Асоциалтә проектҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ростовтәи атәылаҿацә Каменск-Шахтински ақалақь аҟнытә иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аԥшьгарақәа рзы ауаажәларратә центри» АААК агәыԥи рымчқәа еибырҭеит.

Асоциалтә аԥшьгарақәа рзы ауаажәларратә центри» АААКи еицымҩаԥырго апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны 2025 шықәсазы раԥхьатәи аусуратә ҭыҵра еиҿыркааит Ԥақәашь. Уаҟа имҩаԥысит асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызкыз ҩымштәи атренинг. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иалыркааит аҿар раԥшьгамҭақәа ԥшьба.

Икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аԥшьгарақәа руаажәларратә центр» апроект «Икоммерциатәым аиҿкаара аизҳарҭа: Аԥсны» аиааира агеит Урыстәыла Ахада игрантқәа Рфонд аицлабраҿы. Аиҿкаарақәа ҩба русеицура иалнаршоит асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа ирызку апроект алшарақәа рырҭбаара. 2024 шықәсазы АААК ари апроект анагӡараҿы адгылара анаҭон Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы.

Ҳазҭоу ашықәс азы асоциалтә проектҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашколқәа рҿы иалыркаауа апроект анаҩсангьы, иацлоит «Икоммерциатәым аиҿкаара аизҳарҭа: Аԥсны» ҿыцны иқәнаргылаз аҳасабтә – иалкаау ԥшь-қыҭак рыҟны ашколқәа рыкәша-мыкәша ауаажәларратә ҭыԥқәа реиҿкаара. Уахь иаҵанакуеит Шьашьикәара, Аацы, Ԥақәашь, Уақәым иҟоу ашколқәа.

Ашколқәа иахьрыҵаркуа еиҿкаахоит еиуеиԥшым атренингқәеи, ахәмаррақәеи, аҽазыҟаҵарақәеи рымҩаԥгаразы аҭыԥқәа, аԥсшьарҭақәа. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашкол аҿы иалкаау ауаҭах аҭеиҭыԥ еиӷьтәны арҽеиразы иаҭаху аргыларатә маҭәахәқәа раахәараҿы ирыцхраауеит. Анаҩс иазԥхьагәаҭоуп уи ауаҭах аиқәыршәаразы иаҭаху раахәара. Аибыҭагақәеи, аҩнымаҭәеи, атехникеи рсиа еиқәыршәоуп аҵаҩцәа рзыҳәарақәа инарықәыршәаны, избанзар дара роуп аҭакԥхықәра зду ари апроект аҵыхәанӡа анагӡаразы. Иара убасгьы иаархәоит апроекторқәа, аноутбукқәа, аишәа иқәдыргыло ахәмаррақәа, аҩнымаҭәа, атәарҭа татақәа уҳәа.

Уаанӡа ишаԥыз еиԥш, Ԥақәашьтәи атренинг ҩымш имҩаԥысуан: раԥхьатәи амш аҽны атеориатә дыррақәа рырҭеит, аҩбатәи амш азы алахәцәа ҩ-гәыԥкны рыҽшаны, рхатәы проектқәа реиқәыршәара рҽазыршәон. Анаҩс аекспертцәа иалыркаауан урҭ иреиӷьқәоу.

Апроект апартнерцәа ируаӡәку, асоциалтә проектҟаҵара иазкыз атренингқәа ирылахәыз Русҭам Аслаханов иҳәеит аҵаҩцәа ари апроект даара ишазҿлымҳахаз.

«Ҳара еиқәҳаршәоит аҵаҩцәа аҵара рҵартә, иҿиартә, асоциалтә проектқәа рхы рыладырхәыртә алшара рзаԥызҵо аҭыԥқәа. Излауала ҳҽазаҳшәоит ари апроцесс аҩаӡара ашьҭыхра. Ахәыҷқәа даара иазҿламҳауп, сгәы иаахәоит урҭ рхы-рыхшыҩ зегьы апроект аиқәыршәара иахьазыркуа. Арҭ аҵаҩцәа ҟәыбҷақәоуп. Уи аҭагылазаашьа ҳгәы шьҭнахуеит, иаҳнарбоит ҳазҿу ауси ҳусеицуреи аԥеиԥш бзиа шрымоу», – ҳәа азгәеиҭеит иара.

Асоциалтә проектҟаҵара иазҟазоу Наида Абидовеи Мате Цквитариеи алахәцәа ирымардеит хадара злоу адыррақәа, ирыцхрааит апроблематика алкаараҿы, апроект абиуџьет аиқәыршәараҿы, анаҩс уи аӡыргараҿы.

Аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша аспециалист Есма Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит ашколхәыҷқәеи амодераторцәеи реимадара илзыннажьыз ацәаныррақәа, апроект афинанстә цхыраара азҭаз аиҿкаарақәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

«Асоциалтә проект аҿы дарбанзаалак ахәыҷы илшоит имч зықәхо акы аԥшаара, ихы иақәиҵо аҳаҭыр аҩаӡара шьҭихуеит. Апроект инапы ахьынӡалаку, аҵаҩы еиуеиԥшым амаҭәарқәа рыла идыррақәа рҿыцны еизирҳауеит, аинформациа аус адулашьа иҵоит, ахықәкқәа ықәыргыланы алҵшәа бзиақәа ааирԥшуеит! Ицәыргаз ԥшь-проект рыҟнытә, уажәазы адгылара арҭеит абаҩрҵәыра-рзҩыдаратә ҵакы змоу аҿартә ԥшьгамҭа. Иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аԥшьгарақәа рзы ауаажәларратә центр» ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ашколхәыҷқәа ирырҭаз ацхырааразы. Аспортуада аиқәыршәара, иалкааз ауаҭах аҭеиҭыԥш арҽеира – абас иҟан аҵаҩцәа ргәаҳәара, уи раҳаит, ацхыраара арҭеит», – лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Ари ахҭыс ҽнак шагыз АААК аофис аҿы имҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Ростовтәи атәылаҿацә Каменск-Шахтински ақалақь аҟнытә Урыстәылатәи иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аԥшьгарақәа рзы ауаажәларратә центри» русеицура иазкыз абрифинг. Уаҟа зыӡбахә ҳәоу аиҿкарақәа ирыбжьарҵеит аҿартәи аҵаратәи аԥшьарақәа ацхыраара рыҭара аҟәшаҿы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь иазгәеиҭеит Урыстәыла Ахада игрантқәа Рфонд ари апроект иахьадгылаз ишаршаҳаҭуа Аконгресс аусура аихьӡарақәа шаанарԥшуа.

«Урыстәыла Ахада игрантқәа Рфонд аԥсуа қыҭақәа рҿы аҿартә аԥшьгарақәа иахьрыдгылаз иаҳнарбоит Аконгресс агәыԥ имҩаԥырго аусура алҵшәақәа шаанарԥшуа. Раԥхьаӡа иргыланы ари иаҳнарбоит Аконгресс аусушьа ҿырԥшыгас иҟаҵаны, ҳтәылаҿы зымҩхак ҭбаау аиҭакра бзиақәа мҩаԥгазар шалшо. «Асоциалтә аԥшьгарақәа рзы Ауаажәларратә центр» ацхыраарала имҩаԥысуа ари апроект иҳалнаршоит Урыстәылеи Аԥсни аус зуа активистцәа рымч аибыҭара, аиашьаратә ҳәынҭқаррақәа русура ахырхарҭа ҿыцқәа рыԥшаара», – ҳәа азгәеиҭеит Егзакь.

Ашколхәыҷқәа апроекттә усура ралагалареи арҿиаратә хәыцшьа арҿиареи хықәкыс иҟаҵаны, 2024 шықәса инаркны асоциалтә проектҟаҵара ашьаҭақәа рзы атренингқәа мҩаԥысуеит Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы, аиҳабыратә клаасқәа рҵаҩцәа рзы.