Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Очамчыра араион ашколхәыҷқәа рыбжьара раԥхьаӡатәи ашьапылампылтә чемпионат аиҿкаареи амҩаԥгареи иацхраауеит.  

Очамчыра араион ашколхәыҷқәа рыбжьара ашьапылампыл азы актәи ачемпионат агәырӷьаратә аартра мҩаԥысит рашәара 16 рзы.

Ари аусмҩаԥгатә аԥшьгаҩцәас иҟоуп Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәша. Аицлабра мҩаԥыслоит ақыҭа командақәа 15 рыбжьара шықәсыбжак иалагӡаны, ақыҭақәа Аӡҩыбжьа, Тамшь, Кәтол, Маркәыла, Гәыԥ, иара убас Очамчыра ақалақь иҟоу адәқәа рҿы. Атурнир иалахәуп 2013-2014 шықәсқәа рзы ииз ашьапылампыласцәа.

Аханатә ас еиԥш ачемпионат аиҿкаара аԥшьызгаз Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәша ауп. Афинанстә зҵаарақәа рыӡбара хәҭакахьала ахахьы иагеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.

Еиқәшаҳаҭны излаҟоу ала, АААК иашәоит ашьапылампыласцәа қәыԥшқәа ахәмарра аҭыԥ ахь рнагаразы абылтәы иацу ахарџьқәа. Уи адагьы Аконгресс арҭ ахәмаррақәа рыӡбахә аиҭаҳәара иаҿызаауеит.

Ачемпионат аартраҿы иқәгылз АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа атурнир аиҿкааҩцәеи алахәцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит араион азы акрызҵазкуа абас еиԥш аус бзиа ахьынарыгӡаз азы.

«АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихьӡала иҭабуп ҳәа расҳәоит ачемпионат аиҿкааҩцәа. Аконгресс ианакәызаалак азҿлымҳара ҷыда рнаҭоит ахәыҷқәа ргәабзиара арӷәӷәара иазку апроектқәа. Ҳәара аҭахума, ари аҩыза ачемпионатқәа аспорт абзиабара еихарҳауеит, агәабзиаразы ихәарҭоуп. Абысҟатәи ақыҭа школқәа ахьалахәу даара узеигәырӷьаша хҭысуп. Ҳара ҳгәы аладууп ари аҩыза ахҭыс ҳахьалахәу, агәра ҳгоит аиԥш зеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа ҳԥеиԥш азы ишлагала дуу», – иҳәеит иара.

Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәша имҩаԥнаго ашьапылампылтә чемпионат уаанӡатәи ашықәсқәа рзы қәрала еиуеиԥшым аспортсменцәа еиднакылон. Сынтәа 10-11 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа мацара роуп иалахәу. Атурнир аихшьаалақәа ҟаҵахоит шықәсыбжак ашьҭахь.