Абаза культуреи аҟазареи акыр ирзааԥсаз аусзуҩцәа Гәаџьаа рҭаацәараҿы аныҳәатә рыцхәқәа акыр хәажәкыра мзазы иазгәарҭоит. Урҭ иузеиԥымхо рыԥсҭазааратә мҩеи рҟазареи ирызку аочерк азнархиеит АААК аинфорпортал.

Гьаргь Чкала

Гәаџьаа рҭаацәара хаҵеи ԥҳәыси излеилкаахаз ала зынӡа еиԥшӡам. Иара – ҭыԥк аҿы имтәо, зегьы срыхьӡандаз ҳәа иҟаз ауаҩы. Лара – иҭынчу, аҩны-адәны аиҿкаара иашьҭоу аԥҳәыс. Ус шакәызгьы, Абрагь-Заури Галинеи рыԥсҭазаарақәа иузеиҟәымҭхуа еибаркуп… еибазыркызгьы – рыбжьара иҟоу абзиабареи, амузыкеи, аҟазареи гәыкала разнеироуп.

Ус ҳҳәаргьы, еицырзеиԥшызгьы рацәан. Рҩыџьагьы рымширақәа хәажәкыра мзазы иазгәарҭоит: Галина диит хәыжәкыра 11 рзы, Абрагь-Заур – хәыжәкыра 28 рзы, Жәларбжьаратәи атеатр амш адырҩаҽны, иԥсҭаазарагьы зегьы асцена иазикит. Ачарагьы руит 1963 шықәса, хәыжәкыра 28 рзы – ари ахҭыс зегь реиҳа зыхә ҳаракыз ҳамҭаны изыҟалеит Абрагь-Заур 25 шықәса ихыҵра аҽны.

«Ишԥабзиоу шәахьаҳзааз!»

Галиа Хачыкәа иҟалаз ҽеишәа ахаҿы аагарагьы дахьымӡацкәа, ажәла ҿыц лоуит. Лхаҵа ачара аҽнынӡа хынтә заҵәык ракәын дахьылбахьаз.

«Ҽнак зны, сҩыза бзиак Џьалдуз Тхәахә бсыцхраароуп ҳәа сзаацҳаны, лыҩныҟа саалыԥхьеит, – ҳәа илгәалалыршәоит Галина Беслан-иԥҳа раԥхьаӡа акәны Абрагь-Заур Пата-иԥа данылбоз амш. – Лара лҿы саннеи, дызбеит арԥыс, ишьапы хырҟьаҟьа луҭраҿы аусура дшаҿыз. Убасҟан цәалашәарак соуит, абри ачкәын сиабалырдырырц саалыԥхьазар ҟалап ҳәа».

Уи аҽны Галина Беслан-иԥҳа дзабадырыз арԥыс Абрагь-Заур Гәаџьа иакәын. Уи даараӡа аинтерес зҵаз, ақыҭа Аԥсуа (Ҟарачы-Черқьесиа иҟоу ақыҭа – аред.) иалҵыз ҷкәынан. Иахьеицәажәоз еилкаахеит, Абрагь-Заур ааигәа Ленинградынтәи дшыхынҳәыз – уаҟа атеатри, амузыкеи, акинематографиеи рзы Ленинградтәи аҳәынҭқарратә институт аҟны хәышықәса аҵара иҵон, раԥхьаӡатәи ҟарачы-черқьессктәи астудиа алахәылацәа дыруаӡәкны (1957 шықәсазы аинститут ашҟа инашьҭын Ҟарачы-Черқьессиантәи агәыԥ ду – аред.). Абрагь-Заур, гәадурала еиҭеиҳәон Урыстәыла акультуратә ҳҭнықалақь аҟны иҵареи, дызлаз астудиа иқәнаргылоз аспектакльқәеи ирыдҳәалоу ажәабжьқәа. Лымкаала далацәажәон астудиа иқәнаргылаз адипломтә усумҭа – акомедиа «Аршин мал алан», ихадоу афырхаҵа Аскер ироль ахьынаигӡаз.

Усҟантәи аамҭазы Галина иқәыԥшыз специалистын – Черқьессктәи арҵаҩратә ҵариурҭа далганы, лқыҭа гәакьа Ԥсыж (Черқьесск иацәыхарам ашәуа қыҭа – аред.) рҵаҩыс аус луан. Ҽнак аус зцылуаз лколлектив зегьы дрыцны дцеит Ленинградтәи аинститут аушьҭымҭацәа иқәдыргылоз аспектакль «Океан» апремиера ашҟа. Афоие аҟны иахьгылаз даарыдгылеит Абрагь-Заур.

«Ишԥабзиоу аспектакль шәахәыԥшырцаз шәахьаҳзааз!» – ихәан дыбналеит» – абри аҟароуп урҭ аҩбатәи реиқәшәаразы Галина Беслан-иԥҳа илгәалашәо.

Ахынтә раан дахьылбаз дара рыҩноуп, иҩызцәеи иуацәақәаки аашьҭыхны лҳәара данааи.

Мышқәак рышьҭахь лара дыргеит.

«Убас ирласны зегь ҟалеит… Иара ианакәызаалакгьы иарбан усзаалак нас ахь аиагара бзиа ибомызт. Зегьы афырҳәа, дшыҩуа иҟаиҵон. Аԥсҭазаара дахыццакуазшәа», – ҳәа лгәы ԥшаауа дилацәажәон Галина Гәаџьа лыԥшәма.

Ишыҩуа зегьы ирыхьӡон – уажәшьҭа аҩыџьагьы

Абрагь-Заур Гәаџьа атеатр аҿы дахьыхәмаруаз адагьы, даара амузыкатә баҩхатәра змаз уаҩын: амандолина аирҳәон, ашәаҳәара илан, амузыка аԥиҵон, аҵара ҷыда шимамызгьы. 1962 шықәсазы арадио аҿы иҭаҩын раԥхьатәи иара иашәа «Ааԥын», Микаель Ҷкату (Ҟарачы-Черқьесиа жәлар рпоет – аред.) иажәеинраалала иаԥҵаз. Даҽа шықәсык ашьҭахь

арадио ала игеит иаԥҵамҭа «Абаза вальс» апоет Џьамладин Лагәыцә иажәақәа рыла. Ари ашәа иаразнакала азыӡырыҩцәа ргәы иақәшәеит.

1964 шықәсазы Ҟарачы-Черқьесиаҟа агастрольқәа аманы иааит Аԥсуа драматә театр. Атруппа иацыз аделегациа акыр ирацәан, уи далахәын Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа адиректор Алықьса Чычбагьы. Ашәуаа апрофессионалтә музыкантцәа шрымам дырны, Алықьса Чанҭа-иԥа иӡбеит дызхагылаз аҵараиурҭахь аҵарахьы аӡәык-ҩыџьак ааԥхьара риҭарц. Иара диабжьыргеит Абрагь-Заур. Уи, ҳәара аҭахума, ацара дақәшаҳаҭхеит. Аха иҭаацәа нижьуазма? Гәаџьаа рҭаацәараҿы дихьан рыԥҳа хәыҷы Мадина, усҟан лара бжьы-мзы заҵәык ракәын илхыҵуаз.

Ахәыҷы лааӡара андуцәа рхахьы ирган, хаҵеи ԥҳәыси Аԥсныҟа идәықәлеит.

Арҵаҩы дышкомпозиторхаз

Аҟәа ианааи ақәыԥшцәа аҵарагьы рҵон, арҿиара аганахьалагьы еизҳауан. Абрагь-Заур амузыкатә ҵараиурҭаҿы иҵареи Аԥсуа драматә театр аҟны иусуреи еилаигӡон. Галина лакәзар, аамҭакала ҩ-факультетк рҟны аҵара лҵон: амузыка атеориеи, адирижиортә-хортә факультети рҟны. Арҭ ашықәсқәа рзы лара амузыка лыҩуеит Шаҳымби Цәызыҟәа иажәеинраалақәа рзы («Ажәҩан цырцыр аԥшәмацәа» «Абла иаҵәа», «Сыбзыԥшит бара»), иара убас апоет Џьамладин Лагәыцә иажәеинраала «Аниара» азы. Лдипломтә усумҭаны иҟалеит Ҟали Џьгәаҭан иажәеинраала «Абазашҭа» азы илҩыз амузыка. Ари ашәа ажәлар ирылаҵәеит, даара иргәаԥхеит, акыраамҭагьы абаза жәлар иофициалтәым ргимнк аҳасабала иԥхьаӡан, иара иахьагьы ус иаанхоит уҳәар ауеит.

Абасала, арҵаҩы қәыԥш ашәуа ԥҳәызбацәа рахьтә зегь раԥхьаӡа акәны ипрофессионалтәу композиторс дҟалеит.

Ашәа «Абазашҭа» ақәҿиара дуӡӡа шаиузгьы, Ҟали Џьгәаҭани лареи уаҳа ашәақәа еицаԥырымҵеит. Аха Шаҳымби Цәызыҟәеи лареи акыр ибзианы аус еицыруит, апоет ажәақәа рзиҩит Галина лмедоиақәа ааба. Урҭ русеицураҿы реиҳа иналукааша аԥҵамҭаоуп ақыҭа Гәым иазку ашәа.

80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны Галина Гәаџьа лассы-лассы аус зцылуаз авторны дҟалеит Али (Ӷалиса) Иуана. Усҟантәи аамҭазы ирылҭаз аинтервиуқәа руак аҟны Галина Беслан-иԥҳа гәаартыла илҳәеит, ари апоет аус ицура даналага инаркны арҿиаратә гәамч ду шлоуз. Аҩыџьагьы еицаԥырҵеит жәаба инарзынаԥшуа ашәа ҟаимаҭқәа, урҭ ируакуп ашәа «Бабацауа?», уажәшьҭа 30 шықәса раахыс реиҳа ирацәаны инарыгӡо абаза ашәақәа ируаку, иара убас егьырҭ еицырдыруа ашәақәагьы: «Малла сыужьар уҭахуп», «Бара банҳацыз, ҳан лашара», «Сысабицәа раб Маҵесҭа дцеит», «Ихаҵа сылашара, снапы шыцқьоу».

Иааидкыланы Галина Гәаџьа иаԥылҵеит 40 мелодиа.

Амузыка лыҩуан лыԥсы анылшьоз аамҭазы. Аусура аамҭа зегьы арҵаҩра иазылкуан: амырзакан арҳәашьа длырҵон.

Амилаҭтә культурахь алагала

Уи џьашьатәым уҳәар ауан: лыуацәа гәакьақәа зегьы, ланду, лан уҳәа амырзакан адырҳәон (Џьухиль Гәана, Лиолиа Хачыкәа – еицырдыруа ашәуа мырзаканарҳәаҩцәа – аред.). Аха абар апарадокс – аинструмент арҳәара дазаазгаз лхаҵа иоуп, уаанӡа амырзакан лнапахьы иаалымгацызт.

Абрагь-Заур Черқьесск акультуратә ҵаралашаратә ҵараиурҭа директорс даныҟарҵа амырзакан арҳәаразы акурс згарц сабжьигеит, – ҳәа еиҭалҳәоит Галина Беслан-иԥҳа. – Сара афортепиано арҳәарала акәын аҵара сшалгаз. Аха иара даалаган «Казань» амырзаканқәа хәба ааихәеит, иҟасҵарыз, арҳәашьа сҵар акәхеит».

Галина Беслан-иԥҳа амырзакан арҳәашьа злырҵоз раԥхьатәи лҵаҩы Алибек Ҟәрашьын иакәын – иахьа Ҟарачы-Черқьесиа иреиӷьӡоу амырзаканарҳәаҩцәа ируаӡәку, атәыла зҽаԥсазтәыз артист. Уи иаамышьҭахь ҵаҩцәас илыман Мадина Муратыкәа, Диана Апса уҳәа егьырҭ ҳаамҭазы амилаҭтә арҳәага азҟазаҩцәас иҟоу артистцәа аӡәырҩы.

Галина Гәаџьа лылшамҭақәа ирхыԥхьаӡалатәуп ашәуа милаҭтә мелодиақәа нотала ранҵареи, абаза ашәақәа реизгақәа рҭыжьреи. Зны, 1971 шықәсеи 1979 шықәсеи рзы иҭыҵит Галина Гәаџьа еиқәлыршәаз «Абазашаҭа амелодиақәа» ҳәа хьӡыс измаз ҩ-еизгак. 2015 шықәсазы аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара» ахада Мусса Егзакьи анаплакҩы Назымбеи Ҭлыси иҟарҵаз афинанстә цхыраарала иҭыҵит аизга «Уарадақәа – сгәы зырԥхауа». Уи еиднакылеит Галина Гәаџьа лхатәы автортә ашәақәеи Ҟарачы-Черқьесиа ажәларқәа рмелодиақәа нотала ранҵамҭақәеи.

Амилаҭтә музыкатә культура аиқәырхареи арҿиареи аус ахь Галина Беслан-иԥҳа иҟалҵаз алагала азгәаҭоуп иланаршьаз ахьӡ ҳаракқәа рыла: «Урыстәылатәи Афедерациа акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы», «Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы».

Шәышықәсыбжак инаӡоз агәҭыха

Абрагь-Заур Гәаџьа ашәа аԥҵара аганахьала ирҿиара ҳалацәажәоазр, ашәуаа рмузыкатә культура ирбеиеит 33 ашәа рыла. Хә-ашәак рзы ажәақәа иара ихаҭа иҩит, жәба – ихаҭа иагьынаигӡеит. 1966 шықәсазы иҭижьит абаза ашәақәа раԥхьатәи реизга «Уԥырла, сара сашәа!»

Атеатр – Абрагь-Заур дхәыҷаахыс игәы ззыҳәоз арҿиара хкуп. Иара баша ахәмарра акәымызт ииҭахыз, абаза театр асценаҿы ахәмарра акәын иара изы ихадараз. Абри агәҭыхоуп 1957 шықәсазы Ленинградҟа аҵарахьы ирышьҭуаз абитуреинтцәа ргәыԥ иаргьы дахьалалаз зыбзоуроу, усҟан агәыԥ еиҿыркаахьан, аха зегь акоуп иаргьы дырхыԥхьаӡалахеит. Ҟарачы-Черқьессктәи аобласттә драмтетр аҟны даныхәмаруазгьы уи игәҭыха шимац иман, уаҟа усҟан абаза труппа ыҟамызт.

90-тәи ашықәсқәа раан Ҟарачы-Черқьессктәи акультуреи аҟазареи рколлеџь аҟны ашәуа студентцәа еидкыланы атеатралтә студиа «Ахшам» (абаза бызшәала – «аилашәшәра») анаԥиҵозгьы убри игәҭыха акәын дзызхәыцуаз. Абрагь-Заур даара дгәыӷуан еидикылаз аҿарацәа уи аамҭазы адоуҳа иахаԥаны иҟаз «аилашәшәыра» насҭхьаҳәаны «ашарԥыеҵәа» агылара иацхраауеит ҳәа.

Убраҟа «Ахшам» аҿоуп рырҿиаратә мҩа ахьхацдыркыз иахьа еицырдыруа абаза артистцәа Аминаҭ Наԥшь, Зураб Кәаԥсыргьан уҳәа аӡәырҩы.

«Ҳарҭ арҿиараҿы зхы аарԥшра иашьҭалаз аҿарацәа ҳзы ари астудиа – зеиӷьыҟам школк аҳасабала иҟалеит – ҳәа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Заур Лыи, иахьа Ҟарачы-Черқьесиа аҳәынҭқарратә телехәаԥшра абаза редакциа иахагылоу. – Апрофессионалтә ԥышәа ахьҳауз адагьы, ҳара иаҳҭаауан, аус ҳацыруан арҿиаҩцәа хазынақәа – апоетцәа Микаель Ҷкату, Қьрым Мыхц, Али Иуана, артистка Ҭамара Кьышьмахәа. Урҭ рыҿцаара иаҳнаҭоз арҿиаратә гәамч рацәаӡан. Абарҭ аиԥыларақәа зегьы еиҿызкаауаз Абрагь-Заур иакәын».

Абрагь-Заур Гәаџьа игәҭыха наӡеит 2001 шықәсазы: Ҟарачы-Черқьесиа усҟантәи ахада Владимир Семионов инапы аҵаиҩит абаза театр аԥҵаразы аусԥҟа, Гәаџьа уахь ааԥхьара ирҭеит арежиссиор хадасс. Иқәра акыр ишмаҷымызгьы, иара ҷкәынаҵас агәацԥыҳәара ду иманы аус напы аиркит, истудиа аҟынтә аҿарацәа ааигеит, урҭи Инџьықь-Ҷкәын ақыҭаҿтәи ахаԥшьгаратә милаҭтә театр артистцәеи еиҿыркааит арҿиаратә коллектив ҿыц.

«Сара иџьасшьеит шаҟа иҽаиҭоз уи дызҿыз аус, ҳдебиуттә спектакль «Амҳаџьырқәа рышьҭала» арепетициақәа раан – ҳәа еиҭеиҳәоит Аҳәынҭқарратә абаза драматә театр раԥхьатәи актиорцәа ируаӡәку Амир Быџь. – Абрагь-Заур асиужет, адраматургиа уҳәа рҵакы бзиаӡаны еиликаауан, амузыка аганахьала имаз адыррақәа рыбзоурала апиесақәа зегь реиҳа ирнаалоз амузыка рзиԥшаауан. Убас дшыҟазгьы еснагь ҳара ҳгәаанагарагьы азыӡырыҩра дазыхиан, ҳара ҳашпрофессионалцәамызгьы, ҳажәалагалақәа рационалтәуп ҳәа иԥхьаӡозар, гәахәарала идикылон. Даара динтеллигентын».

2002 шықәса хәажәкыра 1 азы қәҿиара дула имҩаԥысит атеатр раԥхьатәи премиера, убасҟан адунеи ду аҿы дыҟамзар ҟаларын Абрагь-Заур Гәаџьа иаҟара насыԥ змаз уаҩык. Аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа атеатр ала иԥсы ҭан.

«Аԥсцәаҳа сигарц дааиргьы, аҩны сиоушам»

2009 шықәса, мшаԥымза 20 рзы Ҟарачы-Черқьесиа атеатрқәа зегьы русзуҩцәа Ростов-на-Дону ақалақь аҿы азеиԥш еизара ду мҩаԥыргон. Абрагь Заур Гәаџьагьы аделегациа дахыԥхьаӡалан.

«Абас иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рахь данцоз амаҭәа ҿыц абжьааԥны ишәиҵомызт, – ҳәа лхаҵа аҵыхәтәантәи имшқәа лгәалалыршәоит Галина Гәаџьа. – Аха усҟан иҭаца Асида даашьҭыхны аџьырмыкьахь дцан акостиум ҿыц ааихәеит. Ашьыжь заа иҽеибыҭаны аҩны ддәылҵит. Сара абарҵа сықәгыланы сыла дахьынӡабоз сишьҭаԥшуан. Минуҭқәак рышьҭахь аҭел исзасны исарҳәеит иԥсҭазаара дшалҵыз…»

Абрагь-Заур Гәаџьа иԥсҭазаара далҵит атеатр аҿаԥхьа, аизарахь ицоз автобус дақәтәарц дшаҿыз…

Шқәсқәак рышьҭахь Галина Беслан-иԥҳа даҽа цәыӡ дук лзыԥшын – 2016 шықәса, хәажәкыра 11 рзы – лара 75 шықәса анылхыҵуаз аҽны иԥсҭазаара далҵит Абрагь-Заури лареи рԥа Анзор. Абас ааха ӷәӷәақәа зхызгаз Галина Гәаџьа арҿиара дацәхьаҵит. Уажәшьҭа лыԥсҭазаара зегьы ззылкуа лмоҭацәа – Анзор ихәыҷқәа рааӡароуп.

«Урҭ агәҿыӷьха сырҭаӡом, аԥсшьарагьы закәу сыздыруам – еснагь ныҟәароуп сызҿу, иахьцалак срыцуп, ҽынла шамахамзар аҩны сыҟаӡам. Сҩызцәа ус расҳәалоит: аԥсцәаҳа сигарц дааиргьы, аҩны сиоушам ҳәа», – лҳәоит длафны Галина Беслан-иԥҳа.

Макьанагьы акыршықәса џьаргьы дышәԥымлааит аԥсцәаҳа, Галина Беслан-иԥҳа. Шәҳагымзааит!