Жьҭаара 16 рзы АААК Иреиҳаӡоу ахеилак апрезидум алахәцәа еиқәшәеит Аконгресс аусура абжьаратәи алҵшәақәеи ԥхьаҟатәи агәҭакқәеи рылацәажәаразы.
Саид Барганџьиа
Аконгресс аусура абжьаратәи аихшьалақәеи, ԥхьаҟатәи агәҭкқәеи, жәларбжьаратәи аныҟәарақәа рыплангьы уахь иналаҵаны, ирылацәажәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак апрезидиум алахәцәа, ахаша, жьҭаара 16 рзы имҩаԥысыз реилатәараҿы.
Аиԥылара иалахәын – Мусса Егзакь, Натали Лазԥҳа, Беслан Дбар, Инар Гыцба, Виачеслав Чрыгба, Шьараф Маршьан.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аиԥылара алахәцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәаны ажәа ииҭеит аконгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба. Уи иазгәеиҭеит аилатәара ишалахәу апрезидиум иалоу реиҳараҩык, «ус анакәха, акворумгьы ыҟоуп» ҳәа.
АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ еизаз иргәалаиршәеит Аконгресс уажәтәи аамҭазы усқәас имҩаԥнаго.
«АААК активла аус ауеит адунеи ду иалаԥсоу аԥсуа-абаза ҭаацәара ахаҭарнакцәа рыԥшаареи, нас урҭ Аконгресс ралаҵареи ахырхарҭала. Абарҭ ахықәкқәа рынагӡаразы иаԥҵахоит аҭыԥантәи арегионалтәи ахеилакқәа. Урҭ рышьақәгылара иалахәуп регионцыԥхьаӡа инхо ауааԥсыра – аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа», - ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.
Иара иааигеит иаадыртхьоуи иаадыртраны иҟоуи ахеилакқәа ирызку адыррақәа. Иахьазы иаԥҵоуп арегионалтә хеилакқәа быжьба (ҞБА, ҞЧА, Аԥсны, Ҭырқәтәыла, иара убас Москвеи Санкт-Петербурги – аред.), уажәазы Иорданиа ахеилакқәа раартразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. Инар Гыцба иажәақәа рыла, арегионалтә хеилакқәа раартра азгәаҭоуп иара убас Бриатаниа Ду, Германиа, Шьамтәыла уҳәа убас аԥсуа-абаза диаспора ахьынхо егьырҭ атәылақәа рҿы.
«Арегионалтә хеилакқәа инрываргыланы иаартуп иара убасгьы аҭыԥантәи аҟәшақәа рхеилакқәагьы Аԥсны ақалақьқәа рҿы (Тҟәарчал, Очамчыра, Гәдоуҭа) иара убасгьы Ҭырқәтәыла (Сҭамԥыл, Инегиоль, Измиҭ, Есқьишьеҳир, Билеџьиқ, Бурса, Сақариа). Ахеилакқәа аартхоит Аԥсны араионқәа зегьы рҿы. Иахьазы урҭ 10 ҟалахьеит», - иҳәеит АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ.
Инар Гыцба иааркьаҿны еиҭеиҳәеит Аконгресс жәларбжьаратәи усурас имҩаԥнаго атәы. АААК ихадароу ахықәкқәа ируаку – адунеи зегьы иқәынхо аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа реидкылара – анагӡаразы Аконгресс аделегациа усуратә ныҟәарала ирҭаауеит адиаспора ахьықәынхо атәылақәа: Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Египет. Иазгәаҭоуп атәылақәа Шьамтәылеи, Германиеи, Нидерландқәеи раҭаарагьы.
Мусса Егзакь атема иацҵауа иазгәеиҭеит, АААК жәларбжьаратәи аусураҿы лассы-лассы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иадҵаалоит ҳәа.
«Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи ҳареи аконсультациақәа мҩаԥаҳгоит. Дара рԥышәа ҳасаб азуны, ҳразҵаауеит акцент зызутәуи, еиҳа изызҿлымҳатәузеи аспектқәа. Дареи ҳареи ҳаимадара алҵшәа бзиақәа аанашьҭуеит. Иааидкыланы жәларбжьаратәи ҳусура (АААК аусура) афункциақәа рацәаны инанагӡоит», – иҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы.
Апрезидиум алахәҩы Виачеслав Чрыгба иакәзаргьы, АААК жәларбжьаратәи аусура ахәшьара ҳаракы аиҭеит, аԥсуа-абаза милаҭ ахьынхо атәылақәа раҭаара аҵак ду шамоугьы азгәеиҭеит.
«Аконгресс жәларбжьаратәи аусура гәахәара дула сацклаԥшуеит. Даара ибзиоуп Аконгресс ҳауаажәлар ишиашоу ҳҽызларымаҳдо «цҳак» аҳасабала иахьыҟалаз. Сара акыршықәса Европа сынхон, убри аҟнытә исырҳаз аԥышәа шьаҭас иҟаҵаны ишәыдызгалоит шәызҭаараны шәыҟоу атәылақәа рсиа иацышәҵрц Швеицариеи Бельгиеи. Уаҟагьы хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа-абаза диаспора нхоит», – иҳәеит Чрыгба.
Алахәцәа рыхәҭалагала азҵаара цәыригеит аилатәараҿы АААК аппарат анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Калинкин.
«АААК зықьҩык инареиҳаны алахәцәа ашәҟәы иҭанагалахьеит, асиа шьақәыргыланы иҟоуп. Ари аус еиқәыршәоуп, еиҿкаауп. Алахәҩы ихәҭалагала – шықәсык ахь шә-мааҭк ыҟоуп. Алахәҩы ихәҭалагала ушәар ауеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс асаит аҟынгьы. Макьаназы Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырадгьыл аҿы иқәынхо ахархәаҩцәа рзы мацароуп уи ахьалшо. Ахәҭалагалақәа зегь реидкылара ҳаҿуп, 30 процент еизаҳгахьеит», – иҳәеит Михаил Калинкин.
АААК алахәра азҵаара дазааҭгылауа, Мусса Егзакь иазгәеиҭеит иахьазы «хазы игоу ауааԥсыра активла Аконгресс алалара иаҿуп, ахәҭалагалақәагьы ршәоит, аха абизнес ду макьана уи аус иахыццакуам» ҳәа.
«Еиҳагьы еффективла аус ҳаулароуп, ахьӡ-аԥша ҳарҳароуп ҳхаҭақәа. Аус ҳуеит, иагьаҳаԥшаауеит абизнес ду Аконгресс ахь ихьазырԥшыша аформула», – иҳәеит иара.
Жьҭаара 17 рзы иазыԥхьагәаҭоуп даҽа еилатәаракгьы – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа реилатәара.
Аусура аихшьалақәеи ԥхьаҟатәи агәҭакқәеи рылацәажәара иазку Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак аилатәарақәа аамҭа-аамҭала еиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит. Ԥыхьатәи аилатәара мҩаԥысит 2019 шықәса, рашәарамзазы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.