Черқьесск иҟоу ИАЕ «Алашара» аҟәша анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, зхы иақәиҭу аиқәԥара азыҟаҵаҩ Расул Чыкәа даиааит Урыстәылатәи Афедерациа аспорт аминистрра иаԥнаҵаз Амилаҭтә премиа.
Саид Барганџьиа
Черқьесск иҟоу ИАЕ «Алашара» аҟәша анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, Аспорт аҿиара аҟәша аиҳабы Расул Чыкәа даиааит Урыстәылатәи Афедерациа аспорт аминистрра иаԥнаҵаз Амилаҭтә премиа, «Аспорт зегьы рзы» ҳәа хьӡыс измаз аноминациаҿы иара далхын ақыҭаҿы абаҩрҵәыра-спорттә усура зегьы иреиӷьу аиҿкааҩыс.
Расул Чыкәа 25 шықәса инареиҳаны аспорт инапы алакуп. Жәашықәса иара зхы иақәиҭу аиқәԥарала иҽазыҟаиҵон, анаҩс апрофессионалтә зыҟаҵаҩыс дҟалоит. Аҵыхәтәантәи фышықәса Ҟарачы-Черқьесиа иҟоу ашәуа қыҭақәа рҟны амассатә спорт арҿиара аус даҿуп.
Зыӡбахә ҳәоу аконкурс Чыкәа раԥхьаӡа акәны ихы алаирхәит, аиааирагьы иаразнак игеит. Ари аҩыза алҵшәа, иара игәаанагарала, аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа иҟарҵаз адгылара иабзоуроуп.
«Активла рыбжьы сырҭон. Хаҭала исзырыҩуан. Сгәы шьҭырхуан. Ҳәарада, уи сара сзы гәахәаран», - иҳәеит иара.
Урыстәылатәи Афедерациа Амилаҭтә спорттә премиа аконкурс алахәцәа х-етапк иахысит. Актәи аетап аҟны имҩаԥган аконкурсқәа, урҭ рлыҵшәақәа рыла номинациацыԥхьаӡа иқәыргылан х-кандидатурак. Иааизакны иҟан 11 номинациа. Аҩбатәи аетап аҟны аусура иалагоит иналукааша аспортсменцәеи, азыҟаҵаҩцәеи, Урыстәыла акультуреи аполитикеи аусзуҩцәеи злоу Аексперттә хеидкыла, иара убасгьы, Амилаҭтә спорттә премиа асаит аҟны иаԥшьгахоит ауааԥсыра рыбжьыҭара. Ахԥатәи аетап аҟны – Урыстәылатәи Афедерациа аспорт аминистрра аихшьалақәа ҟанаҵоит.
Апремиа алауреат иигаз аиааира ахҳәа азуа иазгәеиҭеит, аспорт иара иԥсадгьыл аҿы, ашәуа қыҭақәа рҿы алаҵәара бзиа шамоу. «Еиҳаракгьы аиқәԥара. Убасгьы ибзианы иҿианы иҟоуп абокс, адзиудо, асамбо».
Аспорт ахь иара дхәыҷны дааигеит иаб иашьа Валентин Чыкәа, анаҩс уи иазыҟаҵаҩысгьы дҟалеит. Аспортсмен иажәақәа рыла, аспорт агәыбылра изыркыз иаб иашьа иоуп, уи иара изы «дҿырԥшыга дуун».
«Аҽазыҟаҵарақәеи иааидкыланы аспорти ҭакԥхықәрала дахьрызнеиуаз иабзоураны аспорт аҿы алҵшәа бзиақәа соуртә сҟалеит. Азыҟаҵаҩ ибаҩхатәра адагьы, иара аспорт менеџьер бзиасгьы дыҟан, уи сара иахьа уажәраанӡагьы исҵо акоуп. Саныхәыҷызнатә зегь рыла саб иашьа сиеиԥшзарц сҭахын, иара иахьазы идунеи иԥсаххьеит», - иҳәеит Чыкәа.
Иара иациҵеит, иахьа дызҿыԥшуа хаҭараны дшыҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы, «Алашара» ахада Мусса Егзакь шиакәу.
«Уи сара снапхгаҩыс дахьыҟоу азы акәӡам, ҳажәлар зегь рзы дҿырԥшыгоуп азоуп», - ҳәа азгәеиҭеит Расул Чыкәа.
Иара иажәақәа рыла, Амилаҭтә премиа аиԥш иҟоу аҳамҭа ҳаракы аиура иара изы – еиҳагьы аусуразы агәамч изҭазҵо, аҳаракыра аҿыцқәа рахь дхьазырԥшуа импульсуп. ́
«Сара сзы ари аиааира иаҵанакуа рацәоуп. Уи даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит ҳкоманда амҩа иаша ишану», - ҳәа иажәа хиркәшеит Расул Чыкәа.
Урыстәылатәи Афедерациа Аспорт аминистрра иаԥнаҵаз амилаҭтә спорттә премиа Урыстәыла аспорт ахырхарҭала иҟоу ихадоу аҳамҭақәа ируакуп. Иара анашьара мҩаԥысуеит 2010 шықәса инаркны. Ииасыз ашықәсқәа ирылагӡаны аноминациқәа рхыԥхьаӡара иацлеит, аха хадаратәла иалкаақәаз рҽырымԥсахӡеит. Урҭ ирымҽхаркуеит аспорт иадҳәалоу еиуеиԥшым ахырхарҭақәа: хаҭала аспорт аҽазыҟаҵара, агәызҩыдаратә ԥсҭазаара апропаганда, абаҩрҵәыреи аспорти, аспорттә обиектқәа, адаптивтә спорт уҳәа убас егьырҭгьы. Апремиа аԥҵоуижьҭеи уи ранаршьахьеит жәпаҩыла Урыстәыла иналукаша аспорт аусзуҩцәа
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.