Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи Ҟарачы-Черқьестәылантә иааз асасцәеи Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет астудентцәеи арҵаҩратә еилазаареи ирԥылеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 30 шықәса ахыҵра азгәаҭареи АААК VIII-тәи Аизараду амшқәеи рҳәаа иҭагӡаны АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи Ҟарачы-Черқьестәылантә иааз аделегациеи ААУ астудентцәеи арҵаҩцәеи ирԥылеит.

Асасцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан автономтә еилазаара «Алашара» Черқьесск иҟоу аҟәша аиҳабы Мураҭ Мыкәа, «Алашара» аусзуҩ Арина Гәана, агазеҭ «Абазашҭа» аредактор хада Фардаус Ҟәыл, Ҟарачы-Черқьестәыла ауаажәларратә усзуҩ Армида Чагәа, Ашәуа қыҭақәа ирыланхо аҳәса рхеилак анапхгаҩы Наҭелла Џьмаҟәыл.

Аиԥылара иаҭааз аԥсшәа реиҳәеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа, иара АААК аиубилеи адиныҳәалеит, ԥхьаҟа аизҳареи ақәҿиарақәеи азеиӷьеишьеит. Гәарамиа иазгәеиҭеит Аконгресс анапхгареи абаза делегациеи Аԥсуа университет аҟны гәахәарыла ишидикыло, абас еиԥш аиԥыларақәа иҵегь лассы-лассы имҩаԥыслап ҳәа  дшақәгәыӷуа.

Адныҳәаларақәа здызкылаз Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иазгәеиҭеит ААУ астудентцәеи арҵаҩцәеи рԥыларақәа аҵак ҷыда шрымоу.

«Аҭагылазаашьа схы иархәаны Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет 90 шықәса ахыҵра адысныҳәалар сҭахуп. Ари аҵараиурҭа – Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ауасхыр азышьҭанаҵоит. Абаза жәлар рыҿиара знапы иану активра аазырԥшуа астудентцәеи арҵаҩцәеи роуп», – иҳәеит Егзакь.

Аиԥылара актәи ахәҭа адискуссиа аформат аманы имҩаԥысит. Ихадароу зҵаарас иқәгылан ахатәы бызшәа аиқәырхареи арҿиареи.

Абызшәатә проблема ӡбашьас иамоу далацәажәо, Мусса Егзакь иазгәеиҭеит абаза жәлар ари азҵаараҿы еилацҵәаны русеицура акырӡа шаҵанакуа. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы ажәалагала ҟаиҵеит иҷыдоу аусутә гәыԥ аԥҵазарц аԥсшәеи абаза бызшәеи рыграмматикеи рлексикеи аганахьала адыррақәа реихаҳара иазку апроектқәа ирызхәыцлаша.

«Ари аусутә гәыԥ иалалар ҟалоит зхатәы бызшәа згәы азыбылуа астудентцәа, ААУ аспециалистцәа, Ҟарачы-Черқьестәылатәи урҭ рколлегацәеи. Ари агәыԥ Аԥсуара иазку  арҵага шәҟәы аҩра рҽазыркыр ауеит, мамзаргьы аԥсуааи ашәуааи еицырзеиԥшу алфавит аԥҵара. Абас еиԥш изызхәыцны инагӡатәу апроектқәа даара ирацәоуп», – ҳәа ациҵеит Егзакь.

Аиԥылара аҩбатәи ахәҭаҿы аконференциа мҩаԥысит, ажәахәқәа рыманы иқәгылеит ААУ апрофессортә-рҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа, Ҟарачы-Черқьестәылатәи аделегациа алахәцәа, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәцәа.

ААУ аҭҵаарадырратә усуразы апроректор Џьульета Адлеиԥҳа Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилаки ҞЧА асасцәеи рахь лхы нарханы АААК аиубилеи рыдылныҳәалеит. Иазгәалҭеит аԥсуа-абаза жәлар ахаҭарнакцәа еибазырбо абас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа даара иаҭахны иҟоуп ҳәа, аҿарацәа рԥыларақәагьы уахь иналаҵаны.

Аԥсуааи ашәуаа жәларык ҳауп. Џьарак ҳхы хоуп: аҽеидкылареи аизҳареи ҳҭахуп», – лҳәеит аҵарауаҩ.

Аконференциаҟны активра ду аадырԥшит ААУ астудентцәа: асасцәа азҵаарақәа рырҭон, аԥсуа-абаза диаспора ԥхьаҟатәи рԥеиԥш шырбо азы ргәаанагарақәа рҳәон. Ауниверситет аҿы имҩаԥысыз аиԥылараан АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Аҳәса ркоординациатә хеилак анапхгаҩы Екатерина Бебиаԥҳа аҳаҭырбӷьыц ланеишьеит ҞЧА Жәлар Реизара (Апарламент) ахантәаҩы Александр Иванов иҟынтә Аԥсни Ҟарачы-Черқьестәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы иҟалҵаз алагалазы.  

Черқьесск иҟоу ИАЕ «Алашара» аҟәша анапхгаҩы Мураҭ Мыкәагьы Екатерина Бебиаԥҳа қәҿиарала лусуразы иҭабуп ҳәа леиҳәеит, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси «Алашареи» рҟынтәи аҳаҭырбӷьыц лнапы иаиркит.  

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахаҭарнакцәа Ҟарачы-Черқьестәылантә иааз асасцәа ирыздырхиаз аҳамҭақәа рырҭеит – аԥсуа сахьаҭыхҩы Гарри Дочиа исахьақәа.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Мусса Егзакь ААУ арҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз адкылара ҟәандазы.

Иара иазгәеиҭеит абаза жәлар ахаҭарнакцәа егьа ганрацәала аимадарақәа рыбжьалар акзаара аус ишазеиӷьу, астудентцәа рыбжьара акәыз, аҵарауаа рыбжьара акәыз, ааԥхьара ҟаиҵеит арҵаҩцәеи заԥхьаҟа ззанааҭ ала аусура иалаго аҿари рԥышәа еимырдаларц, реиҿцаарақәа дырҭбааларц.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы ҞЧА аделегациеи Аԥсныҟа иааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аҽалархәразы. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп атәыла аиҳабыреи, ауаажәларреи, еиуеиԥшым асоциалтә гәыԥқәеи рԥыларақәа.

Мусса Егзакь ААУ астудентцәеи арҵаҩцәеи дырԥылахьан уажәаԥхьагьы – 2019 шықәсазы. Усҟан АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы еиҭеиҳәеит Аконгресс ахыдҵақәеи аусура ахырхарҭа хадақәеи ртәы, иара убас астудентцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аӡбахә аиҭаҳәара иадгылеит: Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, ателеканал «Абаза-ТВ», аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.