Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иатәу Аҳәса рхеилак апроект ҿыц «Аизыразра амҩа» аӡбахә еиҭарҳәеит Аҟәа, АААК апресс-центр аҟны.

Аҳәса ркоординациатә хеилак апроект ҿыц «Аизыразра амҩа» аӡыргара мҩаԥысит АААК апресс-центр аҟны цәыббра 15 рзы.

Аиԥылара аалыртит аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагԥҳа. Лара лаԥхьажәаҿы илҳәеит апроект ҿыц аидеиа шцәырҵыз атәы, еизазгьы дыдлырдырит ҿыц иаԥҵаз ахеилак аиҳабы – ажурналист, ауаажәларратә усзуҩ Екатерина Бебиаԥҳа.

«АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иаԥшьгарала иахьа ихацыркхоит аҵак ду змоу апроект ҿыц аусура. Ари аидеиа анагӡара аиуит, избан акәзар Мусса Егзакь ианакәызаалак аҳәса рылша ахә ҳаракны ишьоит аҳәынҭқарра аргылара аетапқәа зегьы рҟны, Аԥсны иқәынхо аҳәсақәа акрызҵазкуа аусқәа рынагӡараҿы рхы аадырԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьақәа рзаԥҵатәуп ҳәа иԥхьаӡоит. Екатерина Бебиаԥҳа абри аҩыза ахеилак дахьахагылазгьы машәырӡам ҳәа ҳахәаԥшуеит, лара аԥсуа-абаза конгресс аус ацылуеижьҭеи акрааҵуеит, раԥхьатәи уи аизара ду далахәын, корреспондентк иаҳасабала дахцәажәон. Ҳаҭыр дула ҳазнеиуеит Аконгресс архив аиқәырхараҿы иҟалҵаз ллагала, уи ааигәа ацифрахь ииаганы ҳофис ҳамҭас иалҭеит. Ҳара ҳзы асимволтә ҵакы амоуп убасгьы Аконгресс раԥхьатәи ахантәаҩы Тарас Шамба дицны аԥсуа-абаза диаспора ахьықәынхо атәылақәа реиҳарак дахьырҭаауаз», – лҳәеит Изольда Ҳагԥҳа.

Аԥсны аҳәса ркоординациатә хеилак ахантәаҩы Екатерина Бебиаԥҳа лыхәҭаахьала Аконгресс аусзуҩцәеи уи ахантәаҩы Мусса Егзакьи иҭабуп ҳәа ралҳәеит лара лганахьала иаадырԥшыз агәрагаразы.

«Аиашазы, Мусса Ҳабал-иԥа Аԥсны аҳәса ркоординациатә хеилак аԥҵаны бахагыл ҳәа ансыдигала даара иџьасшьеит, сагьеигәырӷьеит. Гәахәара дула нап асыркуеит ари акрызҵазкуа, иагьаҭаху аус. Аконгресс абас ала иахьсықәгәыӷуа саԥсоуп ҳәа аасырԥшырц сгәы иҭоуп, уи анапхгаҩ бзиа Мусса Егзакь игәрагарагьы смырԥхашьап ҳәа сгәыӷуеит», – лҳәеит лара. 

Екатерина Бебиаԥҳа еизаз идлырдырит Аҳәса рхеилак иалахәхаз азусҭцәоу. Ахеилак ҳаҭыр зқәу алахәылас дҟалеит Аԥсны анацәа рхеилак ахантәаҩы Гули Кьычԥҳа. Акоординациатә хеилак актив иалахәхеит: Пицундатәи абжьаратә школ адиректор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Дона Малиа, ААУ арҵаҩы, адоцент, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс иҟаз Емма Гамсаниа, Пицунда ақалақь Аҳәса реидгыла ахантәаҩы Аида Ҭраԥшь, Гәдоуҭатәи араионтә телехәаԥшра ажурналист, Гәдоуҭатәи абжьаратә школ арҵаҩы Кама Быҭәԥҳа, Аԥсны еицырдыруа апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ, Аԥсуа радио ажурналист Алина Ачԥҳа, ажурналист Алиса Адлеиԥҳа, Аԥсуа телехәаԥшра акорреспондент, амҩаԥгаҩ Сабина Қчач, иара убас ААУ астудент Хьыбла Хәарцкьиа.

Екатерина Бебиаԥҳа иазгәалҭеит апроект ҿыц хықәкы хадас ишамоу Аԥсны иқәынхо аҳәса ринтересқәа ирықәшәо амилаҭтә стратегиа ашьақәыргылароуп ҳәа.

Апроект аӡыргараҿы азҿлымҳара ду рыҭан амилаҭтә хаҿра аиқәырхареи, Аԥсуареи, аԥсуа-абаза жәлар рҭоурыхтә, рмилаҭтә-культуратә традициақәеи рыла ахәыҷқәа рааӡареи азҵаарақәа, иара убас ажәлар ракзаара арӷәӷәара, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауаажәларреи ақыҭан инхо аҳәса рҭаацәарақәеи дареи рҭагылазаашьа разхьарԥшра, аҳәсеи, ахәыҷқәеи рекономикатә, рсоциалтә зинқәеи рылшарақәеи рыхьчара, рырҭбаара, аҳәса анаплакцәа рхыԥхьаӡара иацлартә еиԥш ацхыраара рыҭара уҳәа убас егьырҭгьы.

Аиԥылара алахәцәа ҷыдала иазааҭгылеит Аԥсны аҭоурыхи акультуреи рҟны аԥҳәыс иаанылкылоз аҭыԥ.

«Ҳара ҳаҳәсақәа ҭоурыхла идырҵабыргхьеит ҳауаажәларраҿы акрызҵазкуа аҭыԥ шрымоу. Аҳәса ирхыргахьоу даара ирацәоуп. Аибашьрақәеи арӡрақәеи раан рхацәеи рыҷкәынцәеи рыԥхон. Аха абарҭ ухаҿы иузаамго аԥышәарақәа зегьы ирхысуан рхы ламырҟәӡакәа», – лҳәеит Екатерина Бебиаԥҳа.

Акоординациатә хеилак алахәцәа зегьы еиқәшаҳаҭхеит ақыҭаҳәсақәа рыцхыраара иазку ахықәкытә программақәа аԥҵатәуп ҳәа, ауаажәларратә ԥсҭазаара еиҳа активла иалазырхәыша аусмҩаԥгатәқәагьы уахь иналаҵаны.

«Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауаажәларреи ақыҭаҳәсақәа рзеиԥш ҭагылазаашьа иазхьаҳарԥшроуп. Ақыҭаҿы инхо аҭаацәарақәа рыԥсҭазаара аиӷьтәра ҳзацхраар – ҳҳәынҭқарра ашьаҭа ҳарӷәӷәеит ауп иаанаго, ԥхьаҟа иаҳагьы иҿиаларц азы. Зхәышҭаара еиқәырханы иаазго ауаҩы ауаажәларратә ԥсҭазаара далахәзароуп», – ҳәа азгәалҭеит Акоординациатә хеилак ҳаҭыр зқәу алахәыла Гули Кьычԥҳа.

Лара илҳәеит убасгьы АААК аҟны Аҳәса ркоординациатә хеилак аԥҵара аҵак ду амоуп ҳәа.

«Ари ахеилак аиԥылараҿы ишьҭаҳхуа азҵаарақәа акрызҵазкуа роуп. Агәыӷра ҳамоуп, зегь ҳамч еибыҭаны ҳагәҭакқәа зегьы аҵыхәтәанынӡа инаҳагӡап ҳәа», – лҳәеит Кьычԥҳа.

Акоординациатә хеилак алахәыла Кама Быҭәԥҳа дырзааҭгылеит лара лгәанала аиҿкаара аусура хырхарҭақәас иалнахша.

«Ҷыдала иазнеитәуп ҳәа сыԥхьаӡоит зҳәоу еиқәшәоу аҭаацәара ашьақәыргылара апрограмма –  иҭышәынтәалоу аҳәынҭқарра ашьаҭак аҳасабала, иара убас адоуҳатә культура, аԥсҭазаара зҩыда, асоциалтә шәарҭадара уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа», – лҳәеит Быҭәԥҳа.

Аҳәса ркоординациатә хеилак аӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны Екатерина Бебиаԥҳа АААК ҳамҭас иалҭеит 1992 шықәсазы имҩаԥысыз аԥсуа-абаза конгресс раԥхьатәи аизара ду абжьы анҵамҭа.

«1992 шықәсазы Лыхны имҩаԥысыз Аконгресс раԥхьатәи аизараҿы иқәгылоз зегьы рыбжьы анҵаны, еиқәырханы иҳамоуп. Акрызҵазкуа хҭысуп ҳәа сыԥхьаӡоит 30 шықәса рышьҭахь абарҭ аудионҵамҭақәа зегьы Аконгресс иахьаиуа», – лҳәеит ажурналист.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз уи алахәцәа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахь рхы нарханы иҭабуп рҳәеит хра злоу азҵаарақәа рылацәажәареи рыӡбареи азы ироуз алшаразы, насгьы ԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа ирзааҭгылеит.

 Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟны иаԥҵоу Аҳәса ркоординациатә хеилак апроект «Аизыразра амҩа» Аԥсны иқәынхо аҳәса ринтересқәа ирықәшәо аусуратә стратегиа ашьақәыргылара иазынархоуп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵоуп абарҭ апрограммақәа:

 Апрограмма «Аҭаацәа ӷәӷәа – аҳәынҭқарра ҭышәынтәала» аҭаацәаратә институти уи астатуси рырӷәӷәара иазкуп, аҭаацәара рзин ахьчара, ахәыҷқәа рааӡараҿы пҳьаҟатәи рԥеиԥш лашахарц азы аҳәынҭқарреи, ауаажәларреи, ани аби рҭакԥхықәра аизырҳара. Апрограмма ихадароу ахырхарҭақәа иреиуахоит:  аҭаацәара аҿиареи ахәыҷқәа рааӡареи азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара, аҭаацәаратә ааӡара бзиеи агәызҩыдаратә ԥсҭазаареи рԥышәа аларҵәара, итрадициатәу адоуҳатә-уаҩышәаратә ҭаацәаратә ҵасқәа раларҵәара, аҭаацәара руаҩышәаратә культура аизырҳара, абиԥарақәа реимадара арӷәӷәара, Аԥсуара алааӡара, иара убас иеиҵагыло аҿар рааӡараҿы аҳәынҭқарреи аграждантә уаажәларреи русеицура арӷәӷәара. 

Апрограмма «Адоуҳа, акультура, аԥсҭазаара зҩыда» азкхоит: амилаҭтә хаҿра аиқәырхара, Аԥсуареи, аԥсуа-абаза жәлар рҭоурыхтәи рмилаҭтә-культуратәи традициақәеи рышьаҭала зхаҭара шәу ауаҩ иааӡара, ажәлар ракзаара арӷәӷәара, иаку акультуратә ҵакыра аԥҵареи аизырҳареи, амилаҭрацәа иаԥырҵаз акультуратә ҭынха ахьчара, абиԥарақәа реимадареи адоуҳатә уасхыри рырӷәӷәара, аԥсадгьыл абзиабара алааӡара, аԥсҭазаара зҩыда аныҟәгара.

Апрограмма «Аҳәса ақыҭа аизҳаразы» аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауаажәларреи ақыҭаҳәсақәеи урҭ рҭаацәарақәеи рҭагылазаашьа разхьарԥшра иазкуп: ақыҭаҿы проблемақәас иҟоу, ақыҭа ҭаацәарақәа – аҳәынҭқарра аҿиара уасхырс иаҵоу раҳасабала рыԥсҭазаашьа аиӷьтәра, ақыҭа уааԥсыра рымч-рылша инагӡаны ахархәара арҭаратәы ацхыраара рыҭара.

Апрограмма «Иҭышәынтәалоу аҿиареи асоциалтә шәарҭадареи раагаразы» ахьӡ ишаҳәо еиԥш аҿиара иазкуп: аԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра, аӷарреи асоциалтә еиҟарамреи раԥыхра, иааҳакәыршоу аԥсабареи, акультуратә, ауаҩышәаратә ҵакыреи реиқәырхара. Ари апрограмма хықәкыс иамоуп аҳәса ҳаамҭазтәи аҿиара апроцессқәа ралархәра, амилаҭтә программақәеи аекономикатә, асоциалтә ҿиара астратегиақәеи рынагӡараҿы ахацәа ираҟараны рроль ашьҭыхра, аҳәсеи, аҭаацәеи, ахәыҷқәеи рекономикатә, рсоциалтә зинқәеи рылшарақәеи рыхьчареи рырҭбаареи, аҳәса анаплакраҿы еиҳау аҭыԥ ааныркылартә еиԥш ацхыраара рыҭара.

Аҳәса ркоординациатә хеилак раԥхьатәи аусмҩаԥгатәыс иҟалоит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира амш аламҭалаз иҭахаз аҵеицәа ранацәа рԥылара, ахәылԥаз мҩаԥысуеит Аԥсуа  ҳәынҭқарратә университет аҟны, ААУ апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара алархәны, еизаз идырбахоит аԥсуа фырԥҳәыс ҳәа ззуҳәаша аҳәса ирызку афильмқәа рцыԥҵәахақәа.