АААКи ааҧхьара зауз аекспертцәеи апроект хыркәшауа азанааҭалхратә тренингқәа мҩаҧыргеит. Ашықәс иалагӡаны апроект рхы аладырхәит Аҧсны ақыҭақәа фба рыҟнытә 100-ҩык инареиҳаны аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа.

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аҟәша есышықәсатәи азанааҭалхратә проект аихшьаалақәа ҟанаҵеит. Ахыркәшаратә тренингқәа мҩаҧысит Хыҧсҭатәи Аџьымҽыӷратәи абжьаратә школқәа рҿы.

Аицәажәарақәа ирылахәын Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аргыларатә дисциплинақәа рырҵаҩы Алиса Барцыцҧҳа, ауаажәларратә усура аспециалист Наида Абидова, АААК аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аспециалист Наур Хышба.

 Аекспертцәеи ашколхәыҷқәеи азанааҭ алхра астратегиақәа ирзааҭгылеит, ирҭаху азанааҭқәа ирылацәажәеит, аҵареи усурҭала аиқәыршәареи рзы рхатә ҧышәа рыцеиҩыршеит. Ашколхәыҷқәа ракәзар активла азҵаарақәа ҟарҵон, ҧхьаҟатәи рыгәҭакқәа ирылацәажәон. Атренингқәа рхыркәшамҭаз ахәыҷқәа Аҧсны аколлеџьқәа ирызку аинформациа зну аӡырганҵақәа рырҭеит.

АААК аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аспециалист Наур Хышба ашықәс аихшьаалақәа ҟаиҵеит, атренингқәа рымҩаԥгара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.

«2025 шықәсазы ақыҭақәа Хыҧсҭа, Аӡҩыбжьа, Уарча, Аџьамҽыӷра, Аацы, Приморское рышколқәа рахь ҳамҩахыҵит. Атренингқәа ирҭааит 106-ҩык аҵаҩцәа. Апроект «Азанааҭалхра» аҧҵан иалкаау апроблема аӡбаразы: аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа аӡәырҩы ашкол ашьҭахь рхы ззыркша рыздыруам, рҭаацәеи дареи ҧхьаҟатәи русура шамахамзар иалацәажәаӡом. Ҳара ари аҭагылазаашьа излауала иҳариашоит. Ҳара ирзеиҭаҳҳәоит ҳтәылаҿы ихәарҭоу азанааҭқәа жәпакы шыҟоу, убри аан аус зуа аспециалистцәеи астудентцәеи ирыҿцәажәаразы ахәыҷқәа алшара раҳҭоит», — ҳәа азгәеиҭеит Хышба.

Активист Наида Абидова еиҭалҳәеит атренингқәа шымҩаҧысуази ахәыҷқәа ирызнаргаз адыррақәа зеиҧшроуи.

 «Ашколқәа зегьы рҿы аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәеи ҳареи ҳаиҧыланы ҳаицәажәон. Ҵараиурҭас иҭаларц ргәы иахьҭоу азы ҳразҵаауан, рнапы зларкырц ирҭаху еилаҳкаауан, ҧхьаҟатәи рзанааҭ алхраҿы имҩақәаҳҵон. Уи адагьы ахәыҷқәа иреилҳаркаауан Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџьи Аҧснытәи аусхкырацәатә коллеџьи аҿарацәа рзы иаҧырҵо алшарақәа», — лҳәеит Абидова.

Лара лажәақәа рыла, аҵак ду рымоуп адырра ҷыдақәа зҭаху азанааҭқәа, аха ашколхәыҷқәа шамахамзар урҭ рыӡбахә рмаҳаӡацт, мамзаргьы хшыҩзышьҭра рырҭом.

 Азанааҭалхратә тренингқәа Аконгресс агәыҧ еиҿнакаауеит 2022 шықәса раахыс. Зынӡа ари аамҭа иалагӡаны Аконгресс агәыҧ 24-қыҭатә школ ирҭаахьеит, апроект аусура иамҽханакит 550-ҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа. Апроект абзоурала аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа азанааҭ алхрҿы ацхыраара роуеит.