Жәабран 23, 1950 шықәсазы Аҟәа диит Зураб Ачба – Аԥсны иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩы, азиндырҩы, азинхьчаҩ.
Асҭанда Арӡынԥҳа
Нанҳәа мзы 2000 шықәсазы Зураб Ачба иашьҭахь ала иеихсны дыршьит. Ари ауаҩшьра бааԥс ҟазҵаз иахьа уажәраанӡагьы деилкаам, дахьырхәым.
Ауаҩи ажәлари рзин ахьчара
Зураб Ачба диит 1950 шықәсазы, Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны, далгеит аҟәатәи абжьаратә школ, анаҩс аиуристтә ҵара иоуит Москватәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.
Иполитикатә кариера хациркит 1980-тәи ашықәсқәа рзы, аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара ианасакьаҳәымҭаз, Аԥсны ахьыԥшымра азықәԥара анеилашуаз аамҭазы. Иара ауаажәларратә ҵысра «Аидгылара» аԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкын (Аԥсны Жәлар рфорум «Аидгылара» мҩаԥысит ԥхынҷкәын 3, 1988 шықәсазы Аҟәа, анаҩс Аԥсны ахьыԥшымра иазықәԥоз атәылауаа ргәыԥқәа еидызкылаз уаажәларратә ҵысрак аҳасабала ишьақәгылеит – аред.).
1989 шықәсазы Ачба Аԥсны Жәлар рфорум ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс дҟалеит. 1991-1996 шықәсақәа рзы Аԥсны Жәлар реизара адепутатс дыҟан. Аԥсны аҭоурых аҿы ираԥхьатәииз, наҟ-наҟ «ахьтәы» Парламент ҳәа ахьӡ зхылаз абри ааԥхьара адепутатцәа Аԥсны аҳәынҭқарра шьаҭас иаиуз, илахьынҵаӡбагаз адокументқәа акыр рыдыркылеит.
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Зураб Ачба ҳтәыла ахаҭарнакыс аус иуан. Урыстәылтәи ақалақьқәа дырҭаауан, уаҟа аполитикцәеи ажурналистцәеи дырԥылон, Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа рзы иҵабыргу аинформациа аларҵәара иҽазишәон, Аԥсны иахаԥаны иҟаз аинформациатә блокада аԥихырц.
Аибашьра ашьҭахь Зураб Ачба Москваҟа диасын шықәсқәак аус иуит аиуристтә консультациа аиҳабыс. 1999 шықәсазы иԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит. Ишьра шықәсык шагыз аус иуан ауаҩы изинқәа ирызкны Еидҵоу Амилаҭқәа Реилазаареи (ООН), Ашәарҭадареи Аусеицуреи рзы Европатәи ахеилаки (ОБСЕ) иртәыз Аҟәатәи аофис аҟны, Аԥсны ауааԥсыра азинхьчара аганахьала ацхыраара риҭон.
Аиаша иашьҭаз, аҵара ду змаз
Зураб Ачба иҩызцәеи идырцәеи аиаша иазықәԥоз, агәаӷьра злаз, иӷьеҩыз уаҩԥсык иеиԥш ихцәажәоит. Ихаҭара даара ублаҿ иааиртә еиԥш иара дихцәажәеит ауаажәларратә усзуҩ Наҭелла Акаба, «зеиԥш дҟамлац аӡә иакәын, зыжәлар дырҵеи иашан, ахаризма злаз политикын» ҳәа ихылҳәааит.
«Зураби сареи ҳаибадырит 1989 шықәсазы
, амилаҭтә-хақәиҭратә ҵысра «Аидгылара» аусура ҳаналахәыз аамҭазы. Усҟан иара Жәлар рфорум ахантәаҩыс иҟаз Сергеи Шамба ихаҭыԥуаҩс далхын. Зураб ажәаҳәаратә ҟазара ссирӡа илан. Аибашьра аламҭалазы аԥсуа жәлар рхала рхы ҳәаақәырҵаразы азин рымоуп, ахьыԥшымра рҭахуп ҳәа ақырҭуа аудиториа рҿаԥхьа данықәгылоз, убасҟак иажәа амч аман, агәра унаргон, ақырҭқәа рхаҭақәагьы рнапы изеинырҟьо аҟынӡа. Зураб Кавказ жәларқәа Рконфедерациа аԥҵара аԥшьгаҩцәагьы дреиуан – ари аиҿкаара иалшаз рацәоуп аибашьраҿы аиааира ҳгарц», – лҳәеит Акаба.
Лара лажәақәа рыла, Зураб Ачба депутатс даныҟаз аҵара ӷәӷәа змаз зиндырҩыс ихы ааирԥшит, азакәанапроектқәа рышьақәыргылара инапы алакын. Раԥхьатәи аԥсуа Парламент адепутатцәа дызларылукаауаз ҟазшьақәан иус ацәхьамҵра, иажәаҳәаратә ҟазара, игәаанагара ашьақәырӷәӷәашьа заманалаҵәҟьа дахьақәшәозгьы убас.
«Сара усҟан Иреиҳаӡоу Асовет аҟны ауаҩы изинқәеи амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәеи рзы Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс аус зуан (Акомиссиа ахантәаҩыс дыҟан зыхьӡ нагаз аԥсуа политик Иури Воронов). Аибашьра иаԥхьанеиуаз имариамыз уи аамҭазы ҳара лассы-лассы иҳадҵаалон ззинқәа еиларгоз ауааԥсыра. Зураб ҟазшьалагьы дуаҩ иашан,
егьысгьы диурист бзиан аҟынтә ауаа рзин ахьчараҿы уажәи-уажәи ицхыраара саҳәон, иабжьгара сиҭарц, аиашазы иара еснагь азинтә цхыраара риҭон», – ҳәа лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит Наҭелла Акаба.
Зураб Ачбеи Аԥсны Аконституциеи
Ауаажәларратә усзуҩы лымкаала иазгәалҭеит Зураб Ачба Аԥсны Аконституциа аԥҵараҿы аҭыԥ ҷыда шааникылаз.
Ишдыру еиԥш, аибашьра аламҭалазтәи аамҭазы Аԥсны парламенттә республиканы иҟан, атәыла дахагылан Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Аибашьра анеилга ашьҭахь Зураб Ачба иколлегацәа – егьырҭ адепутатцәа агәра дирго далагеит апрезиденттә мчра аформахь ишиастәу. Усҟантәи аамҭазы ақырҭқәа ҩаԥхьа иҳақәлар цәгьа ирбомызт, Урыстәыла акәзар – Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иахыццакуамызт аҟнытә, Зураб Константин-иԥа ихымԥадатәны иԥхьаӡон ахада азинмчра нагӡа иҭара – аҭагылазаашьа шәарҭа ҟалар, ахада ихала аӡбарақәа идикылаларц ҳәа азгәалҭеит Акаба.
Ихьыԥшым Аԥсны Аконституциа ҿыц аԥҵан, иагьадкылан 1994 шықәсазы. Убри аҭоурыхтә аамҭахҵәахазы апрезидент азинмчра нагӡа иҭара иаҭахны иҟаз акакәын ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Акаба, аха ашьҭахь Зураб Ачба ирыдыркылаз Аконституциа акритика ӷәӷәа азиуа далагеит, хаҭалагьы атәылауаа ихадароу рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рхы иадырхәартә еиԥш амеханизмқәа рыҟамзааразы.
Убас, Зураб Константин-иԥа иҳәон: «Ҳконституциа грас иамоу уи ауп, азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчрақәа реиҩшараан адемократиатә еибакапанра иақәныҟәаӡам. Апарламент иамоу амчра убри аҟара имаҷуп, азакәанԥҵарада даҽакы алымшо аҟынӡа, Апарламент политикатә усбарҭоуп ҳәа ахҳәаара гәаӷьыуацәоуп. Иара убри аан ахада имчра даара амҽхак ҭбаауп, Апарламент иахьԥшым, аӡбарҭагьы иахьԥшым. Аԥсны анагӡаратә мчра аҳәынҭқарратә ԥсҭазаара ахырхарҭақәа зегьы аҵанарӡуеит: аполитика, аекономика, акадртә политикеи, аӡбарҭатә мчреи, аҭыԥантәи аиҳабырақәеи рыла».
«Убри азыҳәан акәын Зураб Аконституциа аԥсахрақәа ралагалара ахәҭаны изиԥхьаӡоз», – ҳәа ацылҵеит Наҭелла Акаба.
Иԥсадгьыл иазынижьыз иажәа
Аоратор хазына, аполемист Зураб Ачба иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәс азы ихы ааирԥшит абаҩхатәра злоу, шәарак зцым публицистк иаҳасабалагьы. Иахьагьы, дыршьиижьҭеи ҩажәа шықәса шыҵхьоугьы, иара истатиақәеи иқәгыларақәеи ауаа ирхамшҭӡацт, цитатас иааргоит.
Абраҟа иааҳгоит 1999 шықәсзы «Нужная газета» ианылаз Ачба ианҵамҭақәа рҟынтә цыԥҵәахақәак. Урҭ ртекст нагӡаны ишәыԥшаар шәылшоит Аԥсуа интернет-библиотека асаит аҟны.
«Адунеиаҿ иҟоуп ҭыԥқәак, агаӡақәеи ахеивысқәеи рҽырзаанымкыло, иҽҟьаса анеира иахьашьҭоу. Уи аполитикатә партиақәеи, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, амитингқәеи адемонстрациақәеи, аизара дуқәеи… Апарламенти роуп», – ҳәа азакәанԥҵаҩцәа икылкааны «дрыцҳаит» Ачба, иара ихгьы урҭ ирхыԥхьаӡаланы.
Ачба еснагь дыззықәгылоз иреиуан аиҳабыра русура аартызаара.
«Абиурократреи аргамареи ааибуам. Аӡымшьа иаҩызоу, улаҿ имааиуа ҳтелехәаԥшреи ҳкьыԥхьи – ачынуаа имҩаԥырго астерилизациеи ахыхьчареи ирылҵшәоуп», – ҳәа ажәа цҳафырла иазгәеиҭон иара.
Аԥсуа ҳәынҭқарра ҿа ашьақәыргылара иалахәыз аӡә иаҳасабала Ачба аконституциатә реформақәа рымҩаԥгара хымԥадатәны иԥхьаӡон. «Ҳара иахьа иҳамоу аԥсҭазаареи ҳконституциеи хаз-хазы иҟоуп», – иҳәоит Ачба. Иара иазгәеиҭон анагӡаратә мчра аганахьала аԥыжәара ду шыҟоу, аха убри аан 1994 шықәсазы Аконституциа адкылара шхымԥадатәызгьы дақәшаҳаҭын.
Иара иоуп абарҭ ажәақәа зҳәаз: «Азҳареи ашьақәгылареи ирыцу ауадаҩрақәа ҳала иаҳмырбозар, иаԥаҳҵаз аҳәынҭқарреи уи Аконституциеи – ҳажәлар ириааира дуӡӡоуп, ахаан зыхә мыӡуа ҭынхоуп, ашәҭыкакаҷра алзыршо ҭагылазаашьоуп. Аиҳабыреи уи ныҟәызго амаҵурауааи зегь рыла пату рықәны иҟазароуп, ажәлар рҿы раҳаҭыр ршьозароуп. Аиҳабыра рымчра ахархәара азакәан аҳәаақәа ирҭымҵуа иҟазар, хымԥада. Аиҳабыра имҩаԥырго аполитика ҳадгыла-ҳадымгыла. Абасоуп адемократиатә уаажәларраҿы аизыҟазаашьақәа зеиԥшразар ахәҭоу».
Аполитик, аиурист Зураб Ачба Аԥсны омбудсмен аинститут аԥҵаразы дықәгылон, ауааԥсыра рзинқәа реилагара дацәшәаны, иара убасгьы аграждантә уаажәларра рыҿиареи аоппозициа аҟазаареи дазықәԥон, иарада аполитикатә система хаҭәааны изыҟалом ҳәа ԥхьаӡаны.
«Ҳауаажәлар рҟны аоппозициа гәыҩбарала иазыҟоуп, ԥхьатәара ицаз ачынуаа реибарххара иаладырҩашьоит. Ачынуаа роппозициа, мамзаргьы сара сшашьҭоу ала «атәарҭа иашьҭоу» роппозициа ргәы иалоу амаҵура ҭыԥқәа заҵәык роуп. Урҭ роппозициара иаразнак иааиԥхьбоит ҩаԥхьа атәарҭа ԥха шаароулак еиԥш», – ҳәа азгәеиҭон Зураб Ачба, ажәлар иҵабыргу аоппозициеи баша ажәалатәи аоппозициеи реиҩдыраашьа дырҵо.
Поскриптум
Нанҳәа 15, 2000 шықәсазы Зураб Ачба ишьра ҟазҵаз иахьа уажәраанӡа иԥшаам, иахьырхәым. Аиурист иҩызцәеи иуацәеи ишырԥхьаӡо ала, ишьра зыхҟьаз иполитикатә гәымшәароуп, иара акы дацәшәомызт, игәы иҭаз аартны иҳәон, акриминалтә ҟазшьа змаз афактқәагьы рцәыргара дацәшәомызт.
Уажәшьҭа акыршықәса раахыс Аҟәа аус ауеит аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа иаԥылҵаз Зураб Ачба ихьӡ зху ацентр «Ақәымчра зцым аҭынчра». Ари ацентр аҟны иаԥҵан «Аиурист қәыԥшцәа» реилазаара. 2013 шықәса инаркны иааиԥмырҟьаӡакәа ацентр аҟны имҩаԥысуеит аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа «Ачба иаԥхьарақәа».
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.