Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, Аԥсны ашколқәа рҿы актәи акласс ахь ицаз аҵаҩцәа раԥхьатәи рҵара амш рыдныҳәалауа, ҳамҭас атетрадқәа рынаҭеит.
Саид Барганџьиа
Аҵара амш аҽны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс хә-нызқь цыра тетрад ашеит Аԥсны ашколқәа рҟны актәи акласс ахь ицаз ахәыҷқәа рыбжьара, атетрадқәа рцәаҿы аԥсуа алфавити аҳәынҭқарратә символикеи ануп.
Ари ахҭыс ахҳәаа азыҟаҵо, Аконгресс иатәу Аҳәса Рхеилак анапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа иазгәалҭеит АААК еснагь агуманитартә, агәыҳалалратә акциақәа активла ишрыдгыло.
«Аҵара амш иазку ҳакциа — уаанӡа имҩаԥаҳгоз акциа «Агәы аԥхарра» иацызҵо ауп (2018-2019 шықәсазы АААК Аԥсныи ҞЧА инхо заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа амаҭәа ԥхақәа рзыршеит — аред.). Ҳара ҳҽазаҳшәеит Аҵара аминистрра аусураҿы ацхыраара аҭара, ашколқәа тетрадла реиқәыршәарала. Аминистрра ԥшь-нызқь тетрад аҳҭеит. Агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рыбжьара актәи акласс ахь ицо рзы даҽа хышә тетрад нашьҭын. Хықәкыла атетрадқәа нашьҭхоит Лыхнытәи, Бедиатәи, Бзыԥтәи ашколқәа рахь. Абас ала Аконгресс сынтәа ҳтәылаҿы актәи акласс аҵаҩцәас иҟоу зегьы ирыдныҳәалеит», — ҳәа еиҭалҳәеит Арӡынԥҳа.
Аԥсны Аҵара аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Аслан Қәҭелиа Аконгресс даҭабуит, иагьазгәеиҭеит ас еиԥш акциақәа аҵак ду шрымоу.
«Иааҳауз аетрадқәа зегьы актәи акласс аҵаҩцәа ирзаҳшоит. Иахьазы атеатрадқәа роухьеит Гәдоуҭа араион ашколқәа, Аҟәатәи актәи абжьаратә школ, нас Очамчыратәи ашкол-интернат. Хара имгакәа егьырҭ Аԥсны ашколқәа рҟны аҵара зҵо ахәыҷқәагьы ирызшахоит», — иҳәеит апресс-маӡаныҟәгаҩ.
Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара «Кьараз» ахаҭарнак Кадыр Аргәынгьы Аконгресс иҭабуп ҳәа аиҳәеит. Иагьазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи хәышықәса ирылагӡаны «Кьараз» заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа ацхыраара шрынаҭо ахәыҷқәа ашкол ахь рышьҭраан: аҵаҩцәа иахәҭоу аканцелиартә тауарқәа рыла еиқәдыршәоит.
«Аконгресс уажәаԥхьагьы ацхыраара ҳанаҭахьан. Гәахәара дууп ҳауаажәлар, ҳашьцәа абас ианҳавагыло. Ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа рзы ари даара акраҵанакуеит», — иҳәеит Аргәын.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ашколхәыҷқәа дрыдныҳәалеит, иагьазгәеиҭеит Аҵара амш — иалкаау ныҳәамшны ишыҟоу: уи «иџьашьахәу адунеи ахь узгаша амҩа ҿыц аанартуеит, адыррақәеи аҩызцәа иашақәеи ахьурҳауа».
«Иахьа шьоукы раԥхьаӡа акәны апарта иахатәоит, шьоукы раԥхьаӡа акәны сыстудентуп ҳәа рхы иазырҳәоит. Ари амш зыдныҳәалатәу аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи мацара ракәӡам, аҵара амш рыдысныҳәалоит ҳажәлар зегьы. Избан акәзар аҵара — ауаҩы ихаҭара шьақәзыргыло иреиҳаӡоу факторуп. Ахаан зыхә камҳауа малуп, ауаатәыҩса ԥхьаҟа изго, ауаажәларреи аҳәынҭқарреи уасхырс изықәгылоу ауп», — иҳәеит Егзакь.
2019 шықәсазы Аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵара рҵалоит 27 нызқьҩык аҵаҩцәа, урҭ рахьтә актәи акласс ахь ицаз рхыԥҳьаӡара х-нызқьҩык раҟара ыҟоуп.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.