Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа Аԥсныи Нхыҵ Кавказтәи ҳашьцәеи рыбжьара заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рзы агуманитартә цхыраара аарышьҭит – амаҭәа ԥхақәа.

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа рҟынтә агуманитартә цхыраара, хаҭалагьы – 1200 комплект амаҭәа ԥхақәа Аԥсныҟа иааит ҭырқәтәылатәи ақалақь Бартын аҟынтә. Абри атәы АААК аинформациатә портал иазеиҭеиҳәеит Аконгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.

Ари аидеиа изцәырҵит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Аҳмаҭ Ҳапат, анаҩс уи аӡбахә Аконгресс аҟны ицәыригеит.

«Аконгресс гәацԥыҳәара дула ари апроект иадгылеит. Ҭырқәтәыла аидара аҭыԥ ианықәырҵа ашьҭахь, Аԥсны аиҳабыра рахь ашәҟәы ҳашьҭит, агуманитартә цхыраара аҳасабала иазхарҵарц. Иара убас ҳрацәажәеит абас иҟоу аҭаацәарақәа ирыцхраауа агәыҳалалратә фондқәа рнапхгаҩцәа, иҳауз амаҭәа ԥхақәа иаҳа изҭаху аҭаацәарақәа ирзаҳшарц азы», – ҳәа еиҭеиҳәеит Гыцба.

Иара излаиԥхьаӡо ала, ари ацхыраара акраҵанакуеит. Цхыраарак аҳасабала, ҳәарада, ибзиоуп, аха даҽа ганкахьалагьы – адиаспора рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны имҩаԥысуа асоциалтә ԥсҭазаара иаланархәуеит, аамҭак азы еиҟәгахаз ҳажәлар рыбжьара аиашьара ацҳақәа арӷәӷәоит, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа ршьамдгьыл аҟны имҩаԥысуа апроцессқәа ирыхәҭакхоит».

АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ иажәақәа рыла, иааз аидара анеилырхлак ашьҭахь, Аконгресс ахаҭарнакцәеи агәыҳалалратә еиҿкаарақәеи еилахәны ишьақәдыргылоит ацхыраара раԥхьа ӡа иргыланы изҭаху аҭаацәарақәа рсиа, нас урҭ амаҭәа ԥхақәа рыҭахоит. Агуманитартә цхыраара ахәҭак Нхыҵ Кавказтәи ҳаиашьаратә республикақәа рҿы ацхыраара зҭаху ирзышьҭхоит.

Ари акциа аԥшьызгаз АААК Иреиҳаӡоу ахеилак иалоу Аҳмаҭ Ҳапат аинфопортал иазеиҭеиҳәеит, ари аҩыза ацхыраара Аԥсны акыршықәса раахыс ишымҩаԥырго. Сынтәа ацхыраара аҟаҵара азҵаара иалацәажәон Ҭырқәтәыла иҟоу Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиеи, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәеи рҟны.

«Ҭырқәтәыла иҟоу аӡахратә, абатә компаниа дуқәа ҳрыҳәеит амаҭәа ԥхақәа ҳзеиқәдыршәарц, даарагьы ҳраҭабуеит урҭ. Агуманитартә еидара ҳажәлар ирзаарышьҭит Ҭырқәтәыла аус зуа, аҭырқәа, акәырд, аԥсуа, ачерқьес хылҵшьҭрақәа змоу анаплакыҩцәа, анаҩс уи, Аконгресс алархәны, ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа рызшаразы», – иҳәеит Ҳапат.

Иара иажәақәа рыла, 1200 комплект амаҭәа ԥхақәа рҟынтә 400 ахәыҷқәа ирызкуп, 250 – ахацәа, даҽа 250 – аҳәса. Амаҭәақәа зегь ҿыцуп, анаплакыҩцәа рфабрикақәа рҟынтә ишиашоу иаарышьҭит.

«Ацхыраара ҳаҳәарц азы ҳара амаҭәа аҭыжьра знапы алаку ааглыхыҩцәа хаҭала ҳрацәажәон, мамзаргьы ҭелла ҳарзасуан, дара рхала иазыразны иалырхуа амаҭәа ҳарҭарц. Анаплакцәа доусы рхала ирыӡбон иарбан маҭәоу, насгьы шаҟа комплект агәыҳалалрахь ирзышьҭуа. Нас ҳара афирмақәа ахьыҟоу ҳцаны иҳаздырхиаз амаҭәақәа еидаҳкылон. Зегь анеидаҳкыла ашьҭахь қәнагала еиқәыршәаны, Аԥсныҟа амҩа иқәаҳҵеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳапат.

Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла излаиԥхьаӡо ала, ари еиԥш акциақәа ауаа еиднакылоит, реизыразра иазнарҳауеит, динхаҵарала, милаҭла, бызшәала уҳәа еиқәымшәозаргьы. Дара аҵакы рымоуп иара убасгьы «доусы ҳапроблемақәа рыӡбараҿы аидгылара ҟаларц азы, ҿыц игыло абиԥарақәа реизааигәатәразы, ауаҩы иқьиара аҵакы шамоу аилкааразы, Аԥсны аҭынч ԥсҭазаара аизҳазыӷьаразы».

Агуманитартә еидара Аԥсныҟа мшынла идәықәҵан, Сҭамԥыл ақалақь аус зуа «Аҟәатәи аидаратә компаниа» ацхыраарала.

«Аҭагылазаашьа схы иархәаны иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп «Аҟәатәи аидаратә компаниа» анапхгаҩы Меҭин Узуни, аӷба ақаԥдан Исмеҭи, иҟарҵаз ацхырааразы», – ҳәа азгәеиҭеит Ҳапат.

Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла иеиҭеиҳәеит иара убас, хара имгакәа Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеилакқәа Рфедерациа алархәны абри аҩыза ацхыраара аҟаҵаразы иҷыдоу апакет аԥҵахоит ҳәа. Ус анакәха, уажәы имҩаԥгаз акциа ҵыхәтәантәихом.