Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр Аҟәа агәыҳалалратә концерт мҩаԥнагеит: уи иаанашьҭыз ахарџь ахәыҷ чымазаҩ ихәышәтәра иазынархоуп.  

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә, жәлар рарҳәагақәа роркестр агәыҳалалратә концерт мҩаԥнагеит Аҟәа, мшаԥымза 25 рзы. Аконцерт иаанагаз аԥара зегьы ачымазара ӷәӷәа змоу, Афонд «Ашана» хылаԥшра знаҭо аҷкәын хәыҷы ихәышәтәра иазынашьҭхоит. 

Аконцерт амҩаԥгара иаԥшьгамҭоуп аорекстр асахьыркыратә напхгаҩы Денис Арухаа, уи аидеа иманы Акультуратә-гәыҳалалратә фонд «Ашана» дазнеит. Иара иажәақәа рыла, агәыҳалалратә концерт амҩаԥгара, аорекстр аколлектив зегьы адгылара арҭеит.  
Аконцертгьы бзиаӡаны имҩаԥысит: азал зегь ҭәын. 

«Аконцерт аҟны иарҳәан аԥсуа, адыга жәлар рмелодиақәа иҿыцу аранжировка рыҭаны, иара убасгьы ауаа ьзиа ирбахьоу амузыкатә аԥҵамҭақәа. Аконцерт қәҿиарала имҩаԥысит, азал зегь ҭәын», - иҳәеит Арухаа.

«Ашана» анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит, артистцәа иҟарҵаз ажәалагала Афонд гәахәарала ишаднакылаз, насгьы иазгәалҭеит, «еиҳаракгьы угәы шьҭнахуеит аинициатива ҳара мацара ҳакәымкәа, ауаа рҟынтә ианаауа» ҳәа. 

«Аконцерт ахь абилетқәа зегьы аахәан, уи зыбзоуроугьы, афонд аузсуҩцәеи, аконцерт аиҿкааҩцәеи, апартниорцәеи имҩаԥыргаз аус ауп. Аконцерт иаанагеит 161 нызқь мааҭ. Уи ахарџь азкхеит афонд хылаԥшра знаҭо, ДЦП ачымазара змоу Ҭемыр Бгьоу ихәышәтәразы иазымхоз аԥара ахарҭәаарахь. Иахьазы, уи ихәышәтәразы ахарџь еизгара аанкылоуп», - лҳәеит Џьынџьалԥҳа. 

Афонд анапхгаҩы убасгьы иазгәалҭеит, аконцерт ахәаԥшцәа зегьы ишрымаз ҩ-лшарак: ахәыҷы ихәышәтәра ацхраареи, Аԥсны амилаҭтә культуреи, афольклори рыҿиара ацхраареи. Џьынџьалԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит, арҭ рҩыза агәыҳалалратә  аусмҩаԥгатәқәа рҵакы шдуу. 

Аконцерт ахәаԥшцәа дыруаӡәкын, агәыҳалалратә фонд «Ашана» Ахылаԥшратә Хеилак ахантәаҩы Изольда Ҳагԥҳа. Лара иазгәалҭеит, ари аконцерт ишаршаҳаҭуа Аԥсны агәыҳалалра атрадициа аӷәӷәахара ишаҿу, насгьы ари аҩыза аԥшьгара шраԥхьатәиим. 

«Ҭемыр Бгьоу амедицинатә цхыраара иҭараҿы алшара аҟаҵара – ҳмузыкантцәа иҟарҵахьоу аус бзиақәа ирыцнаҵоит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Мадина Кәарацхьелиаԥҳа, Саида Агрба, Ҭемыр Ҳагба», – лҳәеит Изольда Ҳагԥҳа.

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә, жәлар рарҳәагақәа роркестр аԥҵан 2016 шықәсазы. Аколлектив жәлар рмелодиақәа нарыгӡоит, лассы-лассы ҳаамҭазтәи абжьы рхаҵаны иадырҳәоит. Ари аорекстр Аԥсны даара бзиа ирбоит, иара ианаршьахьеит акрызҵазкуа аҳамҭақәа рацәаны.