Амилаҭтә хәмаррақәа реиҭарҿиара иахьа аинтерес ду цәырнагоит, избанзар урҭ баша аамҭахгара адагьы ааӡара аус аҿы крызҵазкуа аспектуп. Ахәмаррақәа рхылҵшьҭра ажәытәӡатәи аамҭақәа иргәылагӡоуп.

Аҭоурых аҿы зегь реиҳа ижәытәқәоу рахь иаҵанакуа, еицырдыруа акультурақәа ируаку шумератәи ацивилизациа ииашаҵәҟьаны иаман аинтеллектуалтә столтә хәмаррақәа. Археологиатә ҧшаахқәа излаҳдырбо ала, шумераа ҳаамҭазтәи ашашкақәа, ма анардқәа иреиҧшыз афигурақәеи анардқәеи рыла, иара убас абҩақәа рыла ихәмаруан.

Аҧсуа милаҭтә культураҿы имқәацо ахәмаррақәа зынӡа имаҷны ахшыҩзышьҭра рымоуп.

Аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы Аҧсны аетнографиатә музеи аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабы Инга Шамҧҳа амузеи афонд аҿы илҧшааит ҩ-ҧштәык (аиқәаҵәақәеи ашкәакәақәеи) змоу афишкақәа рзы иҭыҵуа-иҭало аҟәшақәа змоу амҿтәы ӷәы еиҧшу артефакт.

Аӷәы ахылҵшьҭреи изызкуи ирызҿлымҳахаз Инга излеилылкааз ала, артефакт ҧшаан Очамчыра, 1975 шықәсазы Ермолаи Аџьынџьали Таҷ Гыцбеи Аҩӡаа рҭаацәараҿы сасра ицаны имҩаҧыргаз аекспедициаан. Еилкаахеит ахәмарра шеиҭаҧиҵаз Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭа иалҵыз, АЕД иалахәыз ажьи Луман Аҩӡба иажәабжьқәа рыла уи иҧа.

Иахьа ари амодель Аҧсны аетнографиа амузеи аҟны аексклиузивтә експонатуп.  Ҧшь-кәакьк змоу ахәмарга ӷәы автор ихатә напынҵамҭа амоуп, аҧҵара аҭоурыхи аалыҵ азы азини еиқәнархоит. Иацу ацәаҳәақәа рҿы иарбоуп автор ихьӡ (Сулҭан Аҩӡба), излыху аҧсабаратә материал (аҵла ҟаҧшь, ааҵла, араса), аиҭаҧҵара аҭыҧи арыцхәи (Кәтол, 1971), иара убас аҩырақәа «Аҧсны», «Адама ухәмарла», агәҽанҵара - «ҧарала умыхәмарын». 

Аҩырақәа зегьы аҧсышәала иҭаҧҟоуп. Ахәмарратә хәҭа ахаҭа шьақәгылоуп ҵәҩанҵәылатәи ацәаҳәақәа рыла еидҳәалоу х-ҧшьыркцак (аду, абжьаратә, амаҷ) рыла. Ахәмарра адәы агәҭа игылоуп «Адам» ҳәа зну агьежь, иара убас ацаҧха асахьа змоу афигура. Ахәмарра аҟьаҧсра акәакьқәа рҿы аеҵәақәеи ашәҭыцқәеи рсахьа зну аҭаҧсарҭақәа ҭаҧҟоуп.

Ахәмарра «Адама» аӡбахә ҳҧылоит аҧсуа культураҿгьы. Аетнографиатә музеи аекспонат шумертәи ацивилизациа иахылҿиааз, ижәытәӡатәиу астолтә хәмарроуп. Ари ахәмарра уадаҩуп, еиуеиҧшым аформақәа рыла иаарҧшуп, насгьы ааӡаратә ҵак ду амоуп. Ари ахәмарра ижәытәӡатәиу астратегиатә хәмаррақәа ируакуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Аҧҟарақәа нагӡаны ишеиқәымхазгьы, урҭ астратегиеи амашәыри релементқәа аҵанакуан ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Авариациақәа руак излаҳәо ала абҩақәа шьҭарҵон ииааланы, ҵәҩанҵәыла, ма диагоналла еишьҭаргыланы. Уи иугәаланаршәоит ҳаамҭазтәи аџьар-ноликқәа рыхәмарра.

Ҳара иаҳзыҳәом ари аҧсуа милаҭтә хәмарроуп ҳәа, аха агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит уи ҳабдуцәа ибзианы ирдыруан ҳәа. Ахәмарра «Адама», усҟантәи аамҭазы ирдыруаз егьырҭ астолтә хәмаррақәа реиҧш, асоциалтә ҧсҭазаараҿы ароль ду нанагӡон, акультуратә ҧышәа аинырреи аимдареи иацхраауан. Иара убасгьы астратегиатә хәыцреи апланҟаҵареи ауаа дырҵаразы хархәагас ирыман, избанзар ирыланааӡон агәцаракра, ахәыцра, агәынкылара, уҳәа.

Шумертәи ацивилизациаҿгьы иҧшаауп ахаҳәтә шьаҭа змоу, Адама еиҧшу артефактқәа. 

Еиқәхаз ахәмаррақәа рыҧҟарақәа шырзымдыруагьы, археологиатә ҧшаахқәа иудырбоит шумераа аинтеллектуалтә гәырҿыхагақәа шрымаз.