. Мирон Шамба, апартиаҟны аус ицзуқәоз џьоукы иманы аҩныҟа дааит, иҷкәын иааирԥшыз ахаԥызаразы диацәажәарц. Аха аҷкәын, дҭынчӡа, убасҟангьы хаҵаҵас инақәырӷәӷәаны ус иҳәеит: «Сара исымоуп схатәы мҩа, уара иумоуп ухатәы, суҳәоит, усԥырхагамхан».

Тарас Шамба даанхоит Москва, академиаҟны аусура далагоит. Уаҟа иара арҵаҩы инаиркны аҳәынҭқарраргылареи азини ркафедра апрофессор иҟынӡа акариератә мҩа данысуеит. Ихьчоит акандидаттә диссертациа, уи темас иаман – «Азинхьчаратә усбарҭақәа аҳәынҭқарратә системаҟны». Анаҩс, 1995 шықәсазы ихьчоит адоктортә диссертациа – «Адемократиеи азинеиҿкаареи асоциалисттә уаажәларраҟны» ҳәа хьӡыс измаз.

Аҵарауаҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Тарас Шамба – ауаажәларратә академиақәа ааба дракадемикуп. 2002 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа аус иуан Урыстәылатәи аҳәынҭқарратәи ахәаахәҭра-економикатә университет актәи проректорс. Шамба иҭҵаарадырратә ԥшаарақәа рахь иаҵанакуеит аҳәынҭқарра атеориеи апрактикеи, адемократиеи азинеиҿкаареи ирызку азҵаарақәа. Иарбоу атемақәа рыла аҭҵаарадырратә статиақәа жәпакы дравторуп.

Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь: Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ахәаахәҭра-економикатә университет (УААЕУ) актәи апроректор Тарас Шамба, УААЕУ аректор Сергеи Бабурин, Урыстәыла иреиҳаӡоу азиндырратә ҵариурҭақәа Рассоциациа аиҳабы Валери Липунов
Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь: Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ахәаахәҭра-економикатә университет (УААЕУ) актәи апроректор Тарас Шамба, УААЕУ аректор Сергеи Бабурин, Урыстәыла иреиҳаӡоу азиндырратә ҵариурҭақәа Рассоциациа аиҳабы Валери Липунов
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Тарас Шамбеи Сергеи Бабурини, 2003 шықәса
Тарас Шамбеи Сергеи Бабурини, 2003 шықәса
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Тарас Шамба УААЕУ Аҵаратә хеилак аилатәара аҟны
Тарас Шамба УААЕУ Аҵаратә хеилак аилатәара аҟны
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Тарас Шамба, Урыстәылатәи Аԥхьаӡаратә палата ахантәаҩы, азиндырратә ҭҵаарадыррақәаа рдоктор, апрофессор Сергеи Степашин ианеишьоит «Аҳаҭыр зқәу УААЕУ Апрофессор» идиплом

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аҟны имҩаԥысыз ауаҩы изинқәа ирызкыз аиԥылара ашьҭахь, Тарас Шамбеи адепутат Виктор Илиухини
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аҟны имҩаԥысыз ауаҩы изинқәа ирызкыз аиԥылара ашьҭахь, Тарас Шамбеи адепутат Виктор Илиухини
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә

Иара убасгьы, Тарас Шамба авторс дамоуп ифундаменталтәу аусумҭа – «Аԥсны. Аҳәынҭқарразаареи ахьыԥшымреи рзинтә шьаҭақәа» ҳәа хьӡыс измоу. Активла далахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан хада аԥҵара. Тарас Шамба ихҵоуп Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз азиндырҩи, «Аҳаҭыр зқәу Урыстәыла адукати» ҳәа аҳаҭыр хьыӡқәа.

Аконгресс анапхгаҩы

Тарас Шамба данқәыԥшыз инаркны, аԥсу жәлар ипрогрессивтәыз рыхәҭа ахаҭарнакцәа реиԥш, иԥсҭазаара азикит ижәлар рхақәиҭреи рхьыԥшымреи азықәԥара. Тарас Мирон-иԥа илоу адипломатиеи, аиҿкааратә ҟазшьақәеи бзиаӡаны иааԥшит Аԥсны аибашьра аналага аамҭазы, иԥсадгьыл ацхыраара анаҭахха.

Убасҟаноуп, Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз, ианаԥҵаз Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза милаҭ рассоциациа (ҳаамҭазтәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс – аред.).

Уи ҟалеит абас: 1992 шықәса, абҵарамзазы иҭоурыхтәу Лыхнашҭаҟны имҩаԥысит раԥхьатәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс. Убраҟа Аконгресс ахадас далхын Тарас Шамба.

Убри нахысгьы иофицалтәымкәа «аԥсуаа зегьы рхада» ҳәа хьӡыс ихылоит, избан акәзар Аконгресс еиднакылон абаза жәлар ахаҭарнакцәа зегьы.

«Ҳара иҳалшеит 20 инареиҳаны атәылақәа рхаҭарнакцәа Лыхнашҭа еизганы раԥхьатәи Адунеизегьтәи аконгресс амҩаԥгара. Хықәкыс иҳамаз акы акәын – ихьанҭаӡаз аибашьраҟны аиааира агара… аҩбатәи аконгресс мҩаԥаҳгеит зхы иақәиҭыз Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны», – иҳәеит Тарас Мирон-иԥа амаҵзура «Sputnik Аԥсны» иаиҭаз аинтериву аҟны.

Тарас Шамба, аԥсуа-абаза жәлар ракзаара есқьынагьы иаартны иазхазҵоз, ишьақәзырӷәӷәоз дыруаӡәкуп. Имҩаԥигоз аусқәа зегь рыла адунеи аҟны инхо аԥсуаа реизааигәатәра дацхраауан. Шамба активла дадгылан аԥсуааи абазацәеи ирзеиԥшу алфавит аԥҵара аидеиа.

«Арҭ ашықәсқәа зегьы, гәадурала ҳахәаԥшуан ажәлар реидкыларазы имҩаԥигоз аус, ҳәарада, ихықәкгьы наигӡеит. Уи азы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Ижәдыруандаз абазацәа рзы Тарас Шамба дзакәу, уи длегендоуп, уи жәлары зегьы ргәадура иоуп», – иҳәоит апрофессор Иури Агырба, адокументалтә фильм «Тарас Шамба. Жәлар рԥыза» аҟны.

Тарас Шамба изныкымкәа аԥсуа делегациақәа напхгара рзиухьан аԥсуа-абаза диаспорақәа ахьынхо атәылақәа раҭааран. Дахьнеилак, иӡны иҟаз аԥсуаа реимадара аиҭашьақәаргылаҩык иаҳасабала, ҳаҭыр дула, гәырхьахәыла иԥылон.

Тарас Шамба инапаҿы икуп абаза бираҟ
Тарас Шамба инапаҿы икуп абаза бираҟ
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Ажурнала «Нарҭ» аредактор Муҳиддин Агачеи Тарас Шамбеи Ҟарачы-Черқьессиа аҳәаа аҟны
Ажурнала «Нарҭ» аредактор Муҳиддин Агачеи Тарас Шамбеи Ҟарачы-Черқьессиа аҳәаа аҟны
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Тарас Шамбеи Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика апарламент ахантәаҩы Сергеи Смородини реиԥылара, Черқьесск, 2006 шықәса
Тарас Шамбеи Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика апарламент ахантәаҩы Сергеи Смородини реиԥылара, Черқьесск, 2006 шықәса
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Жәларбжьаратәи Ачерқьесстә ассоциациа аилатәара ашьҭахь. Афото аҟны: арымарахьала аҩбатәи – Тарас Шамба, анаҩс – Ачерқьесстә ассоциациа ахада Заурби Нахушев, Шьамтәылатәи апарламент адепутат, Дамаск иҟоу «Адыга хасе» ахантәаҩы Шьараф Абаза (Амаршьан), арыӷьарахьала аҵыхәаны – Геннади Аламиа, Нальчик, 2006 шықәса

Иури Исуф-иԥа Агырбеи Тарас Мирон-иԥа Шамбеи
Иури Исуф-иԥа Агырбеи Тарас Мирон-иԥа Шамбеи
© Агазеҭ «Абазашҭа» аредакциа
Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь: Родион Ҭлабыч, Владимир Курчев, Амир Иуан, Чаӷбан Иуан, Тарас Шамба, Нурби Чықәа, Иури Агырба, Мурадин Урчыҟәа
Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь: Родион Ҭлабыч, Владимир Курчев, Амир Иуан, Чаӷбан Иуан, Тарас Шамба, Нурби Чықәа, Иури Агырба, Мурадин Урчыҟәа
© Агазеҭ «Абазашҭа» аредакциа

Шамба дицны арҭ аныҟәарақәа зхы рылазырхәхьаз Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба иазгәеиҭоит: «Ҳәарада, ари афакт угәы еихьнашьуеит, аха аԥсуаа Аԥсны анҭыҵ еиҳа ирацәоуп Аԥсны аҩныҵаҟа инхо раҵкыс. Еиҳаракгьы ирацәаҩуп Ҭырқәтәыла, иара убасгьы Мрагылара Ааигәа атәылақәа рҿы. Аныҟәарақәа раан игәасҭеит: Тарас Мирон-иԥа дахьнеиуаз напеинҟьарыла акәын ишиԥылоз, рыгәрагара иаԥсахаз ауаҩ иеиԥш».

Афото аҟны: арымарахьала ахԥатәи – Жәларбжьаратәи Ачерқьесстә ассоциациа ахада Борис Акбашев, агәҭаны – ААМЖәР Ауснагӡаратә комитет Германиантәи алахәҩы Ерҭаз Рухи (Ешба), арыӷьарахьала ахԥатәи – Тарас Шамба, Голландиа, 1997 шықәса
Афото аҟны: арымарахьала ахԥатәи – Жәларбжьаратәи Ачерқьесстә ассоциациа ахада Борис Акбашев, агәҭаны – ААМЖәР Ауснагӡаратә комитет Германиантәи алахәҩы Ерҭаз Рухи (Ешба), арыӷьарахьала ахԥатәи – Тарас Шамба, Голландиа, 1997 шықәса
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Сҭамԥылтәи Аԥсуа культуратә центр аҟны Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рԥылара. Афото аҟны арымарахьала арыӷьарахь: ААМЖәР Ауснагӡаратә комитет алахәҩы Ерол Агрба, Шьамтәылатәи апарламент адепутат, Дамаск иҟоу «Адыга хасе» ахантәаҩы, ААМЖәР Ауснагӡаратә комитет алахәҩы Шьараф Абаза (Амаршьан), ААМЖәР ахада Тарас Шамба, Ҭырқәтәыла иҟаз Аԥсны ахаҭарнак Владимир Аҩӡба, Иорданиа инхо ҳџьынџьуаҩы Иахьиа Чычба, Џьамалаҭҭин Иумиҭ (Арӡынба), Ҭырқәтәыла, 2006 шықәса

Арымарахьала арыӷьарахь: Абаза жәлар Рмилаҭтә еизара «Аидгылара» ахантәаҩы Уали Евгамукови, ААМЖәР ахада Тарас Шамбеи, Ҭырқәтәыла иҟоу Кавказтәи адиаспора ахада Агача Муҳиддини, Жәларбжьаратәи Ачерқьестә ассоциациа Ауснагӡаратә комитет аилатәара аҟны, Ҭырқәтәыла, 2005 шықәса

Аҧсуа-абаза милаҭ (абаза) Жәларбжьаратәи Рассоциациа (ААМЖәР) аԥсуа делегациеи, ашеих Абдыл Бақы Џьамоуи – Иорданиа кавказтәи ахеилак ахаҭарнак, 1997 шықәса

Еснагь Аԥсны иахәара иашьҭаз

27 шықәса раԥхьа, 1992 шықәса, нанҳәа 14 рзы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа анақәла, Тарас Шамба, егьырҭ апатриотцәа аӡәырҩы реиԥш, аганаҿы днымхеит. Ирацәаҩымызт усҟан иара иаҟара зымҽхак ҭбаау аимадарақәа змази, иахәҭоу ауаа здыруази.

«Аԥсны аибашьра аналагаҵәҟьа, Тарас активла Нхыҵ-Кавказ даҭаауа далагоит, еиуеиԥшым аимадарақәа рышьақәыргыларазы. Иара имҩаԥигоз аусгьы иабзоуроуп, урҭ ареспубликақәа рхадацәа рыла задыркуаз, ртәылауаа хатәгәаԥхарала еибашьра ҳәа Аԥсныҟа иандәықәла, иара убасгьы уаантәи иаарышьҭуа иалагеит агуманитартә уҳәа убас еиуеиԥшым ацхыраарақәа. Араҟа, ҳәарада, акраҵанакуан Тарас аиҳабыратә ҭыԥқәа нызкылоз ауаа рыбжьара иидырқәоз ахьырацәаҩыз, насгьы, урҭ ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аушьҭымҭацәа ахьракәыз. Кавказ иҟаз апартиа аԥхьагылаҩцәа реиҳараҩык идыруан, иара убасгьы Асовет Еидгыла зегьы аҟны амч знапаҿы иҟаз иҩызцәа рацәаҩын», – иазгәеиҭоит Сергеи Шамба.

Аибашьра ашьҭахь, Аԥсны иаҵанакуаз азҵаарақәа жәпакы иара иӡбон, мамзаргьы урҭ ӡбахон иара иалахәрала. Большаиа Садоваиа 10, «Булгаков иҩны» ҳәа изышьҭоу ахыбраҟны иҟоу Тарас Шамба иофис – Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵаанӡа, иофициалтәым Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭас иҟан. Уаҟа еизон Аԥсны жәлар рԥеиԥш иазхәыцуаз, еиуеиԥшым азҵаарақәа ирылацәажәон, урҭ рыӡбон.

Апартиа Ихадоу Акомитет ихь иаҵанакуаз ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аиҳабыра: аректор, Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла- акорреспондент Рудольф Иановски, апартиатә комитет амаӡаныҟәгаҩ Тарас Шамба, азанааҭеидгылатә комитет ахантәаҩы В.И. Плаксиа, апартиатә комитет амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Р.М. Битаров
Апартиа Ихадоу Акомитет ихь иаҵанакуаз ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аиҳабыра: аректор, Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла- акорреспондент Рудольф Иановски, апартиатә комитет амаӡаныҟәгаҩ Тарас Шамба, азанааҭеидгылатә комитет ахантәаҩы В.И. Плаксиа, апартиатә комитет амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Р.М. Битаров
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Апартиа Ихадоу Акомитет ихь иаҵанакуаз ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Раиса Горбачиова лаҭаара, арымарахьала аҩбатәи – Тарас Шамба, арыӷьарахьала аҩбатәи – Рудольф Иановски, 1989 шықәса

Ақалақь Караганда апартиатә нхамҩа аусуҩцәа рԥылара, апрезидиум аҟны арыӷьарахьала аҩбатәи – Тарас Шамба, Ҟазахсҭан, 1978 шықәса
Ақалақь Караганда апартиатә нхамҩа аусуҩцәа рԥылара, апрезидиум аҟны арыӷьарахьала аҩбатәи – Тарас Шамба, Ҟазахсҭан, 1978 шықәса
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы иҟоу аԥсуеи, аурыси диаспорақәа рхаҭарнакцәа рԥылараан, 1978 шықәса
Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы иҟоу аԥсуеи, аурыси диаспорақәа рхаҭарнакцәа рԥылараан, 1978 шықәса
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Аԥсны ахаҭарнак Тарас Шамба – Еиду Америкатәи Аштатқәа иаҭаара
Аԥсны ахаҭарнак Тарас Шамба – Еиду Америкатәи Аштатқәа иаҭаара
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә
Асовет Еидгыла Акоммунисттә Партиа Ихадоу Акомитет аусзуҩцәа, ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аушьҭымҭацәа ргәыԥ: арыӷьарахьала ахԥатәи – Тарас Шамба, 1987 шықәса

Ротари-Клуб аҟны урыстәылатәи ахеилакқәа рԥылара, Еиду Америкатә Штатқәа, 1978 шықәса
Ротари-Клуб аҟны урыстәылатәи ахеилакқәа рԥылара, Еиду Америкатә Штатқәа, 1978 шықәса
© Александр Непрошин ишәҟәы «Жәлар рԥыза изкны…» аҟнытә

Тарас Шамба Аԥсны анҭыҵ иԥсадгьыл аинтересқәа шашаӡа иааирԥшуан. Убас, 2013 шықәса, рашәарамзазы напхгара азиуан бриуссельтәи Европарламент ахь иааԥхьаз аԥсуааи абазацәеи рделегациа ду. Урҭ рхы аладырхәит иуникалтәыз аконференциа – «Аԥсныи Европеи: аилибакаареи аизааигәахареи рзы амҩақәа» ҳәа хьӡыс измаз.

Аԥсны аҭоурых ҿыц далацәажәо, Шамба иазгәеиҭеит: «Кавказ ажәларқәа рҟынтә аӡәымзарак ақырҭқәа адгылара римҭаӡеит. Урҭ зегьы Аԥсны иадгылеит, уи аиҳагьы, иҟан Аԥсны аганахьала еибашьуаз ақырҭқәагьы, аибашьра афырхацәасгьы иҟалеит убас ақырҭқәа – ақырҭқәа ирабашьуаз».

Араҟа иазгәаҭатәуп, Тарас Шамба – аҭынчрабзиабаратә хәаԥшышьақәа змоу уаҩны дшыҟоу. Иара есымша иазгәеиҭоит, ихәыҷра шымҩаԥысыз амилаҭрацәа ахьықәынхоз атәылаҟны, убри азыҳәан амилаҭкәа зегьы ҳаҭыр дула дшырзыҟоу. Аԥсны аибашьра алагамҭаз, Тарас Шамба алацәажәаразы ирыдигалеит ҭынчра мҩала Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа зныԥшуаз адокумент апроект, аха ақырҭуа еиҳабыра усҟан ргәы иҭамызт ҭынчрала аконфликт аӡбара.

Зегьы ргәадура

Есышықәса мшаԥы 29 рзы Тарас Мираон-иԥа дыргәаладыршәоит адунеи ахьынӡанаӡааӡо уи дыздыруаз, дызҭахыз зегьы. Акыршықәса раԥхьа иара иԥсҭазаараҿы дызҿыз иус хадақәа ааныжьны аҿарацәа ирымеидеит. Ихадоу иусқәа аҿар ирзынижьит, аха ауаажәларратә усура иахьагьы инапы алакуп. Аҵыхәтәантәи иаԥшьагарқәа ируакуп ииааӡаз аҿар гәахәарала ирыдыркылаз – Аиааира ду амш маи 9 рзы имҩаԥысуа «Ԥсра зқәым аполк» акциа Москватәи аԥсуа диаспора ралахәра.

Тарас Шамба еснагь ижәлари, иҩызцәеи иҭахцәеи дыргәадуран, уи икәша-мыкәша еснагь еизон хәыҷгьы-дугьы, зынӡа еиуеиԥшым ауаа. Иара ицәажәашьалеи игәаартышьеи рыла зегьы ргәы хихуан, ргәы дҭымҵәогьы даанхоит.

Рабду ихьӡ иалаҽхәоит уи имоҭацәа – Анастасиеи Дениси, ҳәарада, убас ауп ишыҟоу иԥхацәагьы – Гаианеи, Назиреи. Тарас Мирон-иԥа – зҭаацәара лымкаала ирышьҭаз, бзиа избоз уаҩын. Иԥҳацәа ражәақәа рыла, урҭ рани раби ианакәызаалакгьы аԥхарра зцу аизыҟазаашьақәа рыбжьан.

«Зны март ааба рзы аҩны сыҟан, сыԥшызар, ашәҭшьыҵәрақәа ҩба шықәгылоу збеит», – ҳәа лгәалалыршәоит иԥҳа Назира. – Саб сиазҵааит усҟан: ҩба зыҟоузеи ҳәа. Иара ус иҳәеит: акы ҳара ҳуадаҿы иқәгылазаауеит, егьи акрахаҳфо ауадаҿы, избан акәзар шәара шәангьы, аҳәсақәа зегь реиԥш, акҿыҩраҿы акыраамҭа лхылгоит».

Тарас Мирон-иԥа изкны ажәак зҳәозалаак зегьы иазгәарҭоит иҟәышра, ииашара, ихаризма. Иара ихаҭа гәаартыла иҳаиҳәахьан, ахаан аӡәы цәгьарак изыҟамҵара дшашьҭаз, ихадоу малс ииԥхьаӡо – ирҳаз аҩызцәа шьардаҩык шракәу.

Источники:

  • Ателехәаԥшратә фильм «Тарас Шамба. Жәлар рԥыза»
  • Ателехәаԥшратә фильм «Аиаҵәақәа рахь игоу амҩа лаша. Тарас Шамба».