Аԥсны афырхаҵа Рауф Џьыкырба 30 шықәса раԥхьа ахаҳә аҿы иҭиҟаз ахаҿсахьа рыԥшааит Аԥсны аҿар рассоциациа «Аԥеиԥши», В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура Ахырхарҭа ҷыда ацентр аспециалистцәеи русеицура иалҵшәаны Гәыма ақыҭан.

Аԥсны афырхаҵа Рауф Џьыкырба инапы иҵыҵыз, 30 шықәса раахыс иӡны иҟаз ахаҿсахьа зну ахаҳә рыԥшааит Аԥсны аҿар рассоциациа «Аԥеиԥши», Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Ахырхарҭа ҷыда ацентр аспециалистцәеи рымчала цәыббра 15 рзы Аҟәа араион Гәыма ақыҭан.  

Ахаҳә уахәаԥшны угәы ишаанаго ала, Аԥсны афырхаҵа Рауф Џьыкырба 1992 шықәсазы ҳәызбала иҭаԥиҟеит аԥҳәызба лхаҿсахьа. Автор ихыркәшамыз иусумҭа ҵәахны ажәыларахь дцеит, дагьҭахеит. Ахаҳә аԥшаара шхацыркыз атәы еиҭалҳәеит АААК аҿар реизҳареи абаҩрҵәыреи рыҟәша аспециалист Есма Кәыҵниаԥҳа.

«Аконгресс аҟны лассы-лассы аҿар рхеилакқәеи аҿар аус рыдызуло аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи ҳарԥылоит. Еиуеиԥшым апроектқәеи аусмҩаԥгатәқәеи раан ҳусеицура азҵаарақәа ҳрылацәажәоит. Абри ахаҳә аԥшаарагьы ҳаиԥыларақәа ирылҵшәахеит уҳәар ауеит. Саид Ҟәланба иаҳзеиҭеиҳәеит уи аҭоурых, ҳаргьы ҳахәҭаахьала аԥшаара аус активла ҳхы алаҳархәит», – лҳәеит лара.

Ахаҳә аԥшаара уаанӡагьы изныкымкәа рҽазыршәахьан, аха ирбомызт. Аԥшаарақәа рхацыркра аидеиа шцәырҵыз атәы еиҭеиҳәеит Аԥсны аҿар рассоциациа «Аԥеиԥш» ахантәаҩы Саид Ҟәланба.

 «Абри ахаҳә иахҳәаау ажәабжьқәа саҳауеижьҭеи акрааҵуан. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Рауф Џьыкырба баталионк ицалаз сан лыла ишабоз ажәыларақәа рыбжьара ҳәызбала ахаҳә аҭаԥҟҟара далагеит. Ишаабо еиԥш, аҭыԥҳа лхаҿсахьа ҭихуан. Аха, рыцҳарас иҟалаз, иусумҭа изыхмыркәшеит. Ажәылара иалагеит. Мышқәак рышьҭахь иара дҭахоит. 2015 шықәса раахыс изныкымкәа ҳҽазаҳшәахьан ари ахаҳә аԥшаара, аха иаҳԥыхьашәомызт. Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз ҳаԥшаарақәа ҳарҿыцырц ҳаӡбеит Рауф Џьыкырба игәалашәара аҳаҭыразы», – иҳәеит Ҟәланба.

Арԥыс иан Индира Малиа илцәыуадаҩуп урҭ цәыббрамзазтәи ахҭысқәа лгәалашәараҿы рырҿыхара.

«Цәыббра 18, 1992 шықәсазы дҭахоит Рауф. Иареи даҽа ԥшьҩык аԥсуа еибашьцәеи ишьит аснаипер. Урҭ анҭаха ахаҳә згәалашәодаз?! Шықәсқәак аниас ашьҭахьоуп ианысгәалашәа Рауф ахаҳә ҭҟаны ак шҭихуаз. Сгәы иҭажьыз еидарак саҵыҵызшәа сҟалеит иахьа», – лҳәеит аибашьра аветеран.

Ахаҳә лыԥшааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аинформациа аҟәша аԥышәахысҩы Шьазина Бганԥҳа.

«Автор иусумҭа шаҟа дахӡыӡаауаз схаҿы иааганы, баша адәаҿы иахьыхтыроу инижьрымызт ҳәа сыԥхьаӡеит.  Аҭыԥ зеиԥшроуи иара аус аниуазтәи аҭагылазаашьеи срызхәыцны, ахаҳә ҵлак ашьапаҿы ишьҭеиҵазар ҟалап ҳәа сыӡбеит. Ус акәхеит. Ашыцламшә ақәиааны, аламала улаԥш иҵамшәо аҵла ашьапаҿы шьҭан абысҟаҩык ҳзышьҭаз ахаҳә», – лҳәеит лара.

Аԥшаах Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи иарҭеит, изҭаху зегьы инеины ирбар рылшоит.