Жәларбжьаратәи аидгылара «Алашара» апрезидент, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, Ҟарачы-Черқьесиатәи ареспублика Жәлар реизара ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Мусса Хабал-иҧа Егзакь Ҭырқәтәыла аҩызахара иазку Аилазаара дапрезидентхеит.

Мусса Хабал-иҧа ихьӡала адныҳәаларақәа зну асаламшәҟәы аарышьҭит амаӡаныҟәгаҩ Хада Владимир Михаил-иҧа Полозков хаҿыс дызмоу Жәларбжьаратәи Аусеицуразы Урыстәылатәи Ассоциациа (ЖәАУА) аҟнытә. 

Владимир Михаил-иҧа иазгәеиҭеит ари амаҵураҿы Мусса Хабал-иҧа иусура ишышьҭнахуа Аилазаара имҩаҧнаго аусутә аҩаӡара, уи алагьы ишалыршахо аурыс-аҭырқәа еизыҟазаашьақәа комплексла рырҿиара. 

Ҭырқәтәыла аҩызахара иазку Санкт-Петербургтәи Аилазаара аусура хацыркуп 2001 шықәса, рашәарамза инаркны. Усҟан, Фонтанка аҧшаҳәаҿы «Аиҩызара Аҩны» ахыбраҿы раҧхьаӡа акәны еизеит аиҩызахара иазкыз аилазаара «Урыстәыла-Ҭырқәтәыла» аҧҵара иашьҭаз аҧшьгаратә гәыҧ алахәцәа. Аиҿкааратә уадаҩрақәа ирыхҟьаны, усҟан аилазаара аҧҵара алымшазаргьы 2001 шықәса, рашәарамзазы имҩаҧысит «Ҭырқәтәыла аритмқәа рҿы» зыхьӡыз, раҧхьатәи афестиваль. Уи инашьҭаргыланы, 2002 2004 шықәсқәа рзы имҩаҧысит даҽа ҩ-фестивальк. 
Ҭырқәтәыла аҩызахара иазку Санкт-Петербургтәи Аилазаара анаҧырҵаз ауп ҳәа иҧхьаӡоуп Аилазаара аҧҟаҧҵәа анышьақәдырӷәӷәаз 2007 шықәса, нанҳәамза 23. Ҭырқәтәыла аҩызахара иазку Санкт-Петербургтәи Аилазаара азинқәа зегьы змоу алахәҩы аҳасаб ала иахәҭакуп жәларбжьаратәи аусеицуразы Санкт-Петербургтәи Ассоциациа. Аилазаара хықәкыс иамоуп Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи руажәларрақәа рыбжьара аимадарақәа рыбжьаҵара ацхраара, аҩтәылак аусуратәи агуманитартәи еизыҟазаашьақәа ганрацәала рыбжьыҵара.