Ԥхынгәы 24 рзы 70 шықәса ихыҵит аԥсуа поет, ауаажәларра-политикатә усзуҩы, 15 шықәса инареиҳаны Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресс – иахьатәи АААК – ихадоу маӡаныҟәгаҩыс аус зухьаз, аорден «Ахьӡ-Аԥша» II-тәи аҩаӡара акавалер Геннади Аламиа.

Саид Барганџьиа

Апоет уиԥылаанӡа дзеиԥшроузеишь ҳәа ухаҿы дышԥааугари? Ҳәара аҭахума, апоезиа – ацәаныррақәа рҿоуп аус ахьамоу. Аха ацәанырра хаҭақәа, аҵаулақәа урҭ згәаҿы ииуа ауаҩы адәахьтәи иԥшра-исахьа, иҭеиҭыԥш акала иадҳәалаӡам. Геннади Аламиеи сареи ҳаиқәшәарахь амҩа сықәнаҵы, заа акгьы схаҿы иаазымгарц сыӡбеит, аԥхьа ишахәҭоу еиԥш еицырдыруа апоет сихәаԥшны дҭысҵаарц.

Аламиа – апоет, аҭыжьҩы, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, Кавказ жәларқәа рконфедерациа аԥҵаҩы, 15 шықәса инареиҳаны – Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа амаӡаныҟәгаҩс иҟаз (иахьа – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс – аред.), ганрацәала абаҩхатәра злоу уаҩуп, аҟазауаа зегь реиԥш. Иаҳҳәап, апоет Аламиа авиациа маҷ апилотс дыҟоуп, уи атәгьы нас еиҭеиҳәоит.

Акызаҵәык иузидымкыло – згәы ҵаӷоу уаҩуп ҳәа узизҳәом. Аха иара убри аамҭазгьы… Адәахьала абас зҟазшьа џьбароу, ихәжәоу ауаҩы, минуҭқәак рыла убри зҟазшьа аарԥшра иахьӡаз, гәаартылатәи аицәажәарахь диасуеит, иажәаҳәашьҭабжь мыԥсахӡыкәа. Иԥсҭазаараҿы ихадароу хҭысны иԥхьаӡоит – абри адунеиаҿ ихы адырра. Ҳаицәажәонаҵы акырынтә дсазҵааит: «Уара ибзианы уӡырҩуаҵәҟьоу?» ҳәа.

Ихәыҷра иазку сызҵаара аҭакс

«…Сара сиит,
Хәылԥазык инаскьазгаз амра
Шьыжьык санаԥылаз аҽны…
Сара сиит,
Сшыхынҳәра сазхәыцуа,
Сымҩа сашҭа ианҭызгаз аҽны…»

Абарҭ ицәаҳәақәа дрыԥхьеит Аламиа ихәыҷра иазкыз сызҵаара аҭак ахаҭыԥан, иара уи алагьы идоуҳатә ԥсҭазаара алагамҭахь ҳхьаирԥшит. Ихәыҷра атәгьы еиҭаиҳәоит на, аха уаанӡа… Уаанӡа сара ииҳәо «сазҿлымҳаны сазыӡырҩуеит», ихадоу ак сцәыбжьахар ҳәа сшәаны. Иналукааша ауаҩы, апоет-афилософ ишьақәгылара – ихадоу акоуп. Абри зегь зхысҳәаауа, «абри адунеи дыззықәу анеиликаа» иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихамышҭыхәны иҟоу аимгеимцара ауп.

«Ахәыҷы иаразнак ала иинырӡом ҳадунеи ахь дшааиз, дахьааиз азныказы изеилкааӡом. Убри аилкаара анысзааи ауп иахьа уажәраанӡа сыԥсҭазаараҿы реиҳа ихадоу хҭысны исгәалашәо, ҳәара аҭахума уи иацу ауадаҩрақәеи ахынҭҩынҭарақәеи еилкаауа. Аха зегь акоуп, агәра ганы сыҟоуп, абратәи ҳаԥсҭазаараҿы алашара, агәырӷьара иҟоу шеиҳау алашьцара аасҭа», – иҳәоит апоет.

Иаб игәараҭа

Геннади Аламиа диит 1949 шықәса, ԥхынгәы 24 рзы, Аламиа Шьаликәеи Клара Касланӡиеи рҭаацәараҿы. Апоет иан Клара, иара убасгьы Лили ҳәа изышьҭаз, еицырдыруа аԥсуа актиор Лео Касланӡиа лаб иашьа иԥас дылзыҟан. Лара акыршықәса инеиԥынкыланы Кәтолтәи ашкол аҟны аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус луан. Апоет иаб Шьаликәа, занааҭла декономистын, акыршықәса Кәтолтәи (Аԥсны Очамчыратәи араионаъ иҟоу ақыҭа – аред.) аколнхара напхгара азиуан.

«Усҟантәи ашықәс уадаҩқәа раан, саб убас еиԥш аусура еиҿикааит, Кәтолҟа аԥара арҳара ҳәа ауаа ауан, ибзианы инхақәозгьы рацәаҩын. Ақыҭа абна алгара азин ҟаиҵомызт, иргылеит амҿымаҭәахә-хырҭатә зауад, иаԥҵан аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа. Иара иҷыдаз уаҩын, иеиԥш иҟоу уаҳа аӡәгьы дсыздыруам. Ауаа рзакәын дзынхоз», - дигәалашәоит апоет иаб.

Аламиа иаб игәараҭа иахьагьы Кәтол ақыҭан иҟоуп. Усҟан еиԥш иахьагьы, уи ахарҟьара зцым, аха даараӡа игәыку, игәакьоу ргылароуп. Геннади уажәы уи аҩны аиҭашьақәыргылара даҿуп. Уа дынхоит апоет иашьеиҵбы Гиви.

«Сани саби рҳаҭгәынқәа аҩны ахаҿшәа игылоуп. Зны-зынла, анкьа иҭәыз аҩны, саб лахьеиқәҵарала уаантәи дахәаԥшуашәа сгәы иабоит. Убри азыҳәан сара сзы акраҵанакуеит саб иҩны аиҭашьақәыргылара», - иҳәоит Аламиа.

Аҭаацәараҿы иҟан фҩык ахшара, Геннади зегьы дреиҳабын.

Ианакәызаалакгьы аҵара бзианы иҵон, аха иара иажәақәа рыла, – «хәба-хәба ҳәа изҵоз», мамзаргьы «амбжьахк иакәны» дыҟамызт. Ихәыҷра аахыс ашәҟәыԥхьара бзиа ибон.

«Даара акыр ихьшәаны ацәара ҳәа санышьҭалоз ыҟан, ашкол аҟны ирацәаӡаны асахьаркыратә литература саԥхьахьан. Урҭ реиҳаракгьы схаҿы инхеит», - еиҭеиҳәоит иара.

Атрактор иақәтәоу аҽырбаҩ

Ихәыҷра шықәсқәа рзы, иԥсҭазааратә мҩаҿы ииԥылаз ауаа рыҟнытә зегь реиҳа дхадараны дизыҟалеит иқыҭа гәакьа ашкол адиректор Иван Николаи-иԥа Саӡба (еицырдыруа аԥсуа арккаҩы – аред.).

«Иван Николаи-иԥа иналукааша уаҩын. Саби иареи еицаԥырҵеит ашколхәыҷтәы бригада. Ҳабригада иаман ҩ-тракторк. Аԥхын аус ҳуан, ачаи ҿаҳхуан. Ҳусуразы ԥарак ҳарҭон, аколнхарагьы уи маҷк ацнаҵон. Убра иҳарҳаз аԥарала ашкол ҳахьынӡаҭаз Асовет Еидгыла зегьы ҳакәшеит», - еиҭеиҳәоит Аламиа.

Ҽнак, адәахьтәи аусурақәа рҟынтә ихынҳәны иаауаз Геннади Аламиа иныҟәицоз атрактор ааҳәит.

«Уи ҳәарада ҽырбаран. Сахьаауаз избон сан дышсыхәаԥшуаз. Илсырбар сҭаххеит атрактор ибзианы аныҟәцашьа шыздыруа. Сшыхәмар-хәмаруаз, иҟалазгьы сзеилымкаакәа сзықәтәаз атрактор ааҳәны илкаҳаит», - игәалаиршәоит Аламиа, Анцәа иџьшьаны, машәырда еилгаз ахҭыс.

«Аҩра́ иара итәым ҳәа сызиашәҳә»

1967 шықәсазы ашкол иалгаз Геннади Аламиа иаразнак дҭалоит Аҟәатәи апедагогикатә институт афизика-математикатә факультет. Ари иреиҳаӡоу аҵараиурҭаҟны ахԥатәи акурс аҟынӡа аҵара ҵаны диасуеит Максим Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт ахь.

«Афизмат аҟны аҵараҵара нсыжьит афакультети сареи ҳаизыҟазаашьақәа ахьҽеимыз иахҟьаны. Уи, ақырҭцәа араҟа аԥшәмара аныруаз аамҭақәа рзакәын. Насгьы, уи аамҭазы Москватәи алитинститут аҭаларазы алшара сызцәырҵит», - иазгәеиҭоит иара.

Ихәыҷра аахыс алитература ихшыҩ азцон, ихаҭагьы ажәеинраалақәа аԥиҵон. 1970 шықәсазы Геннади Аламиа ианҵаны иман еизгак иазхаша ажәеинраалақәа, Аинститут данҭал ашьҭахь шықәсык ааҵуаны, иҭижьуеит иажәеинраалақәа реизга «Адәы иаҵәа» ҳәа хьӡыс измаз.

Анаҩс иҭыҵуеит жәаба инареиҳаны иажәеинраалақәа реизгақәа. Урҭ ирнылаз аԥҵамҭақәа иахьагьы аԥхьаҩцәа еицырдыруа иҟоуп. Иара убасгьы, Геннади Аламиа аԥсуа бызшәахьы еиҭеигахьеит хыԥхьаӡара рацәала адунеитә классикатә аԥҵамҭақәа, иакымкәа-иҩбамкәа аҭҵаарадырратә статиақәа равторс дықәгылахьеит.

Даараӡа аинтерес аҵоуп, апоет раԥхьатәи иажәеинраала иазку хҭыск. Уи, анкьа зны Кәтолтәи ашкол агазеҭ ианырҵахьаз, автор ихаҭагьы ихашҭхьаз жәеинраалан.

«Москва сҵара хыркәшаны схынҳәхьан усҟан. Ашкол адиректор Саӡба жәеинраалак сирбеит, уи автор ихьӡ самҳәаӡакәа сгәаанагара сҳәарц азы аҳәара ҟаиҵеит. Ажәеинраала санаԥхьа ашьҭахь, Иван Николаи-иԥа ус иасҳәеит: арҭ ацәаҳәақәа равтор абаҩхатәра илам, ажәеинраалаҩра – иара иитәым ҳәа сызиашәҳәа. Иван Николаи-иԥа уи даараӡа дарччеит, акыраамҭагьы иҽизаанкыломызт!... Маҷк данеиқәтәа исзеиҭеиҳәеит ари ажәеинраала авторс иамоу сара сшакәу. Уи, ашкол сҭанаҵы исыҩыз ажәеинраала акәзаарын», - дыччо еиҭеиҳәеит Аламиа.

Амассатә-информациатә хархәагақәа рҟны аусуреи «Аидгылара» ихьыԥшым агазеҭи

Москватәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭа даналга ашьҭахь, Аламиа апрактикахь дрышьҭуеит ажурнал «Дружба народов» ашҟа, анаҩс аус иуан Москва азааигәара иҟоу ақалақь Раменское аҭыԥантәи агазеҭ аҟны. Шықәсқәак рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа. Аус иуан Дырмит Гәлиа ихьӡ зху амузеи аҟны, уи ашьҭахь – ахәыҷтәы журнал «Амцабз», агазеҭ «Аԥсны Ҟаԥшь»… 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы ихы иԥшаауеит актуалреи, адҵалаара ҳараки змаз агазеҭ «Аидгылара» аҟны.

Агазеҭ ҭнажьуан адемократиатә уаажәларратә ҵысра «Аидгылара» (Аԥсны Жәлар Рфорум «Аидгылара» мҩаԥысит 1988 шықәса, ԥхынҷкәынмза 3 рзы, Аҟәа. Анаҩс уи иахылҿиаауеит Аԥсны ахьыԥшымразы иқәԥоз атәылауаа ргәыԥ еидызкылаз аҵысра. Геннади Аламиа уи активистцәа дыруаӡәкын – аред.).

«Уажәааигәа «Аидгылара» аномерқәа сеиҭарыԥхьон. Имҩаԥызгаз аусура сгәы алаҟоуп сҳәар сылшоит. Ауадаҩрақәа шыҟазгьы, агазеҭ ихьыԥшымны иаанхеит. Ҳара ҳрылацәажәон егьырҭ агазеҭқәа рдаҟьақәа рҿы ишьҭырымхуаз апроблемақәа. Аамҭак ашьҭахь ажәлар зегьы ҳавагылан. Аиашазы, уамашәы избоит уи аҩыза ахьҳалшаз. Убас хышықәса аус ҳуан», - еиҭеиҳәоит Аламиа.

Аибашьра, абџьар, «акукурузникқәа»

1992 шықәсазы иалагоит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра. Геннади Аламиа уи активла ихы алаирхәит. Жәлар Рфоруми ахьыԥшымразы амилаҭтә ҵысреи рхыҵхырҭақәа рҿы игылаз Аламиа, аибашьра аламҭалаз Аԥсныҟа абџьар аагара аус инапы алакын. Аибашьра ихьӡеит «Владислав Арӡынба икабинет» аҟны.

«Идәықәлеит [ақырҭҵәа] ҳәа аацҳара ҳауит. Иаарласны срышьҭуеит Чечентәылаҟа. Аибашьра алагаанӡа Кавказ аусқәа рацәаны имҩаԥызгон, издырқәозгьы рацәаҩын, убри аҟнытә иӡбан Кавказҟа сышьҭтәуп ҳәа».

Араҟа иазгәаҭатәуп, Геннади Аламиа шиакәу Кавказ иқәынхо Ашьхарыуаа рассамблеиа аԥызҵз, анаҩс, 1992 шықәсазы, уи Кавказ ажәларқәа рконфедерациа ҳәа еиҭакын. Ассамблеиа ишьҭнахуаз азҵаарақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Асовет Еидгыла ареспубликақәа реилазаарақәа рҟны адемократиа аларҵәаразы амчқәа реилаԥсара, избан акәзар уи аиҭасра аамҭақәа ракәын.

Аконфедерациоуп ацхыраара азҭоз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан Кавказынтәи Аԥсныҟа хатәгәаԥхарала ҳашьцәа раара. Геннади Кавказ имаз аимадарақәа азгәаҭаны, иӡбан иара уахь дышьҭтәуп. Иара дыруаӡәкын хатәгәаԥхаралатәи аҵысра шьақәзыргылаз, иара убасгьы иџьабаа дуны иадуп Аԥсныҟа абџьар аагара аус.

«Иаразнак сцеит, схәыҷқәа ахьыҟазгьы сыздыруамызт, - иацҵаны еиҭеиҳәоит Аламиа. – Аибашьра раԥхьатәи амш азы сыҷкәын аиҳабы дызбеит Аҟәа, Ацҳа ҟаԥшь аҟны. Иара деибашьуан, егьырҭ схәыҷқәа рықәра зынӡа имаҷӡан. Убас сагьцеит», - еиҭеиҳәоит Аламиа.

Абџьар «акукурузникқәа» (ажәлар рыҟны асовет қыҭанхамҩатә ҳаирпланқәа убас ирышьҭан – аред.) ирықәҵаны Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтә Аԥсныҟа иааргон. Уи аамҭазы Геннади Аламиа ихаҭагьы акукурузник арԥыршьа атәы иҵахьан, лассы-лассы аҩбатәи ԥырҩыс дҟалалон.

«Иара «акукурузник» ҳәа изышьҭоу арԥырра уамакгьы иуадаҩым – амашьына иаҩызоуп уҳәаргьы ҟалоит. Амала артәара уадаҩуп», - иазгәеиҭоит апоет.

Ареисқәа руак аҟны аҳаирплан хҭыс шәарҭак иақәшәоит.

«Ихадоу ԥырҩыс дсыцын ачечен Абдула. Ҭаҭынк саҿыхап ҳәа иақәыскит, иаргьы сиҳәеит аԥырра инапахьы игарц азы. Минуҭқәак рышьҭахь, «ҳкукурузник» ҭрыс-ҭрысуа иалагеит. Абдула аҳаирплан иртәарц иӡбоит, аха ҳантәоз аламҭалазы мҵәыжәҩак ала аҭәаҟәа ҳасуеит, уи иахҟьаны аҳаирплангьы каҳауеит. Сара сыхдырра сцәымӡӡеит, иаразнакгьы исгәалашәеит аҭаҭын сшахоз, схаҿгьы иааит уи иахҟьаны аҳаирплан амца акыр шалшо. Ааигәа дышьҭан Абдула, азныказы дыԥама ҳәа сгәы иаанагеит… аха анаҩс еилкаахеит иԥсы шеиқәхаз. Сара сымацара аҳаирплан сҭыҵит, иаргьы дҭызгеит», - игәалашәоит Аламиа.

Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа анапхгараҟны аусура

1992 шықәса, абҵарамза 7-8 рзы Лыхны имҩаԥысит I Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар Рконгресс. Уи рхы аладырхәит аҳәаанырцә ааигәа, хара инхоз адиаспора ахаҭарнакцәеи, Ҟабардеи, Адыгатәылеи, Шаԥсыӷтәылеи, Абазашҭеи рҟынтә аделегатцәеи. Ари ахҭыс, ҳәарада, аибашьра ашықәсқәа рзы Аԥсны жәлар зегьы ргәы шьҭнахит.

Аконгресс ахадас далхын Тарас Шамба. Геннади Аламиа, Жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа (ҳаамҭазтәи ахьӡ - Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс – аред.) ахыҵхырҭаҿы ихадоу аҭыԥқәа руак ааникылон: 15 шықәса инареиҳаны аус иуан Ассоциациа Ихадоу маӡаныҟәгаҩыс, аиҿкаара аусура ашьаҭеи, ихадоу аидеиақәеи, апринципқәеи аԥҵауа.

«Иҟазшьа мариазар акәын уамашәа ибатәыз»

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь, Геннади Аламиа, ахьыԥшымра иазықәԥоз иҩызцәа дрывагыланы Аԥсны ахақәиҭра арӷәӷәара аус иҽазикит. Аус иуан еиуеиԥшым аиҳабыратә ҭыԥқәа рҟны: Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс, Аԥсны Жәлар Реизара ахада ихаҭыԥуаҩс, аамҭак азы Жәлар Рфорум «Аидгылара» напхгара азиуан.

40 шықәса инареиҳаны аиҩызара рыбжьоуп Геннади Аламиеи аполитикатә-уаажәларратә усзуҩ, амузыкант, адирижиор, акомпозитор, Аԥсны Жәлар рартист Нодар Ҷанбеи. Абас еиԥш Ҷанба иҩыза дихцәажәоит: «Ҳара ҳабиԥара ирызҳаит ақырҭцәеи ҳареи иҳамаз аиҿагыларақәа раамҭазы. Хықәкыладоуп уи шыҟало, зыԥсадгьыл аԥеиԥш иазхәыцуа, иазхьаауа анеидгыло, аиҩызара анрыбжьало. Иара дпоетуп, уи ала мацарагьы иаҳзеиԥшу рацәоуп, ҳазлацәажәаша ҳамоуп. Иара аҟазареи акультуреи иатәу уаҩуп».

Ҷанба иазгәеиҭоит, Геннади Аламиа аџьбарареи апринципреи зцу, имариам аҟазшьа шимоу.

«Имаршәа акра уадаҩуп. Уи ааԥшуеит иҟазшьаҿы, ахаангьы ахьаҵра закәу издырӡом. Иҟазшьа мариазар акәын уамашәа иубашаз, избанзар иара аҟазара датәуп. Араҟа сара зыӡбахә сымоу здунеихәаԥшышьа хазу, аҟазара иатәыҵәҟьоу ауаа роуп. Иара адунеи даҽа блак ала дахәаԥшуеит, иҵоурам апроцессқәагьы ҷыдала идикылоит», - ҳәа азгәеиҭеит Нодар Ҷанба.

Геннади Аламиеи Нодар Ҷанбеи иахьазы ирымоуп еицырзеиԥшу аус – Аԥсуа драматә театр асцена аҟны Аламиа аԥсуа бызшәахьы еиҭеигаз Шекспир итрагедиа «Ромеои Џьульеттеи» ақәыргылара. Уи апремиера азгәаҭоуп нанҳәамза аҽеиҩшамҭазы, аиҩызцәа уи еицны иаҭаап ҳәа иӡбаны ирымоуп.

Аҭаацәареи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши

Иналукааша ауаа уанрыҿцәажәо ибзианы еилукаауеит, егьа аихьӡара ҳаркқәа рымазаргьы, рыԥсҭазаараҿы ихаданы иаанхо рҭаацәара шакәу. Убас ауп Геннади Аламиа иҿгьы ишыҟоу. Иахьа иара иааикәыршаны иҟоуп бзиа дызбо ихәыҷқәа, имоҭацәа, иашьцәа, иаҳәшьцәа. Иҷкәын еиҳабы иҭаацәареи иареи нхоит Бельгиа. Даҽа ҩыџьа иҷкәынцәа нхоит Аҟәа: аӡәы аус иуеит апрокуратура аҟны, егьи – днаплакҩуп. Иԥха дынхоит, аусгьы луеит Москва ақалақь аҟны.

Геннади Аламиа имширақәа руак аан иреиҳаӡоу ҳамҭаны изыҟалеит имоҭа хәыҷы Нариа лира. Ларгьы лымшира азгәалҭоит ԥхынгәы 24 рзы. Нариа ахәыҷбаҳчахь дныҟәоит, зегь реиҳагьы лабду бзиа дылбоит. Аԥсуа бызшәа мацаралоуп ахәыҷы дышцәажәо, лабду иеиԥш акы аԥылҵоит ҳәагьы лҽазылшәалоит... Хәышықәса зхыҵуа абри аӡӷаб хәыҷы лҟазшьаҿы, лбаҩхатәраҿы, лдунеидкылашьаҿы Геннади Аламиа ибоит иара иаԥхьаҟатәи иԥеиԥшгьы, уи насыԥуп – лабҿаба убартә алшара анумоу аԥсҭазаараҿы ихадоу угәрагара – «алашьцара аҵкыс алшара шеиҳау».