Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы ԥкрақәак шыҟоу иааныжьзарц азы аусдҵа.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы иалагалаз акарантинтә усмҩаԥгатәқәа ԥсахуп. Аԥкрақәа зегьы рашәара 1 аҟынӡа амч рымазаауеит. Абри азы аусдҵа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа лаҵара 14 рзы.
Адҵа инақәыршәаны, лаҵара 15 инаркны ауаажәларра рыкрыфарҭа-чарҭақәа русура хацыркхоит аишәақәа рыбжьара 1,5 метра иреиҵамкәа асоциалтә дистанциа рыбжьаҵаны, амаҵуратә персонал хымԥада ахыхьчара аԥҟарақәа ирықәныҟәаны – амедицинатә сабрадақәа рҿаршәзароуп анапҭарԥақәа рымӷазароуп. Лаҵара 15 инаркны аусура иалагоит убасгьы ақалақьбжьаратә ауаажәларратә транспорт.
Ахада иусдҵа ишаҳәо ала, русура иацырҵоит афатәаалыҵтә, ақыҭанхамҩатә џьармыкьақәа, амаҭәа-ҩыҭәа ахьырҭиуа аџьармыкьақәеи араионқәа рхадацәеи асанитартә-епидемиологиатә маҵзуреи ишьақәыдырӷәӷәаз аграфик инақәыршәаны, аҭиҩцәа рзы ихымԥадатәуп ҳәа ирыланаҳәаз ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаны. Асанитартә-епидемиологиатә маҵзурақәа ирыдҵоуп аамҭа-аамҭала аџьармыкьақәа иахьрыҵаркуа апрофилактикатә рзҩыдара амҩаԥгара.
Азин ыҟам иарбанзаалак ауаа рацәа еизызго аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара.
«Амассатә, акультуратә, абаҩрҵәыратә, аспорттә, арлахҿыхратә, ацәыргақәҵатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азин ыҟам. Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа ачарақәеи егьырҭ агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәеи рымҩаԥгара аанкылазааит. Ачарақәеи егьырҭ агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәеи ахьымҩаԥысуа аханқәа, [абри ахықәкы иазынарханы аус зуа] ақьафурҭақәагьы уахь иналаҵаны, русура аамҭала иаанкылазааит», – ҳәа аҳәоит Аусдҵа.
Атуристтә, аԥсшьаратә усмҩаԥгатәқәа шаанкылац иаанкылоуп, аблахкыгарҭақәа раҭаарагьы азин ыҟам макьана. Асасааирҭақәеи, асанаториақәеи, аԥсшьарҭа ҩнқәеи, егьырҭ аҭыԥқәеи рҟны аԥсшьаҩцәа рыдкылареи рыҩнаҵареи ҟалом. Аус руам акультура ахәышҭаарақәа: атеатрқәеи, амузеиқәеи, аконцерттә залқәеи, абиблиотекақәеи уҳәа.
Аԥсуа-аурыс ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ирхысны Аԥсны Аҳәынҭқаррахь аҭалара азин рымам аҳәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи, абрахь иаҵанакуам Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русзуҩцәеи, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзуҩцәеи, Еиду урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауааи, жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго атранспортқәа рныҟәцаҩцәеи, аидаратә дәыӷбақәа рныҟәцаҩцәеи.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи, Агәабзиарахьчара аминистрреи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи рнапы ианҵоуп аԥсуа-аурыс ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы амедицинатә бригадақәа уахгьы-ҽынгьы рыҷаԥшьара амҩаԥгара еиҿыркаарц. Абарҭ аусбарҭақәа рнапы ианҵоуп убасгьы акоронавирустә ҿкы COVID-19 ахьыҟоу атәылақәа рҟынтәи Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иаауа ауаа 14 мшы ҿҳәарас иаҭаны рыԥхьакра аиқәыршәара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа аҭоуп ахынҳәразы аршаҳаҭга зауз ауаа рганахьала Аԥсны ААР аинформациа азынанашьҭларц.
Аԥсны ахадара азин ҟанаҵом убасгьы аԥсуа-аурыс аҳәынҭқарратә ҳәааҟны ҳазада ахәаахәҭра ахьымҩаԥысуа адәқьанқәа (диути-фри) русура.
Аусура азин рымам аспорттә залқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа, амассажтә салонқәа. Астоматологиатә маҵзурақәа рынагӡара иазку аусурақәагьы аанкылоуп, хырԥашьа змам астоматологиатә цхыраара ахьаҭаху аҭагылазаашьаақәеи ачымазарақәеи аламҵакәа.
Аҳәынҭқарратә напхгараҭара ихадоуи аҭыԥантәии аусбарҭақәеи, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа рнапы ианҵоуп 60 шықәса иреиҳаны изхыҵуа аусзуҩцәеи ашколқәранӡа иаҵанакуа ахәыҷқәа змоу аусзуҩцәеи рмаҵуратә напынҵақәа рынагӡараҟнытә рхы иақәиҭыртәырц, руалафахәы еиқәырханы.
Абжьаратә ҵараиурҭақәа, аспорттә школқәа, акружокқәа рҟны арҵаратә процесс амҩаԥгара азин ыҟам. А-11-тәи аклассқәа рҟны аԥышәарақәа рымҩаԥгареи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны адипломқәа рыхьчареи рыда иара уигьы «иахәҭоу асанитар-епидемиологиатә ҭахарқәа ирықәыршәаны аҵараиурҭа ишьақәнарӷәӷәо аграфик иқәныҟәаны».
Лаҵара 14 азтәи адыррақәа рыла, Аԥсны акоронавирустә ҿкы рыдбалоуп 14-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 13-ҩык Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ахәышәтәра иахысуеит. Аӡәы – 7-тәи урыстәылатәи арратә база аруаҩ дырхәышәтәлоит арратә база алазарет аҟны.
Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны аҩнуҵҟа COVID-19 рыдбалоуп 17-ҩык. Ҩыџьа ргәы бзиахан аҩныҟа илҩаауп, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.