АААКи арҵаҩы Инна Џьугьелиаҧҳаи рыпроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳазҭоу ашықәс азы раҧхьатәи алекциа мҩаҧган Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы.

Селма Базба

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс агәыҧи ААУ аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьугьелиаҧҳаи иацырҵеит апроект “Ирӡтәым” аҳәаақәа ирҭагӡаны алекциақәа рымҩаҧгара.Апроект азынархоуп абиҧара ҿыц адоуҳатә хәдурақәеи амилаҭтә культуреи радыҧхьалара, аҧсуара ацәаҩашәа-етикатә ҧҟарақәа рылааӡара, ахатәы бызшәеи, аҵасқәеи ақьабзқәеи бзиа дырбара. Алекциақәа рымҩаҧгаразы иаарыҧхьоит аҭоурыхҭҵааҩцәа, абызшәадырҩцәа, аетнографцәа, аетнологцәа. 

Ҳазҭоу ашықәс азы раҧхьатәи алекциа мҩаҧган А.К.Чачба ихьӡ зху асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы. Уи мҩаҧигеит асахьаҭыхҩы, аҵараиурҭа арҵаҩы Нодар Ҵәыџьба. Алекциа темас иаман аҟазараҿы ахатәы бызшәа иааннакыло аҭыҧ. 

Аиқәшәарахь ааҧхьара рыҭан ААУ афилологиатә факультет астудентцәеи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аҵаҩцәеи.

Иалхыз атема аҳәаақәа ирҭагӡаны асахьаҭыхҩы еиҭеиҳәеит аҧсуа ҟазараҿы амифологиа иамоу аҵакы, далацәажәеит аҭоурыхи, акультуреи, аетнографиеи рҿы узызҿлымҳаша адыррақәа, иара убасгьы дызнысхьоу аҟазаратә мҩеи аҧсҭазаареи рыҟнытә ихшыҩрҵагоу аҿырҧштәқәа рзааигеит. Дара ргахь ала астудентцәагьы адискуссиа активла рхы аладырхәит, азҵаарақәа ҟарҵон, зҿлымҳарала урҭ рҭакқәа ирзыӡырҩуан.

Аиқәшәараҿы ирацәаны иалацәажәон ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи шаҭаху.

“Абызшәа - зыбзоурала ауаҩы акультуреи аҟазареи ҭиҵаауа аилкааратә маругақәа ируакуп, ауаҩы дшьақәнаргылоит, уи ихымҩаҧгашьеи, иҧсҭазаашьеи, идунеихәаҧшышьеи ҳәаақәнаҵоит”, - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҵәыџьба. 

Асахьаҭыхҩы иазгәеиҭеит абиҧара ҿыц азы апроект “Ирӡтәым” аҵак ду шамоу.

“Ҧсышәа мацарала имҩаҧысуа апроект ахьаҭаху аҵараиурҭаҿы заҵәык акәӡам, аиҧш зеиҧшу апроектқәа еиҿкаатәуп Аҧсны ашколқәа зегьы рҿы. Аицәажәара атемақәа еиуеиҧшым, аха рызегьы мҩаҧысуеит аҧсышәала, алахәҩцәа ракәзар адискуссиа рхы аладырхәыр рылшоит. Уи иҳалнаршоит аҧсуа культура азҿлымҳара аҩаӡара ашьҭыхра, аҿар ҧсышәала ахәыцреи ацәажәареи ргәарҧхара”, - иҳәеит иара. 

Апроект автор, арҵаҩы Инна Џьугьелиаҧҳа лажәақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс азы алекциақәа рформат рҿыцын.

“Апроект “Ирӡтәым” қәҿиарала ихацыркын 2023 шықәсазы. Имҩаҧган акультуреи, аҟазареи, аҧсуа милаҭтә ҵасқәеи, ақьабзқәеи ирызку арҵаратә лекциақәа 10. Сынтәа иацаҳҵоит ақыҭа школқәа арҭаареи, ацәажәарақәа рымҩаҧгареи. Ҳгәы иҭоуп  Лыхнашҭеи абра аҵараиурҭеи рҿы имҩаҧаҳго анҭыҵтә лекциақәа рхыҧхьаӡара ацҵара”, - лҳәеит Џьугьелиаҧҳа.

Аҿар рыҿиареи абаҩрҵәыреи рзы АААК аҟәша аспециалист, апроект акоординатор Есма Кәыҵниаҧҳа агәыӷра аалырҧшит сынтәагьы ари апроект амҩаҧгара иацҵахоит ҳәа. 

“Ҳапроект аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿаҳкаауа аиҧыларақәа рзынархоуп аспикери уи изыӡырҩуа аудиториеи гәаартыла реицәажәаразы алшара аҧҵара, избанзар ҳара ҳзы зегь реиҳа аҵакы змоу лҵшәоуп агәаанагарақәа реимдареи, адискуссиа амҩаҧгареи. Абас аиҧш иҟоу аформат ауп игәныркыло иқәыҧшу ауааҧсыра. Ҳгәыӷуеит ари аҩыза апроектқәа рҿы аҿар ралархәра аҧсуа бышәеи, аҭоурыхи акультуреи иаҳа инарҵауланы рыҭҵааразы агәаҳәара рызцәырнагап ҳәа”, - лҳәеит Кәыҵниаҧҳа. 

Апроект акоординатор иазгәалҭеит хара имгакәа анаҩстәи алекциа амҩаҧгара ргәы ишҭоу. 

“Ирӡтәым” - Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресси ААУ аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьугьелиаҧҳаи еицырзеиҧшу проектуп. Апроект азынархоуп  ацәаҩашәа-етикатә кодекс аҧсуара аларҵәареи, Абаза жәлар рҵасқәеи рқьабзқәеи реиҭарҿиареи. Ҳазҭоу ашықәс азы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иарбоуп 10-лекциак рымҩаҧгара.