Ахәыҷқәа рыхьчара Амш аламҭалазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Ростовтәи атәылаҿацә Каменск-Шахтински ақалақь аҟнытә иавтономтәу икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аҧшьгарақәа рзы ауаажәларратә центри» ареабилитациатә центрқәа зхылаҧшуа ахәыҷқәа рзы еиҿыркааит арлахҿыхратә усмҩаҧгатәқәа.

Аниматорцәа злахәыз амузыкатә шоу, излоу абамба, ахәыҷқәа рзы аҳамҭақәа – абас иазгәарҭеит аныҳәа Цандрыҧшьи Аҟәеи иҟоу ареабилитациатә центрқәа зхылаҧшуа ахәыҷқәа.

АААК ахәыҷтәы ныҳәа хада иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара активла ахы аланархәуеит, ари уажәшьҭа традициахеит. Ахәыҷқәа рыхьчара Амш иазкыз акциа ҩымш иазгәарҭон. Актәи амш аҽны аиҿкааҩцәа Цандрыҧшь иҟоу ареабилитациатә Центр «Ҳара ҳаицуп» зхылаҧшуа ахәыҷқәа ирҭааит.

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиареи рыҟәша аспециалист Наур Хышба дрылацәажәеит акциа азыҟаҵареи амҩаҧгареи ирыдҳәалаз аҭагылазаашьақәа.

«Кыршықәса ҵуеит Аконгресс агәыҧ ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш иазку аусмҩаҧгатәқәа ахы рыланархәуеижьҭеи. Сынтәа ҳара активла аус рыцаҳуеит икоммерциатәым аиҿкаара «Асоциалтә аҧшьгарақәа рзы ауаажәларратә центр». Уи ацентр, ҳколлега Изольда Ҳагҧҳа лаҧшьгара абзоурала Цандрыҧшьи Аҟәеи рреабилитациатә центрқәа рыҟны аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаараҿы ацхыраара ҟарҵеит. Ҳколлегацәа ҳадгылеит, Урыстәылатәи Афедерациа атәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала ҳара иҳалшеит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаара», — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аҩымш рзы агәыҧ мҩахыҵит Ареспубликатә реабилитациатә Цент аҟны изхылаҧшуа, згәабзиара алшарақәа ҧку ахәыҷқәа рахь. Араҟа ахәыҷқәа ирзеиҿыркааит илахҿыхыз амузыкатә программа, излаз аҳамҭақәа рацәаны ирырҭеит.

Икоммерциатәым автономтә еиҿкаара «Асоциалтә аҧшьгарақәа рзы ауаажәларратә центр» анапхгаҩы Светлана Моисеева инаҵшьны иазгәалҭеит аиҧш зеиҧшу аусмҩаҧгатәқәа рҵакы аҩаӡара шыҳараку.

«Ҳара ҳпартнер – ауаажәларратә еиҿкаара Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ацхыраара аҳҭеит. Ҷыдала ҳгәы иаахәоит аамҭа кьаҿк иалагӡаны акәзаргьы ареабилитациатә центрқәа зхылаҧшуа ахәыҷқәа ргәы аҟаҵара хьҳалшаз. Аиҧш зеиҧшу аусмҩаҧгатәқәа шықәсык иалагӡаны знык акәымкәа, иаҳа лассы-лассы имҩаҧгалатәуп. Арҭ рҩызцәа ахәыҷқәа алкааны хылаҧшра рзутәуп, игәцарактәуп, ақәлацәеи аҩызцәеи рнаҩсангьы, ауаажәлар зегьы урҭ ирызхьаҧшлароуп», - ҳәа азгәалҭеит Моисеева.

Илахҿыхыз ашоу ахәыҷқәеи, урҭ рҭаацәеи, рырҵаҩцәеи ргәы иақәшәеит. Алакәқәа ирылҵызшәа еилаҳәаз аниматорцәа актәи аминуҭқәа инадыркны ахәыҷқәа иргәаҧхеит. Дара изларылшоз ала рхы аладырхәит еиҿкааз аконкурсқәа.

Ареспубликатә реабилитациатә Центр анапхгаҩы Марина Данелиан аныҳәа аиҿкаара иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

«Ацентр аусзуҩцәеи, ахәыҷқәеи, урҭ рҭаацәеи рыхьӡала иҭабуп ҳәа расҳәоит аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәа. Даара ҳдырлахҿыхит ҳгәалаҟазаара шьҭырхит. Абас еиҧш ауаа еидызкыло аныҳәақәа лассы-лассы еиҿкаалатәуп, избанзар ҳхәыҷқәа рзи, урҭ рыҿиарази, рсоциализациази ажәала иузеиҭамҳәо аҵак ду рымоуп» – лҳәеит лара.

Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш есышықәса иазгәарҭоит рашәарамза 1. Аныҳәа хықәкыс иамоуп ахәыҷқәа рыхьчара шаҭаху ауаажәлар  ргәаларшәареи, ахәыҷқәа згәы бзиоу, иаамысҭашәоу, аҭакҧхықәра аныҟәгара зылшо уааны ишьақәгылартә еиҧш алшарақәа рыҭареи.