Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Аԥсны жәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит.

Абҵара 26 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аконституциа амш. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы атәыла ауааԥсыра ари аныҳәамш рыдиныҳәалеит.

Иара иазгәеиҭеит, 1994 шықәса, абҵарамза 26 – ахааназы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ианхало рыцхәуп ҳәа.

«Ари амш азы ирыдыркылаз иҷыдоу абри анормативтә-зинтә акт, иреиҳаӡоу аиуристтә мчы змаз, иалнаршеит: ҳтәылазы ихьанҭаз аамҭақәа раан аҳәынҭқарра ашьаҭақәа рыхьчара, ахьыԥшымра арӷәӷәара, ҳаԥсадгьыл ԥхьаҟатәи аҿиаразы иахәҭаз аҭагылазаашьақәа раԥҵара», – иҳәеит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы.

Аконституциа – аамҭақәа зегьы рзы, ажәларқәа зегьы рҟны аҳәынҭқарратәреи, ауаажәларратәреи, адемократиатә принципқәеи ирҿахәҳәагоуп ҳәа игәы иаанагоит Егзакь.

«Иара ауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи шьақәнарӷәӷәеит, иара убасгьы ишьақәнарӷәӷәеит ауаа зегь шеиҟароу, милаҭлеи, хылҵшьҭралеи, динхаҵаралеи еиуеиԥшымзаргьы. Атәыла азакәан хада – уи зтәу ажәлар рҭоурыхи рышьақәгылара амҩаҿы ироуз аихьӡарақәеи зегьы зныԥшуа документуп, иарбан ҳәынҭқарразаалак аполитикатә, азинтә, аекономикатә система ашьаҭақәа ҳәаақәызҵо», – ҳәа азгәеиҭеит иара.

Мусса Егзакь иҳәеит иара убасгьы, Аконституциа иреиҳаӡоу хықәкыс ишыҟоу –ауаажәларратә еиқәышаҳаҭра амеханизмқәа есымшааира реиӷьтәреи, атәыла ауааԥсыра рыԥсҭазаара арбзиаразы, иреиӷьӡоу ауаажәларратә мчы зҩыдақәа реидкылареи.

«Агәра ганы сыҟоуп: аринахысгьы Аконституциа ашьаҭақәа рырӷәӷәара шыцхыраагӡа духо Аԥсны Аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа раиураҿы», – иҳәеит Егзакь.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа адкылан 1994 шықәса, абҵарамза 26 рзы Иреиҳаӡоу Асовет ажәаҩатәи аизара рсессиаҟны, анаҩс иазыразын 1999 шықәса, жьҭаарамза 3 рзы имҩаԥгаз жәлар зегь злахәыз ареферендум аҟны.