Аҟәа ақалақь ахадара ахьтәоу ахыбра ргылан 1914 шықәсазы: уи 105 шықәса ахыҵит. Аҟәа ахаҿра аазырԥшуа ахыбра аҭоурых: уи зыргалаз, аамҭа цацыԥхьа иара аҽшаԥсахуаз, насгьы ԥсахра зқәымкәа инхаз уҳәа иазкны шәаԥхьар шәылшоит АААК аинформациатә портал иазнархиаз аматериал.
Асҭанда Арӡынԥҳа
Аҟәа агәҭаҵәҟьа, Леон имҩадуи Аиааира амҩадуи реихысырҭаҿы игылоуп зегьы еицырдыруа, акы иуцәаламҩашьо, асааҭ ду зхагылоу ахыбра. 2019 шықәсазы ахыбра 105 шықәса ахыҵит. Шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа ахыбра шаҳаҭс ирымоуп ақалақь иахнагахьоу аиҭасрақәа зегьы, ахаҭагьы еиуеиԥшым аамҭақәа рҷыдарақәа аныԥшуеит.
Аҟәа XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы
Аҟәа ҳаамҭазтәи архитектуратә хаҿра ашьақәгылара иалагеит XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи XX-тәи ашәышықәса алагамҭеи рыбжьара. Убри аҟнытә, ижәытәӡатәиу ақалақьтә ргыларақәа ҳанрылацәажәо, ҳхәыцра шәышықәса раԥхьаҟа ҳагоит, иҳаҩсыз ашәышықәса атмосфера ҳагәыланахалоит.
XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа – амилаҭрацәа ахьынхоз қалақь хәыҷын. Инықәырԥшшәа аа-нызқьҩык раҟара ақалақь ауааԥсыра ахьыҟаз, милаҭла иугозар ҩажәа инареиҳан: аԥсуаа, аурысқәа, абырзенцәа, аерманцәа, аҭырқәцәа, агырқәа уҳәа убас ирацәаҩны. Аетникатә гәыԥқәа доусы рхеидкылақәа рыман, рмилаҭ ахаҭарнакцәа иахьырҭахыз ирыцхраауан. Ауахәамақәа дыргылон, ашколқәа аадыртуан, Ақалақьтә Думахь рхаҭарнакцәа рықәыргылара иацхраауан.
Усҟантәи ақалақьтә ԥсҭазаара шеиҿкааз злаҳдыруа ҳәа раԥхьаӡа иргыланы иҟоу 1913 шықәсазы арккаҩы Константин Маҷавариани иҭижьиз «Аҟәа амҩақәҵагашәҟәи», аҭоурыхҭҵааҩы Анзор Агәмаа иусумҭақәеи роуп – иара ақалақьргыларатә обиектқәаны иҟаз Аҟәатәи ахыбрақәа шәкы инареиҳаны рҭоурых аниҵахьеит.
Убарҭ ирыбзоураны ҳара иаҳдыруеит, иаҳҳәап, XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа аԥошьҭа аусура ишалагахьаз. 1912 шықәсазы ақалақь аҿы аԥошьҭатә иашькақәа рхыԥхьаӡара 14 рҟынӡа инаӡон. Асаламшәҟәқәа мышкахьы ҩынтә иҭыргон: ашьыжь асааҭ 11 рзы, нас ахәылбыҽха асааҭ 5 рзы. Аԥошьҭаныҟәгаҩцәа шьоукы маланыҟәала асаламшәҟәқәа нарга-ааргон. Ақалақь ауааԥсыра асаламшәҟәқәеи ателеграммақәеи рыҩны ирызнаргон аԥошьҭаныҟәгаҩцәа. Аҟәантәи ирышьҭуаз асаламшәҟәқәа ракәзар, ақалақь ауааԥсыра рхаҭақәа аԥошьҭа-телеграфтә контораҿы инаргон.
Аимадара иазку аинтерес зҵоу даҽа факткгьы: Аԥсны, Аҟәа иалсны ицон Лондони Калькуттеи еимаздоз индоевропатәи ателеграф (Британиатәи аҳра аамҭақәа рзы Калькутта – Британиатәи Индиа аҳҭнықалақьс иҟан, 1911 шықәса рҟынӡа – аред.). Акционертә еилазаара «Аишьцәа Сименс» (Лондон) нас «Сименси Гаальскеи» (Берлин) иртәыз ателеграфтә цәаҳәа зқәыз аҭыџьтә шьаҟақәа иахьагьы Аԥсны иуԥылоит.
XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы ақалақь аҿы аус ауан 1866 шықәсазы иаԥҵаз аполициатә усбарҭа. 1914 шықәсазы Аҟәатәи аполициа шьақәгылан абарҭ ачынқәа рыла: апристав, фҩык ацуҭамилицауаа еиҳабцәа, 26-ҩык аиҵбацәа.
Ақалақь хадара азыруан – ақалақь ахада дызхагылаз Ақалақьтә напхгареи, хыхь зыӡбахә ҳҳәахьоу Ақалақьтә Думеи. Аҟәа ақалақьтә Думахь раԥхьатәи алхрақәа мҩаԥысит 1899 шықәсазы. Адепутатцәа ԥшьышықәса ҿҳәарас ирзыԥҵәан. Раԥхьатәи алхрақәа ирылахәын 163-ҩык ақалақьуаа, абжьыҭара азин змаз (асиа ианын 500 мааҭ иреиҵамкәа зыхәԥса ыҟаз еиҭамҵуа амазара змаз ақалақьуаа мацара, иара убас 1-тәи 2-тәи агильдиақәа рахь иаҵанакуаз аҭуџьарцәеи – аред.).
Ақалақьтә Дума раԥхьатәи ааԥхьара иалалеит фҩык аамсҭацәа, хәҩык тәанчара ицахьаз аруаа, хәҩык аграждантә чынуаа, ҩыџьа аҳақьымцәа, архитектор-сахьаҭыхҩык, хәҩык амешьанцәа, ҩыџьа анхацәа (амешьанцәеи анхацәеи ақалақь ахәаахәҭцәа ирхаҭарнакцәан – аред.).
Иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа ҩ-театрк аус руан. Ирацәан ақьырмыҭтә зауадқәа, ҳәарада, абзазаратә ҭахрақәа ирызкыз анаплакқәагьы ыҟан: адәқьанқәа, ахцәыҟаҵарҭақәа, акаҳуажәырҭақәа, ақьафурҭақәа, афотосахьаҭыхырҭақәа.
Ибзианы иҿианы иҟан амшынтә-транспорттә еимадара Ҟрым-Кавказтәи ацәаҳәа Одесса-Баҭым ала. Аӷбақәа есыҽны ибжьан.
Арԥҳачымазаҩцәа рзы акурорти аҭаҭынтә плантациақәеи
Аҟәа ақалақь – Урыстәылатәи аимпериа зегьы аҟынтә аҳақьымцәа ахьаауаз ҭыԥын. Араатәи аҳауа иабзоураны, ақалақь арыԥҳачымазаҩцәа рыхәышәтәразы иреиӷьыз ҭыԥны иԥхьаӡан. Убри азоуп араҟа издыргыла усҟантәи аамҭазы зегьы иреиӷьыз, иҿыцыз ахәышәтәырҭақәеи асанаториақәеи.
Аха абальнеологиа (аӡыҵәыҵәқәа агәабзиаразы рхәарҭареи урҭ рхархәара аметодқәеи ҭызҵаауа амедицинатә ҭҵаарадырра аҟәша – аред.) мацара акәӡамызт изыбзоуроу XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи XX-тәи ашәышықәса алагамҭеи рзы хыԥхьаӡара рацәала анаплакцәа ахьынхоз, аус ахьыруаз, аурыс интеллигенциа ахаҭарнакцәа адачақәа ахьдыргылоз, ԥсшьара иахьаауз Аԥсны ақалақь хәыҷы Амшын Еиқәа аҿықәантәи ривиераны иахьыҟалаз.
Константин Маҷавариани Аҟәа иазикыз имҩақәҵагашәҟәаҿы иҩуеит: «Ақалақь аҭааҩцәа лассы-лассы иҵаауеит: «Зегьы идырҽхәо Аҟәа хәарҭас иалои? Егьырҭ ақалақьқәа излареиӷьи?» ҳәа.
Аминистрраҿы, иара Ақалақь Ахеилак аҿгьы Амшынеиқәаҿтәи аихамҩа алдара азҵаара алацәажәараан абас еиԥш ацәажәарақәа ыҟан: «агаҿа ашәыри ашәҭқәеи ҳнаҭоит, нас аихамҩа аргылара жәа-миллионла аԥара ақәҳарӡыр ҟалома ашәҭқәеи ашәыри атәыла иалаҳгоит ҳәа?».
Маҷавариани арҭ азҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит: аус злоу – Аԥсны иаадрыхуаз зхаҭабзиара ҳаракыз аҭаҭын акәын, арантәи мҽхакы ҭбаала иалыргоз.
«Афабрика аусзуҩцәеи, акомиссионерцәеи, агентцәеи аԥара ду дырҳауеит аханқәа дыргылоит», - ҳәа ҳаԥхьоит «амҩақәҵагаҿы».
Аԥсны ииашаҵәҟьаны аҭаҭын рацәаӡаны иҟарҵон. 1914 шықәсазы Аԥсны иҿырхыз аҭаҭын миллион ԥуҭк рҟынӡа инаӡеит ҳәа азгәеиҭоит ашәҟәыҩҩы Исаак Бабель истатиақәа руак аҟны.
«Уаанӡатәи аҭаҭын аагаҩцәас иҟаз – Македониа, Ҭырқәтәыла, Египет – аконкурент ҿыцс ироуз иҭаҭын, ҳәарада, дара ртәы ишеиӷьыз иамаркуамызт. Каир, Александриа, Лондон ахьӡ ду заухьаз афабрикақәа иҭрыжьуаз аҭаҭын хкқәа еиҳагьы рыхә ҳаракхон аԥсуа ҭаҭын аналарҵоз. Ҳара ҳаалыҵ мацәыс еимҟьараҵас иаразнакала адунеиҿы иреиӷьӡоу ҳәа ахьӡ-аԥша аиуит, аҳәаанырцәтәи акапитал арахь идәықәлеит, ашьҭаҵарҭа дуқәа рыргылареи ааглыхратә плантациақәа реиҭаҳареи аԥшьнагеит», - иҩуеит Бабель.
«Аҩныеихагыла дуқәеи» амодерни
Анкьатәи Аҟәа аекономика шьаҭас иамаз аҭаҭынтә ааглыхра ҭыԥс иааннакылоз аилкаара акраҵанакуеит ақалақь ахаҭа ашьақәгылареи аҿиареи шымҩаԥысуаз аилкааразы. Избан акәзар абарҭ ахҭысқәа зегьы анудыруа, иџьашьатәым 1914 шықәсазы Колиубиакинтәи амҩеи Гьаргь имҩеи (иахьатәи Леон имҩадуи Аиааира амҩадуи реихысырҭа – аред.) реихысырҭаҿы ицәырҵыз ахыбра ду зыргылаз аҭаҭынтә магнат Стефан Стифаниди ахьиакәу.
Стефаниди – XIX - XX ашәышықәсақәа реилыҵымҭазы Азиа Маҷынтә Аԥсныҟа иқәнагалаз понтиатәи абырзенцәа дыруаӡәкын. Абырзенцәа Аҟәа аҿиараҿы рлагала дуӡӡа ҟарҵеит. Ҿырԥшыс дааҳгар ҟлоит Стефан Стефаниди ихаҭа, уи аҭаҭын аҭирала амал ду ҟаҵаны, ақалақь иазынижьит ихадароу архитектуратә ҭынхақәа рсиа иахыԥхьаӡалахаз ахыбрақәа.
Стефаниди усҟантәи аамҭазы иҭаацәа иманы дынхон хә-еихагылак змаз аҩнаҟны, акыраамҭа уи ахыбра акәын Аҟәа зегь реиҳа иҳаракыз ҳәа иԥхьаӡаз. Уи аҩны ргылан 1912 шықәсазы Воронцово-Дашковтәи амҩеи Гьаргь имҩеи (иахьатәи Абазақәа рымҩеи Аиааира амҩадуи – аред.) ахьеиԥылоз. Иҩны актәи аихагылаҿы адәқьанқәеи аԥҭекеи аус руан, хыхьтәи аихагылақәа рҿы аԥшәмацәа нхон, насгьы қьырала ирырҭоз ауаҭахқәа ыҟан.
Маҷк аамҭа ааҵуаны, 1921 шықәсазы Стефаниди иҩны ақалақьтә мазарахь ииасуеит, уи ашьҭахь хара имгакәа абырзен малуаҩ иҭаацәа зегьы Аԥсны иқәҵны ицоит. Иҩны иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҟоуп: иахьазы уи – ауаҭах рацәа змоу, ауаа рынхарҭа ҩнуп, Аԥсны аҭоурыхтә-архитектуратә баҟас иԥхьаӡоуп.
Ԥшь-еихагылак змоу аҩн ҿыц (иахьатәи аҳҭнықалақь ахадара ахыбра – аред.) апроект ҭихит Вениамин Островидов. Ахыбра ргылан Аҟәа иазҷыдараз амодерн астиль ала. ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазы уи аҩнеихагыла дук («небоскреб») еиԥш иахәаԥшуан.
Ахыҵхырҭақәа шьоукы рҿы ишарбоу ала, аԥшәма адҵа ҟаиҵеит иҩны аҿаԥхьа атротуар аҟны иинициалқәа анырҵарц. Иахьа урҭ аинициалқәа узыԥшаауам, иҟалап, урҭ рышьҭа ыӡзар ахаҳә ҿыц ақәҵарақәа руак аан.
Стефаниди иҩны аниргыла ашьҭахь дук хара имгакәа ииҭиуеит: уи аазхәазгьы аҭаҭын наплакҩын, Гокиелов ижәлан, аҭаҭынтә фирма «Мир» зтәыз иакәын. Ахыбра ԥшӡа иара ианихәҳа нахыс инаплакы аконтора уа иҟалеит. 105 шықәса раԥхьа ари ахыбраҿы иҟан уи адагьы хаҭалатәи анаплакқәа рацәаны: аповизор Бауман иаԥҭека, амода-галантереиатә дәқьан «Лионски шик», Гогьиџьанова лҩырақьаадтә шәҟәыҭира. Иџьаушьап, аха шәышықәса рашьҭахьгьы араҟа иахьа аус руеит аԥҭека, амаҭәаҭирҭа, ашәҟәыҭирҭа, аканцелиартә тауарқәа рыдәқьан.
Ахыбра апроекти, уи асахьа зну иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭазтәи, абжьаразтәи асахьанҵақәеи ҳаамҭанӡа еиқәхеит, ақалақьуаа ибзиангьы ирдыруеит. Аха ахыбра аҩнуҵҟа ишеиҿкааз атәы, шамахамзар, акгьы ҳаздыруам.
Аиааира хьӡыс изауз Гьаргь имҩа
1921 шықәсазы Асовет мчра анышьақәгыла, аԥсуаа раҳҭнықалақь агәҭан игылаз ԥшь-еихагылак змаз ахыбра амуниципализациа азун, араҟа Аџьа ахан аԥырҵеит. Анаҩс иара Ақалақьтә совет иарҭеит. Ахыбра узлаҿаԥшуа аҭӡаҿы Иосиф Сталин иоуразоуроу дызныз аплакт дуӡӡа хыршьит. Аҭыӡқәа рҿы акоммунисттә лозунгқәа анырҵеит.
Ажәытәтәи амҩақәа рыхьӡқәагьы ԥсахын, асовет аамҭа иақәшоз ахьӡ ҿыҵқәа рырҭон. Убас акырынтә ахьӡ ԥсахын зыӡбахә ҳамоу ахыбра ахьгылаз Гьаргь имҩагьы. 1880 шықәса алагамҭазы уи ахьӡ ахҵан аимператор Александра ΙΙΙ иашьеиҵба – аҭауад лаша Гьаргь Александр-иԥа иаҳаҭыразы. 1918 шықәсазы Аԥсны ақырҭуа меншевикцәа анааи, уи ахьӡ ԥсахын, Чхенкели имҩа ҳәа иҟаҵан — Аахыҵкавказтәи Афедеративтә Демократиатә Республика аиҳабыра ахантәаҩы ижәлала. Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь ҩаԥхьа ахьӡ ԥсахын – III-тәи Аинтернационал амҩа ҳәа иҟаҵан.
Ашьҭахь, 1937 шықәсазы, ақалақь агәҭаҿы зегьы иреиҳаз ари амҩа Иосиф Сталин ихьӡ ахырҵеит. Сталин ихаҭаратә культ анхабгала ашьҭахь, 1960-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы амҩа ахьӡ ҿыц аиуит – Аҭынчра апроспект (амҩаду) ҳәа. Иахьа ҳазлацәажәо ари амҩа –Аиааира амҩаду ахьӡуп.
Урыстәыла аҳцәа рҭаацәараҿы ахәыҷқәа ақьырсиан динхаҵараҿы ацқьацәа ҳәа ишьаз рыхьӡ шырхырҵоз ҳгәалаҳаршәар, еилкаахоит Гьаргь ихьӡгьы Гьаргь Ацқьа – Аиааирагаҩ иаҳаҭыраз ишихьӡырҵаз, ус анакәха Гьаргь имҩа ҩаԥхьа аиааира ахьӡ ахылеит, аха уажәшьҭа – аԥсышәала.
Аԥсны злаудыруа аблахкыгарҭа
1950 шықәсазы Аҟәа – Асовет Еидгылаҿы зегь реиҳа ицқьаз ақалақь аҳасабала ҳамҭас иаҭан ақалақьтә сааҭ ду-акурантқәа. Аҳамҭа Аԥсныҟа иаашьҭын Москватәи ақалақьтә совет ахьӡала – 1917-1993 шықәсқәа рыбжьара Москва иреиҳаӡаз аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭас иҟаз, иахьатәи Мосгордума иаԥхьанеиуаз аусбарҭа аҟынтә. Асааҭ Аҟәатәи ақалақьтә совет ахыбра иахадыргылеит. Ари асааҭ ду ақалақь аблахкыгарҭас иҟалеит, зегь реиҳагьы излаудыруаз уи асимволқәа ируакхеит.
Иахьа, XXI-тәи ашәышықәсазы, усҟантәи ақалақьтә совет ахьтәаз аҭоурыхтә хыбраҿы иҟоуп Аҟәа ақалақь ахадара, Ақалақьтә еизара, аус ауеит Акультуратә-гәыҳалалратә фонд «Ашана». 1914 шықәсазы иргылаз Ахадара ахыбра Аԥсны аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рсиа иануп, аҳәынҭқарра хылаԥшра анаҭоит, Аԥсны аҳҭнықалақь злаудыруа блахкыгарҭас иҟоуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.