Черқьесск есышықәса имҩаԥысуа акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭан Абаза жәлар ркультура амш, иара убас Аԥсны абираҟ амш.

Лиудмила Аисанова

Ԥхынгәымза 23 рзы, Черқьесск ақалақь аҟны иазгәарҭеит Абаза жәлар ркультура Амши Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амши. Аныҳәа еиҿыркааит аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы Ассоциациа «Алашареи», Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресси. Аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит аладатәи Урыстәылан иреиҳаӡоу апаркқәа ирхыԥхьаӡалоу «Адгьылбжьаха иаҵәа» аҟны.

Аусмҩаԥгатә есышықәстәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» иахәҭакны иҟалеит. VI-тәи Абаза жәлар рыхәмаррақәа рышьҭахь, «Адгьылбжьаха иаҵәа» аҟны иргылан тематикала еиуеиԥшымыз апавилионқәа.

Убас, аныҳәа асасцәа даараӡа иазҿлымҳан абаза жәлар рытрадициатә нхарҭа амакет, уи аҩныҵҟа иҩнагылан ажәытә аамҭазы рхы иадырхәоз аҩнымаҭәа. Насгьы, згәы иаҭахыз зегьы амилаҭ чысқәа ргьамабара рылшон: зегьы еицҿакны иазгәарҭон ачысхкқәа рыԥсабаратәреи, акгьы иузадымкыло ргьамеи. Зехьынџьара амузыка абжьы гон, ажәытә мелодиақәа заҳауаз хәыҷи-дуи зегьы акәашара иалагон.

Еиҳаракгьы ауаа рацәаҩын абаза жәлар ирызку аҭоурыхтә материалқәа знызи, аҩычагатә-хархәаратә ҟазареи ахьцәыргаз астендқәа рҟны. Убасгьы, ауаа рацәа мҩахыҵит Аконгресс алаларазы иаартыз астенд аҿаԥхьаҟа, уа ихарҭәаатәын иҷыдоу анкета.

Аныҳәа гәырӷьарала иаартын, зшәагаа дуӡӡаз аԥсуа бираҟ ашҭа ианҭаргала. Еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит аиҳабыратә усбарҭақәа реиҳабацәеи, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, аҳәаанырцәтәи адиаспорақәеи рхаҭарнакҵәеи, акультура аусзуҩцәеи. Зегьы иазгәарҭеит аныҳәа бзиаӡаны ишеиҿкаау.

АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы иаппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа иазгәеиҭеит, аҵак ду шамоу, аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа рыӡбарала, Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амши, Абаза жәлар ркультура амши ҽнак иахьазгәарҭо.

«Ари, ҳәарада, Аԥсны иқәынхо жәлҳаари, 50 тәыла рҟны инхо ҳџьынџьуааи еиҳа ҳаизааигәанатәуеит», - иҳәеит Ҭаниа.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, иаҳхашҭыр шыҟамло: аҳәынҭқарратә бираҟ, иаҳзеиԥшу аҭоурых иасимволны аиқәырхаразы «Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи хамеигӡарада рыԥсы шақәырҵаз».

«Уи ахашҭра азин ҳамаӡам. Иҟалааит абри амш ҳаидгылара иасимволны, ҳаизааигәахара иатрадицианы», - иҳәеит Кан Ҭаниа.

Ақәа хәыҷык шлеиуазгьы, аусмҩаԥгатә ахь ауаа амҩахыҵра иаҿын, аинтерес рыманы ацәыргақәҵатә експонатқәа ирыхәаԥшуан.

Аныҳәа алахәцәа қәрала зегьы иреиҳабу – 89 шықәса зхыҵуаз амҿы аус адулара азҟаза Қьешьиф Аисанов игәы ҭԥраауа иусумҭақәа – аӷәтәы хьыԥшьақәа ауаа идирбон.

«Сара изныкымкәан афестиваль схы аласырхәхьеит. Даараӡа сеигәырӷьоит абазақәа абас еиԥш иҟоу алшара ахьрымоу, акультуратә еимадара зырӷәӷәо аиԥылара дуқәа ахьеиҿкаахо», - иҳәеит иара.

Ахацәа ракәзар, хшыҩзышьҭрала ирыхәаԥшуан ицәыргақәҵаз аҳәызба чаԥақәа. Аметалли, амҿи, ацәеи аус рыдызуло аҟаза Зураб Ҭакәушинов раԥхьаӡа акәны афестиваль даҭааит.

«Арҭ абаза ҳәызбақәа роуп», - ҳәа иусумҭақәа аетникатә ҟаҵашьала ишынагӡоу атәы азгәеиҭоит аҟаза.

Зураб хылҵшьҭрала Хәыжәду ақыҭа датәуп, акыраамҭа иԥсадгьыл дацәыхараны дынхон, хәышықәса ҵуеит дхынҳәиижьҭеи. 20 шықәса инареиҳаны аҳәызбақәа рыҟаҵара хоббис иман, уажәазы уи аус активла иҽазикит, иусумҭақәа аинтернет ахархәарала иҭиуеит. Иара иажәақәа рыла, даараӡа дазгәдууп, аҵаҩцәа – Зураб Жужуеви, Мураҭ Гедугови ахьазыҟиҵаз, уи, ҳәарада, даара акраҵанакуеит иуникалтәу абазацәа рнапҟазара аиқәырхара аус аҿы.

Ҩынтәны афестиваль далахәуп Черқьесск ақалақь аҿы иҟоу Иури Гагарин ихьӡ зху ахәыҷтәы ҟазара Ахан арҵаҩы Жанна Шереметова. Лара гәахәарала аныҳәа асасцәа идлырбоит лҵаҩцәа рнаплыхқәа: иԥоу, иқәҵоу, аппликациа зызу аусумҭақәа. Абаар 33 шықәса ҵуеит Жанна ахәыҷқәа аҩычатә-хархәаратә ҟазара длырҵоижьҭеи. Лара лажәақәа рыла, иахьатәи афестиваль еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа даараӡа рҵакы дууп абаҩхатәра злоу аҿар рзы. Арҵаҩы убасгьы еиҭалҳәеит лҵаҩы Самира Кармова леихьӡарақәа ртәы – уи еиуеиԥшым аԥаратә ҟазара аицлабрақәа рҿы аиааирақәа лгахьеит.

АԤСНЫ АБИРАҞ АМШ ШАЗГӘАРҬАЗ. АФОТОСАХЬАҚӘА>>

Зымҽхак ҭбааз афестиваль апрограмма аӡәгьы игәы арҿыӷьуамызт.

Ахәылԥаз асасцәа азҿлымҳара рызцәырнагеит абаҩхатәрақәа рконкурси, амилаҭтә маҭәақәа рконкурси. Аицлабра мҩаԥысуан хә-номинациак рыла. 20-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра – Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика иқәынхо амилаҭқәа рхаҭарнакцәа аконкурс рхы аладархәит.

«Ашықәс ашьхауаҩы» ҳәа далхын Бислан Хачиров, «Ашықәс ашьхаҭыԥҳас» - Олесиа Микитова. Ахәаԥшцәа рҳамҭа ланашьан Марина Иуана. Иара убасгьы, аконкурс иалахәыз ахәыҷқәа рзы ишьақәырӷәӷәан атитулқәеи иҷыдоу аҳамҭақәеи. «Ашьхауаҩы-хәыҷы» ҳәа далхын Амир Гутиакулов, «Ашьхаҭыԥҳа-хәыҷы» ҳәа – Амалиа Курачинова.

Уи ауха апарк амфитеатр аҟны еизеит зықьҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Урҭ рзы еиҿкаан аԥсуа-абаза шәақәеи акәашарақәеи назыгӡо агәыԥқәа рықәгылара. Иара убасгьы, аконцерт аҟны иқәгылеит Саида Азизовеи (авокалтә конкурс «Орфеи» алахәҩы, зегьы иреиӷьны аԥсышәала ашәа анагӡаразы АААК иҷыдоу аҳамҭа занашьаз – аред.) Саниа Ҭаниаԥҳаи.

Авидеонҵамҭала адныҳәаларатә ажәахә ҟарҵеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь, аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа (Аԥсуафед) ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба, АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла, Аԥсны жәлар рҟазаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа.

Аныҳәа хыркәшан афеиерверк ала. Зықьҩык ауааԥсыра, ргәалаҟазаара шьҭыҵны, ҳаԥхьаҟазы Абаза жәлар ркульутра амш аҽны ҩаԥхьа ҳаиқәшәап ҳәа еибыҳәаны рыҩныҟақәа рахь рҿынархеит. Афестиваль аҟны аҩызцәа ҿыцқәа зырҳаз рзы шықәсыкгьы аԥшра аҭахым.

Акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» есышықәса Черқьесск имҩаԥысуеит. Шықәсыцыԥхьаӡа уи амҽхак есааира иҭбаахоит, зхы алазархәуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡарагьы иацлоит.