Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора рҟынтә Аԥсныҟа иаашьҭыз 1200 комплект амаҭәа ԥхақәа АААК аусзуҩцәа Аԥсны агәыҳалалратә еиҿкаарақәа ирырҭеит заагарҭа маҷу аҭаацәарақәеи, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақеи ирзыршарц.

Саид Барганџьиа

Ҭырқәтәылатәи аԥсуа-абаза диаспораҟны еидкылаз амаҭәа ԥха ҿыцқәа Аԥсны агәыҳалалратә еиҿкаарақәа рахь инагоуп, заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рызшаразы.

Агәыҳалалратә еиҿкаарақәеи аилазаарақәеи рахь иаашьҭыз агуманитартә цхыраара наргеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа.

«Ҳара ҳақәгәыӷуеит ари акциа ҵыхәтәантәихом ҳәа, – иҳәеит АААК анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба. – Иҵегь ирацәаҩны адиаспора рхаҭарнакцәа алаҳархәлоит абас еиԥш иҟоу аусқәа рынагӡара. Агәыӷра ҳамоуп абри агуманитартә цхыраара маҷк иадымхаргьы заагарҭа маҷу аҭтаацәарақәа акала ирыхәап ҳәа».

Аконгресс аусзуҩцәа жәабала амаҭәа ԥха акомплектқәа наргеит абарҭ аиҿкаарақәа рахь: «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рассоциациа» Аҟәеи Аҟәатәи араиони рҟны иҟоу аҟәша, «1992-1992 ашықәсқәа рзтәи Аԥсы Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса-инвалидцәа рассоциациа», агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара «Кьараз», уҳәа егьырҭгьы, иара убас Аԥсны Арепатриациазы аминистррахь.

«Ҳара иҳамоуп асоциалтә комиссиа, уи алахәцәа агуманитартә цхыраара ҭырҵаауеит, нас ишьақәдыргылоит иара зҭатәу аҭаацәарақәа рсиа, анаҩс доусы иаҳа ирҭаху азгәаҭаны ирыҭахоит», – иҳәеит арепатриациа аминистр Беслан Дбар, акциа аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа раҳәауа.

Ацхыраара зызкыз аҭаацәарақәа амаҭәа ԥхақәа анрырҭоз даара иҭабуп ҳәа ахырҳәаауан.

«Сара фҩык ахәыҷқәа сымоуп. Зегьы иреиҳабу 17 шықәса ихыҵуеит, аиҵбаӡа – ааба. Схала соуп урҭ зааӡо. Схаҵа дсыԥхеит хәышықәса раԥхьа. Ҳәара аҭахума, «Кьаразаа» ҳацхраауеит. Иахьа даара иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп ҭырқәтәылатәи ҳашьцәеи Адунеиегьтәи аԥсуа-абаза конгресси абас амаҭәа ԥхақәа ҿыцҳараӡа иахьҳзааргаз. Ҳара ҳзы ари цхыраара дуӡӡоуп, ҳәашьа сзаҭом шаҟа иаҳҭахыз», – лҳәеит Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭан инхо ахшара рацәа ран Нани Ҵурҵумиа.

Агуманитартә цхыраара иаашьҭыз ахәҭак Ҟабарда-Балкариаҟа ишьҭын уаҟа инхо Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз ранацәа рызшаразы.

1992-1992 ашықәсқәа рзтәи Аԥсы Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса-инвалидцәа рассоциациа анапхгаҩы Лариса Ҭарԥҳа лакәзаргьы, ари акциа аиҿкааҩцәа драҭабуит.

«Сгәы иахәеит ари аҩыза аус бзиа ахьынагӡоу. Иҭабуп ҳәа расҳәоит Аконгресс аусзуҩцәеи акциа аиҿкаара изааԥсази зегьы. Ҳаибашьра иалахәыз, ааха зауз аҳәса аҳамҭақәа ахьырзыҟашәҵаз азы даара иҭабуп. Ҳара ҳзы игәахәараоуп, раԥхьаӡа иргыланы, ҳахьышәхамышҭыз, ҳахьышәгәалашәо», – лҳәеит Ҭарԥҳа.

Ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы АААК Иреиҳаӡоу ахеилак иалоу Аҳмаҭ Ҳапат иаԥшьгарала Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа еидкыланы Аԥсныҟа иаарышьҭит 1200 комплект амаҭәа ԥхақәа, заагарҭа маҷу Аԥсны аҭаацәарақәа рызшаразы. Агуманитартә цхыраараҿ иҟоуп 400 комплект ахәыҷтәы ԥхамаҭәа, 250 комплект ахацәа рзы аԥхамаҭәеи, 550 комплект аҳәса рзы аԥхамаҭәеи. Жьҭаара 4 рзы аидара Аҟәа иӡхыган. Амаҭәақәа зегьы ҿыцҳараӡа иҟоуп, ишиашоу аба-фабрикақәа рҟынтә еидкылоуп. Амаҭәа аарышьҭит абарҭ афабрикақәа реиҳабцәа: Sik Orme, HSM Tekstil, Karadag Tekstil, Hayber Tekstil, Dark Tekstil, Espira Tekstil, Anemon Tekstil, Berfin.