Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи еидгыланы иаадыртит ақыҭашколхәыҷқәа рдиспансеризациазы аҩбатәи аетап. Сынтәазы аԥхьа иахьцаз қыҭоуп Џьгьарда (Очамчыра араион). Амедицинатә гәаҭара иахыжьын иара убас Ӷәадатәи ашкол аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи. Зынӡа игәарҭеит шәҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.

Адиспансеризациа уажәшьҭа ишаԥу еиԥш, ҩымш аҭаххеит. Актәи амш азы аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ршьа арҭеит ашьақар иалоу агәаҭареи азеиԥш анализ аҟаҵареи азы. Мышқәак рышьҭахь аҭакқәа рнапаҿы икны аҳақьымцәа ирыдыркылеит. Ӷәадааи џьгьардааи ргәабзиара гәарҭон акардиолог Инга Ԥиԥиа, ЭКГ амедеиҳәшьа Ельза Џьынџьал, аблаҳақьым Фатима Сангәлиа, ахәыҷтәы ҳақьымцәа Алиса Гәаланӡиеи Гаиана Бербериани, ареабилитолог Арзадин Агрба, арентгенолог Аслан Берзениа, ауролог Давид Смыр, аендокринолог Ҳамида Џьыкырԥҳа.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аусзуҩ Наур Хышба иазгәеиҭеит адиспансеризациа ҵакыс иамоу.

«Анцәа иџьшьарала, ахәыҷқәа реиҳараҩӡак рыгәқәа бзиоуп, аха аурологиеи акардиологиеи рганахьала зыԥшрак ҟамҵакәа ацхыраара зҭаху ыҟоуп. Абригьы даҽазнык ишьақәнарӷәӷәоит ас еиԥш агәаҭарақәа аҵак ду шрымоу, еиҳаракгьы ахәыҷқәа рҿы аус анумоу. Ақыҭақәа рҿы инхо ауааԥсыра, ахшара рацәа зааӡо аҭаацәарақәа ианаамҭоу аҳақьым иҿы анеира анызрылымшо ыҟоуп. Убри аҟнытә абри ҳапроект аусура иабзоураны акала ҳрыхәарц ҳҭахуп. Иаҳбо адиагнозқәеи алҵшәақәеи рыла иаҳҳәар ҳалшоит адиспансеризациа шхымԥадатәиу», — иҳәеит Хышба.

Џьгьарда ақыҭа ахада, АААК Аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Адгәыр Амҷба Аконгресс аусура ахә ҳаракны ишьеит.

«Ҳашкол аҿы амедицинатә гәаҭара мҩаԥгахоит ҳәа анҳаҳа даара ҳаигәырӷьеит хәыҷи-дуи. Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аӡәырҩы аҳақьымцәа ирхысит, иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси иаҳзааԥсаз аҳақьымцәеи. Апроект ахә ашьара уадаҩуп, абас еиԥш аиҿкаарақәа еиҵагыло абиԥара ргәабзиара иахьахӡыӡаауа гәахәара дууп», — ҳәа игәаанагара иҳәеит Амҷба.  

Аконгресс аантәы иҭыҵхьеит ақыҭақәа рахь адиспансеризациа аҵыхәала. Актәи агәаҭара мҩаԥган 2023 шықәса хәажәкырамзазы.

Апроект хықәкыс иамоуп ақыҭашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи зыҩаӡара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара. имҩаԥысуеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ифинанстә цхыраарала. Аҩбатәи аетап хацыркын аҵарашықәс ҿыц ҳанҭала инаркны. Аусмҩаԥгатә иадыԥхьалоуп акардиологцәа, ахәдаҳақьымцәа, аневрологцәа, аблаҳақьымцәа, ахәыҷтәы ҳақьымцәа, аурологи арентгенологи. Иааиуа адиспансеризациа мҩаԥысуеит ашьхақыҭа Ԥсҳәы, цәыббра 15-17 рзы.